Sputnik амчыбжь: акоронавирус аиҭацәырҵреи акарантин арԥсыҽреи

© Sputnik / Томас ТхайцукГудаутская ЦРБ
Гудаутская ЦРБ - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҵыхәтәантәи амчыбжь азы Аԥсны аепидемиологиатә ҭагылазаашьа еицәахеит, лаҵара 15 инаркны иаԥыхын ԥкырақәак, иҟоуп рашәара 1 аҟынӡа изнахоугьы.

Иаҳхысыз амчыбжь аан ахҭыс хадақәа иреиуан: абџьари аџьаԥҳани аҩнеихагылаҿы аԥшаара, Ашәҟәы ҟаԥшь ианыз аԥсыӡ акра, Апарламент аҟны аӡбаҩ иалхра, ахада араионқәа рхадацәа ахьеиҭаз.

Акоронавирус хҭыс ҿыцқәа

Акоронавирустә пандемиа Аԥсны мҽхакы ҭбаала иаламҵәарц азы иқәԥоит. Лаҵара 11 рзы иазгәаҭан быжь-хҭыск.

Гәдоуҭа асанҳақьым: амедицина акгьы алшом, ауаа аҽыԥхьакра арежим иқәымныҟәалар - Sputnik Аҧсны
Гәдоуҭа асанҳақьым: амедицина акгьы алшом, ауаа аҽыԥхьакра арежим иқәымныҟәалар

Лаҵара 17 рзы ауааԥсыра авирус рацәыхьчаразы аоперштаб адыррақәа рыла, COVID-19 рыдбалоуп ҩажәаҩык.

Лаҵара 16 рзы акоронавирус азы анализ анырга уи аҿкы уаҳа ишиламыз анеилкааха ашьҭахь Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҟынтә акурсантцәа аӡәы дҭырҩааит.

Иахьазы ахәышәтәырҭа иҭоуп 16-ҩык апациентцәа акоронавирустә инфекциа ззышьақәырӷәӷәоу. Иааидкыланы иахьанӡа Аԥсны иахьаҵанакуа 20-ҩык авирус роухьеит. Урҭ рҟынтәи хҩык ргәы бзиахахьеит, аӡәы лыԥсҭазаара далҵит ҳәа аҳәоит аоперштаб адырраҭара.

"Аиҭар" аҿы акарантин иахысуеит 194-ҩык астудентцәа. Амҽышаҽны 14 мштәи акарантин рхыган, атестқәа ирхысны рыҩныҟақәа рахь ицеит 24-ҩык акурсантцәа.

Уснагӡатәқәак рыцҵареи акарантин арԥсыҽреи

Аҵыхәтәантәи амчыбжь азы Аԥсны аепидемиологиатә ҭагылазаашьа аицәахара инадҳәаланы Аслан Бжьаниа аӡбамҭа идикылеит ԥкырақәак рыҿҳәара рашәара 1 аҟынӡа инахазарц. Аԥсны-урыстәылатәи аҳәаа аркуп, атуристтә усура аанкылоуп, аҵарашықәс хыркәшоуп, аԥышәарақәа аԥыхуп. Аԥышәарақәа рҭиуеит 11-тәи акласс аушьҭымҭацәа мацара. Абарҭ аԥҟарақәа аус руеит иреиҳаӡоу аҵараиурҭақәа рзгьы.

Набережная Махаджиров  - Sputnik Аҧсны
Аслан Бжьаниа рашәарамзанӡа ԥкырақәак шыҟоу иаанижьуеит

Рашәара 1 аҟынӡа амассатә уснагӡатәқәа, акультуратә обиектқәа рҭаара, атеатрқәа амузеиқәа рахь аныҟәара аанкылоуп.

Акаҳуажәырҭақәеи аресторанқәеи русура иалагеит, аха иахәҭаны иҟоу аԥҟарақәа ирықәныҟәаны.

Аусура иалагеит ақалақьбжьаратә транспорт. Аџьармыкьақәа аус рулоит араионқәа рхадарақәа ишьақәдырӷәӷәо аграфик ала.

Абџьарҵәахырҭеи Ашәҟәы ҟаԥшь иану аԥсыӡ акреи

Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра ашьаусҭҵаареи СОБРи русзуҩцәеи Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура аусзуҩцәеи Аҟәа ақалақь Араион ҿыц Картозиа имҩаҿы игылоу аҩнеихагылақәа руак аҟны лаҵара 12 рзы ирыԥшааит абџьари аџьаԥҳани рыҵәахырҭа.

Азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа еиуеиԥшым агәыцә змоу зқьыла апатронақәеи, арԥжәагақәеи, арԥжәагатехникатә елементқәеи, агранатақәеи, атанкаанкылага напылатә гранатаршәгақәеи, архысгақәеи, апулемиотқәеи, патронала иҭәыз апулемиотлентақәеи ахьыҵәахыз аадырԥшит, иара убасгьы ара ирбеит бжьы змырго, амцаԥшь зхылымҵуа ахархәагақәа, Урыстәылеи аҳәаанырцәи иҭыжьу жәабала абџьар, анапылатә чемодан азна атапанчақәа.

Изъятые боеприпасы  - Sputnik Аҧсны
Аԥсны азинхьчаратә усзуҩцәа абџьари аџьаԥҳани ахьыҵәахыз рыԥшааит

Лаҵара 15 рзы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа аҳәамҭа ҟаиҵеит иԥшаау абџьар "ачынқәа зыжәҩа иқәу ауаа алаҟьашьуп" ҳәа. Бжьаниа иара убасгьы иазгәеиҭеит Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр ҿыц Дмитри Дбар инапы ишану ацәгьоура иалахәу амилициа аусзуҩцәа ирыхәҭоу иақәыршәазарц.

Лаҵара 12 даҽа закәанеилагаракгьы аҭыԥ аиуит.

Асоциалтә ҳақәа рҟны ицәырган аԥсыӡкыҩцәа Ашәҟәы ҟаԥшь иану абарзал ду шыркыз атәы узырбо авидео. Аекологиазы Аҳәынҭқарратә еилакы аиҳабы Савели Ҷыҭанаа иажәақәа рыла, аԥсыӡкыҩцәа ахараԥса рықәырҵоит, уи ахышәа-ҵышәа аҟазауаа ишьақәдыргылеит аԥсабара иазуу аԥхасҭа анырыԥхьаӡа ашьҭахь – иара 27 000 мааҭ артәеит.

Аԥсыӡ аура ҩбаҟа метра инаӡон, 200 кьыла раҟара акапануан.

Апарламент аилатәара "еилашы"

Лаҵара 13 рзы имҩаԥысит Аԥсны Апарламент изаамҭанытәиз аилатәара.

Амшхәаԥштә азҵаарақәа ируакын Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбаҩ икандидатура ахәаԥшра. Ари азҵаара аимак-аиҿак ахылҵит.

атәылауаҩшәҟә-визатә маҵзура аусура - Sputnik Аҧсны
Адепутаттә комиссиа атәылауаҩшәҟә-визатә маҵзура аусура агәаҭара иацнаҵоит

Адепутатцәа Баҭал Табаӷәуеи Валери Агрбеи ргәаанагарақәа еиқәымшәеит аӡбаҩцәа ркандидатурақәа рызнеишьазы. Табаӷәуа игәаанагарала, акандидатурақәа рыхәаԥшра ҟалом ахада ихаҭарнак дыҟамкәа, иара иҳәеит ари даҽазныкгьы ишунарбо аӡбаҩцәа "ицәыҵагәаны" ишалырхло.

Агрба Табаӷәуа ииҳәо шьаҭаиркырц идиҵеит иагьазгәеиҭеит ахада ианрыдигала ашьҭахь Аконституциа ишаҳәо ала акандидатурақәа 30 мшы ирҭагӡаны ирыхәаԥштәуп ҳәа.

Аҵыхәтәаны аимак хаҭала еиқәшәаны ишырыӡбо еибырҳәеит. Абри анахысгьы аҭыӡшәа мтәеит. Анаҩс излацәажәоз ӡбаҩыс Џьамал Гогьиа иҟалара акәын.

Аԥсны апрокурор хада Адгур Агрба аҳәамҭа ҟаиҵеит "Аԥсныбылтәы" адиректор хада Беслан Аҩӡба идукат уи иус Ахашшааратә коллегиаҟны ианахәаԥшуаз, Гогьи хаҭала апрокурор хада ихаҭыԥуаҩ диҿцәажәон, апрокуратура аӡбарҭахь инанашьҭыз аматериалқәа зегьы идыруан, уи азы азин шимамызгьы ҳәа. Уи адагьы Агрба иҳәеит Гогьиа дшазааҭгылаз аанкылара аԥкаанҵа агхақәа ахьамаз азҵаара, убри аицәажәара ашьҭахь х-сааҭк рыҩнуҵҟа Аҩӡба дшоушьҭыз. Агрба ари машәырны иҟалаз акәны дахәаԥшуам.

Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Зыхәба, Кәаӡба, Аҩӡба рхарадҵа здырԥсыҽыз рҳәеит

Агрба иара убасгьы ицәыригеит Атәылахьчара аминистрра архив аҟынтәи ашәҟәқәа – аибашьраан Џьамал Гогьиа 19 шықәса дшырҭагылазгьы, Владислав Арӡынба 18 - 40 шықәса зхыҵуа зегь амобилизациа ҟарҵароуп ҳәа адҵа шыҟаиҵазгьы, аибашьра дшалахәымыз. Иара убасгьы ицәыригеит Ашәарҭадаратә маҵзураҟынтәи ашәҟәқәа Гогьиа иани иашьеи Қырҭтәыла ишатәылауаау зҳәо. Абарҭ инарықәыршәаны Агрба ииашаны иазиԥхьаӡом Гогьиа Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбаҩыс далхызарц.

Маӡалатәи абжьыҭира ашьҭахь Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбаҩыс далхын Оксана Ԥлиаԥҳа. Џьамал Гогьиа изы рыбжьы рҭиит 11 депутат, 19-ҩык иҿагылан рыбжьы рҭиит.

Аиҳабыраҿ ахаҿ ҿыцқәеи Апарламент ахь алхрақәеи

Аԥсны аминистррақәеи аусбарҭақәеи рхадацәа раҭара мҩаԥысуеит, иарҭоит араионқәа рхадацәагьы.

Иҭацәыз аҭыԥқәа рахь: Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа - Sputnik Аҧсны
Иҭацәыз аҭыԥқәа рахь: Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа

Лаҵара 12 рзы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа иусдҵала Џьансыхә Нанба атәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩыс дҟаҵоуп, акурортқәа рзы аминистрс – Ҭеимураз Хышба.

Инапынҵақәа рҟынтәи ихы дақәиҭтәын Аԥсны АШәМ ахантәаҩы Зураб Марганиа, Гәылрыԥшь араион ахадас дааныжьуп Аслан Бараҭелиа, Тҟәарчал араион ахадас далхуп Исидор Дочиа.

Аԥсны алхратә комиссиа хада ԥхынгәы 12 аҽны иҭацәыз адепутаттә ҭыԥқәа рахь алхрақәа рымҩаԥгара аҿҳәара шьақәнаргылеит.

Алхрақәа мҩаԥысуеит ԥхынгәы 12 рзы:

Кындыӷтәи алхырҭатә ҭыԥ №31,

Гәдоуҭатәи алхырҭатә ҭыԥ №18,

Бзыԥтәи алхырҭатә ҭыԥ №10,

Оҭҳаратәи алхырҭатә ҭыԥ №14.

Аԥсны Раԥхьатәи ахада ииубилеи

Лаҵара 14 рзы Аԥсны Раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба 75 шықәса ихыҵуазаарын.

Президент Абхазии Владислав Ардзинба. - Sputnik Аҧсны
Владислав Арӡынба иажәеи иаамҭеи

Аепидемиологиатә ҭагылазаашьа инамаданы иазыԥхьаӡан ауснагӡатәқәа ҭагалан ахь иахыгазарц.

Абри амш аҽны атәыла анапхгара, аиҳабыра, ауаажәларратә еиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа Ешыра ақыҭан Владислав Арӡынба иҳаҭгәын аҿы ашәҭшьыҵәрақәа ықәырҵеит.

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра Гәдоуҭатәи аҳәынҭқарратә музеи аҿы иаартын 150 фотосахьа зҵазкуаз ацәыргақәҵа "Владислав. Иацы. Иахьа. Уаҵәы".

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0