Аԥсны ахада иалхраан иаҵахаз Алхас Кәыҵниа Аԥсны Алхратә комиссиа хада алкаақәа иашам ҳәа Иреиҳаӡоу аӡбарҭахь дышшит.
Белгородтәи аобласт Алексеевтәи аӡбарҭа цәыббра 6 рзы Александра Кокорини Павел Мамаеви рхақәиҭтәразы ахашшаара иадгылеит.
Ашьхаратә полигон Ҵабал аҟны арратә ҽазыҟаҵара апрограммала атеоретикатәи апрактикатәи дыррақәа рзы еиндаҭлоит Аԥсны иҟоу Урыстәыла ААО аррамаҵзурауаа.
Аҩаша ауха инаркны Шәача амшцәгьа иазыԥшуп. Ақалақь ауааԥсыреи асасцәеи ирабжьыргоит ашәарҭадаратә уснагӡатәқәа мҩаԥыргарц.
Алхас Кәыҵниа идукат аӡбаратә процесс аилазаара зегьы мап рцәылкит. Алхас Кәыҵниа ихаҭа аӡбарҭахь дымнеиӡеит. Иара иинтересқәа лыхьчон адукат Инга Габилаиаԥҳа.
Уаанӡа шьамтәылатәи аруаа ахы иақәиҭыртәит 2014 шықәса раахыс атеррористцәа иаанкыланы ирымаз Идлиб аладатәи акалҭи апровинциа Хамеи рҟны аҵакырақәа.
Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа цәыббра 17 рзы Аԥсны ахадарахь акандидат Алхас Кәыҵниа АКХ аӡбра аиашареи аиашамреи рзы ишшыԥхьыӡ аганахь ала еилатәоит.
Аԥсны иманшәалам аҭаацәарақәа рҟынтәи ахәыҷқәа рзы акризистә центр аартра азыԥхьагәаҭоуп. Абри азы аусурақәа шымҩаԥысуеи, ари азҵаараҿы уадаҩрақәас иҟоуи ртәы Sputnik аматериал аҿы.
Урыстәыла, Ҭырқәтәыла, Иран рхадацәа х-ганктәи аиԥылара мҩаԥыргеит Шьамтәыла аҭагылазаашьа алацәажәаразы. Асаммит мҩаԥысит цәыббра 16 рзы Анкара.
Киевтәи аӡбарҭа цәыббра 16 рзы апортал РИА Новости Украина аиҳабы Кирилл Вышински иус аганахь ала аилатәара арыцхә аԥсахит.