Зыԥсҭазаара ҩеибашьрак иҭазыгӡаз

© Фото : предоставлено Сырмой АшубаГерой Абхазии Казбек Мижаев
Герой Абхазии Казбек Мижаев - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Зыԥсҭазаара зегьы ҩеибашьрак иҭазыгӡаз Ҟарачы-Черқьесскынтә хатәгәаԥхарала иааны еибашьуаз "Аԥсны Афырхаҵа" Казбек Мижаев иҭоурых Сырма Ашәԥҳа лматериалаҿы.

Sputnik, Сырма Ашәԥҳа.

Арҭ ашықәсқәа ирылагӡаны имаҷым зҽызыԥсахыз ахҭысқәа. Ҳаибашьцәа рзы уи аамҭа еиҭасра, еимгеимцарак иаҩызоуп. Ашықәсқәа ирзыннажьуа агәалашәарақәа рацәоуп.

Зыԥсҭазаара зегьы ҩеибашьрак иҭазыгӡаз Ҟарачы-Черқьесскынтә хатәгәаԥхарала иааны еибашьуаз "Аԥсны Афырхаҵа" Казбек Мижаев, ҳтәылаҿы аибашьра ианалага еиԥхьхәыцрак ҟамҵакәа, иҭаацәа ирамҳәаӡакәа, маӡала Аԥсныҟа дааит. Иҩызцәа изларҳәо ала, Казбек, агәымшәара злаз уаҩын, аибашьра адәаҿы фырхаҵарыла ихы ааирԥшуан. Иара иқәлацәа зегьы реиԥш, аԥсҭазаара иҭахын, аха иԥсынҵры кьаҿын, ус ҳазшаз илахь ианиҵеит.

Казбек Мижаев, иԥсҭазаара зегьы фырхаҵарыла иҭәуп. Иара аибашьратә ԥышәа иоухьан Афганистан. Иани иаби рыҷкәын егьа изхьаауазаргьы, ргәы иладууп. Аԥсны Афырхаҵа Казбек Мижаев иаб, Абдуллаҳ Мижаев, игәалаиршәоит иԥа Аԥсныҟа ацара шиҭахыз атәы.

"Казбек ихымҩаԥгарала иаҳбон акы дшаргәаҭеиуаз, адунеи дшазымкуаз. Казбек ианду, сара сан, усҟан лыԥсы ҭан. Аԥсныҟа ацара анаԥшьига, сан ус иалҳәеит: "Казбек, аибашьра улымшозар, иузымдыруазар, умцан. Ухгьы умырԥхашьан, уҭаацәагьы рыбӷа ԥыумҵәан ҳәа. Аха, усҟан Казбек ажәа ҳаиҭеит ишахәҭо ала ихы шааирԥшуа", — иҳәеит иаб Абдуллаҳ.

Казбек иан илыздыруамызт лԥа Аԥсныҟа еибашьра дышцаз. Аҩныҟа дмаауа даналага, лцәа иалашәазар акәхап, ихабар џьара исаҳауазар ҳәа дҵаа-ԥшаауа дныҟәон. Згәабзиара акыр иуашәшәыраз Казбек иан, егьа илцәыуадаҩзаргьы уи ахҭыс агәаларшәара, днаҳадтәалан аиҭаҳәара дналагеит:

"Сара ауаа исарҳәеит амитинг шыҟаз, уа дықәгыланы дышцәажәоз Казбек. "Ашьхақәа ҳархысны Аԥсныҟа ҳцароуп, иҳахьчароуп аԥсуа жәлар, ҳҽеидаҳкылароуп, абааԥсы!", — ҳәа ииҳәоз ажәақәа.

Кабардинские добровольцы и абхазские ополченцы. Пицунда 1993. - Sputnik Аҧсны
Хатәгәаԥхарала еибашьуаз иԥҳа лгәалашәарақәа: саб сгәазхара дысзымбацызт

Мчыбжьык ҵуан аҩныҟа дмааижьҭеи. Сара ақалақь ахь сцеит, иӡбахә џьара исаҳауазар ҳәа. Агуыҳалалратә цхыраара Аԥсныҟа идәықәырҵарц аусқәа еиҿызкаауаз шьоукы срықәшәеит. Руаӡәык снеины сиазҵааит, сыҷкәын дибахьазар ҳәа, аха ихабар ҳәа акагь саимҳәеит. Ажәа сиҭеит иӡбахә шеиликааз еиԥш иаразнак ишсеиҳәо"-лҳәеит "Аԥсны Афырхаҵа" Казбек иан.

Казбек иан лыҷкәын Аԥсны дшыҟаз еилылкааит арадио аефир ала.

"Аибашьра аҟынтә ҩынтә хынтә даахьан, илахь еиқәын. Избанзар ибон уа имҩасуаз аҭагылазаашьа зеиԥшраз. Уашьа даныршьуа, уимыцхраар ҟалоума? Аԥсуаа ҳашьцәа шәами?! Сара сгәы дууп сыҷкәын Аԥсны ас еиԥш ҳаҭыр ахьиқәу, аҩызцәа ахьимоу, дахьырхамшҭуа. Исҭахын сыҷкәын аҩны дсымазарц…"Ҳажәыр ҳазбода, нан"-ҳәа саниазҵаа, "сан, иббандаз Аԥсны иҟоу, нас ус егьсабҳәарымызт", — иҳәеит. Иара уа сажәагьы ааҿахҵәеит. Уаҳа иасҳәаран иҟаз?"-дҳацәажәон ачымазара ӷәӷәала ихҭанакны иҟаз Казбек иан.

Добровольцы с Северного Кавказа. 1993 год. - Sputnik Аҧсны
Хатәгәаԥхарала еибашьуаз рҭаацәа: ҳаҷкәынцәа рфырхаҵара аҭоурых иануп

Ирҳәоит ауаҩытәыҩса иқәрахь даннеиуа, "уажәра шкәакәахааит!"-ҳәа. Зыхшара ргәырҩа хьанҭа згәаҵа иҭаҵәаху аҭаацәа аԥсҭазаара рхы ахырбаауазаргьы, ргәы аладууп рыҷкәынцәа знысыз афырхаҵаратә мҩа. 

"Аринахыс афырхацәа рыхьӡ аибашьра аҟны акәымкәа, аџьа аус аҟны акәхааит иахьырҳәаша. Еснагь агәабзиара шәыцзааит, аибашьра уаҳа ишәымбааит, Аԥсны еснагь аизҳазыӷьара амҩа ианызааит. Изызҳауа аҿар рықәҿиарақәа шәреигәырӷьалааит, аԥеиԥш лаша шәымазааит!"-ҳәа иажәа хиркәшеит Казбек иаб.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0