Тҟәарчала араион аҵараҟәша аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Фросиа Хаҳәбиаԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит ашколқәа рҟны иахьазы имҩаԥырго ауснагӡатәқәа ртәы.
Аҳәаа аилагаҩцәа реиҳараҩык административтә ҭакԥхықәрахь иадԥхьалоуп, ааҩык Аԥсны аҵакыра иалцоуп.
Аԥсны ахадарахьы акандидат Аслан Бжьаниа игәабзиара аҭагылазаашьа ҳполитикатә ҭагылазаашьа иазнауз анырра ахҳәаа алҭоит Sputnik Аԥсны аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.
Аҟәа араион апрокуратура Гәымсҭа ақыҭан Узбекисҭан атәылауаҩ лцәаԥҽра аганахьала ашьаус хацнаркит.
Аеҵәақәа ирыдҳәаланы ҳажәлар ирымоу агәрагарақәа ртәы арадио Sputnik Аԥсны арубрика "Жәлар рдоуҳа" аҿы еиҭалҳәеит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа.
Аԥсуа композитор, Қырҭтәылатәи ССРи Аԥснытәи АССРи аҟазара зҽаԥсазтәыз аусзуҩ Иван Еснаҭ-иԥа Кортуа диижьҭеи иахьа иҵуеит 110 шықәса. Уи игəалашəара аҳаҭыразы Аԥснытəи Ареспубликатə Жəлар рырҿиаратə центр аиҳабы Нури Кəарҷиа дазааҭгылоит иара ирҿиаратə мҩа.
Урыстәыла ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков аҳәамҭа ҟаиҵеит Москва Аԥсны иҟанаҵаз аҳәамҭа адипломатиатә каналқәа рыла ишроулак ишҭырҵаауа азы.
Акоррупциа аҿагыларазы ҿҳәарадатәи амлашьра алахәылацәа руаӡәк Џьансыхә Адлеиба Sputnik Аԥсны аефир аҿы иҳәеит Жәлар Реизараҿы ирыдкылаз азакәан ахықәкы хада шынанамыгӡо.
Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Алексеи Двинианин диԥылан "Аԥсны ахадарахьы акандидат Аслан Бжьаниа ашҳам ирҭеит Урыстәыла аҵакырадгьыл аҿы" ҳәа иҟоу агәаанагаразы УА Апрокуратура хада ашьаус хацнаркырц адҵа ҟаиҵеит.
Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистр идҵала Аҳәынҭқарратә санитар-епидемиологиатә маҵзура ашьаҭала иеиҿкаахоит акоронавирус хкҿыц аҭҵааразы азыҟаҵарақәа.