Елеонора Асҭамыр-иԥҳа Когониаԥҳа диит март 23 1963 шықәсазы Очамчыра араион Қәтол ақыҭан. 1985 шықәсазы далгеит Қарҭтәи атеатртә институт актриса лзанааҭ лыманы. Аус луан Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҿы актриса лаҳасбала. 1987 шықәсазы дҭалоит Аԥснытэи Аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет. Далгоит 1991 шықәсазы. 1989 шықәса инаркны аусура далагоит Аԥсуа телехәаԥшраҿы, ахәыҷтәы дырраҭара аредактор лаҳасабала. 1994 шықәса инаркны диасуеит атематикатә ҟәшахьы. Иара убас, аус луан ажурнал "Ауаажәларра", агазет "Нужнаиа" рҿы. Ҳазҭагыло аамҭазы аус луеит Апсуа телехәаԥшраҿы Ашьыжьтәи, илахҿыху адырраҭарақәа рредакторс. Авторс дрымоуп автортә дырраҭарақәа: "Ажәа", "Абырҵкал". Имҩаԥылгоит ауаажәларратә-политикатә хырхарҭа змоу ишиашоу ицо адырраҭарақәа.
Жәлар рышәҟәыҩҩы Алықьса Гогәуа ипрозаҿы аҳәса рлахьынҵа аарԥшышьа шилшаз азы лгәаанагара дазааҭгылоит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.
Аҩаша, хәажәкыра 2 рзы Аҟәа, Аԥсны ахада уаанӡатәи иабжьгаҩ Бенур Қәираиа иумҭа иақәыӡбарц имҩаԥгаз амитинг азы лгәаанагара лҳәоит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.
Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа жәабран 23 рзы Аԥсны ахада иҿы Ауаажәларратә хеилак аԥҵаразы имҩаԥгаз аизара дахцәажәо, иаалгоит Таиф Аџьба ицәаҳәақәа: "Аизара еизароуп, уанеиза – иуӡбароуп, иануӡба – инаугӡароуп, егьи зегь - барбарроуп".
Аԥсуаа рҿы реиҳа иџьбароу ашәирақәа иреиуоуп "Иқьаԥҭахааит унхара" анырҳәо, избанзар ақьаԥҭара иаанагоит абиԥара рықәӡаара, хылҵшьҭрада аанхара. Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа ааигәа қьаԥҭақәак дырҭааны ианылба ашьҭахь илызцәырҵыз агәҭахәыцрақәа ҳацеиҩылшоит.
Аслан Бжьаниа Апарламент ахь инеишьҭыз "амаининг хархәагақәа рымхреи, закәаншьаҭада рхархәараз ашьаус аартреи" рзы азакәан апроект дшазыҟоуи, амаининқәа русура иахҟьаны афымцатә система иаиуз анырреи ртәы дазааҭгылоит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.
Ажьырныҳәа 16 рзы РУСДРАМ аҿы имҩаԥысыз амоноспектакль "Ацынҵәарах" иаркыз аԥхьарбара иаҭааз Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа илҳәоит атеатр асанитартә нормақәа ирықәшәо аԥҟарақәа ирхылаԥшны аусура алагара шалшо.
Амчра анапахьы аагаразы Аԥсны аамҭа-аамҭала имҩаԥысуа ахынҭаҩынҭарақәа қьар шрылам, Америкаа реимакра "аԥсуа хаҿра аман" ҳәа зылԥхьаӡо азы лгәаанагара дазааҭгылоит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.
Аҵыхәтәантәи аамҭазы асоциалтә ҳақәа рҿы зхымҩаԥгашьа ԥшӡам аҿарацәа зну анҵамҭақәа лассы-лассы ицәырҵуа иахьалагаз зыхҟьаз, насгьы маӡала иҭыхны ауаа ирылазырҵәо ахьынӡаиашоу, иара убас аҿар рааӡара апроблемазы лгәаанагара лҳәеит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.
Иҳаҩсыз ашықәс азы реиҳа лгәалашәараҿы инхаз, ахҳәаа ззылуз ахҭысқәа ртәы ҳзеиҭалҳәоит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.
Иахьа Аԥсны зҭагылоу апроблемақәа иаарылукаауеит афымцамч азҵаара. Аоппозициеи амчреи ахара рыдибаҵо шықәсыла ишааиуаз, иахьатәи аҭагылазаашьаҟны ҳкылсит, апроблема ӡбашьак амиукәа ҳәа лыԥхьаӡоит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.
Ԥхынҷкәын 4 рзы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа идикылеит атәыла адәныҟатәи аполитиказы аконцепциа. Уа иарбоу аԥсуа-ақырҭуа еизыҟазаашьақәа ртәы зҳәо хәҭаҷқәак ҳуаажәларраҟны еиуеиԥшым ацәажәарақәа рхылҿиааит. Урҭ рзы лгәаанагара лҳәоит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.
Sputnik Аԥсны аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа иахьатәи ланҵамҭаҿы дазааҭгылоит аԥсуара аԥҟарақәа азакәан ианаҿагыло шыҟало, уи зырҵабыргуа иҟалахьоу хҭыскгьы ҳзеиҭалҳәоит.
Аԥсны ишьақәгылаз аепидемиологиатә ҭагылазаашьа иахҟьаны еиуеиԥшым аԥкрақәа алагалоуп, урҭ инарықәыршәаны ашколқәа русура аанкылоуп ажьырныҳәа 12 рҟынӡа. Иахьатәи аамҭазы аҵаратә процесс аҭагылазаашьазы лгәаанагара ҳадылгалоит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.
Ажьырныҳәа 12 рҟынӡа Аԥсны аҵаратә усҳәарҭақәа рҿы аҵаратә процесс аанкыларазы знапы аҵаҩу аусԥҟа азы лгәаанагара лҳәеит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.
Иахьа Жәларбжьаратәи ателехәаԥшра амш ауп. Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа иаҳзеиҭалҳәоит раԥхьаӡа рқыҭаҿы ателербага шцәырҵыз, иара убас Аԥсны ателехәаԥшра аҿиарамҩеи иахьатәи аҭагылазаашьеи рзы лгәаанагара ҳамалдоит.