Sputnik амчыбжь: амобилтә госпиталь, аенергетика, аковид азы ахарџьқәа, аӡхыҵрақәа

© Sputnik Мобильный госпиталь Минобороны России
Мобильный госпиталь Минобороны России - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.08.2021
Анапаҵаҩра
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны иазнархиеит ареспубликаҿ нанҳәа 16-22 рыҩнуҵҟа имҩаԥысыз ахҭысқәа.
 
Ииасыз амчыбжь азы Аԥсныҟа еиҭааит амобилтә госпиталь акоронавирус змоу рыхәышәтәразы, Аслан Бжьаниа инарҭбаау аилацәажәара мҩаԥигеит хра злоу азҵаарақәа рзы, Аҟәеи араионқәеи рҿы аӡхыҵрақәа ирыхҟьаз ахарџьқәа рыԥхьаӡара иаҿуп. Арҭи егьырҭ ажәабжьқәеи ҳаизгаҿы.
Sputnik
Амобилтә госпиталь
Урыстәыла атәылахьчара аминистрра Аладатәи арратә округ хырхарҭарацәалатәи амобилтә госпиталь Аԥсныҟа иааит нанҳәа 17 рзы, COVID-19 злоу раԥхьатәи ачымазцәа рыдкылара иалагеит нанҳәа 19 рзы.
Урыстәыла атәылахьчара аминистрра Аладатәи арратә округ хырхарҭарацәалатәи амобилтә госпиталь гылоуп асасаирҭа "Аиҭар" аҵакыраҿы.
Нанҳәа 21 азтәи адыррақәа рыла ара уажәы рҽырхәышәтәуеит 36-ҩык.
Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра Аԥсныҟа иаанашьҭыз хырхарҭарацәалатәи амобилтә госпиталь аилазаараҟны иҟоуп шәҩык рҟынӡа амедусзуҩцәеи 30 ак арратә техникеи.
Зынӡа иара 100 иара-ҭыԥк амоуп, аха ԥсыхәа амамкәа иҟалозар аҽа 50 ҭыԥ ацҵахар алшоит. 100 ҭыԥк рҟынтәи 46 ҭыԥ аҵәыҵәри ала еиқәыршәоуп.
Агоспиталь аҿы еибыҭоуп адкылара-еилыргарҭа, асанитар-епидемиологиатә, агоспитальтә, аҿкытә ҟәшақәа иара убасгьы анестезиологиеи ареанимациеи рыҟәшақәа, алабораториа.
Мобильный госпиталь Минобороны России - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.08.2021
Ҩаԥхьа ацхырааразы иааз: Урыстәылатәи амобилтә госпиталь зеиԥшроу
Амобилтә хырхарҭарацәалатәи агоспиталь аҟны ишьақәыргылоуп арԥҳақәа иԥсабаратәымкәа аҳауа рҭазырсуа аппаратқәа 11, ауаа интенсивла ргәаҭаразы амониторқәа, арентгенографиатә аппаратқәа, УЗИ аппаратқәа, ашьа анализҟаҵагақәа, ПЦР-лабораториақәа.
Асасааирҭа "Аиҭар" аҟны зыԥсы зшьо асасцәеи амобилтә госпиталь аҳақьымцәеи хаз-хазы иҟазаауеит, уи азы аанда ҟаҵоуп. Иара убас амобилтә машьынақәеи, атехника ҷыдеи аргыларҭа хаз игоу амҩа азылхуп. Уи адагьы амедусзуҩцәа рзы хаз игоу афатәҟаҵарҭеи амаҭәаӡәӡәарҭеи еиҿкаауп.
Амшын еиқәа афлот арадиациатәи, ахимиатәи, абиологиатәи хьчара архәҭаҟынтәи Аԥсны акоронавирус аламырҵәаразы ҩаԥхьа иааит.
10 автомашьынаки 30-ҩык аҟазауааи, астанциақәа АРС-14М, арԥхага машьынақәа ТМС-65У, автономтә хархәагақәа, адезактивациеи адезинфекциеи ртехника ДКВ-1К рыла еиҿкаау Амшынеиқәа афлот арадиациатәи, ахимиатәи, абиологиатәи хьчара архәҭа реишьҭагыла Ҟрымтәи адгьылбжьахаҟынтәи Аԥсныҟа иааит.
Хара имгакәа ари арҟәша атехника арзҩыдаразы автопарки апунктқәеи аамҭала аусура иаланаргоит. Анаҩс Аладатәи Арратә округ аррамаҵзурауааи Аԥсны аҟазауааи рыцырхырааны асоциалтә хыбрақәа аус рыдырулоит.
 
Аенергетика аусхк апроблемақәа
Нанҳәа 20 азы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа аусутә еилатәара мҩаԥигеит иусбарҭа аиҳабы, Аминистрцәа реилазаара, аҳәынҭеилакқәа рнапхгаҩцәа алархәны.
Ареспубликазы астратегиатә ҟазшьа моу АҲ "Аҽгәара" макьана аиҭашьақәыргылара изалагом, ацәаҳәа "Ԥсоу" аҿы ԥхынгәы 29 азы иҟалаз аԥхасҭа ахҟьаԥҟьақәа рҭыԥ иқәҵахаанӡа. Урҭ ацәаҳәақәа рыда Урыстәылантә алашара рзаашьҭуам.
Иахьазы "Аҽгәареи" "Ԥсоуи" реиҭашьақәыргылараз иазоужьуп 84 миллион мааҭ.
Электропровода  - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.08.2021
Бжьаниа адҵа ҟаиҵеит аинвесторцәа рзы афымцамч аганахьала аиқәшаҳаҭрақәа еиқәдыршәарц
Аилатәараан "Амшынеиқәафымцамч" аиҳабы и.н. Ҭенгиз Гырџьынба иҳәеит иахьатәи аамҭазы Аԥсны уахыки-ҽнаки рыла афымцамч ахархәара 500 киловатт-сааҭ рыла ишьақәыргылоу анорма ишеиҳау, иааидкыланы хә-миллион киловатт-сааҭ шыннахуа. Иара иажәақәа рыла, уи еиҳарак изыхҟьо атуристтә сезон ашыкьымҭа ҳахьҭагылоу ауп.
Аекономика аминистр лхаҭыԥуаҩ Ҭеимураз Амқәаб иажәақәа рыла, зынӡа атәылаҿы иаҿыхуп 4700 ак амаининг хархәагақәа, урҭ рахьтә 1100 атәыла анҭыҵ игоуп.
Иара убасгьы иара иазгәеиҭеит изакәанымкәа акриптовалиута зырҳауаз аӡбарҭаҿы ирықәырҵаз ахараԥсақәа рахьтә 600 нызқь мааҭ абиуџьет ишаларҵахьоу. Убри аан даҽа 14 миллион мааҭ рыхә ахараԥсақәа рызҵаара аӡбарҭаҿы ишышьҭоу.
Аслан Бжьаниа Аминистрцәа реилазаара адҵа риҭеит жьҭаарамзанӡа иаздырхиарц аӡхыҽҽатә ӡытә фымцамчтә станциақәа (ГЕС) рҭыԥ рықәҵаразы аинвесторцәа ирыдыргалаша аиқәшаҳаҭрақәа рпроектқәа.
Бжьаниа агәынамӡара ааирԥшит ари ахырхарҭала лҵшәак змоу аусура ҳәа акгьы мҩаԥысуам ҳәа.
Амшцәгьақәа рыхҟьаԥҟьақәа
Басла нанҳәа 15-16 руыхатәи ақәаршҩы иахҟьаны аҭра иҭыҵит. Турбаза араион аӡы аҵалеит: ахатәы ҩынқәеи адәқьанқәеи аӡы рыҩналеит.
Аӡы рнылт: Ҷанба, Шьеглова, Шотландиатәи, Ашәхәаҵаа, Аконфедератцәа, Ак. Марр, Беигәа амҩақәа, Аминистрцәа реилазаареи Аԥсны ААРи рыкәша-мыкәшеи.
Последствия затопления города Сухум  - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.08.2021
Басла ақәаршҩы иахҟьаны аҭра иҭыҵит
Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба еиҭеиҳәеит ауаа рмазара шыԥхасҭахаз, аҩбатәи аихагылақәа рҟынӡа аӡы шнеиз.
Ешба иҳәеит Басла аӡиас аҟәара арӷәӷәаразы аусурақәа мҩаԥыргараны ишыҟоу.
Нанҳәа 15-16 азы иҟаз амшцәгьа иахҟьаны ааха роуит Аҟәа, Гәылрыԥшь, Очамчыра араионқәа. Џьгьарда ақыҭан ацҳа аӡы иагеит, автомҩа Кындыӷ-Тамшь акәзаргьы амҩа ҵнаӡәӡәааит.
Гәылрыԥшь араион Допуқыҭ ацҳа аӡы иагеит, араион ақыҭақәа хәба амҩаду хада иаҟәыххеит.
Акоронавирус аҭагылазаашьа
Нанҳәа 20 азы имҩаԥысыз аилатәараҿ Едуард Быҭәба аепидемиологиатә ҭагылазаашьа зеиԥшроу атәы ахада изеиҭеиҳәеит, далацәажәеит Гәдоуҭатәи агоспиталь аҿы акомпиутортә тамограф аҭагылазаашьа, иҟоу аныхрақәа ртәы. Гәдоуҭатәи аковидхәшәтәырҭаҿы акомпиутертә томограф ԥхасҭанаҵы, рхы иадырхәоит ацифратә арентген-аппарат иҳәеит иара.
Томограф в Гудаутской ЦРБ  - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.08.2021
Иԥхасҭахаз акомпиутертә томограф аиҭашьақәыргылара иазхиоуп урыстәылатәи аилахәыра
Апандемиа иаалагазар Аԥсны коронавирус 475 000 000 мааҭ ақәнахарџьхьеит.
Аминистр иҳәеит ахәшәқәа "Артлегия" "Актемра" реиԥш иҟоу раахәаразы ауадаҩрақәа шыҟоу урҭ Урыстәылагьы иахьыҟам азы.
Аҭагылазаашьа шыуадаҩугьы иҭышәынтәалоуп иҳәеит Быҭәба.
"Иаларгалаз аԥкрақәа арбагақәа еиӷьыртәит. Иубартә иҟоуп ачымазара маҷк аҽышхьанакыз. Иаадыруеит аԥкрақәа ирызхьамԥшыкәа ауаа ачарақәа, аныҳәақәа шымҩаԥыргоз. Убри азы уажәтәи аԥкрақәа хра рыманы избоит", - иҳәеит Быҭәба.
Аԥсны  COVID-19 рыхьхьеит 24 310-ҩык, ргәы бзиахеит 19 608-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 360-ҩык.
Аоперациа "аиқәырхара"
Урыстәылатәи аспелеологцәа Аԥсны иҟоу Вериовкин иҳаԥаҿы ахаҵа иԥсыбаҩ рбеит 1100 метра алаҟәыраҿы, аамҭақәак рышьҭахь еилкаахеит 2020 шықәса абҵара 1 азы хабарда ибжьаӡыз , Шәача инхо Сергеи Казеев шиакәыз.
Нанҳәа 18 азы Веревкин иҳаԥы аҿы иҭахаз атурист иԥсыбаҩ харгалеит.
Нанҳәа 17 азы ашьхахыҵырҭа Хымса аҟынтәи ҩыџьа атуристцәа лбааган:
Житель Казани Камиль Фаттахов - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.08.2021
Ҳашԥсытәи аиҩхаа иахьаҵанакуаз иӡыз атурист дрыԥшааит
Денис Трунови Варвара Разинеи ареспубликатә хәышәтәырҭахь инаган.
Аԥхынра иаалагазар арҭ ахԥатәи гәыԥуп абри аҭыԥ аҿы ацхыраара зырҭахьоу.
Ҳашԥсытәи аиҩхаа иахьаҵанакуа иӡыз атурист иԥшаара напалакын нанҳәа 18 азы. 2006 шықәсазы ииз Казантәи атурист Камил Фаттахов дрыԥшааит Ҳашԥсытәи аиҩхаа иахьаҵанакуа, ицламҳәа, ишьапы, ижәҩахыр ааха рыманы.
Ақәыԥш иажәақәа рыла, иара аиҩхааҿы данынеиааиуаз ахра даҿҟьеит. Гагратәи ахәышәтәырҭахь днаргеит.
Аԥшаарақәа мҩаԥыргон Аԥсны АҶА аԥшаара-еиқәырхаратә гәыԥи, алақәа рыла иԥшаауа агәыԥи, Гагра араион амцарцәара-еиқәырхаратә гәыԥи русзуҩцәа.
 
Алаҵаҟаҵара шымҩаԥысуа
1311-ҩык алаҵа "Спутник Лайт" ҟарҵахьеит Аԥсны нанҳәа 10-20 рыҩныҵҟала.
Центр вакцинации от COVID-19 в Лужниках - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.08.2021
Аԥсны зықьҩык инареиҳаны алаҵа "Спутник Лайт" ҟарҵахьеит
Араионқәа рыла анаҩстәи адыррақәа ыҟоуп: Аҟәа - 774, Гәылрыԥшь араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы – 156, Гагра араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы – 192, Очамчыра араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы – 80, Гәдоуҭа араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы – 70, Тҟәарчал араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы – 24, Гал араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы – 13.
Нанҳәа 6 рзы Аԥсныҟа иааргеит 5 000 лаҵа "Спутник Лайт". Аахәареи аагареи ихахьы игеит Москватәи Аԥсуа диаспора аиҳабы Беслан Агрба.
Ареспубликаҿы алаҵа ҟарҵахьеит 7 500-ҩык инареиҳаны. Урҭ рҟынтәи 6500-ҩык "Спутник V" ҟарҵеит, 1311-ҩык хәҭак злоу "Спутник Лайт" ҟарҵахьеит.
Жәларбжьаратәи аусқәа
Атәымтәылауаа рзы аԥсуа-аурыс ҳәаа ахысра аҭагылазаашьақәа еиҭакуп ҳәа нанҳәа 19 рзы иаанацҳаит Адәныҟатәи аусқәа рминистрра.
Уажәшьҭарнахыс Аԥсныҟа амҩа рзаартуп Урыстәылатәи Афедерациа аҳәаақәа ззаарту атәылақәа руааԥсыра, милаҭла иаԥсыуоу, Ҭырқәтәыла, Шьамтәыла инхо, Абжьаратәи Азиа аҟынтәи аусуҩцәа-мигрантцәа.
Работа КПП Псоу - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.08.2021
Атәымтәылауаа рзы аԥсуа-аурыс ҳәаа ахысра аҭагылазаашьақәа еиҭакуп
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа иусԥҟа инақәыршәаны ареспубликаҿы 1992-1993 шш. рзы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра хатәгәаԥхарала иалахәызи рҭаацәарақәа рлахәылацәеи атәыла анҭыҵ инхо аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәеи рҭаҩра аԥҟара еиҭакуп.
Адокумент инақәыршәаны аҳәынҭқарратәи ахатәтәи нхаратә фонд анхарҭақәа рҿы нанҳәа 12 инаркны анхашьа анормақәа ирхьмырԥшыкәа иҭарыҩуеит:
Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа, 1992-1993 шш. рзы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра хатәгәаԥхарала иалахәыз,
ареспублика атәылауаҩра змоу, дара ирыцынхо рҭаацәара алахәылацәа – аԥҳәыс, ахаҵа, рҭаацәа, рыхшара,
Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа, атәыла анҭыҵ инхо аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа.
Аусԥҟаҿы иазгәаҭоуп аԥсахрақәа шрыдкылоу аԥсуа (абаза) диаспореи хатәгәаԥхарала еибашьуази рганахь ала Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аполитика Аконцепциа инақәыршәаны.
Ҟарачы-Черқьесиа, Адыге-Хабльтәи араион аул Старо-Кувинск аҿы иаадыртит Аԥсны хатәгәаԥхарала еибашьуаз ргәалашәараз Ахьӡ-аԥша апарк.
Ҟарачы-Черқьесиа Аԥсны хатәгәаԥхарала еибашьуаз ргәалашәараз Ахьӡ-аԥша апарк аадыртит - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.08.2021
Ҟарачы-Черқьесиа Аԥсны хатәгәаԥхарала еибашьуаз ргәалашәараз Ахьӡ-аԥша апарк аадыртит
"Апарк хатәгәаԥхарала еибашьуаз рыхьӡ ахҵара аидеа цәырҵит иара аргылара ахыркәшамҭаз. Иҟан имаҷымкәа агәаанагарақәа. Леон иорден занашьоу Роберт Ашба хатәгәаԥхарала еибашьуаз рыхьӡ ахҵазарц ажәалагала аныҟаиҵа, зегь еицҿакрыла иақәшаҳаҭхеит", - ҳәа иҳәеит Аԥсны хатәгәаԥхарала еибашьуаз Реидгыла анапхгаҩы Мураҭ Жиров.
1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра иалахәын аул Старо-Кувинск 25-ҩык ауааԥсыра ҳәа иҳәеит иара.
Нанҳәа 21-22 рзы Аԥсны аҳәынҭқарра ахада иусбарҭа анапхгаҩы Алхас Кәыҵниа зхадараҿы дыҟоу аԥсуа делегациа алахәын Алада Новгород 800 шықәса ахыҵра иазкны имҩаԥысуаз аныҳәатә усмҩаԥгатә.
Аҳәынҭқарра хада Аслан Бжьаниа аԥсны жәлари хаҭала иара ихьӡалеи, ақалақь Алада Новгород аԥҵоуижьҭеи 800-шықәса аҵра идиныҳәалеит агубернатор Глеб Никитин.
Иара убасгьы адныҳәалара ҟаиҵеит  Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба.
Агробизнес адгылара аҭара
Ақыҭанхамҩа аминистрраҿы ахықәкытә программа "2021 шықәсазы ақыҭанхамҩа аҿиара" алахәхаразы анаплакыҩцәа инарышьҭыз азыҳәақәа ҭырҵааит. Аԥсны ақыҭанхамҩа аминистрра акомиссиа ҷыда агробизнес арҿиаразы 40 зыҳәа рҟынтәи 28 проект алыркааит.
Аҵиааӡара ахырхарҭала иалкаан апроектқәа 10 – 4 112 500 мааҭ рыхә:
Ацитрустә плантациақәа рышьаҭаркра – 1 823 000 мааҭ
Ахәырма баҳчақәа рышьаҭаркра – 722 140 мааҭ
Араса аплантациақәа рышьаҭаркра – 539 680 мааҭ
Абаҳчамаахыр аплантациақәа рышьаҭаркра – 1 412 500 мааҭ
Деньги  - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.08.2021
Аԥсны ақыҭанхамҩа аминистрра агробизнес азы 35 миллион азоурыжьит
Иара убасгьы иалкаауп апроект миллион мааҭк ахәала – "аԥсыӡааӡара аусхк" ахырхарҭала: аԥсыӡԥшқақәа рзы 600 000 мааҭ, рыфатә азы - 400 000 мааҭ.
Фба-фба проект ирықәшаҳаҭуп "арахәааӡареи" "аԥсаатәааӡареи" рганахьала: 3 300 000 мааҭ; 2 466 500 мааҭ.
"Аусеиҭадулара" ахырхарҭала хә-проектк алхуп 20 848 728 мааҭ рыхә ала. Ари ахырхарҭа алахәылацәа аминистрраҟынтә иҷыдоу амаругақәа роуеит.
Иҟоуп аргылара-монтажтә усурақәа, анаплакытә хыбрақәа уҳәа рыргылара алагьы ацхыраара. Абарҭ ахықәкқәа рзы Ақыҭанхамҩа аминистрреи аилахәыра "Аԥсныргылареи" аилаӡара рыбжьарҵоит.
Аҭыԥантәи ааглыхҩы адгылара иҭаразы Аҽгәара ақыҭанхамҩатә џьармыкьа аадыртит.
Аҽгәаратәи аџьармыкьа иааиԥмырҟьаӡакәа аусура азыԥхьагәаҭахоит иара мызктәи аусура аихшьаалақәа рыла.
Аҽгәаратәи аџьармыкьа иааиԥмырҟьаӡакәа аусура азыԥхьагәаҭахоит иара мызктәи аусура аихшьаалақәа рыла. Аус аулоит галтәи аџьармыкьа аус анамуа амшқәа рзы. Аалыҵ аҭыԥантәи ауааԥсыреи Очамчыра, Тҟәарчал, Гал инхо реиԥш, атуристцәагьы иаархәалоит.
 
Ажәабжьқәа зегьы
0