Аԥҟарақәа зну ақьаад зегь ачҳауеит, аус злоу аԥкрақәа рықәныҟәашьа ахылаԥшроуп

© Sputnik / Томас ТхайцукЛюди в масках
Люди в масках  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аепидемиологиатә ҭагылазаашьа аицәахара зыхҟьаз, насгьы жьҭаара 15 инаркны Аԥсны иаларгало иназыцҵоу аԥкрақәа рықәныҟәара алзыршо уҳәа ртәы дазааҭгылоит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.
Аԥҟарақәа зну ақьаад зегь ачҳауеит, аус злоу аԥкрақәа рықәныҟәашьа ахылаԥшроуп

Асовет аамҭазы снымхозҭгьы, аԥсуаа азакәани аԥҟарақәеи рықәныҟәара бзиа ирбомызт сгәахәрын. Уи аамҭа егьа авба аҳҭозаргьы, атәылауаҩ шамаха аҳәынҭқарра иҭнажьуаз азыԥҵәақәа ихы рывигомызт, убри иабзоураны абзазара ҭышәынтәаланы еиҿкаан. Абар уажәы дырҩегьых иааҳаларҳәеит Аԥсны анапхгара акарантинтә ԥкра шаларгалаз, даҽакала иаҳҳәозар, ҳаиҭагьежьуеит ааԥынтәи аҭагылазаашьахьы, аҳәаа аркра заҵәык хацыркым ҳамҳәозар.

Салоны красоты и парикмахерские возобновили работу в Москве - Sputnik Аҧсны
Акоронавирус аламырҵәаразы аԥкра ҿыцқәа алагалахоит

Есыҽны авирус аҽацәыхьчаразы аоперативтә штаб иҳаланаҳәоит шәҩыла ачымазара зхьыз ауааԥсыра шыҟоу, иара убас, Гәдоуҭатәи аковид-госпиталь аҟынтә уажәы-уажә аԥсӡгьы ааҩуеит. Астатистика ҳазыгьежьуазар, ачымазара ҿкы COVID-19 Аԥсны издырбалахьоу 2479-ҩык ыҟоуп, иара абри аан иазгәаҭатәуп асимптом змаӡамкәа изхызго рхыԥхьаӡара ашьҭкаара шыуадаҩу, урҭ амедицинатә усҳәарҭақәа рахь изламнеиуа ала.

Абраҟа шәарҭарас иҟоу, дара асимптом змам ирзымдыркәа иддырхьыр алшоит згәы бзиоу. Авирус зхьыз рахьынтә 1100-ҩык рҟынӡа ргәы бзиахахьеит, здунеи зыԥсахыз ртәы ҳҳәозар, 23-ҩык ыҟоуп. Ари маҷым Аԥсны хәыҷы азы.

Уажәы ауаажәларра ахьеицәажәо асоциалтә ҳа адаҟьақәа иреиуоу Facebook аҿы, изхарада ас иахьыҟалаз ҳәа дара-дара аҽԥныҳәа зҵаарақәа еимырдоит. Аобиективтә блала ҳахәаԥшуазар, ачымазара аҵыхәтәантәи аамҭазы иҿио иахьалагаз жьҭаара 5 рзы инаркны аԥкрақәа алагалахоит ҳәа заҳаз ауаа хымаԥсыма ачароура иахьалагаз ауп.

Абхазская свадьба - Sputnik Аҧсны
Ацәгьеи абзиеи, ма ачымазара ҿки уи иҟанаҵо анырреи

Анкьа асабшеи амҽышеи акәзар ачара аныруаз, уажәы ирымаз аамҭа бжьадмырӡырц азы ашәахьа инаркны амҽышанза ақалақьтә чараурҭақәа рҿы шәаҳәаран кәашаран, асабрадақәеи, антисептикатә цхыраагӡақәеи рыӡбахәгьы аӡәгьы игәалашәомызт. Ауацәеи асацәеи гәыдеибаҳәҳәаланы агәырӷьара мҩаԥыргон.

Абасҵәҟьа иаанкыламызт аԥсхәрақәеи инеиҵыху аԥсыжрақәеи. Иахьа агәыргьынчмазара агәра зго иалагаз рхыԥхьаӡара еиҳахазаргьы, ҳажәлар рхатә интересқәа раҳаҭыразы, ргәабзиареи ирзааигәоу ауаа рыԥсҭазаареи акашәа имбакәа иҟарҵац ҟарҵоит.

Латариа COVID-19 иахҟьаны ҿыц аԥкрақәа ралагаларазы: сацымныҟәар ҟалаӡом>>

Изхарада? Изхароу аԥҟарақәа еилазго роуп, аха уи азы иҟоума ахьырхәра? Мап, иҟам. Жьҭаара 5 инаркны агәырӷьаратә милаҭтә ныҳәақәа шаанкылазгьы, араионқәа рҿы ачара зуаз ыҟан. Ҷыдала ари иаргәамҵны, ауаажәлар рахь аҳәамҭа ҟарҵеит Гәдоуҭа араион администрациа ахаҭарнакцәа "ауаа аԥкрақәа ирықәныҟәаларц" азы. Ақыҭақәа рхадацәа алархәны араион анапхгара имҩаԥыргеит аизара.

Сгәанала, нанҳәамзазы Аԥсны аиҳабыра акарантин аамҭа шынҵәаз анҳаларҳәоз, ачарақәеи аԥсхәрақәеи, ауаа рацәа реизгареи ирыдҳәаланы иҟаз аԥкрақәа аанрыжьыр ауан. Убарҭқәа рыдагьы, иахәҭамзар ҟаларын аиҳабыреи араионқәа рхаҭарнакцәеи реиԥыларақәа рымҩаԥгара асабрадақәа ахархәара рымамкәа.

Иахьа иҟоу ачымазара аҿиаразы еиҳаркгьы авба раҳҭар ауеит акарантинтә ԥҟарақәа ирықәымныҟәо ауаажәлар рхаҭарнакцәа, анаҩс, амчрагьы алеишәа арџьбарар акәын. Ҳара ҳгәабзиарахьчара аҭагылазаашьа зеиԥшроу гәаҭаны, инеиужьны аԥкрақәа рамхра ҵакыдан сгәанала.

Есыҽны аоперативтә штаб иаанацҳауеит ачымазара зыхьуа рхыԥхьаӡара иацымлозар ишагымхо. Иаҳҳәап, жьҭаара 13-тәи астатистика ҳахәаԥшуазар, 238-ҩык гәаҭан, урҭ рахьтә 87-ҩык авирус рыдбалан. Ари уаршәаратәы иҟоуп. Ачымазара зхы иадызбало зегьы алшара рымам ианаамҭоу анализ аҭаразы, убри адагьы, агоспиталь аҿы аҭыԥқәагьы шаҟа рҭаху рымам, уа аус зуа аҳақьымцәа ракәзар, аџьамыӷәа рхыргоит, зны-зынла изыԥсахуа рыԥшаара уадаҩуп.

Ачымазара алеишәа зеиԥшроуи амедицинатә цхыраара ауаа рыҭара иацу ауадаҩрақәеи еиҿыбааны абар жьҭаара 15 инаркны абҵара 24-нӡа иаанкылоуп акультуратә, аспорттә, аҵаратә процессқәа. Абарҭқәа рыдагьы, иҳаларҳәаз аԥкра излаҳәо ала, ачарақәеи ауаа рацәа злахәу аныҳәақәеи рымҩаԥгара ҟалом.

Абхазская свадьба - Sputnik Аҧсны
Ауаҩага ихьымӡӷ дууп, мамзаргьы "агәыргьынчмазареи" аԥсуа ҵасқәеи

Избан сыздыруам, аха аофициалтә ҳәамҭаҿы, хазы иарбам аԥсрақәеи аԥсхәрақәеи рымҩаԥгашьазы ахәҭаҷ. Сгәанала, аԥсы игәакьацәа аҵыхәтәантәи имҩахь днаскьаргароуп аиныхра ҟамҵакәа, анаҩс, ахаатәфареи, амшҩынҩажәеи, аԥсхәреи ҭаацәашәала имҩаԥыргароуп. Арҭ атрадициақәа иара усгьы ҳабзазара иаԥырхаган, уажәы акарантин аамҭазы ҳгәабзиаразы ишәарҭазар, зынӡа иаанкылатәуп.

Уи сҳәеит ҳәа, ҳарҭ уаҩ ииҳәо ҳаҳауама? Адунеи амаа зку ҳакәушәа, аԥкрақәа хырҩа рзуны, иҟаҳҵац ҟаҳҵоит. Абарҭқәа ирыхҟьаны, COVID-19 ҳадаапкылар алшоит. Аоперативтә штаб аҵыхәтәантәи аацҳамҭа ишаҳәо ала, "Гәдоуҭатәи агоспиталь аҿы иахьа ишьҭоуп 168-ҩык, урҭ рахьтә ргәабзиара даара иуашәшәыроуп 18-ҩык, ибжьаратәу аҭагылазаашьа рымоуп 25-ҩык ачымазцәа".

Набережная Махаджиров  - Sputnik Аҧсны
Акарантини акарантинбжеи: аԥсуаа апандемиа ишақәныҟәо

Аполитикцәа ракәзар, еиуеиԥшым аҳәамҭақәа ҟарҵоит. "Амчра ахымҩаԥгашьа иҟоу аҭагылазаашьа иашьашәалам" ҳәа азгәеиҭеит аоппозициаа рхада Адгәыр Арӡынба, убри адагьы "Аԥсны жәлар рхеидкыла" амчра иадыргалеит акымкәа абжьгарақәа аҭагылазаашьа аҭышәныртәаларазы, зегь раԥхьаӡа иргыланы "иҷыдоу аҭагылазаашьа" алагалара, уи инашьҭарххны "Аруаагьы" ари азҵаара аҵыхәала амчрахь агәынамӡара аазырԥшуаз аҳәамҭа ҟарҵеит. Оумакгьы мҵыцкәа амчра иадгылоу апартиа "Амцахара" аоппозициаа аҭак рнаҭеит "аепидемиологиатә ҭагылазаашьазы азҵаара арбыжкра аҭахым" ҳәа. Жәлар Реизара адепутатцәа ракәзар, атәыла ахада иахь анацҳамҭа рышьҭхьан "акарантин азы аԥкрақәа рырџьбара" ахәҭаны ишырыԥхьаӡо азы.

Ахада иҟаиҵеит ақәҵара, жьҭаара 15 инаркны ирӷәӷәоуп аԥкрақәа, аус злоу ауаа уи ақәныҟәара рҽазыршәома? Рҽазырымшәар амчра иалшозеи?

Аԥҟарақәа ртәы зну ақьаад зегь ачҳауеит, аус злоу аԥкрақәа рықәныҟәашьа ахылаԥшроуп.

Автори аредактори ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0