Сырма Ашәԥҳа, Sputnik
Папаԥҳа Маҳинур Азиз-иԥҳа лҭоурыхтә ԥсадгьыл гәыла-ԥсыла дамадоуп, лыуаажәлар бзиа илбоит. Раԥхьаӡа акәны Аԥсныҟа дааит 1973 шықәса рзы. Аԥсны Жәлар рпоет Баграт Шьынқәбеи лареи анеибадыр нахыс аҭоурыхтә роман "Ацынҵәарах" аҭырқәшәахь аиҭагара нап алыркит, акыр иҭбаауп лырҿиаратә мҩа. Аҳәаанырцә инхоз аԥсуаа рхаҭарнак, апоет, аҭоурыхдырҩы Омар Беигәаа инапы злакыз аусқәа рҿы дарӷьажәҩаны дивагылан, ацхыраара илҭон. Аамҭаказы Сҭампыл ақалақь аҿы напхгара алҭон аԥсуаа ркультуратә хеидкыла. Аԥсуа культура аӡыргареи, аиқәырхареи, Омар Беигәаа иҭынха аидкылареи, аԥсуа сахьаркыратә литература аҿиареи рзы Маҳинур Папаԥҳа иланашьоуп аҳәынҭқарратә ҳамҭа "Ахьӡ-Аԥша" аорден ахԥатәи аҩаӡара. Иара убас, Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла аҳәаанырцәтә ҳџьынџьуаа рахьтә раԥхьатәи лахәылоуп.
Агәазҳара
Иарбан аамҭазаалакгьы сара еснагь агәыӷра сымоуп, сгәы касыжьӡом. Ҳажәлар рус, ҳаԥсадгьыл, уи аҭоурых, алитература аӡбахә ансаҳауа сгәы еиҳагьы еизҳауеит. Сара хаҭала исзымдыруаз, даара иҵаулоу, еиҳаракгьы аԥсуа диаспора иазку аҭоурыхҭҵаарақәа нап анрыласк, адиссертациа амшала, еилыскааз, издырыз рацәоуп, уажәшьҭа салган аҩрахьы сиасит. Избақәаз даараӡа иџьашьахәуп, ҳажәлар даараӡа аҭоурых ду рымоуп, рыхьӡ дууп, рбеиара, рҟазара ҳаракуп, рымч-рылша ӷәӷәоуп. Акы еиԥшымкәа иџьасшьо ахҭысқәа збоит, убарҭ аасырԥшуеит, иахьанӡа иаазгоит.
Иссиру ҳбызшәа
Насгьы ҳбызшәа аганахьала, Омар Беигәаа ижәарқәа смыҩуеи, инапҩырала иҟақәаз, усҟан иааџьасшьо ҳаԥсуа бызшәа, "унан шьыри, шаҟа иԥшӡоузеи, шаҟа ибеиоузеи?!" ҳәа сзааиуеит. Насгьы, иахьа иныҟәрымго ажәақәа шаҟа ирацәоузеи, убарҭ џьасшьоит. Аамҭак ҳаур, исҭахуп гәыкала аџьџьаҳәа, аҭҵаара аус иаҿу зегьы инарҵаруланы ҳагәылаԥшырц, аус адаҳуларц, иҟаҳҵаша даараӡа ирацәоуп.
Емма Кьылба, ԥсаҭа шкәакәа, даара сгәы далагәышьоуп, шаҟа амч сылҭоз, рыцҳа, даара сгәы далоуп. Зегьы аԥсҭазаара бзиа, агәабзиара ду рымазааит. Ҳаԥсадгьыл азы, ҳҭоурых азы аус ҳуроуп, даҽа етапк ахь ҳаиасроуп, иахьа уажәраанӡа иаҳзымдыруаз рацәан, аԥхьаҟагьы еихаҳҳароуп.
Емма Кьылԥҳа Омар Беигәаа изкны: дзықәныҟәоз ихатә ԥҟарақәа иман>>
Аидгылара
Уажәшьҭарнахыс, ачымазара ҿкы иҟоу нҵәар, аамҭа бзиак анҳаулак, исҭаху убри ауп, хҭоурых иазкны даара иԥшӡоу, ибеиоу адыррақәа ҳамоуп, ҳазгәыдухароуп. Жәытәнатә аахыс иҳараку ахдыррагьы ҳамоуп, амчгьы ҳамоуп, ашәҟәқәа срыԥхьацыԥхьаӡа, еилыскаацыԥхьаӡа иџьасшьоит.
Адиаспораҿы ҳаҳәса, ҳҭыԥҳацәа, ҳарԥарцәа иаадырԥшыз ахьӡ-аԥша акыр иџьашьатәны иҟоуп. Арԥарцәа арраҿы зеиԥшыҟам аусқәа ҟаҵаны Мысранӡа инеит, иахьнеилак рыхьӡ рчаԥон. Ирацәаҩын ар рԥызаҩцәа, есаамҭа иара афырхацәа ациуан. Колхидаа рхаан, Медеиа лҟынтә улалагар иахьа уажәраанӡа, аланиатәи Мариа рҳәон, аха уи дшаԥсыуаз егьырҭ аҩымҭақәа рҿы ирыҩуа иалагеит, еилкаахеит лаб дшаԥсыуа ҳәынҭқарыз, убарҭ иахыгақәаз рыӡбахә.
Сельчуқаа рхаан, османаа рхаан, амҳаџьырра ду аԥхьагьы Аԥсны иааны инхоз ауаа иаарылшаз џьасшьоит. Уажәы ҳазхәыцроуп, абриаҟара зылшоз ҳаԥсуажәлар рыԥсадгьыл азы реиҳа еиҳау, реиҳа еиӷьу рылшоит ҳәа сгәы иаанагоит. Абар Москватәи адиаспора шаҟа ацхыраара бзиақәа ҟарҵаз, ҳаргьы иҟаҳҵароуп, абааԥсы. Адиаспора ахьыҟазаалакгьы, аԥсуаа ахьыҟазаалакгьы ҳнапы еибаркны Аԥсны ԥшӡа, Аԥсны хаа ашьҭыхра ада уаҳа хьаа хамамзароуп ҳара. Убри ауп сара сзызхәыцуа.
Ҳазҭагылоу аамҭа
Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуаа даараӡа ҳхы бзианы иҳахьчоит. Ҳаԥсуа культуратә дернеқьқәа иаразнак адырра ҟарҵеит, досу ҳаҩнқәа рҿы ҳтәоуп, ҳдәылҵӡом зынӡа, мчыбжьык ахьтә сыԥҳа даауеит, смаҭацәа мызкы ҵуеит исымбеижьҭеи, зегьы рыҩнқәа рҿы иҟоуп, иҳагу-иҳабзоу ааганы ашәаҿы иааныжьны дцоит сыԥҳа. Ҳгәы бзиоуп, ҳҭынчны ҳаҟоуп. Анцәа иҳәар, хәыҷы-хәыҷла иҟоу аҭагылазаашьа ҳаиааиуеит, мызкы-ҩымз рышьҭахь иҭынчрахароуп.
Амшира
Аԥсны сзымнеиргьы, сынтәа сымшира ақыҭаҿы иҟасҵарц сгәы иҭан, сзыҟацәа зегьы еизызгарц сҭахын, ахы изалыршамхеит иҟоу аҭагылазаашьа иахҟьаны. Даҽазны иҟаҳҵап, Анцәа абзиара ҳаиҭааит зегьы!
Ашьҭра
Сара хылҵшьҭрала Ҵабалтәуп, ара ҳахьынхоз ақыҭа Алынџьа ахьӡуп. Саб Џьгьарда ақыҭа даара бзиа ибон, раԥхьатәи имоҭа хьӡыс Џьгьарда ихиҵарц аниҭахха, сиазҵаар акәын измааназ, аха исзымдырӡеит. "Џьгьарда ақыҭеи Папбақәеи акыр рыбжьоума" ҳәа уа инхоз Папбақәа сразҵааит, аха еилкааны акагьы смаҳаӡеит. Саб бзиа ибон уи ақыҭа ҷыдала, убри ауп издыруа.
Ҵабалынтәи иқәҵны иаақәаз, Есқьишьеҳир, Бурса, Енегиоль уҳәа азааигәара инхоит азы, ҳара ҳқыҭагьы уахь иҟоуп, Маршьанаа ишьақәдыргылаз қыҭоуп, Алынџьа ахьӡуп, уа ҳанхоит, ҳаҩны қьаԥҭажәхан иҟан, ҩышықәса раԥхьа ҩынхәыҷык ааҳаргылеит, ҳцо-ҳаауа ҳалагеит. Ақыҭақәа рҿы рыҩнқәа дырҿыцын, инхо иалагеит, ҳаибабо ҳалагеит, аԥсшәагьы хааны ирҳәоит, саргьы сгәы иахәоит. Аамҭа соур, саргьы сцалоит, ҵабалаа рҭоурыхи рбызшәеи еидыскылар, иҭысҵаар сҭахуп, аҷыдарақәа шамоу збоит уажәнатә, аиашазы.
Азеиӷьашьара
Ианакәзаалакгьы исҭахуп абзиабара, аидгылара, агәырӷьара ыҟазарц. Ҳгәы зынӡа икаҳмыжьроуп, ҳааҟәымҵӡакәа аус ҳуроуп, иҳалшо зегьы ҟаҳҵароуп, иҳалымшогьы ҳалҳаршароуп. Избанзар, жәытә-натә аахыс аԥсуаа ахьӡ азы инхон, дара рыхьӡ мацара азы акәым рҭаацәа рыхьӡ ҭыргарц рҭахын акы аныҟарҵоз, аус бзиақәа рыҟаҵара еснагь иашьҭан. Ҳгәабзиара ҳахәаԥшыроуп, ҭынч ҳаҟазароуп, зегьы ҳариааиуеит, сара сшәаӡом аказы. Иахьанӡа сахьааиз жәбоит, агәкажьра сылаӡам, аԥхьаҟа ҳәа сгәыӷуеит. Ашәышықәсақәа рышьҭахьгьы агәра згоит ҳаԥсуара бзианы ишаанхо, ишеиқәхо ала.
Амашьынақәа ныҟәом, аԥрыгақәа цом, ажәлар реибабара маҷхеит, атәылақәа рыбжьара аимадара ыҟам, урҭқәа зегьы аамҭалоуп. Ас иабанӡацо? Даҽа аамҭак ҟалап ҳәа сгәы иаанагоит, ажәларгьы аҳәынҭқаррақәагьы мҩа бзиак ҳанылап ҳәа сгәыӷуеит. Абзиара ҳақәныҟәароуп, ауаҩы ҳалал ихы шымҩаԥиго еиԥш зегьы рхы убас имҩаԥыргароуп, убасҟан ауп адунеи зегьы ҭынчхо ианалаго ҳәа сгәы иаанагоит сыхшыҩ ала. Мызкы ҵит аҩны ҳаҟоуп, зынӡа ҳгәы ҿыӷьуа ҳаҟам, есымша аус ҳамоуп, акы ҳаԥхьоит, акы ҳаҩуеит, ҳкәаԥӡа ҳус ҟаҳҵоит. Досу бзи иибо иус, иҭоурых, иԥсадгьыл хьаас имазар, игәгьы ҿыӷьуам ҳәа сгәы иаанагоит.
Аԥснаа зегьы аӡәӡәала шәыгәхьазгеит, аҳауа гәхьаазгеит, аԥсабара гәхьаазгеит, ақалақьқәа, ақыҭақәа гәхьаазгеит. Снапқәа еиҵыхны гәыкала-ԥсыкала шәгәыдыскылоит, убас бзиа шәызбоит, убас шәыгәхьаазгоит. Анцәа шәихьчааит!
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
-
Амшыннырцә иҟоу ҳашьцәа ахҵәара иазку рхәыцрақәа ҳацеиҩыршеит
-
Маҳинур Папааԥҳа: Кериман - аамҭа бзиақәа рбырфын тыԥҳа лакәын
-
Аамысҭа қьабз адунеи иалазырҵәаз Мураҭ Иаган 100 шықәса ихыҵра иазкны