Аԥсны

Sputnik амчыбжь: Апарламент ахь алхрақәа, Урыстәыла адгылара, адипеизыҟазаашьа ҿыцқәа

Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны иазнархиеит хәажәкыра 7-13 рызтәи есымчыбжьатәи иалкаау ажәабжьқәа реизга.
Sputnik
Ииасыз амчыбжь азы Аԥсны имҩаԥысит Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа, Аҟәа имҩаԥысит Донбасс ажәлари Урыстәыла имҩаԥнаго аоперациа ҷыдеи рыдгыларатә акциа, ареспублика мрагыларатәи араионқәа рҿы алашара арцәара аихшанҵа дыркьаҿит.
Сариа Кәарцхьиаԥҳа, Sputnik

Алхра ҟаҵоуп

Ииасыз амчыбжь азы иналукааша хҭысхеит хәажәкыра 12 рзы имҩаԥысыз Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент ахь алхрақәа. Адепутатрахь иқәгылан 123-ҩык акандидатцәа: 103-ҩык ахацәеи 16-ҩык аҳәсеи.
Хәажәкыра 12 асааҭ 8:00 - 20:00 рзы ареспублика зегьы аҿы аус руан 152 бжьыҭаратә ҭыԥқәа. АКХ адыррақәа рыла, иҟаз 35 алхырҭатә ҭыԥ хадаҿы еилагарак арбамызт.
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа-2022
АКХ Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа заанаҵтәи рылҵшәақәа рзы аихшьаала ҟанаҵеит
Хәажәкыра 13 рзы Аԥсны АКХ заанаҵтәи аихшьаалақәа ҟанаҵеит, атәыла зегьы аҿы абжьыҭара рхы аладырхәит 51,2 % ауааԥсыра. 17 алхратә ҭыԥқәа рҿы алхрақәа мҩаԥысит, 17 алхратә ҭыԥқәа рҿы аҩбатәи атур ҟалоит, Гәдоуҭатәи ақалақьтә алхырҭатә ҭыԥ №1 аҿы аиҭалхарқәа мҩаԥысуеит. Иалху зегьы хацәоуп. Ԥшьҩык аҳәса аҩбатәи атур ахь инеит.
Алхрақәа рымҩаԥысшьа иахылаԥшуан Урыстәыла, Аахыҵ Уаԥстәыла, ЛЖәР рхаҭарнакцәа.
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа-2022
Анаԥшцәа Аԥсны Апарламент ахь алхрақәа еилыкка, адемократиатә ҟазшьа рымоуп ҳәа ахырҳәааит
Дара алхрақәа реиҿкаашьа ахәшьара ҳарак арҭеит.
"Анаԥшыҩцәа зегьы еицҿакны абжьыҭараз абиуллетеньқәа рнапы рыҵарҩит. Уи иарбанзаалак аԥаршеира ԥнакуеит. Уи адагьы ауаа ртәылауаҩшәҟәқәа рҟны амҳәыр аадырхоит рыбжьы шарҭаз азы. Аригьы алхрақәа еилыкка, иаргаманы ишыҟоу аанарԥшуеит. Анаԥшыҩцәа аӡәгьы ҽԥныҳәа имамызт", - ҳәа Sputnik аҿы имҩаԥысыз апресс-конференциаҿ илҳәеит Аҳәынҭдума адепутат Иана Лантратова.
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа-2022
Константин Затулин: Аԥсны Апарламент ахь алхрақәа ишақәнагаз имҩаԥысит

Аиҳабыра рҿы аиԥыларақәа

Аԥсны аиҳабыра рҿы жәларбжьаратәи анаԥшыҩцәа рыҳасабала ареспубликахь иааз Аахыҵ Уаԥстәыла аделегациа алахәылацәа рыдыркылеит.
Хәажәкыра 10 рзы аԥыза-министр Александр Анқәаб Дмитри Медоев зхадараҿы дыҟоу Аахыҵ Уаԥстылатәи аделегациа идикылеит.
Аиԥылараҿы иазгәаҭан Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи Урыстәыла Донецки Лугански руааԥсыра рыхьчаразы Украина имҩаԥнаго аоперациа ҷыда ишадгыло.
Аԥсны
Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рыдәныҟаполитикатә усҳәарҭақәа реиԥыларақәа аихшьаала ҟарҵеит
Иара убри амш азы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Аахыҵ Уаԥстәылатәи иколлега Дмитри Медоев дидикылеит. Инал Арӡынба иазгәеиҭеит аиԥылара аусутә ҟазшьа аманы, иԥхаӡа ишымҩаԥысыз.

"Иахьа аиԥылара ҳаман Аахыҵ Уаԥстәылатәи сколлега Дмитри Николаи-иԥа Медоеви сареи. Ҳреспубликақәа реизыҟазаашьақәа Аԥсны аполитикаҿ иҷыдоу аҭыԥ ааныркылоит. Аиҿцәажәарақәа раан иазгәаҭан ҳҳәынҭқаррақәа рыбжьара еиуеиԥшым аусхкқәа рҿы аусеицура аҵак иамоу", - ҳәа иҳәеит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба.

Аусеицура аԥыжәара амоуп

Хәажәкыра 9 рзы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи Урыстәыла Аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Вольвачи еиԥылеит. Урҭ алацәажәеит аекономика аусхк аҟны аҩтәылак русеицура азҵаарақәа.
Аԥсны
Аԥсны ахадеи Урыстәыла Аекономҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩи ҳтәылақәа русеицура иалацәажәеит
Вольвач инаҵшьны иазгәеиҭеит Урыстәылазы Аԥсны иазыҟанаҵо адгылара ртәылазы ихадоу ахырхарҭақәа иреиуоуп ҳәа.

Аинвестпрограммаҿ аиҭакрақәа

Аԥсны Аинвестпрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны аԥаразоужьра зырҭо аргыларақәа рысметатә хәыԥса аҳәаақәҵара аԥҟара еиҭакзарц аҳәара ҟанаҵеит.
Ари иалнаршоит аргылара, аиҭашьақәыргылара, арҽеирақәа рымҩаԥгаразы иахәҭаны иҟало аныхрақәа зегьы разгәаҭара, иара убасгьы Аинвестпрограмма хра аманы анагӡара, ахәқәа ианрыцло аамҭазы иаанхаз аԥарақәа рнымхра.
Аԥсны
Аԥсны Аинвестпрограммала аргыларақәа рысметатә хәԥса аҳәаақәҵара еиҭакзарц аҳәара ҟанаҵеит
Абри азы урыстәылатәи аган ажәадгала азыҟаҵоуп.
2022 шықәсазы иазԥхьагәаҭоуп 2020-2022 шықәсазтәи Аинвестпрограмма анагӡара (26 уснагӡатә), 2017-2019 шықәсазтәи Аинвестпрограмма анагӡара (3 уснагӡатәык).

Аизыҟазаашьақәа рыҩаӡара ҿыц

Аԥсны Аҳәынҭқарреи Лугансктәи Жәлар Рреспубликеи адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рыбжьарҵеит анотақәа реимдарала хәажәкыра 10 азы. Аҩтәылак аиҩызареи аусеицуреи рзы аҳәынҭқаррабжьаратә еиқәшаҳаҭра аиқәыршәара иаҿуп, уи Аԥсни Лугански рыбжьара аиқәшаҳаҭра-зинтә база ашьақәыргыларазы уасхырс иазыҟалоит.
Аԥсны
Аԥсни Лугански адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рыбжьарҵеит

Аҭынчреи Урыстәылеи рзы

Ииасыз амчыбжь азы Аԥсны имҩаԥысит Урыстәылеи Донецки Лугански рреспубликақәа рыдгыларазы акциақәа.
Хәажәкыра 7 азы Ахақәиҭра ашҭаҿы имҩаԥысит акциа "Z" ЛЖәР-и ДЖәР-и ирыдгыло. Акциа алахәылацәа Аҟәеи Аҟәа араиони рҿы амашьынатә ныҟәара мҩаԥыргеит.
Аԥсны
Аҭынчреи аиашареи рзы: Урыстәыла адгыларазы Аԥсны имҩаԥысыз акциа
Хәажәкыра 11 рзы Аҟәа, астадион "Динамо" аҟны Донбасс ареспубликақәа рыҟны аҭынчра ашьақәыргыларазы Урыстәыла имҩаԥнаго аусқәа рыдгыларазы акциа ҭбаа мҩаԥысит.
Аԥсны ауааԥсыра Донбасс ажәларқәа ирылшо ала ацхыраара рырҭоит. Убас ЛЖәР ахь инагоуп 25 тонна агуманитартә цхыраара.
Аԥсны
Аԥсны АҶА Лугансктәи Жәлар Рреспубликахь агуманитартә цхыраара нанагеит
Аԥсны атрансфер арныҟәаҩцәа еизыргеит 50 000 мааҭ Аҟәа иҟоу Донбасстәи ахҵәацәа рзы.
Донбасстәи ахҵәацәа дырҭааит Аԥсны ахада иԥшәмаԥҳәыс Аелита Ахьиԥҳа. Аҳәса рымшныҳәа аламҭалаз лара аҳәса дрыдныҳәалеит, ахәыҷқәа ахаамыхаақәа рызналгеит.
Аԥсны
Аԥсны ахада иԥшәмаԥҳәыс Аелита Ахьиԥҳа Донбасснтәи ахҵәацәа дырҭааит

Алашара иацлеит

Аԥсны мрагыларатәи ахәҭаҿы алашара арцәара аихшанҵа дыркьаҿит. Ари алыршахеит, Џьуартәи аӡеизакырҭаҿы аӡы аҩаӡара 50 м³/с. иахьхалаз. Гал, Очамчыра, Тҟәарчал, Гәылрыԥшь араионқәа рҿы ҽынла алашара арцәара иаҟәыҵит. Уахынлатәи аԥкрақәа макьана ишыҟац иаанхоит.
Аԥсны
Аԥсны афымцалашара аиуразы иалагалаз аԥкрақәа рыхәҭак аԥыхуп