Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Сықәуп сара адгьыл, аиаша сҽаршьны": Таиф Аџьба иуаажәларратә лирика иазкны

© Foto / предоставлено Елеонорой КогониаТаиф Аджба
Таиф Аджба - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.03.2024
Анапаҵаҩра
Иахьа изиубилеиу апоет Таиф Аџьба иуаажәларратә хәыцрақәеи темақәас дыззаҭгылози Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа ланҵамҭаҿы.
Апоет Таиф Шьаадаҭ-иԥа Аџьба диижьҭеи 85 шықәса аҵра аламҭалазы сазхәыцыр сҭаххеит иуаажәларратә лирика. Уи ирҿиаратә нысымҩа уагәылаԥшыр, игәоумҭарц залшом ихаҭа аполитика дшаламызгьы - иԥсадгьыли ижәлари рлахьынҵа азхәыцра давсны, аҳра зуаз амчра ашәа шазимҳәоз. Изеиԥшрааз апоет иуаажәларратә хәыцрақәа? Иарбан темақәаз ишьҭихуаз – ҳауаажәлар Аԥсны алахьынҵа аӡбара ианазхәыцуаз?
Таиф Аџьба дынхон Асовет аамҭа ианасакьаҳәымҭаз, аамҭа-аамҭала аԥсуа милаҭ-хақәиҭратә қәԥара анцәырҵуаз.
Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа ртәы ҳҳәозар, апоет аус ахьиуаз Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла ахыбраҿы акәын, "Жәлар рфорум" захьӡыз ауаажәларратә еиҿкаара аҭыӡҭыԥ ахьыҟаз. 1991-1992 шықәсқәа рзы уа имҩаԥысуан аизара дуқәа. Аԥсуа шәҟәыҩҩцәеи, егьырҭ аҟазауааи уи иавсны ицомызт, ус ҟалашьагьы амамызт. Усҟан арҿиаразы еилшәарак аԥшаара уадаҩын Ашәҟәыҩҩцәа реидгылаҿы. Убра ауадақәа руак аҿы аус иуан Таиф Аџьба. Уахь лассы-лассы имҩахыҵуаз лаҳасабала исҳәарц сылшоит, азал аҿы имҩаԥысуаз аиԥыларақәа Таиф ихы шрыгимырхоз, амала иара апоет-трибунра шиҟазшьамыз ихымҩаԥгашьагьы ианыԥшуан. Изхысҳәаауа, Таиф Аџьба ижәлар рыгәҭа дшыҟазгьы, аполитикатә қәгыларақәа дрылахәымызт, аха апоезиа арҿиараҿы, имилаҭ рҿахәҳәараҿы аамҭа иԥшаауан. Абас иҟан иҟазшьа.
"Ауаажәларратә ԥсҭазаараҿы алитература иара аҭыԥ дырны игылазароуп, аха аҭыԥ иҭыҵны, мыцхәы ауаажәларратә ԥсҭазаара аҽаланагало ианалагалакгьы, алитература иаԥырхагоушәа сгәы иабоит. Сара дсыздыруам шәҟәыҩҩ дуӡӡак – аполитикаҿгьы ддуӡӡаны, алитератураҿгьы ддуӡӡаны. Руак хьысҳахошәа збоит", - иҳәоит Таиф Аџьба архив иазынхаз аибашьра ҟалаанӡатәи ателехәаԥшратә интервиу аҿы. Иаанагозма уи акы дацәшәон, сусура самырхып ҳәа дхәыцуан ҳәа? Абри азҵаара аҭак иара ирҿиараҿы иҳаԥшаауеит…
Таиф Аџьба ипублицистика ҳазааҭгылозар, урҭ реиҳарак алитература азхәыцра иазкын, аха 1989 шықәсазы апоет Аџьба иҩуеит "Яблоко не груша" захьӡу аполитикатә ҟазшьа змоу астатиа. Ахьӡ ишҳаҵанаҳәо ала, Аԥсны Қырҭтәыла шакәым аанарԥшуан. Астатиаҿы автор ақырҭуа ҵарауаа рахь агәынамӡара ааирԥшуеит ҳара ҳганахь иҟарҵо аҳәамҭақәа рзы. Апублицистикаҿы аполитика имаҷӡаны далацәажәозаргьы, Таиф Аџьба ирҿиамҭақәа рҿы иуԥылоит аполитикатә сатира аҟазшьа змоу ацәаҳәақәа:
Зныкгьы имеизандаз,
Рыбжьгьы дмыргаӡандаз,
Ҳахгьы рымгаӡандаз,
Рыхгьы дмыргаӡандаз, сҳәеит.
Аизара еизароуп.
Уанеиза иуӡбароуп.
Иануӡба – инаугӡароуп,
Егьи зегь барбарроуп…
Даҽа ҿырԥштәыкгьы - аҵәылхратә ҟазшьа змоу аполитикцәа ирзырхоу акәны избоит – "Ирҳәо-ируа" захьӡу, ҩ-куплеткны иҟоу, иахьатәи ҳаамҭа акыр иашьашәалоу аепиграмма:
Ирҳәо бзиоуп,
Ирҳәо бзиоуп!..
Ируа сеидроу –
Нас иаабап.
– Ируа бзиаз…
Ируа бзиаз…
Ирҳәо ҳашьҭам –
Иагьа рҳәап…
Таиф Аджба - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.03.2024
Аԥсны
"Ҳарҭ ҳарҳәацәаргьы иагьа – аԥсҭазаара ԥшьоуп – агәра га…": Таиф Аџьба илирика азхәыцра
Илирикатә жәеинраалақәа ирыҿҳарԥшуазар, ауаажәларратә хырхарҭа змоу ицәаҳәақәа акыр иаӷьуп. "Сажәа иашазар, ичҳа – иџьбаразаргь маҷк" ҳәа ихаҭа ишиҳәо еиԥш, иаахтны ицәыригон аамҭа иарҿиоз азалымдарақәа ртәы. Уи ибзиаӡаны ианубаалоит "Ауаа рныҳәаҿа". Аџьба араҟа аполитикцәа рсахьа шьахәла иҭихуеит, урҭ ажәлар рлахьынҵаҿы аума рхы иалдыршошәа ирҳәоз аҿаԥиҽуеит:
Ажәлар рыхьӡалоуп ишааиуа
Ажәлар рныҳәаҿагьы ркуеит,
Аӡәгьы дрыцҳаршьом изиааиуа –
Ажәлар рымчра дадыргоит…
Таиф Аџьба апоет аамҭа даҿахәҳәаганы дибоит, убри азакәхап "Апоет уахь" аҿы ааԥхьарак аҳасабала изиҩуа:
Аха дарбан уеиԥш издырра
Узлагылоу, уара утәы?
Иҳәа зегь шыҟоу, ишуныруа.
Уара ухаантәи зегьы…
Высшьа сзаҭауам "ахыхьчаразы зыҽзырдагәо" ауаа ирзикуа ажәеинраала – "Иганаҿ иҩызцәа иаарысуа ирыпҟон". Апоет иԥсҭазааратә философиа абарҭ ҵаҟа иаагоу ацәаҳәақәа шьахәла иаадырԥшуеит:
Иганаҿ иҩызцәа иаарысуа ирыпҟон –
Ҿымҭӡакәа дцон.
Аӡәаӡәала, аӡәаӡәала иҩызцәа ндырҵәон –
Ҿымҭӡакәа дцон.
Урҭ зегь ирылган, изнеит ихаҭа,
Дыҳәҳәеит, аха ишԥа!
"Апоет" захьзу даҽа жәеинраалак аҿы ҳаԥхьоит "Сықәуп сара адгьыл, аиаша сҽаршьны". Ус анакәха, аамҭа ахаҿра сабрада аҿамыршәкәа аарԥшра хықәкы хадас иман.
Уи ибзиаӡаны ианыԥшуеит иуаажәларратә лирика, насгьы аибашьраантәи имшынҵа "Бзиала иаҳзырша!".
Т. Аџьба абыргцәа рыгәҭаны. Таиф Аджба с долгожителями - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.03.2024
Аԥсны
"Аԥсуа бырлаш дахаҿырбагоуп": Даур Наҷҟьебиа Таиф Аџьба изку иҿцәажәара
Изныкымкәа сазааҭгылахьеит Таиф Аџьба иуаажәларра-патриоттә жәеинраалақәа пафосла игьамаданы ишаԥҵам. Аԥсадгьыл алахьынҵа азхәыцра апоет ирҿиараҿы афилософиа зҿыкәыршоу лириканы иаанхоит. Апоет ирҿиара иазку егьырҭ санҵамҭақәа рҟны ишазгәасҭахьоу еиԥш, "Ҳаԥсҭазаара" захьӡу ажәеинраала инагӡаны ианыԥшуеит хыхь сыззааҭгылаз ажәлар рықәԥаразы апоет игәазыҳәарақәа:
Ҳа ҳиит ахақәиҭраз абраҟа, ҳәарада, -
Ҳҭаӡаҵәҟьом уи автор хаԥыза имацәаз:
Ҳақәԥоит, ҳацәқәырԥоит, ҳаилашуеит еиқәтәарада –
Ҳахьынӡаҟоу (ҳаҟазар?) – ҳаҟоуп абас!
Ақырҭуа политика амацәаз ҳҭамхарцаз, ақәԥара шаҭаху ҳирдыруеит апоет араҟа. Иажәеинраала аиҿартәышьа иаҵоу арифмеи аритми агәра ҳдыргоит, иааԥхьара еизадоу цәаҳәеиқәыршәала ишыҟаҵам.
Аџьба иажәеинраалақәа руак азикуеит иԥсы зыҿҳәараз аҳҭны қалақь Аҟәа. Апоет данқәыԥшыз аахыс иԥсҭазаара ахьихигоз, аибашьраангьы зааныжьра изымгәаӷьуаз иԥшьоу ак акәны дахәаԥшуеит:
Аҟәа анымзаргьы ҽа хсаалак –
Са сгәы ахсаалаҿы ианын…
Ауаажәларратә философиатә лирика иахуԥхьаӡалар ауеит 1987 шықәсазы апоет ииҩыз "Асыԥса". Арҿиаҩы аԥхьаҩ идигалоит аанкылашьа амамкәа асыԥса хагәха адәықәлара агәы ишҭоу. Џьара ак шаҳԥеиԥшу ааунардыруа иҩуп ари ажәеинраала ҟаимаҭ:
Амҩан иацло, иацло, иацло –
Уи убас еиԥш азҳахьеит –
Иаҭахӡазаргьы шьҭа ахьаҵра –
Хьаҵшьа шамам абахьеит…
Аџьба зда дхәарҭамыз иԥсадгьыл акырынтә илирикатә цәаҳәақәа азикхьан, иҩымҭақәа реизгақәа рҿы ана-ара иуԥылоит Аԥсны иазку ажәеинраалақәа. Апоет даҽа дгьылк аҿы аҟазаара дагьазхәыцуамызт, уимоу "Аԥсны дамкит" ҳәа ажәытәуаа ражәа дазааҭгылоит:
Аԥсны самкыр – адгьыл сшамкуа –
Царҭа шсымам агәра згеит…
Даҽаџьара апоет иԥсадгьыл гәыла-ԥсыла дшазыҟоу аарԥшуа, иидеалтәу шәыгала асахьа ҭихуеит:
"Ишәҭуеит ари адгьыл аҿ ашәҭқәа,
Ишәҭуеит ари адгьыл зегьы.
Иаартуп ари адгьыл агәашәқәа –
Иаартуп ари адгьыл агәгьы.
"Сыдгьыл гәакьа ҵлак анықәҩаа – дак насылҩаауеит саргьы", - иҳәоит апоет даҽаџьара, иԥсадгьыл ихы шахҭниҵо ҳардыруа. Таиф Аџьба иԥсадгьыл ахь имаз абзиабара еиуеиԥшымыз аамҭақәа рзы исахьарку жәеинраалала иҳадигалон. Аԥсадгьыл атема апоет ирҿиара иагәыцәуп ҳҳәар ауеит, абзиабаратә лирика аԥыжәара аиҭозаргьы. Уи ижәлари иԥсадгьыли амчра ду змоу символны ишаликаауа дыршаҳаҭуеит арҭ ацәаҳәақәа:
Иӷәӷәоуп ҳара ҳамчи ҳалшеи,
Ҳхьышьҭрагьы, хымԥада, иӷәӷәоуп.
Дуӡӡак аҟынтәи ҳаауеит,
Ҳцәырҵрагьы дуӡӡак иазҳәоуп…
Таиф Аџьба инапы иҵыҵыз жәеинраалоуп иахьа "Аҿар ргимн" захьӡу Оҭар Хәынцариа иаԥиҵаз ашәа. Автор уи иҩит Аԥсны агимн аҳасабала. Абраҟагьы ахақәиҭра цәаҳәа хаданы иагәылигеит:
Ишәҭуеит Анцәа иишаз Аԥсны
Ашьхеи амшыни рыбжьара!
Наӡаӡа иарԥхоз иахьӡаны
Иԥшьоу ахақәиҭра лашара!
Поэт Таиф Аджба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.03.2024
Таиф Аџьба дпоетны диит
Апоет иуаажәларратә цәаҳәақәа рҿы даҩымсит игәышьҭыхгоу аруаа ртемагьы. Уи ашәа алызхыз акомпозитор дысгәалшәом, аха схаҿы инхеит ҳанхәыҷқәаз ацәаҳәа ҳақәгыланы иаҳҳәоз "Ҳар рзы ашәа":
Аруаа роуп, ҳаруаа,
Ҳаԥсадгьыл зыхьчо,
Ҳаруаа – аиааирахьтә
Аиааирахь ицо!
Аибашьра атема инадҳәаланы, иҟалаша идыруашәа апоет иаԥиҵоит аибашьҩы иуасиаҭ "Ихнымҳәыз аибашьҩы ибжьы":
Сшәыҳәоит –
Ишәмырӡын сыԥсҭазаара зқәысҵаз,
Сгәыӷрақәа ҭамхеит –
Иахьыҟоу шәа шәҿоуп.
Сшәыҳәоит –
Акымзарак шәмырӡын ишәысҭаз –
Убри сара сзыҳәан
Иреиӷьу баҟоуп…
"Хымԥада, иара 70-тәи, 80-тәи ашықәсқәа рзы иҩу иажәеинраалақәа иааџьоушьаратәы аибашьра аамҭазы иҟалаз атрагедиа иақәҿырҭуа акалашәа иҟаҵоуп. Уа иҟоуп ацәалашәара, ак шаҳԥеиԥшыз идыруан", - иҳәоит Владимир Занҭариа апоет ихәыцрақәа аметафоратә ҟазшьа ахьрымаз дазааҭгыло.
Апоет иҟазшьа ҭынч ихнаҩоз, ҩнуҵҟала имаз агәаӷьра рнубаалоит аибашьра аамҭазы ииҩыз имшынҵақәа. Ишшәарҭаразгьы игәы каҳаны дыҟамызт Таиф. Аибашьра аамҭазы жәеинраалакгьы имыҩӡеит, аха агрессор инапаҿы иҟаз Аҟәа имҩаԥысуаз ахҭысқәа документҵас иаҳзынижьит имшынҵаҿы. Акакала еиԥкааны апоет иблокнот ианиҵон ақырҭуа гвардиауаа идырҿиоз ацәгьоурақәа.
"Хәылԥазы атаксистцәа рыҩны иақәлеит, ргаражқәа ирықәлеит. Асааҭ 8 рзы хәылԥазы исаҳаит атанкқәеи апехотеи афронт ааԥжәаны Гәымсҭа нырцәҟа ицеит ҳәа. Еибгала ицеит ҳәа сыҟам, аха зегь акоуп ишәарҭоуп", - иҩуеит апоет сентиабр 2, 1992 шықәсазы.
Амшынҵа уаԥхьо уҿыноухар, ақәылаҩцәа рхаҿраҵәҟьа убоит, насгьы апоет маӡала ианиҵоз ажәақәа иԥсадгьыл дшазыҟоу рныԥшуеит.
"Иахьа Аԥсны зҭагылоу адрама сахьаркырала аарԥшра мышкы-зны иаиуп уеизгьы. Аҭоурых-ҭоурыхуп, ицәгьа-ибзиа, иааҟало зегь гәынкылатәуп, ианҵалатәуп", - иҳәоит сентиабр 3 рзы, иара ихықәкы хада аибашьра ахаҿра ақьаад анҵара шакәу аарԥшуа.
Таиф Аджба - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.10.2023
Аԥсны
Владимир Занҭариа: Таиф Аџьба иуаажәларратә кодекс ӷәӷәан
Аџьба ирҿиара ахҳәаа азуа аҵарауаҩ Владимир Занҭариа иҳаиҳәахьеит: "Аԥсадгьыл азҵаараҿы иуаажәларратә кодекс ӷәӷәан. Иара иаԥҵамҭақәеи иԥсҭазаареи еишьашәалан, еиқәҿырҭуан. Таиф ахеиқәырхаразы иԥсадгьыл азы икьынаау ажәакгьы ихы изаҭәашьомызт".
Апоет игәы каҳаны дшыҟамыз шьақәнарӷәӷәоит имшынҵа сентиабр 5 рзтәи анҵамҭа:
"Аԥсуаа саазықәшәалак зегьы ргәы каҳаны иҟоуп. Даара сацәшәоит ҳара-ҳара ҷанҷаны хаибакыр ҳәа. Амилаҭ иаадырԥшыроуп аҟәышра, еиҳагьы рҽеиладырҵәароуп. Ҳкурс хада – ахьыԥшымра азықәԥара ҳақәныҟәалароуп". Анаҩс иациҵоит: "Еиқәырхатәуп ҳаԥсуа параламент Арӡынба дшахагылоу. Уи ида сара дызбом уажәазы Аԥсны арыцҳара иалазмырӡша даҽа хаҵак".
Апоет имшынҵа акырџьара иануп Владислав Арӡынба дшынеибаку игәра шигоз. Sputnik Аԥсны аинтервиу аналҭоз, Таиф иԥшәма ԥҳәыс Римма Коӷониаԥҳа илгәалалыршәоит уи шьақәзырӷәӷәо афактқәа:
"Арӡынба ҳаишьит ҳәа зҳәозгьы аԥсуаа здыруеит, аха иара аиааира агәра игон. Абра иаԥхьатәи иџьыба иҭаҵаны иман Владислав Арӡынба иҭел аномер. Уара абри наҟ иҭыг уџьыба, ирбар уршьуеит сҳәон. Уа иҭазааит иҳәан иџьыба инапы надикылеит. Арӡынба ипортрет аибашьра шцозгьы ҳакҿыҩра аҭӡамц аҿы икыдын. Иара игәы каижьӡомызт".
Римма Когония - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.07.2023
Аԥсны
"Аԥсуаа Арӡынба изыҳәан аԥсра иаԥылон": Римма Коӷониаԥҳа лгәалашәарақәа
Таиф Аџьба имшынҵақәа дырзааҭгыло, Владимир Занҭариа иҳәоит:
"Иара имшынҵа ианиҵаз ажәак узалмыршәо иҟоуп, ҳара ҳаибашьра аҭоурых иамшынҵоушәоуп ишыҟаҵоу".
Таиф Аџьба ипоезиа ҳаиҭазыхынҳәуазар, ақәылаҩ уи дҭаирхаанӡа ирҿиахьаз рӷьырак иԥсадгьыл абзиабара иазкын. Зынӡа изааӡоу илирика инаркны, дхатәрахаанӡагьы, апоет илира иарҿион ацәаҳәа ссирқәа. Аибашьра ацәаарагьы ыҟамызт "Аԥсуашәа" захьӡу иажәеинраала анаԥиҵоз, аха иубоит иԥсадгьыл хьаа шәкы шаҵаҵәаху ааирԥшырц шиҭаху, Анцәагьы диҳәоит ҳгәыӷра ҳамжьарц:
Уа радари, рада гәышьа,
Иаҳхаагахьоу шьардагәышьоуп.
Иаҳхаагахьоу ҳашьҭагәышьам.
Аринахыс хшаҭагәышьа…
Асовет аамҭазы апартиа аодақәа азызкуаз дреиуамызт Таиф Аџьба, ҭынч ирҿиара даҿын, аха сгәы ишаанаго ала, ипоезиа аҳра аамҭа шаԥеиԥшыз идыруан. Иахьа, иара даныҟам, еиҳагьы иҵарны иҳадаҳкылоит иаԥиҵаз аҩымҭақәа рҵакы. Аԥхьаҩцәа уи ус изазыҟоу илахьынҵа хабарда иахьынхаз мацаразы акәхарым. Ауаа зырԥхо – ипоезиа лыԥшаах ахаҭоуп ҳәа агәаанагра сымоуп.
Таиф дыргеит октиабр 9, 1992 шықәсазы. Уи аҽны иҿахҵәаз имшынҵа аҵаҟа иԥшәмаԥҳәыс Римма Коӷониаԥҳа абас ацылҵоит: "Таиф дыргеит асааҭ 2 шыҟаз. Џьота, Борис, нас даҽа хаҵак Таифгьы дрыцны автобус иҭарҵеит. Сара уахь сыҩны снеит. Таифгьы Џьотагьы ԥшшәы рхаӡамызт. Таиф сгәы ааирӷәӷәеит, бымшәан ҳрыԥсахуазар акәхап ҳәа…".
Таиф Аджба - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.10.2022
Аԥсны
"Саџьал ааигәазаргьы - сгәыӷра хароуп": 30 шықәса Таиф Аџьба ихабар ыҟамкәа
Зиубилеи азгәаҳҭо апоет ирҿиара ҳазааҭгылозар – иажәеинраалақәа абырҵкал икылхын, аԥаршеира иҽадицәыломызт. Уаԥсуара узахымԥеит ҳәа иазҳәаз рахь ииҩхьаз аҭак уи шьақәнарӷәӷәоит:
Исыздырам уара ушыԥаз,
Исыздырам уара узхыԥаз!
Сара саԥсуара сзахымԥеит,
Уи сахыԥартә илаҟәымхеит…
апоет Таиф Аџьба имшынҵа Ԥшӡала иаҳзырша иалху аспектакль - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.04.2019
Досу ианиашьа ихаҵашьоуп
Ажәабжьқәа зегьы
0