"Агәыӷра ԥхьаҟа сагоит": иҳаҩсыз ашықәс азы Сырма Ашәԥҳа лылкаақәа

© SputnikСырма Ашуба
Сырма Ашуба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Sputnik Аԥсны акорреспондент, аколумнист Сырма Ашәԥҳа иҳаҩсыз 2020-тәи ашықәс азы лхатә лкаақәа ҟалҵоит, ԥхьаҟатәи лгәыӷрақәа ҳацеиҩылшоит.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Дарбанзаалак ауаҩы ихатә лкаақәеи иаԥхьаҟатәи ихықәкқәеи дырзымхәыцыр залшом. Хымԥада, аԥсҭазаара иацу агәыӷра аԥсы ҭоуп, есааирагьы ԥхьаҟа уагоит. Иҳаҩҳажьыз ашықәс акәзар, адунеи ахьынӡеибарку зегьы ашәшьы хнаҵеит ҳҳәар алшоит, избанзар ауаажәларра ирылаҵәаз аҿкы чымазара иара атәы ҟанамҵар алымшеит. Ирацәан аԥсҭбарақәа, иара убас ачымазара иациз ауадаҩрақәа. 

Абхазское село  - Sputnik Аҧсны
Акарантини ақыҭеи: ажурналист Сырма Ашәԥҳа хаҳарала лаамҭа шылхылго

Хықәкыла иаҳхысыз ашықәс азы сырҿиаратә усура уи ианымԥшырц залымшеит. 20 шықәса инеиԥынкыланы исҳәарц сылшоит аҳәаанырцә инхо аԥсуааи сареи ҷыдала ҳаимадан ҳәа, ҳацҳамҩа гәыцәс иамаз аибабареи, аигәныҩреи, аиҭанеиааиреи ракәын. Лассы-лассы Ҭырқәтәыла ҳашьцәа  ахьынхоз аҭыԥқәа сырҭааун, избоз-исаҳауаз ахҭысқәеи, аҭоурыхтә жәабжьқәеи акыр сдыршанхон, урҭ скалам иҵхны аԥхьаҩцәа рҟынӡа иназгартә еиԥш алшара сынаҭоит аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны.

Сгәы иаланы иазгәасҭоит ҵыԥх амшын-нырцәҟа сцартә еиԥш аҭагылазаашьа ахьысмоуз, уи еиҳарак мзызс иаиуз зыӡбахә сҳәаз ачымазара ауп. Аха, егьа ус акәзаргьы, зымҩа саанхар сҭахымхеит, излауаз ала Аԥсны инхоз ҳџьынџьуаа рынхарҭа ҭыԥқәа сырҭааит, срыҿцәажәеит, ааигәа ҳаибадырит, уимоу,  ҭынхацәақәак раҳасабала ҳаизыҟалеит.

Хакан Гочуа - Sputnik Аҧсны
Ҳақан Гочуа: ҳаиҳабацәа иаҳдырбаз амҩа ҳанызар ҳҭахуп

Сныҟәарақәа еиҳарак ихацыркын Гәылрыԥшь араион ахь. Дранда, Маҷара, Агәыӡера аҳаблақәа рҿы инхо ҳашьцәа рхыԥхьаӡара ҟәнушьо иҟам, аҳәынҭқарра акәзар, иҷыдоу ахылаԥшра рнаҭоит, ахатә харџь ала  рынхарҭа ҩнқәа еиқәыршәаны ирыҩнарҵеит. Уи азы акыр аџьшьара ҟарҵоит ҳџьынџьуаа рхаҭақәа.

Агәыӡера аҳаблаҿы иусурҭатә ҭыԥ аҿы сара дсықәшәеит Шьамтәылантәи шықәсқәак раԥхьа зҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь наӡаӡа ихынҳәыз Шьади Баӷба. Иара дқәыԥшуп, иӡбахә алкааны изазгәасҭо, иара иқәлоу Шьамтәылантәи иааз аԥсуаа рахьтә имаҷҩуп зхатәы бызшәала аҷҷаҳәа ицәажәо, аиаша шәасҳәап, иагьысԥымлац. Акыр сыхнахит ихәыцра, иԥсадгьыл ахь имоу абзиабара, еиҳаракгьы ихатәы бызшәа дшазыҟоу, зегь рыла иҿырԥшыгоу арԥысны сгәалашәараҿы даанхеит.

Иара убас, Агәыӡера имҩаԥызгоз сусурақәа раан сара дсықәшәеит Шьамтәылантәи забдуцәа рџьынџь ахь нхара иааз аинрал-аԥырҩы Бырзаџь Маршьан. Шаҟа ҭоурыхтә хҭыс, шаҟа гәалашәарақәа дырзааҭгылазеи ҳаиҿцәажәараҟны?! Сара излеилыскааз ала, арҭ ашықәсқәа ирылагӡаны аҳәаанырцәынтәи зыԥсадгьыл ахь ихынҳәыз зыхьӡ нагоу ауаа маҷҩым, уи даара игәахәароуп ҳара ҳзы.

Сечиль Аӡынԥҳа - Sputnik Аҧсны
Сечиль Аӡынԥҳа: Аԥсны махəык нхьыдышьшьыргьы Ҭырқəтəыла ргəы днархьуеит

Иара убас, Ҭырқәтәылантәи, Нхыҵ Кавказынтәи уҳәа сзықәшәаз ҳџьынџьуаа рахьтә аӡәы ихы дахашшаауа дсымбеит. Егьа уадаҩра рымазаргьы, аӡбахә рҳәомызт, ибзианы еилыркаауеит аԥсҭазаара аҭагәҭасрақәа зегьынџьара ишыҟоу, ауаҩы данымаашьа, агәабзиара аниоу, дыззымиааиуа ус шыҟам.

Даара иԥхаӡа сгәалашәараҿы иаанхеит Нхыҵ-Кавказынтәи Аԥсны инхо абазақәа Лоуаа рҭаца абырзен ҭыԥҳа Анна Иаланчиди лыҿцәажәара. Аԥсуа ҵасқәа рныҟәгареи ахшара рааӡареи лара лзы зегь раԥхьа игылоу ҭакԥхықәраны дахәаԥшуеит. Иара убас, сара сзы инасыԥын зыӡбахә саҳахьаз, аха хаҭала исзымдыруаз Шьамтәыла инхоз, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иалахәыз, Леон иорден занашьоу Дани Агрба иҭаацәа сахьырҭааз. Иԥшәмаԥҳәыси иареи рыхшара рнапы рыкәыршаны рыԥсадгьыл аҿы ирааӡоит, иаӡәыкны аԥсыуа хәышҭаарак аԥсы ҭарҵеит.

Иаҳхысыз ашықәс иалагӡаны сызҭааз ҳџьынџьуаа рҭаацәарақәа зегьы аӡәаӡәала рзааҭгылара сылымшаргьы, иазгәасҭоит урҭ 50 ҭаацәара ишреиҵамыз. Хымԥада, аԥхьаҟа иацысҵоит сызхьымӡаз, исзымбаз ҳашьцәа рбара, рыҿцәажәара.

Елиф Аргәын: аԥсадгьыл ацәыӡра иадҳәалоу ахьаа атәымаџьара иаҳагьы иуныруеит - Sputnik Аҧсны
Елиф Аргәын: аԥсадгьыл ацәыӡра иадҳәалоу ахьаа атәымаџьара иаҳагьы иуныруеит

2020-тәи ашықәс исзыннажьыз агәалашәарақәа маҷым. Акыр сазгәыдууп ҳџьынџьуаа инарҷыданы  еиуеиԥшым азанааҭқәа знапы рылаку ауааи сареи ҳахьеиқәшәаз, рыԥсҭазаареи рырҿиареи сахьагәыладырԥшыз.

Еиҳаракгьы агәахәара ду снаҭеит ажәытә ҭоурыхтә ҭынхақәа рымаӡа аартра маҷк иадымхаргьы иахьсылшаз. Хымԥада, уи зыбзоуроу амаҭәахәқәа ҵәахны измаз аԥшәмацәа роуп. Шаҟа иҵаулоузеи ҳҭоурых, шаҟа ирацәоузеи ҳжәытәра ҿахәра азызуа ес-ииуа ирыциуа ацәырҵрақәа. Урҭқәа зегьы абиԥарақәа реимадара ирсимволуп.

Акыр ирыцҳара дуны иҟалеит ҵыԥхтәи ашықәс иалагӡаны ихатәраз, аҭоурых иаҿахҳәагаз ауаа рыԥсҭазаара иахьалҵыз, иара убас аҿар машәырла рҭахара. Ахеиҷаҳара, аихӡыӡаара, апатуеиқәҵара аԥсуаа еснагь ирҷыдаҟазшьан.

Исҭахуп убарҭ аҟазшьа ссирқәа зегьы ҳауаҩра хнарҷарц, ҳаԥсуара ҳәаақәнаҵарц, досу инапы злаку азанааҭ ҭакԥықәрала дазнеирц.

Иаҳхысыз ашықәс азы сызхьымӡаз рацәоуп, ҳазҭалаз ашықәс азы ишԥасызхамырҭәаари?!

Жәытәаахыс аԥсуаа иныҟәырго аныҳәарақәа рылԥха ҳамаз. Досу рҭаацәарақәа рҿы агәабзиареи, аинҭәылареи ыҟаз. Ҳазҭалаз Ашықәс ҿыц зегь рыла иманшәалахааит, аизҳареи, аҿиареи, аилибакаареи ҳазшаз иҳаҭәеишьааит! Ҽааныбзиала шәнеиааит!

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0