Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр аҟны иаартын акаҳуажәырҭа "Аншлаг". Уахь имҩахыҵит атеатр аусзуҩцәа реиԥш, анҭыҵтәи асасцәагьы.
Аԥсуа драматә театр АИХи ауаажәларреи рымадаразы адиректор хада ихаҭыԥуаҩ Шьарида Ҭыжәԥҳа арадио Sputnik Аԥсны иазеиҭалҳәеит атеатр аҩнуҵҟа иаартхаз акаҳуажәырҭа атәы.
Аҵыхәтәантәи аамҭазы Аԥсны ахи-аҵыхәеи имҩаԥысуеит ҳҳәынҭқарра ҵызшәаауа, ашәарҭадара ԥырхага азҭо ацәгьоура бааԥсқәа. Урҭ реиҳарак знапы алаҟьашьу аԥсуаа рыҷкәынцәа роуп. Избан аԥсуа ихьӡи ихьымӡӷи аԥхьа аргылара дзаҟәыҵыз, уимоу иуацәеи иҭынхацәеи убри аан адгылара ирҭо ишԥаҟалеи, ҳдунеихәаԥшра алаҟәра иабанӡаҿызаауеи? Абарҭ азҵаарақәа рзы лгәаанагарақәа лҳәоит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.
Sputnik аколумнист Сусанна Ҭаниаԥҳа арадиоефир аҿы еиҭалҳәеит иахьатәи аамҭаз зда ԥсыхәа ыҟам амаҭәар асаркьа иадҳәалоу агәрагарақәа.
Аԥсны иҟоу урыстәылатәи аруаа ирымоу ԥырҩыдатәи ахархәагақәа 10 алархәны ашьхареи амшыни иахьрыԥну аҭыԥқәа рҿы аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит.
Ԥхынгәы 31, 2016 шықәса рзы иԥсҭазаара далҵит аԥсуа-аурыс прозаик, ажурналист, асценарист, ауаажәларратә усзуҩы Фазиль Искандер. Иара ирҿиара аҷыдарақәа ртәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит Аԥсны ахада иабжьгаҩ, акритик Владимир Занаҭариа.
Рушьбеи Смыр иԥсҭазаара иалҵра ахьаа ду зызцәырнагаз, изныкымкәа иҿцәажәара насыԥс измаз, иԥсадгьыл ахь имаз агәыбылреи ипоезиатә баҩхатәра ҵаулеи знырхьаз аҩра знапы алаку арҿиаҩ қәыԥш Алина Жьиԥҳа Жәлар рпоет игәалашәара иазкны илҩыз анҵамҭа шәыднагалоит Sputnik.
Аԥсны Ақыҭанхамҩа аминистрра иатәу аҳәынҭқарратә унитартә наплакы "Аԥсныцха" аиҳабы Даур Туӷәышь арадио Sputnik аефир аҟны иазгәеиҭеит адунеи аҟны зегь раасҭа иԥаршеиу, ибжьырхуа афатә хкқәа рхыԥхьаӡараҟны ишыҟоу ацха.
Бзыԥ ақыҭан асовет аруаҩ иԥсыжырҭа рыԥшааит жәабран 13 рзы.
Қырҭтәыла аҵакыраҿы имҩаԥысуеит милаҭрацәалатәи арратә ҽазыҟаҵарақәа Agile Spirit 2019. Аҽазыҟаҵарақәа ирылагеит ԥхынгәы 27 рзы, ихыркәшахоит нанҳәа 9 рзы.