Иҳаҩсыз ҭагалан злаҳхамышҭуа: еиҳа иалаҳкааз ахҭысқәа

© Sputnik / Михаил Воскресенский / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАлхрақәа
Алхрақәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Сынтәатәи ҭагалан еиуеиԥшым ахҭысқәа рыла ибеиан, урҭ рзы еизаку аматериал аинформациатә маҵзура Sputnik аҟны.

Иналукааша политикатә хҭысны ҭагалан азы Аԥсны иҟалеит атәыла ахада иалхрақәа аҩбатәи ртур. Еиндаҭлон Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымбеи аоппозициатә партиа "Амцахара" аԥхьагыла Алхас Кәыҵниеи. Абжьыҭараан аԥыжәара игеит 47, 38% алхыҩцәа рыбжьы зауз Рауль Ҳаџьымба (Алхас Кәыҵниа - 46,19 %).

Sputnik

Ус баша сацәхьаҵуам

Атәыла ахада иалхра аҩбатәи атур аҟны АКХ иҟанаҵаз аихшьаалақәа инарықәыршәаны Рауль Ҳаџьымба 47,39% абжьы иоуит, Алхас Кәыҵниа – 46,17%.

Рауль Хаджимба - Sputnik Аҧсны
Рауль Ҳаџьымба аҩбатәи атур аҿы аиааира игеит

Ари иақәшаҳаҭымхаз аоппозициа раԥхьагыла Алхас Кәыҵниа цәыббра 11 рзы Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭахь ашшыԥхьыӡ наишьҭит Аԥсны АКХ аӡбара азакәан шьаҭа агәаҭаразы.

Жьҭаара 9 асааҭ 12:00 рзы иара убасгьы имҩаԥысит алхрақәа рыҟны иаҵахаз аполитикатә партиа "Амцахара" аизара.

Иара убри аамҭазы, жьҭаара 9 асааҭ 12:00 рзы Аминистрцәа Реилазаара аилатәаратә зал ду аҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада ҿыц Рауль Ҳаџьымба иҭоубашьҭаҵара мҩаԥысит.

Рауль Ҳаџьымба имаҵурахьы инеира иазку ацеремониа иалахәын ареспублика ауаажәларратәи аполитикатәи усзуҩцәа, аҳәаанырцәтәи аделегациақәа.

Рауль Ҳаџьымба имаҵурахьы инеира иазку ацеремониа иалахәын сасцәақәак рыҳасаб ала Нхыҵ Кавказ аусқәа рзы аминистр Сергеи Чеботариов, Аҳәынҭқарратә Дума ахантәаҩ ихаҭыԥуаҩ Ольга Тимофеева, ИАР атәылақәа русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Дума Аппарат анапхгаҩы Михаил Кротов, Аҳәынҭқарратә Дума адепутат Леонид Калашников, Ҟабарда-Балкариа ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Мухамед Кодзоков, ҞБА аиҳабыра рхада ихаҭыԥуаҩ Салим Жанатаев, Ҟарачы-Черқьессиа апарламент аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Мусса Екзеков, Калмыкиа ахада Бату Хасиков, ареспублика аиҳабыра рхантәаҩы Иури Заицев, Аҩада Уаԥстәыла–Аланиа аделегациа, ареспублика аконституциатә ӡбарҭа ахантәаҩы Станислав Кесаев инапхгарала. Ацеремониахь иааԥхьоуп Ашьха-Ҟарабахи Никарагуеи рделегациақәа.

Ацеремониа ааиртит Апарламент аиҳабы, нас уи ажәа ииҭеит ҿыц иалху атәыла ахада. Атәыла ахада аԥсышәала аҭоуба шьҭеиҵеит ижәлар рҿаԥхьа. Ахьыӡрашәа анга ашьҭахь Апарламент аиҳабы ахада инапаҿы ииркит – аштандарт, амҳәыр, алабашьа, аҳәа.

Угәаҵанӡа инеиуа ахҭысқәа

Аԥсуа ԥкьаҭасыҩ Ерика Кәарҷиаԥҳа цәыббра 18 рзы Москва хабарда дыӡит. Абри атәы цәыббра 21 рзы асоциалтә ҳақәа рҿы ицәырыргеит. Цәыббра 22 рзы Аԥсны ААР апресс-маҵзура адырра ҟанаҵеит Ерика дшырыԥшааз азы.

Цәыббра 30 асааҭ 17:15 рзы Гагра ақалақь аҿы ахәыҷы џьит дшыхәмаруаз, атрансформатортә фымцастанциаҟны иҽиҵәахуеит ҳәа дахьыҩналаз, афымца исын, иԥсҭазаара далҵит.

атрансформатортә фымцастанциа - Sputnik Аҧсны
Гагра ақалақь аҿы атрансформатортә фымцастанциаҟны ахәыҷы дҭахеит

Гагратәи араионтә хәышәтәырҭа аҳақьым хада Виачеслава Аргәын иажәақәа рыла, ахәыҷы ахәышәтәырҭахьгьы днарымгеит, аҭыԥ аҿы дыԥсит.

Абри аус аҭҵаара напанаркит Гагратәи араионтә прокуратура.

2018 шықәса жәабранмзазы абри аҩыза ахҭыс ҟалеит Аҟәа ақалақь аҿы. Усҟан иԥсҭазаара далҵит жә-шықәса зхыҵуаз Нестор Аршба.

Абри арыцҳара ашьҭахь астанциа маҷқәа рышәқәа рӷәӷәан, 250 рҟынӡа сапат аахәаны ирҿаҵан.

Амҳаџьыраа рыԥшаҳәаҿы абҵара 22 асааҭ 14:40 рзы аиҿахысра ҟалеит. Ақьафурҭа "Сан-Ремо" аҿаԥхьа аҭыԥ змаз аиҿахысраан иҭахеит ҩыџьа ауааԥсыра. Асҭамыр Шамба аҭыԥ аҟны иԥсҭазаара далҵит, Алхас Аҩӡба - ахәышәтәырҭаҟны даннаргаз. Доминика Ақырҭааԥҳа лхы ахәра ӷәӷәа аиуит, уи диаган Ареспубликатә хәышәтәырҭа хада анеирохирургиа аҟәшахьы.

Стрельба напротив ресторана Сан-Ремо - Sputnik Аҧсны
Аҟәа иҟалаз ахысра: иалкаау

Иара убас Ареспубликатә хәышәырҭа хадахьы днаган ишьаргәацәқәа рыҩбагьы рҟны ахәра рацәа змаз Русҭам Шамба, 1977 шықәсазы ииз, аҩбатәи ахәышәтәырҭахь днаган Шамиль Аҩӡба, 1997 шықәсазы ииз. Урҭ рыԥсҭазаарақәа ашәарҭара иҭагылам.

Аоперативтә ԥшаарақәа ирылҵшәаны ахәаша, асааҭ 16:00 рзы ацәгьоуцәа равтомашьына "Toyota Mark-2" былны иԥшаауп "Дэпо" араион аҿы. Уи иҭан "Калашников" иавтоматқәа ԥшьба.

Абҵара 23, асабша, Аҟәатәи апрокуратура Ашьаустә закәанеидкыла ахәҭаҷқәа жәпакы инарықәыршәаны ихацнаркит ҩыџьа ауааи инареиҳани рышьразы ашьаусҭҵаара.

Абҵара 28 рзы Аԥсны атәылауаҩ Барцыц дииеихсит Гагра ақалақь ауаҩԥсы, 1975 шықәса рзы ииз, ирыбжьалаз аимак иахҟьаны. Ахысра ашьҭахь уи ахәышәтәырҭахь днаргеит. Ахәрақәа зауз ахаҵа Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы аԥхьатәи ацхыраара анизыҟарҵа ашьҭахь Урыстәыла аҵакырахь диаргеит. Абри атәы Sputnik Аԥсны иазеиҭарҳәеит Аԥсны ААР апресс-маҵзураҿы. Аиҿахысра аҭыԥ аман Саиат-Нова имҩаҿы асааҭ хԥа рзы, ҽынла.

Адепутатцәа Аԥсны акриминогентә ҭагылазаашьа иалацәажәеит. Апарламент аиҳабы иазгәеиҭеит Аԥсны ахы-аҵыхәа ари ахҭыс ишақәыӡбо, иҳәеит ҳзакәанқәа усс изкым ауаа шыҟоу. Иара иазгәеиҭеит иахьатәи азинхьчаратә система аусура шеиҵаҟьоу.

 

Абнараҿ амца

Раԥхьаӡа акәны Аҟәатәи ахыҵырҭаҟны амцакра шыҟалаз АҶА аусзуҩцәа ирбеит абҵара 10 рзы. Ԥсҳәы абылреиқәырхаратә гәыԥ ахатәы мчқәа рыла идырцәарц иаҿын, аха ирылымшеит. Иара убас абнақәа былуан Тҟәарчал, Аҟәа, Гагра, Гәдоуҭа иахьрыҵанакуа ашьхарақәа. Урҭ рхышәа-ҵышәа 11 нызқь гектар рҟынӡа инаӡоит.

Амца зкыз аҭыԥқәа 700 тонна рҟынӡа аӡы рықәҭәан - Sputnik Аҧсны
Амца зкыз аҭыԥқәа 700 тонна рҟынӡа аӡы рықәҭәан

Абылрақәа ахьыҟалаз еиҳа анеира ахьыцәгьоу аҭыԥқәа рҟны акәын, амца арцәара алшоит иҷыдоу авиациа ахархәара заҵәык ала ҳәа алкаа ҟаҵан. Аԥсны АҶА Урыстәыла АҶА ахь адырра ҟарҵеит ацхыраара шырҭаху азы. Абҵара 15 рзы Аԥсныҟа иааит Урыстәыла АҶА авертолиот Ми-8, аԥхьатәи аԥырра мҩаԥнагеит абҵара 16 ашьыжь. Амҽыша амцарцәаратә усқәа аҽрыднакылеит Урыстәылатәи аҳаирплан-амфибиа Бе-200.

Гагратәи ахырхарҭаҿы амца арцәон авертолиот Ми-8. Кәыдрытәи ахырхарҭаҿы амцарцәара мҩаԥнагон аҳаирплан Бе-200. Урыстәылаа ирыцхраауан аҭыԥантәи амцарцәаҩцәа.

Аҳҭнықалақь ахада ҿыц

Аҟәа ақалақь ахада инапынҵақәа назыгӡо Кан Кәарҷиа иусура амҽхак акыр иҭбааны инапынҵақәа мҩаԥигоит. Иара днеины ибеит ақалақь еиуеиԥшым аҭыԥқәа, ауааԥсыра дрыҿцәажәеит. Еиҳа ихымԥадатәины иҟоу аусқәа ируакны иԥхьаӡаны иҷыдоу усбарҭақәа рнапы ианиҵеит автомҩатә, ашьаҟамҩатә, аангыларҭатә ҭыԥқәа дыргала реиқәыршәара.

Автобусная остановка требующая реставрации  - Sputnik Аҧсны
Ақалақь ахада инапынҵақәа назыгӡо аҳҭнықалақь ахаҿра еиҭеикуеит

Аамҭа кьаҿк иалагӡаны "Ацҳа шкәакәеи", аџьармыкьеи рҿы "ашәарҭадаратә цәаҳәа" ҟаҵоуп, аусурақәа хыркәшоуп "Ацҳа ҟаԥшь" аҿы иҟоу аангыларҭаҿы. Аусурақәа мҩаԥысуеит Кьалашәыртәи ахырхарҭахь аангыларҭақәа рҿы, ауниверситет ахь ахаҵәирҭаҿы, Адыгаа рымҩа ахаҵәирҭаҿы.

Кәыдрытәи амҩаҿ "амыдаӷьцәа" ҳәа изышьҭоу аангыларҭаҿы иазыԥхьагәаҭоуп аныҟәара зырманшәало аҭыԥ аиҿкаара.

АУН "Горстрой" абригада аангыларҭеи иара аҵакыреи ррыцқьара иаҿуп, ара афымцалашаратә шьаҟақәа дыргылоит, апанно ахаҭа дрыцқьоит, ихажәааз аҵлақәа карҿоит, аҿыц еиҭарҳауеит.

Аҟәа ақалақь асахьаҭыхыҩ хада Ҭемыр Ҟаитан иажәақәа рыла, апанно дырлашоит, иара уажәы ахаҿра зҵәахуа апальмақәа аҽаџьара еиҭаганы еиҭарҳауеит.

Еиҭашьақәдыргыло апанно асовет аамҭақәа раан иаԥырҵеит аԥсуа сахьаҭыхыҩ Валентина Хәырхәмалԥҳаи архитектор Зураб Ҵереҭелии.

Аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥигалоит асахьаҭыхыҩ Алик Шьанаа.

Иара убас Кан Кәарҷиа ихатә харџь ала аҳҭнықалақь ҳамҭас иеиҭоит "вашингтониа" захьӡу апальмахк.

Абиуџьет еимактәы

Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара жьҭаара 27 рзы иаднакылеит "2020 шықәсазтәи ареспубликатә биуџьет азы" азакәан апроект. Абри ашьҭахь адокумент атәыла ахада иахь инашьҭхоит.

"2020 шықәсазтәи ареспубликатә биуџьет азы" азакәан апроект иазԥхьагәанаҭоит аконсолидациа зызуу абиуџьет: ааимҭақәа 10 миллиардки 257 миллион мааҭ, ахарџьқәа: 10 миллиардки 510 миллион мааҭ. Абасала иааиуа ашықәс азы адефицит иартәоит - 253 миллион мааҭ.

Аԥара - Sputnik Аҧсны
2020 шықәсазтәи абиуџьет Аминистрцәа Реилазаараҿы ирыдыркылеит

Алагалақәа разԥхьагәаҭара мҩаԥгоуп асоциал-економикатә ҿиара аихшьаалақәа ҵаҵӷәыс ирыҭаны.

"Алагалақәа рхыҵхырҭақәа рыла ареспубликатә биуџьет ахәҭа иаҵанакуеит 79,1%, аҭыԥантәи абиуџьетқәа 20,9%. Аныхрақәа реилазаараҿ ареспубликатә биуџьет иахәҭахоит 72,3%, аҭыԥантәи абиуџьетқәа - 27,7 %", - ҳәа аҳәоит абиуџьет азы ақәҵара апроект иацу аилыркаага шәҟәы.

Абиуџьет адефицит ахҩаразы Аԥсны Амилаҭтә банк аҿы акредит агара азыԥхьагәаҭоуп. Уи 300 миллион рҟынӡа артәоит. Иара убасгьы ирхынҳәхоит аиуристтә хаҿқәа ареспубликатә биуџьет аҟынтәи ирыҭаз акредитқәа. Адефицит аԥаразоужьра администраторс иқәгылоит Аԥсны Афинансқәа рминистрра.

2020 шықәсазтәи ареспубликатә биуџьет ааимҭақәа рҿы ахатәы лагалақәа идыртәоит 3 миллиардки 368 миллион мааҭи. Урыстәылатәи Афедерациа хнырҳәырадатәи ацхыраара: асоциал-економикатә хықәказы – 3 миллиардки 246 миллион мааҭ, абиуџьеттә инвестициа аҳасаб ала афинанстә цхыраара – 1 миллиардки 500 миллион мааҭ.

2020 шықәсазы ашәахтәцҵала абиуџьет иалалароуп миллиардки 374 миллион мааҭ.

Джансух Нанба - Sputnik Аҧсны
Арадио
Нанба 2020 шықәсазтәи аҳәынҭқарратә абиуџьет ахҳәаа азыҟаиҵеит

Ашәахтәцҵаҟынтәи абиуџьет ахь ааимҭақәа 36 миллион рыла еиҵахоит, иагьартәоит миллиардки 374 миллион мааҭи.

Атауарқәа ракцизқәа идыртәароуп 165 миллиони 330 нызқь мааҭи. Убри аан аҭаҭын аалыҵ алагалараан акцизқәа идыртәоит 114 миллиони 100 нызқь мааҭи.

2020 шықәса рзы ареспубликатә биуџьет ахь баџь ҳасабла иалагалараны иҟоуп 93 миллиони 242 нызқь мааҭи.

Аҳазалхратә еизгақәа идыртәараны иҟоуп 315 миллиони 536 нызқь мааҭи.

Хнырҳәрадатәи Урыстәылатәи Афедерациа ацхыраара ҩ-хырхарҭак рыла еиҿкаахоит: аҳәынҭқарра асоциал-економикатә ҿиареи 2020-2022 шықәсқәа рзы Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара ацхрааразы Аинвестпрограмма анагӡареи.

Урыстәылатәи Афедерациа хнырҳәырадатәи ацхыраара: асоциал-економикатә хықәказы – 3 миллиардки 246 миллион мааҭ, абиуџьеттә инвистициа аҳасаб ала афинанстә цхыраара – 1 миллиардки 500 миллион мааҭ.

"2020 шықәсазтәи Ареспубликатә биуџьет азы" азакәан апроект аныхрақәа рхышәа-ҵышәа 8 миллиардки 348 миллион мааҭ артәоит. Ари 583 миллион ма 6,5 % рыла 2019 шықәсазтәи абиуџьет еиҵоуп.

Абиуџьет апроект инақәыршәаны 2020 шықәса рзы агәабзиарахьчара иазоужьхоит 606 миллион мааҭ. Ари 27 миллион мааҭ рыла еиҵоуп 2019 шықәса рзы аасҭа. Акультуреи АИХи ирзоужьхоит 317 миллион мааҭ, абаҩрҵәыреи, аспорти, аҿартә политикеи ирзоужьхоит 68 миллион мааҭ. Асоциалтә политиказ абиуџьет иазыԥхьагәанаҭоит 287 миллион мааҭ. Ари 28 миллион мааҭ рыла еиҵоуп 2019 шықәса рзы аасҭа. 2 миллиард мааҭ рзоужьхоит азеиԥшҳәынҭқарратә зҵаарақәа: азакәанԥҵаратә мчра аусура (58 миллион), анагӡаратә мчра аусура (109 миллион), аӡбаратә система (216 миллион), афинанстә, ашәахтә, аҳазалхратә усбарҭақәа (329 миллион). Арҭ 2 миллиардк рҟынтәи жәларбжьаратәи аусура иазоужьхоит 67 миллион, 50 миллион аҳәынҭқарра ауал иагоит.

"Алхрақәеи ареферендумқәеи" 5 миллион мааҭ рызкхоит. Уи аҟынтәи 4 миллионк АКХ аппарат аныҟәгара иазкхоит.

Атәылахьчара иазырхахоит 357 миллион мааҭ. Ари 2019 шықәсазтәи азоужьра иақәшәоит.

"Амилаҭтә шәарҭадареи азинхьчаратә усуреи" рзы иазԥхьагәаҭахоит миллиардки 438 миллион мааҭ. Ари 2019 шықәса раантәи аасҭа 28 миллион рыла еиҳауп" ҳәа аҳәоит адокумент.

Атәыла аиҳабыра рҿы аиҭакрақәа

Аԥсны ахада Аусԥҟа инапы аҵеиҩит Аминистрцәа реилазаара аструктура ашьақәырӷәӷәаразы.

Атәыла ахада иусԥҟа инақәыршәаны аминистррақәа ҩба аҳәынҭеилакқәа ҳәа еиҭакуп: ақыҭанхамҩа аминистрра – Ақыҭанхамҩаз аҳәынҭқарратә еилакы, акурортқәеи атуризми рзы аминистрра - Акурортқәеи атуризми рзы аҳәынҭқарратә еилакы ҳәа.

Агәабзиарахьчара аминистрреи Асоциалтә еиқәыршәара аминистрреи реилаларала еиҿкаахоит Агәабзиарахьчареи асоциалтә еиқәыршәареи рминистрра. Ари аминистррахь иаҵанакуеит: ареспублика атәанчаратә фонд, асоциалтә ԥгаԥсеи аџьа ахьчареи рфонд, ихымԥадатәиу амедицинатә ԥгаԥсатә фонд, 1992-1993 шықәсқәа рзтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа рфонд, амҩатә фонд.

Аԥсны аиҳабыра - Sputnik Аҧсны
Аԥыза-министр Аԥсны аиҳабыра реиҭеиҿкаараз ақәҵара инапы аҵеиҩит

Иара убасгьы аҿартә политиказ аилаки абаҩырҵәыреи аспорти рзы аилаки реилаларала еиҿкаахеит - аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә еилакы.

Аимадареи амассатә коммуникациақәеи рзы аҳәынҭқарратә напхгараҭареи атранспорт азы аҳәынҭқарратә напхгараҭареи, аимадара аус аҟны аҳәынҭқарратә хылаԥшра амаҵзуреи еилаланы аенергетикеи, атранспорти, аимадареи рзы Аҳәынҭқарратә усбарҭа еиҿкаахеит.

Аргылареи архитектуреи рзы Аҳәынҭқарратә еилакы архитектуреи, ақалақьеиҿкаареи, анхара-коммуналтәнхамҩеи рзы Аҳәынҭқарратә усбарҭа ҳәа иҟалоит.

Астатистиказ аҳәынҭқарратә усбарҭа Астатистиказ аҳәынҭқарратә еилакы ҳәа иԥсахуп.

Акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистрра Акультура аминистрра ҳәа иԥсахуп.

Арепатриациаз аминистрра ԥсаххеит Адемографиеи арепатриациеи рзы аминистрра ҳәа.

Аԥсны аҵареи аҭҵаарадырреи рминистрра ԥсаххеит Аԥсны аҵарадырра аминистрра ҳәа.

Рауль Ҳаџьымба - Sputnik Аҧсны
Ҳаџьымба аиҳабыра реилатәараҟны абжьгаратә ажәахә ҟаиҵеит

Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба абҵара 20 рзы имҩаԥысуаз Аиҳабыра реилатәара далахәын. Иара абжьгарақәеи амҩақәҵагажәеи злаз ажәахә ҟаиҵеит.

"Ҳҿаԥхьа иқәгылоу азҵаарақәа ирхаданы иҟоуп ҳҳәынҭқарра аиқәырхара азҵаара. Дарбанызаалакгьы ишәуалуп абри азы ишәылшо аҟаҵара. Иҟаҵоу рацәоуп, аха иҟаҵам еиҳагьы еиҳауп", - иҳәеит иара.

Аԥсны ахада иазгәеиҭеит Аԥсны адәахьынтә афинанстә цхыраара шаиуагьы, ахатәы мчқәа рырҿиара шхымԥадатәиу.

Рауль Ҳаџьымба жьҭаара 28 рзы аусԥҟа инапы аҵеиҩит Аминистрцәа Реилазаара ҿыц ашьақәырӷәӷәаразы. Иара адҵа ҟаиҵеит аҳәынҭқарратә напхгараҭаратә усбарҭақәа рзеиԥш штаттә хыԥхьаӡара 15 процент рыла аоптимизациа азухарц азы. Абри аус ҿҳәарас иамоуп 2020 шықәса ажьырныҳәа 1.

"Сухумприбор" ахаҿыхыркыга ацәажәарақәа арҿиеит

"Сухумприбор" анапхгара ахыбра ахаҿра зырԥшӡоз асовет мозаика амырхырц рыӡбеит иара амышәшәо иахьалагаз азы.

Уи аус азхьаԥшра арҭеит ақалақь ахадара, акультура аминистрра. Аҳҭнықалақь асахьаҭыхыҩ хада Ҭемыр Ҟаитан иажәақәа рыла аусурақәа аамҭала иаанкылоуп.

"Сухумприбор" адиректор Марлен Гадлиа Sputnik акорреспондент даниҿцәажәоз иҳәеит амозаика ахәҭақәа каҳауа ианалага ауаа рыԥсҭазаарақәа ашәарҭара иҭамгыларц азы иамхтәуп ҳәа ишырыӡбаз. Аха убри аан "Сухумприбор" аиҳабыра имҩаԥырго аус азы Акультура аминистрра аума ақалақь ахадара роума адырра рырҭымҭаӡеит.

Ажәытәтәи амозаика: Сухумприбор апанно аҭагылазаашьа - Sputnik Аҧсны
Ажәытәтәи амозаика: "Сухумприбор" апанно аҭагылазаашьа

Ақалақь асахьаҭыхыҩ хадеи Акультура аминистрра ахаҭарнакцәеи "Сухумприбор" анапхгара ирԥылараны иҟоуп апанно ԥхьаҟатәи алахьынҵа аӡбаразы.

"Аиҭашьақәыргылара алшартә иҟоуп. Аамҭала ишыҟоу инҳажьуоу аиҭашьақәыргыларазы аԥара ҳашьҭало ҳазхәыцып. Ҳазегь ҳаилаланы апроблема ӡбышьак аҳҭароуп", - ҳәа иҳәеит Ҭемыр Ҟаитан.

Афестивальқәеи аныҳәақәеи

Сынтәа "Ԥсра зқәым архәҭа" иалахәхеит х-нызқьҩык инарзынаԥшуа ауаа.

Сынтәа акциа "Ԥсра зқәым архәҭа" мҩаԥысуан Аԥсны ахы-аҵыхәа: Аҟәа, Пицунда, Гагра, Гәдоуҭа, Афон ҿыц, Очамчыра, Тҟәарчал. Гагра имҩаԥгахеит жьҭаара 6 рзы, Афон ҿыц – цәыббра 29 рзы, егьырҭ ақалақьқәа рҿы – цәыббра 30 аҽны.

 

Акциа иалахәын ашколхәыҷқәа, астудентцәа, ақалақь ауааԥсыра.

Раԥхьаӡа акәны иара мҩаԥган цәыббра 30 2016 шықәса рзы. Иалахәын ҩ-нызқьҩык инарзынаԥшуа ауааԥсыра. Аԥсны атәылауаа Аҟәа ақалақь амҩа хадақәа ирнысит ргәакьацәа рфотосахьақәа рыманы.

Актәи Жәларбжьаратәи ахортә фестиваль "Шьардаамҭа" аконцертқәа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа имҩаԥнагеит, Акультура аминистрра ацхыраарала. Абҵара 13 асааҭ 18:00 рзы имҩаԥгахеит аконцерт хада Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿы.

Аконцерт хада апрограмма аадыртит "Шьардаамҭа" ала. Ашәа нанагӡеит аҳәынҭқарратә хортә капелла (адирижиор Нодар Ҷанба). Уи ашьҭахь иқәгылеит Уралтәи аҳәынҭқарратә камертә хор. Иара ахәаԥшцәа ирыднагалеит апрограмма "Пять веков русской духовной музыки".

Культурно-спортивный фестиваль Абаза открылся на набережной Сухума - Sputnik Аҧсны
Аҟәа иаатит афестиваль "Абаза"

Московатәи аконсерваториа акамертә хор адоуҳатәи, аклассикатәи, ҳаамҭазтәи музыка нанагӡеит. Аурыс ашәақәа руак аккомпанемент азыҟаиҵон аԥсуа пианиноарҳәаҩы Бараса Кәыџба.

Иара убас имҩаԥысит акультура-спорттә фестиваль "Абаза", уи иалахәын Аԥсни Ҟарачы-Черқьесиеи аспортсменцәеи, аҟазаратәи афольклортәи коллективқәеи. 

XVII афестиваль "Хьыбла Гьерзмаа шәаалыԥхьоит" мҩаԥысит астадион "Динамо" аҟны. Сынтәа уи аҭаара хәыда-ԥсадатәын. Уи иалахәын Ҭаҭарсҭантәи Аҳәынҭқарратә симфониатә оркестр, Академиатә хор ду, Башкортосҭан Жәлар рартист Ильдар Абдразаков.

Аҳәынҭқарратә акәашаратә ансамбль "Кавказ" 25 шықәса ахыҵра азгәанаҭеит Аҳәынҭқарратә филармониаҟны.

 

Ажәабжь гәыҟаҵага

Екатеринбург, Аиндаҭларақәа ракадемиаҿ абҵара 2 рзы имҩаԥысит аԥснытәи абоксиор Игор Адлеиба дызлахәыз апрофессионалтә бокс ахәылԥаз.

Аԥсуа боксиор Игор Адлеиба аҿар рыбжьара WBO аверсиала адунеи ачемпион ҳәа ахьӡ игеит. Иара диндаҭлон Венесуелатәи абоксиор Едди Кольменарес.

Ажәабжьқәа зегьы
0