Беслан Дбар дазааҭгылеит 2018 шықəса рзы иалкаахаз ахҭысқəа ртəы

© Sputnik Томас ТхайцукГоскомитет Республики Абхазия по репатриации
Госкомитет Республики Абхазия по репатриации  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҧсны аҳəынҭқарра арепатриациазы аминистр Беслан Дбар дазааҭгылеит 2018 шықəса рзы иалкаахаз ахҭысқəа ртəы.

Cырма Ашәԥҳа, Sputnik

Сынтəатəи ашықəс аихшьала ҟаҵо, Аҧсны аҳəынҭқарра арепатриациазы аминистр Беслан Дбар иазгəеиҭеит Ашықəс Ҿыц азы инарыгӡаша аусқəа азҧхьагəаҭаны ишрымоу. Иара убас, дазааҭгылеит 2018 шықəса рзы иалкаахаз ахҭысқəа ртəы.

Абхазская сотня. - Sputnik Аҧсны
Аҭоурых зҵалатәу - аҭоурых удырырц азы акәӡам

"Зегь раҧхьа игылоуп ҳаҧсуа жəлар зегьы ҳдиаспора нарыдкыланы, хҭыс дуны иазгəарҭаз ҳəа исыҧхьаӡо Аиааира 25 шықәса ахыҵра, анаҩс ҳаҧсуа ҳəынҭқарра Ахьыҧшымра азхаҵара жəашықəса ахыҵра. Убарҭқəа инарҷыданы, хəажəкырамзазы ҳара ҳминистрра 25 шықәса ахыҵит. Абарҭ аиубилеиқəа рызегьы ҳџьынџьуаа рылахəын", -ҳəа азгəеиҭеит арепатриациазы аминистр Беслан Дбар.

2018 шықəса рзы арепатриациазы аҳəынҭқарратə еилакы астатус шьҭыхын, аминистррахь ииаган. Уи ҽнак ала иҟалаз усӡам , хəыҷы-хəыҷла изнысхьаз мҩоуп. Зҵаара хадас иҟоу ҳџьынџьуаа рыҧсадгьыл ахь рыргьежьра ауп.

Ашәба: арепатриациа амал рацәаны иадҵахар, алҵшәа ҟамларц залшом

"Ҳастатус даҽа усқəакгьы ацуп. Аминистрцəа реилазаараҿы ҳнеира-ҳааира, ҳтəара-ҳгылара даҽа ҭыҧк аанахəо иалагеит. Ҳарҭ иқəҳаргыло азҵаарақəа, егьырҭ азҵаарақəагьы надкыланы рыӡбара еиҳа иаҳзымариахазшəа агəаанагара снаҭоит аминистрцəа реилазаараҿы ҳусеицура", - иҳəеит аминистр.

Ҳазҭоу ашықəс азы имаҷым арепатриациазы аминистрра имҩаҧнагахьоу аусурақəа, узеигəырҕьаша ахҭысқəагьы маҷым.

"25 шықәса раахыс ҳџьынџьуаа зыҧсадгьыл ашҟа иааны ашəҟəы зыҽҭазгалаз, Аҧсны атəылауаҩра зауз рганахь ала, 2018-тəи ашықəс ирекордттə шықəсны иҟалеит ҳҳəар ҳалшоит. Рхыҧхьаӡара 543-ҩык рҟынӡа инаӡоит. 530-ҩык урҭ рахьтə ржəытə жəлақəа шьҭырхит. Мыцхəы идуум ҳдиаспора Иорданиа иҟоуп, иахьа актəи аҭыҧ ааннакылоит уҳəар ауеит уи аганахь ала", - ҳəа азгəеиҭеит Беслан Андреи-иҧа.

Ҵыҧх, ҧхынҷкəынмза алагамҭазы Иорданиа имҩаҧысыз аиҧылара далахəын аминистр, уи нахысгьы уахь иусуратə ныҟəарақəа ирыцҵан.

"Иорданиа иҟоу аиҿкаара Аҧсуа Диван Абаза аашықəса раахыс напхгара аиҭоит Ҳасан Чычба, дҧырҩуп. Заҧсуара иашьҭоу, зџьынџьуаа реидкылара иашьҭоу уаҩуп, ҳусеицзура алҵшəақəа шаанашьҭыз убаратəы иҟоуп. Иорданиантəи шəҩык инарзынаҧшуа рарзаҳалқəа ҳамоуп Аҧсныҟа нхара иааирц зҭаху аҭаацəарақəа", - ҳəа азгəеиҭеит Беслан Дбар.

Мушьни Лашәриа арепатриациазы: амҩа аатит, ацҳа хуп - иацхраалатәуп

Арепатриациа аус анагӡара акыр аамҭа зҭаху усуп. Ҳџьынџьуаа рцара-раара иацу ауадаҩрақəа ыҟазаргьы, ишаҧсацəоу мырӡкəа 150 шықəса инареиҳаны абиҧарала иааргоит, ахеиқəырхаразы аҽазышəарақəа мҩаҧыргоит.

Леонид Чамагуа - Sputnik Аҧсны
Арадио
Чамагәуа: арепатриациазы аминистрра аҳәаақәа ырҭбаатәуп

"Раҧсуа аамсҭашəара мырӡкəа иааргоит, реизыҟазаашьа гəаумҭарц залшом, даара ламысла, патула еицəажəоит. Иҟамзи аамҭа ҳџьынџьуаа аҳəаанырцə иҟоу анаҳбалак ҳгəы ҭгəырҕьаауа, азҵаарақəа рацəаны ишҳамаз еиҧш, дара ҳара ҳанырбалак агəырҕьара рызцəырҵуеит, убри збеит. Аҧсны еиуеиҧшым ахырхарҭақəа рыла аҭагылазаашьа иазҵаауеит. Иааир излагоу еилыркаар рҭахəуп", - иҳəеит аминистр.

Ҳџьынџьуаа ахьынхо Иорданиа, Шьамтəыла аполитикатə ҭагылазаашьа ауадаҩрақəа ацуп. Иахьакəымзаргьы уаҵəы рыҧсадгьыл ахь ахынҳəра зхы азкыду ыҟоуп.

"Иорданиатəи апарламент адепутати сареи ҳаиҧылараан, 60-ҩык рҟынӡа ауаа тəан, днықəгылан абас иҳəеит: "Ҳазҭагылоу аамҭа жəбоит, зхы иахəо ҳџьынџь ҧсадгьыл ашҟа ҳгьежьыр еиҳа еиҕьуп, ҳаҧсадгьыл ҳахьчароуп"-ҳəа. Ҩышықəса срықəуп абри амаҵзура ныҟəызгоижьҭеи, абри ида абас иаартны политикк дцəажəо смаҳацызт", - иҳəеит аминистр.

Беслан Дбар дрылахəын Иорданиа ачерқьессқəа рфедерациаҿы имҩаҧысыз аиҧылара. Лымкаала дазааҭгылоит ҳаҧсуа культуратə центри дара ачерқьессқəеи реизыҟазаашьа, ишеишьцəоу дырны, гəынҷыхьак рыбжьамкəа иӡбатəны рҿаҧхьа иқəгылоу азҵаарақəа шеицырыӡбо.

Делегации Палаты представителей Иорданского Хашимитского Королевства впервые прибыли с рабочим визитом в Абхазию - Sputnik Аҧсны
Иорданиа Аԥсни иареи реимадара аинтерес амоуп

"Иҟоуп абызшəа аганахь ала аиҵахарақəа. Аҧсуа-абаза диаспора Иорданиа ирацəаӡам, ачерқьесс диаспора акырӡа еиҳауп. Иорданиа апринц ихьӡ зху рхатəы адыга школ рымоуп. Ашкол аҿы ҳаныҟаз аиҧылараҿы исҳəеит: "еилахара дук шəнамҭозар, ҳдиаспора зламаҷу ала аҧсыуа класск аартны аҧсуаа рхəыҷкəа аҵара хазы ирҵаратəы иҟаларц, арҵаҩцəа Аҧснынтə иааҳашьҭуа аҭагылазаашьа аҧаҳҵарц. Иақəшаҳаҭхеит, мап ацəырымкӡеит"-иҳəеит Дбар.

Беслан Андреи-иҧа иазгəеиҭеит, Иорданиа ҵыҧх даныҟаз иҟаиҵаз аҳəарала, Аҧснынтə ҩыџьа ҳастудентцəа шныҟəырго, араб бызшəа аҵара ишаҿу, Диван Абаза ахарџьала ишырбо, аҧхьаҟагьы еиҭагаҩцəаны-специалистцəаны рыҟаларазы рҵара-дырра аизырҳара ишазыхиоу. Аминистр дрылахəын Диван Абаза имҩаҧысуаз алхрақəа, ҩаҧхьа абжьы иҭан уаанӡа аиҿкаара иахагылаз Ҳасан Чычба. Иара убас, Беслан Дбар дазааҭгылеит 2019 шықəса рзы иазҧхьагəаҭан ирымоу ауснагӡатəқəа ртəы.

"Аҿари астудентцəеи рфорум аиҿкаара ҳгəы иҭоуп инарҭбааны Аҧсны, аҧсуа диаспорақəа ахьыҟоу зегьы ааҧхьара рыҭаны. Ҳкультуратə центрқəа рхадацəа зегьы ақəыршəаны, ҳаҧсуа жəлақəа реиҳабацəа адкыланы, ҳҿаҧхьа иқəгылоу азҵаарақəа азгəаҭаны, Аҩӡбак даазар ижəлантə дидикыло, Дбарк даар ижəлантə дихаҵгыло, абас аиашьа ижəҩахыр иаҵанакуа рацəоуп ҳəа азаҳаҧхьаӡоит. Форумк аҳасабала амҩаҧгара хəажəкырамзазы иазгəаҭаны иҳамоуп. Избанзар, асоциалтə адаптациа ауадаҩрақəа ацуп, убарҭ аҧыхтəуп", - иҳəеит Дбар.

Беслан Дбар инаҵшьны иазгəеиҭеит 2018-тəи ашықəс азы аҭаацəара ҿыцқəа шаҧҵаз, аизҳара, аҿиара узыргəырҕьаша хҭысны ишыҟалаз.

"15 ҭаацəара ҿыц аҧҵан, 23-ҩык ииз ахəыҷқəа ыҟоуп. Сара анкьатəи рҵаҩык иаҳасаб ала исҳəоит, ари инеиҵыхны иҟоу класск ыҟоуп. Анцəа рзырҳа!"-ҳəа азгəеиҭеит Беслан Дбар.

Ҷкотуа: зыԥсадгьыл ахь ихынҳәыз арепатриант ҳәа изҳәара ииашам

Ашықəс анҵəамҭазы аминистр иусуратə еихшьаалақəа азгəаҭан Иорданиа, Шьамтəыла, Ҭырқəтəыла. Шьамтəылеи Израили рыбжьара аҭагылазаашьа маҷк ахьҽарцəгьаз Шьамтəылаҟа ицара залыршамхеит. Ажьырныҳəамза анҵəамҭазы ацара игəы иҭоуп.

"Шьамтəыла зыӡбахə сымоу афорум ҳазааҭгылоит, аҧхын ахəыҷқəа хəыда-ҧсада ҧсшьара раагара ҳагəҭакуп. Ҭырқəтəыла, Аҭанур Аҟəысба дызхагылоу Аҧсуа Федерациа ахадареи сареи аиқəшəара ҳаман, еицымҩаҧаҳгараны иҟоу аусқəа ҳарзааҭгылеит. Аҧсуа-дыга хореографиа аганахь ала иаҧҵоу ансамбльқəа рфестиваль Аҧсны амҩаҧгара ҳаҳасабуп, аҿар реидкылараҿы алҵшəақəа аанарҧшып ҳəа агəаанагара ҳамоуп", - ҳəа азгəеиҭеит аминистр.

Иорданиа инхо ҳдиаспора иҟарҵаз аҳəарала, аҧсуа кəашареи, аҧсуа бызшəеи рырҵаҩцəа рҭахуп. Иааиуа ашықəс цəыббрамза инаркны арепатриациа аминистрра арҵаҩцəа уахь рышьҭра агəы иҭоуп.

"Аҧсуа бызшəа дырҵаразы Ҭырқəтəыла, Сҭампыл ақалақь арҵаҩы дыҟоуп, хгəыҧкны аҧсуа бызшəа рҵоит. Уа саныҟаз снеины избеит, рурок салатəан. Уамашəа иубаша, 60 шықәса ирҭысхьоугьы абызшəа ҳҵоит ҳəа сааҭк, ҩсааҭк амҩа иқəуп. Убас, Сақариа абызшəа арҵаразы арҵаҩы дҳамоуп. Уи аганахь ала ҳацəгьам, Санӡааҧха, Қапҧҳа, Аргəынҧҳа хҩык ыҟоуп арҵаҩцəа Ҭырқəтəыла иахьа аҧсуа бызшəа дзырҵо", - иҳəеит аминистр.

Жанна Лейба. - Sputnik Аҧсны
Жанна Леиԥҳа: Иорданиа иҟоуп Кавказаа аҵара ахьырҵо ачерқьес школ

Аҧсны аҵара зҵо, ахəыҷбаҳчахь ицо, қьырала ауадақəа ирыҩно ҳџьынџьуаа ахаҵгылара рынаҭоит арепатриациа аминистрра.

"200-ҩык инарзынаҧшуа ашколхəыҷқəа ҳамоуп. Ашықəс Ҿыц азы аныҳəа ду дара рыхьӡала Аҧсуа театр аҿы иҟалараны иҟоуп. 28-ҩык Ҭырқəтəылантə арзаҳалқəа ҳзаларҵеит аминистррахь, анхарҭа дгьылқəа рзалхразы, аҩныргыларақəа зҭаху ыҟоуп, 75-ҩык убас еиҧш Иорданиантə. Аҧсны араионқəа рхадацəеи ҳареи аизарақəа мҩаҧаҳгеит, иаанхаз Гəылрыҧшьи, Аҟəеи, Гəдоуҭеи рраионқəа рҟны Ашықəс Ҿыц азы ҳаиҧылараны ҳаҟоуп", - иҳəеит арепатриациазы аминистр.

Ахадареи дареи ирымаз аицəажəара ирылҵшəаны, Очамчыра араион, Аӡҩыбжьа ақыҭан шəыҭӡык инарзынаҧшуа арепатриантцəа анхарҭатə ҭыҧқəа рзалхразы аиқəшаҳаҭра анапаҵаҩра аус аҟны иааганы иҟоуп.

Аҟәысба Ҭырқәтәыла акультуратә центр ҿыц азы: адиаспора еиднакылоит

"2018 шықәса рзы иааҳхəеит уадаки ҩныки. Гəдоуҭа ақалақь аҟны Шьамтəылантəи иааз, ҧшьҩык аҧацəа змоу Леиаа рҭаацəаразы иаахəан аҩны ҩмиллионки бжаки ҳəа. Даҽа уадак аахəан ҳрепатриант Кьылба изы. 500-ҩык инареиҳаны арзаҳалқəа аларҵеит анхарҭақəа зҭаху. Убри аҟынтə ҳфонд иҭало аҧара аҕьырак аргыларахь ицоит. Ҳазҭалоу ашықəс, ахҧатəи ма аҧшьбатəи амза азы аҩнқəа ҩба-ҳҧа еихагыло иҟоу рхыркəшара алыршахап ҳəа агəаанара сымоуп. Ҩба-ҩба еихагыла инаҳгахьоу аҩнқəа даҽа ҩба ҳамоуп, лассы ҳрылгап ҳəа ҳгəыҕуеит, шəыҭӡык ирзынаҧшуа ауада ҿыцқəа зауа ракəхоит", - ҳəа азгəеиҭеит Беслан Дбар.

Беслан Дбар излазгəаиҭо ала, Урыстəылатəи атəылауаҩра рымаӡам ҳџьынџьуаа, убри аҟынтə амедицинатə цхыраара хəыда-ҧсада ироуртə аҭагылазаашьа ыҟаӡам. Ацхыраара зҭаху ачымазцəа роума, аинвалидцəа роума, арепатриациа афонд аҟынтə изларылшо ала ирыцхраауеит.

Госкомитет Республики Абхазия по репатриации - Sputnik Аҧсны
Қәҭарба: арепатриациа аилак Аԥсни ҳџьынџьуааи рыбжьара иҟоу цҳауп

"Ажьарныҳəа 24 рзы ҿҳəарас иаҭаны иҳамоуп, ҳрепатриациа ашҭаҿы, Шьамтəылатəи Арабтə Республика аинрал, зџьынџьдгьыл азы зџьабаа рацəоу, иааирҧшыз афырхаҵаразы, ихьӡ амырӡразы, Аҧсуа ҳəынҭқарра Ахьыҧшымра азхаҵара зажəа алоу Уалид Маршьан ибаҟа аартра"-иҳəеит Дбар.

Ҿыц иаҧҵоу арепатриациа аминистрра аструктура аҧсахра азгəаҭоуп, аҟəша ҿыцқəа аҧнаҵоит. Зегь раҧхьа иргыланы аинформациеи ателекоммуникациеи рыҟəша, хəбызшəак рыла аинформациа роуа ҳџьынџьуаа ахьынхозаалак.

"Иахəҭоу атехникатə цхыраагӡақəа аахəаны, ҳхатə нҵамҭақəа, ҳхатə роликқəа, ҳхатə идеологиаи зцу аинформациатə аалыҵ азҳархиалоит ҳџьынџьуаа ирызкны. Иаҳҳəап, Сақариатəи ателехəаҧшрала иаазыркьаҿны ролик ҳасабла ицо анҵамҭа раҳҭар, иаҳзырышьҭлоит. Убас, Иорданиа, Нарҭ-ТВ-еи ҳареи аиҧылара ҳаман, убарҭгьы аҳəара ҟарҵеит Аҧсны иазку авидеонҵамҭақəа рызҳархиарц", - иҳəеит Беслан Дбар.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0