Аҩадатәи Кипр акоманда ажәылаҩ Тансел Осман Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит абри аспортхкы дхәыҷаахыс инапы шалаку, испорттә кариера шхацыркхаз лондонтәи аклуб "Millwall" аҟны.
– Тансел, ишԥаҟалеи лондонтәи аклуб аҟынтәи Аҩадатәи Кипр акомандахь уиасра?
– Сара ашьапылампыл снапы алакуп жәохә шықәса раахыс. Ахәмарра хацсыркит лондонтәи аклуб "Millwall" аҟны. Аҭаацәара саналала ашьҭахь исыдыргалеит исзыманшәалаз аилаӡара. Уажәы сҭаацәеи сареи Аҩадатәи Кипр ҳанхоит.
– Аԥснытәи акоманда аҭагылазаашьа шԥоубо?
– Сгәы иаанагоит абри ачемпионат аҟны аԥснытәи акоманда иреиӷьу рахь иаҵанакуеит ҳәа. Ашьапылампыласыҩцәа рҟазара ҳаракуп.
– Аҩбатәиқәа ҳәа иуԥхьаӡода?
– Ҳареи Мраҭашәаратәи Ермантәылеи.
– Абри аамҭала шәызцыхәмарда?
– Х-матчк мҩаԥаагахьеит. Паданиеи Кәырдисҭани ркомандақәа ҳрыцыхәмархьан. Иаадыруан. Иапониатәи акорееццәа раԥхьаӡа акәны ҳрыцыхәмарит.
–ConIFA 2016 иаԥеиԥшны ижәбозеи?
– Афиналбжаҟны Аԥсни ҳареи ҳаиԥылоит. Уаҟа ииааиуа чемпионцәахоит. Ус сгәы иаанагоит.
– Арахь уаанӡа Аԥсны аӡбахә уаҳахьазма?
– Мап. Аха сара ара даара исгәаԥхеит. Сара аполитикеи аекономикеи рылацәажәара сҭахым. Ҳара ҳҟынгьы иҟоуп урҭ ауадаҩрақәа. Ус зегь ԥшӡоуп, ибзиоуп.
– Аԥсны крыжәбахьоума?
– Акабаразы аамҭа зынӡа иҳамаӡам. Хымш рыла ҩ-матчк мҩаԥаагеит. Арежим даара иуадаҩуп. Аҽазыҟаҵарақәагьы мҩаԥгалатәуп, аԥсшьарагьы аҭахуп. Зегьы ҳрыхьӡом.
– Ишәҭахума Аԥсныҟа ахынҳәра?
– Ҳәарада. Амала ԥсшьара ҳәа.