Ухы иазууа, уаӷа иузиуӡом, ма ахада ихаҭыԥуаҩ аԥсшәа зидмырҭиуа

CC0 / / Ахыԥҽыга
Ахыԥҽыга - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Изрыдрымкылаци Жәлар Реизараҟны ахада ихаҭыԥуаҩрахь акандидат алингвистикатә комиссиа иахыжьра азԥхьагәазҭо азакәан ахәҭаҷ? Иабанӡақәшәо "Аҳәынҭқарратә бызшәазы" азакәан ахаҭыԥуаҩ абызшәа изымдырыр ахьалшо? Изаанхазеи ари азакәан ақьаад аҟны мацара? Абарҭ азҵаарақәа дрылацәажәоит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа иахьатәи лматериал аҿы.

Ахада ихаҭыԥуаҩрахь акандидат аԥсшәа изымдырыр ҟалоит 2019 шыкәсазтәи Аԥсны ахада иалхратә компаниа аамҭазгьы. Исгәалашәом заҟантә ишьҭысххьоу атәыла ахада ихаҭыԥуаҩрахь акандидат аҳәынҭқарратә бызшәазы аԥышәара ширҭитәу азҵаатәы. Азакәан ари ахәҭаҷ алагала ҟазҵарц зуалу Жәлар Реизара адепутатцәа роуп. Ҳәара ҳагым, аха ҟаҵа ыҟам.

Аԥсуа бызшәа адырра иунаҭо алшарақәа - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа бызшәа адырра иунаҭо алшарақәа

Абар ҳаҽԥынгылеит атәыла ахада иалхра аамҭа, аха ҷыдала ари азҵаара хырҩа шазуц иазуп. Арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы ҳиҿцәажәахьеит Жәлар Реизара "Аҵареи, аҭҵаарадырреи, абызшәатә политикеи" рзы акомитет ахада Баҭал Аиба, иара убас хаҭала, аоппозициа даныҟаз абызшәатә политиказы азҵаара ҵарны иқәзыргылоз иахьатәи Жәлар Реизара ахада Валери Кәарҷиа иҿаԥхьагьы иқәҳаргылахьеит аԥышәара иазку азҵаатәы, аха "ааи, иахәҭоуп" аҭак инаҷыданы, Жәлар Реизара "Атәыла ахада иалхразы" азакәан лагала азнамуит ахада ихаҭыԥуаҩ алингвистикатә комиссиаҿы аҳәынҭқарратә бышәазы аԥышәара дахысырц шихәҭоу азы.

Аиба: ахада ихаҭыԥуаҩрахь акандидат аҳәынҭқарратә бызшәазы аԥышәара аиҭозароуп>>

Иахьазы ахада ихаҭыԥуаҩрахь акандидат уеизгьы-уеизгьы ԥынгыла дук имам, ажәак аԥсшәа изымдыруазаргьы. Азакәанқәа ҳрызхьаԥшуазар, атәыла ахада ԥхьатәара дцар, ма даҽа мзызқәак ирыхҟьаны инапынҵақәа изынамыгӡо дҟалар, ахада ҿыц далаҳхаанӡа, апрезидент инапынҵақәа назыгӡо ахада ихаҭыԥуаҩ иакәхоит. Ухы иазуумуа, уаӷа иузиуама? Абарҭқәа ирыхҟьаны ҳара аамҭак азы дҳаур ҳалшоит аҳәынҭқарратә бызшәа ззымдыруа ахада инапынҵқәа назыгӡо ауаҩы.

Атәыла ахада ихаҭыԥуаҩ изку азакәанқәа ҳрызхьаԥшуазар, "Атәыла ахада иалхразы" азакәан 1-тәи ахәҭаҷ излаҳәо ала, "35 шықәса иреиҵам, 65 шықәса иреиҳам" иакәзароуп. Убри адагьы, иара уи ахәҭаҷ аҿы ишарбоу ала, "5 шықәса иреиҵамкәа Аԥсны дынхозароуп".

Габниа: аҳәынҭқарратә бызшәа ишахәҭоу идырны ачынмаҵурахь ауаа неиртә иаҳзыҟамҵеит>>

Атәыла ахадарахьы акандидат изы "Ахада иалхразы азакәан" 1-тәи ахы, 1-тәи ахәҭаҷ аҿы "даԥсыуазароуп, ахы иақәиҭны аҳәынҭқарратә бызшәа идыруазароуп, Алхратә комиссиа хадаҿы алингвисттә комиссиаҿы аԥышәара дахысроуп" ҳәа еиуеиԥшым аԥынылақәа ыҟазар, ахаҭыԥуаҩ изы "ақәратә, анхаратә" цензқәа рыда ибаргу акгьы аным иара убри ахәҭаҷ аҿы.

Диктант - Sputnik Аҧсны
Ацәажәара аҟынтә аус ахь

Ахада ихаҭыԥуаҩрахь акандидат Акомиссиа хадахьы инапала иҩны инеигароуп "ақәгылара дшақәшаҳаҭу" азы арзаҳал, уаҳа акымзарак акы. Жәлар Реизара адепутатцәа, абри азҵаатәы шырдыруагьы, иахәҭаны ирымԥхьаӡеит ҳҳәынҭқарра ахада ихаҭыԥуаҩ изы абызшәатә ԥынгыла аԥҵара.

"Абызшәазы азакәан" 2-тәи ахәҭаҷ аҿы "Аҳәынҭқарра анапхгаратә усқәа знапы рылаку анапхгаҩцәа аҳәынҭқарратә бызшәа рдыруазароуп" ҳәа иарбоу, аусура иалагахьоу ахәҭаҷ баша хәҭаҷны иаанхоит иахьазы, избанзар "Атәыла ахада иалхразы" азакәан аҿы иҟаҵам алагала, ахада ихаҭыԥуаҩ аԥышәара иҭиирц шихәҭоу азы. Хырҩа зызуу Аԥсны Аконституциа 6-тәи ахәҭаҷ ҳазааҭгылозар, "Аԥсны ҳәынҭқарратә бызшәас иҟоуп аԥсшәа" аҳәоит. Аха ақьаад иану азакәан аус азыруша егьырҭ алхратә закәанқәа рҿы хаҭала ахада ихаҭыԥуаҩ изкны акгьы аҳәом.

Уадаҩра ҟаломызт, ҳара ҳауаажәлар ирымазар абызшәатә политика аганахь ахдырра ҳаракы. Ҳтәылаҿы аԥсшәа ахьысҳара ианыԥшуа, ҳмилаҭ ирхаҭарнаку рыхшара абызшәа шыддмырҵо ҳаԥшны, иара убас, ирлас-ырлас асоциалтә ҳақәа рҿы "абызшәа идырыр абахәо" ҳәа ари азҵаатәы акашәа изымбо зларацәоу ала, ақәгәыӷра цәгьоуп, аҳәынҭқарратә бызшәа ззымдыруа ахаҭыԥуаҩ дышьҭызхуа ахадарахьы акандидат абыжьқәа имоур алшоит ҳәа. Ари зегьы иахьа ихьыԥшым Аԥсуа ҳәынҭқарраҿы ҳара иаҳзызуа тымуаҩык дыҟам, адәныҟатәи мчык ҳԥырхагам, иаҳзызуа ҳбызшәатә хдырра ахьхьысхау, ахатә интересқәа аԥхьа иахьҳаргыло ауп.

Макьаназы рыхьӡқәа ҳәам Алхратә комиссиа хадаҿы "агәаран иқәгылоу" акандидатцәа хаҭыԥуаас ирго рыхьӡқәа, макьанагьы ихыркәшам апрезидетрахь агәаҳәара змоу рышәҟәқәа рыдкылара, аха иахьазы еилкаауп атәыла ахада ихаҭыԥуаҩрахь акандидат абызшәатә ценз аганахьала ԥынгыла шимам. Алхартә комиссиа азин амам ахаԥшьгарала, ахаҭыԥуаа рзы аԥышәара аиҿкаара, убри аҟынтә, ахада ихаҭыԥуаҩрахь акандидат ԥырхага имамкәа, аҳәынҭқарратә бызшәа изымдыркәа дчынуаҩхар алшоит.

Хагәышь: азакәан анаҩс абызшәа аус ауырц - апрограмма аԥҵатәуп>>

Ухы иазууа, уаӷа иузиуӡом? Алхҩы лаҳасабала схатә лкаа ҟасҵозар, уамак амода иақәымшәозаргьы, сыбжьы исҭаӡом аҳәынҭқарратә бызшәа ззымдыруа ахаҭыԥуаҩ дышьҭызхуа аҳәынҭқарра ахадарахьы акандидат. Акәты иалшо, акәтаӷь ауп рымҳәои. Уажәазы абри ауп исылшо.

Ажәабжьқәа зегьы
0