Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Sputnik амчыбжь: "омикрон", акарантин, афымцамч иамоу ауадаҩрақәа

© Foto / facebook / РУП "Черноморэнерго"Место повреждение на ВЛ Мысра
Место повреждение на ВЛ Мысра - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.02.2022
Анапаҵаҩра
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны ажьырныҳәа 31 – жәабран 6 рыҩнуҵҟа иҟалаз иналукааша ахҭысқәа рыхҳәаа ҟанаҵоит.
Ииасыз амчыбжь азы Аԥсны аепидемҭагылазаашьа аицәахара инадҳәаланы арҵаратә усҳәарҭақәеи АЕМи акарантин ишьҭуп, АКХ аԥшьгаратә гәыԥқәеи апартиақәеи ашәҟәы иҭанагалоит, аспортсменцәа аԥхьахәқәа ргоит.
Sputnik

Аҽазныкгьы "аԥсшьарамшқәа" "омикрон" иахырҟьаны

Ажьырныҳәамза анҵәамҭазы Аҟәатәи ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи рҿы акарантин жәабран 4 рҟынӡа ирылаҳәан, анаҩс Аҟәа ақалақь ахадара аҵара аусбарҭа иҟарҵаз ааԥхьара азгәаҭаны уи аҿҳәара жәабран 14 рҟынӡа иацырҵеит. Аҟәа адагьы, жәабран 14 рҟынӡа иоушьҭуп Гәдоуҭеи Гагреи рраионқәа рышколхәыҷқәа.
В школах Забайкалья прекращены занятия после выявления в регионе коронавируса - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.02.2022
Аԥсны
Аҟәатәи ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи рҿы акарантин аҿҳәара иацҵоуп
Ари зыдҳәалоу акоронавирус аштамм "омикрон" ареспубликаҿ алаҵәара ауп.
Аҟәатәи аполиклиникақәа рҿы ауаа рыдкылара дырмаҷит аепидемҭагылазаашьа аицәахара инамаданы ҳәа аанацҳауеит ақалақь ахадара асаит.
Аепидемиологиатә ҭагылазаашьа ахьеицәахаз инамаданы, Аҟәа ахадара агәабзиарахьчара Аусбарҭа ахада Ирма Воуԥҳа адҵа ҟалҵеит аполиклиникақәа рахь ашоура змоу рыда уаҩ дрыдрымкылаларц.
Сухумская поликлиника  - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.01.2022
Аԥсны
Аҟәатәи аполиклиникақәа рҿы ауаа рыдкылара дырмаҷуеит
Ажьырныҳәа 31 рзы Аҟәа ахадарагьы акарантин ахь ицеит, уи аҽныҵәҟьа иадыркит асанепидемстанциа алабораториа аусзуҩцәа реиҳараҩык ахьычмазаҩхаз иахҟьаны.
ПЦР-ҭҵаарақәа мҩаԥыргалоит Гагреи Очамчыреи рлабораториақәа рҿы. Аус здыруло аматериал 1500 рҟынтәи 500 рҟынӡа иркьаҿуп уахыки-ҽнаки рыҩнуҵҟа.

ЕгрыГЕС ауадаҩрақәа

Егртәи аӡеизакырҭа алшарақәа нҵәеит, аҭагылазаашьа аҽамԥсахыр ЕгрыГЕС иааиԥмырҟьаӡакәа аус зауам ҳәа иҳәеит уи аиҳабы Леван Мебониа.
Жәабран 3 азтәи арбагақәа рыла Џьуартәи аӡеизакырҭаҿы аӡы аҩаӡара 415, 50 метра иҟоуп, убри аан ишәарҭан ишьоуп – 425 метра.
Ингур ГЭС  - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.02.2022
Аԥсны
"Амшынеиқәафымцамч" аҿы ЕгрыГЕС аҭагылазаашьа ахҳәаа арҭеит
Мебониа иажәақәа рыла, аҭагылазаашьа зыхҟьо афымцамчхара ахархәара ахьаҳараку ауп. Иара ишиҳәаз ала, хара имгакәа ақәа леироуп ма ахархәараз аԥкрақәа алагалахоит аҭагылазаашьа аиҭакразы. Ҽнак иалагӡаны хә-сааҭк раҟара ирцәалатәхар ҟалоит иҳәеит Мебониа.
Асеиԥш аҭагылазаашьа ахьынӡаҟало атәы Мебониа изҳәом.
Астанциа аусура ашәарҭара ишҭагылоу рҳәеит АУН "Амшынеиқәафымцамч" апресс-маҵзураҿгьы.
Аенергетикцәа ирҳәеит Аԥсны ахәҭак алашара Урыстәылантәи ишаиуа. Уажәазы ЕгрыГЕС Аԥсны мрагыларатәи араионқәа роуп алашара знаҭо.
Убри аан иазгәаҭан, Аԥсны аиҳабыра ирылшо зегь шыҟарҵо алашараз аиԥҟьарақәа ҟамларц азы.
Амҽыша "Амшынеиқәафыцамч" адырра ҟанаҵеит Аԥсны ахәҭак ашәахьа жәабран 7 рзы фымцалашарада ԥшьсааҭк ишаанхо.
Электропровода  - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.02.2022
Аԥсны
Аԥсны мрагыларатәи ахәҭа араионқәа рҿы алашара дырцәар акәхоит
Џьуартәи аӡеизакырҭаҿы аӡы ахьылаҟәыз азы, аӡхыҽҽатә станциа "ГЭС-1" аҟынтәи иаауа афымцамч аиҷаҳара ахьаҭаху азы асааҭ 01:00 инаркны 05:00 рҟынӡа идырцәоит аҳауатә цәаҳәақәа "Шьешьелеҭ-1", "Шьешьелеҭ-2", "Аҽгәара". Фымцалашарада иаанхоит Очамчыра, Гәылрыԥшь, Гал, Тҟәарчал араионқәа.

Аекономика азҵаарақәа

Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озгани Урыстәыла аенергетика аминистр ихаҭыԥуаҩ Евгени Грабчаки реиԥылара мҩаԥысит Москва аҩаша жәабран акы азы. Дара аенергетика аусхк аҟны Аԥсни Урыстәылеи русецуразы ихадоу азҵаатәқәа ирылацәажәеит.
Ахәҭакахьала иазааҭгылан, Урыстәылантәи Аԥсныҟа иаауа афымца.
Кристина Озган  - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.02.2022
Аԥсны
Аенергетика аусхк аҟны Аԥсни Урыстәылеи русецура азҵаатәы иалацәажәеит Озгани Грабчаки
Аҩганкгьы иара убас иалацәажәеит 2022 шықәсазы ауснагӡаҿ иарбоу Аҟәа афымца ахархәаразы акоммерциатә ҳасаббара апрограмма ашьақәыргылара алыршара азҵаара.
Иара убасгьы, ишьҭыхын аҿыцрақәа злагалатәу аенергетикатә инфраструктура, иаарласӡаны аиҭашьақәыргылара зҭаху аргыларақәа рызҵаара.

Аекспорти аимпорти

Аԥсны Аҳәынҭқарратә аҳазалхратә еилакы анапхгара аԥыза-министр Александр Анқәаб иԥылараан иазааҭгылеит ииасыз ашықәс азтәи русура аихшьаала.
2021 шықәсазы Аԥсны азеиԥш тауареикәыршара 35 миллиарди 921 миллион мааҭи шьақәнартәеит. 2020 шықәса иаҿырԥшны ари арбага 9 миллиардки 366 миллион мааҭи рыла еиҳауп.
Премьер-министр обсудил итоги работы Государственного таможенного комитета в 2021г. на встрече с руководством ГТК - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.02.2022
Аԥсны
Аекспорт еиҵахеит, аимпорт еиҳахеит: аҳазалхыҩцәа 2021 шықәса иазку аҳасабырба ҟарҵеит
Ииасыз ашықәс азы атауарқәа рекспорт 781 миллион мааҭ рыла еиҵахеит. Зынӡа 2021 шықәсазы аекспорт ахь ишьҭын 6 миллиардки 60 миллион мааҭи рыхә аалыҵ.
Убри аан, атауарқәа римпорт иацлеит. 2021 шықәсазы 29 миллиарди 864 миллион мааҭи ҟанаҵеит. Ари арбага 2020 шықәсазы аасҭа 10 миллиардки 150 миллион мааҭи рыла еиҳауп.
Иааидкыланы аҳазалхратә шәарақәа руснагӡа иацҵоуп. 2021 шықәсазы иазԥхьагәаҭаз 2 миллиардки 154,8 миллион мааҭи рцынхәрас 2 миллиардки 732,7 миллион мааҭи алагалан.

Аԥсыӡкраамҭа аихшьалақәа

Аԥснытәи аӡымҽхакыраҿы акамшьиа акра иалагеит 2021 шықәса ԥхынҷкәын 7 азы, ихыркәшахароуп 2022 шықәса хәажәкыра 31 азы.
Аԥснытәи аӡымҽхакыраҿы 29,5 нызқь тонна рҟынӡа акамшьиа ркхьеит ҳәа радио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны аекологиазы Аҳәынҭеилакы ахантәаҩы Савели Ҷыҭанаа.
"Еснагь еиԥш ауснагӡатә иалахәуп аа-зауадк, иааԥхьоуп Ҭырқәтәылантәи аԥсыӡкыгақәа. Сынтәа аԥсыӡкразы аҭагылазаашьақәа маншәалоуп. Аԥсыӡ ахыԥхьаӡара еиҳауп, ахаҭагьы ԥсылоуп. Аԥсыӡ ркуеит 16 ӷба", - иҳәеит иара.
Есышықәса Ҭырқәтәыла 300 000 тонна акамшьиа ркуеит, Қырҭтәыла - 80-100 000 тонна, убри азы Аԥснытәи аӡқәа рҵакыраҿы 29 000 тонна акра аԥсыӡ ахыԥхьаӡара ианыруам ҳәа иҳәеит Ҷыҭанаа.
Добыча хамсы - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.02.2022
Аԥсны
Аԥснытәи аӡымҽхакыраҿы 30 000 тонна рҟынӡа акамшьиа ркхьеит

ААИ аусура алҵшәақәа

Аԥсны Аҳәынҭавтоинспекциа аиҳабы Баҭал Агрба Аԥсуа телерадиоеилахәыраҿ абрифинг мҩаԥго далацәажәеит 2021 шықәсазы аусбарҭа аусура атәы.
Агрба иазгәеиҭеит 2021 шықәсазы ареспубликаҿ амҩатә ԥҟарақәа реилагара 93 522 шазгәаҭаз, 2020 шықәсазы - 47 000.
Агрба иажәақәа рыла, 2021 шықәсазы амҩатә машәырқәа 182 рҿы иҭахеит 42-а, ахәрақәа роуит 246-ҩык. 2020 шықәсазы амҩатә машәырқәа 198 рҿы иҭахеит 57-ҩык, ахәрақәа роуит 282-а.
Агрба иҳәеит 2021 шықәсазы аԥҟарақәа реилагаразы 70 миллион мааҭ рыхә ахараԥса шылҩааз, 2020 шықәсазы - 33 миллиони 849 мааҭ.
Зегь реиҳа иуԥыло аилагарақәа иреиуоуп аццакцәара, иумҩатәым ацәаҳәахьы аиасра иҳәеит Агрба. Иара ишазгәеиҭаз ала, 2021 шықәса рзы ашьаҟауаа 15-ҩык машьынала ирысит, урҭ рахьтә 13-ҩык рыԥсҭазаара иалҵит.
Аԥсны ААР аҿы ашәҟәы иҭагалоуп 66 000 транспорт хархәага, урҭ рахьтә 19 000 нызқь ажәытә номерқәа рықәгылоуп. Шықәсык аҩныҵҟа 7-10 нызқь автомашьына ашәҟәы иҭаргалоит, урҭ реиҳарак Иапониантәи иаарго арӷьарахь аԥсҟы зҿоу роуп.

Акандидатцәа ралхразы аԥшьгаратә гәыԥқәа ашәҟәы рҭагалара

Апарламент ахь адепутатцәа ықәзыргыло аполитикатә партиақәеи аԥшьгаратә гәыԥқәеи ашәҟәы рҭагалара хыркәшахоит жәабран 10 рзы.
Аԥсны Алхратә комиссиа хадаҿы жәабран 5 рзы иҟоу аҭагылазаашьала ашәҟәы иҭаргалахьеит адепутатразы акандидат дықәзыргыло аԥшьгаратә гәыԥқәа 115 аполитикатә партиақәа хәба.
Выборы президента Абхазии. ЦИК - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.01.2022
Аԥсны
Аԥсны АКХ адепутатрахь акандидатцәа рықәыргыларазы агәыԥқәеи апартиақәеи
Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥгахоит хәажәкыра 12 2022 шықәса рзы, иалххоит 35-ҩык адепутатцәа.

Амчыбжь аиааирақәа

Бзыԥҭатәи аспортшкол ааӡамҭацәа ахьтәы медалқәа хԥеи араӡны медалки иаԥсахеит Ессентуки имҩаԥысуаз аицлабраҟны. Актәи аҭыԥ ааныркылеит Дамир Хьециа, Алмаси Алиаси Ажьиаа, аҩбатәи Андреи Иобиӡе. Аспортсменцәа азыҟарҵоит Михаил Манукиани Геннади Оксаничи.
Боксерские перчатки  - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.01.2022
Аԥсны
Аԥсуа боксиорцәа ахьтәы медалқәа хԥа ранашьахеит Урыстәыла иаарту аицлабра аҟны
Аԥснытәи атлет Демиан Леԥсаиа киокусинкаи азы "Урыстәыла аспорт азҟазарахь акандидат" ҳәа ахьӡ даԥсахеит.
Акаратист анорматив неигӡеит кекусинкаи азы Аладатәи Афедералтә округ ачемпионат аҿы. Аицлабрақәа мҩаԥысуан 2021 шықәса ԥхынҷкәын 4-5 азы, Волгоград. Атурнир аихшьаалақәа рыла Леԥсаиа актәи аҭыԥ игеит. Аԥсуа спортсмен Волгоград еизгоу акоманда далашәеит. Акоманда аилазаарала Урыстәыла ачемпионат аҿы дықәгылоит.
Демьян Лепсая - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.01.2022
Аԥсны
Аԥснытәи акаратист Урыстәыла аспорт азҟазарахь акандидат ҳәа ахьӡ даԥсахеит
Аԥснытәи аспортсмен Елҟан Ӷәазаа аиааира игеит Ориол ақалақь аҿы имҩаԥысуа атлетика хьанҭазы Урыстәыла Ахраҿа аҟны.
Иара аиааира игеит 61 кьыла зкапануа рыбжьара, ҩынтә ишьҭихыз аидара еизакны 263 кьыла иҟоуп (123 кьыла - зныҭрысла, ари Урыстәыла арекорд ауп, 140 - дагәҭасны).
Аицлабрақәа Ориол ақалақь аҿы имҩаԥысуа атлетика хьанҭазы ахацәеи аҳәсеи рыбжьара Урыстәыла Ахраҿаз аицлабрақәа рҟны аиааира зго Европа ачемпионат ахь идәықәырҵоит.
Элкан Гвазава завоевал Кубок России по тяжелой атлетике - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.02.2022
Аԥсны
Елҟан Ӷәазаа арекорд шьақәыргыланы атлетика хьанҭазы Урыстәыла Ахраҿа даиааит

Амчыбжь ацәыӡқәа

Ажьырныҳәа 31 азы 63 шықәса дшырҭагылаз лыԥсҭазаара далҵит Фазиль Искандер ихьӡ зху Жәларбжьаратәи афонд адиректор Шьазина Агрԥҳа.
Шьазина Агрԥҳа Фазиль Искандер ифонди ҳаамҭазтәи аҟазара агалереиа "Шьазинеи" напхгара рылҭон. Агалереиаҿы иӡырылгон Варвара Бубнова, Владимир Андреенков, Шавкат Абудсаламов, Рустам Хамдамов.
"Иаамсҭашәаз, иаартыз, даара иҟәыӷаз, зус ҭакԥхықәрала бзиа ибаны иазнеиуаз уаҩын. Шьазина аӡәы диеиԥшымкәа лыхшыҩҵакқәеи лаԥшьгамҭақәеи урыдылхалон. Шьазина лгәы аартын, Аԥсны бзиа илбон дпатриотын, акультура аус азылуан", - ҳәа аҳәоит Москватәи аԥсуа диаспора рдырраҭараҿы.
Агрԥҳа Фазиль Искандер ихьӡ зху Жәларбжьаратәи акультура афестиваль "Ауаҩы игыларҭа" аиҿкааҩцәа дыруаӡәкын.
Шазина Агрба - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.01.2022
Аԥсны
Лыԥсҭазаара далҵит Фазиль Искандер ифонд адиректор Шьазина Агрԥҳа
Жәабран ҩба азы аҵарауаҩ, афольклорҭҵааҩ, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Цира Габниаԥҳа 62 шықәса дшырҭагылаз иаалырҟьаны лыԥсҭазаара далҵит.
"Дҳаԥхеит ҳҩыза, аҵарауаҩ нага, арҵаҩы, ааӡаҩ Цира Смаил-иԥҳа. Лыгәҭакқәа рацәан, ааигәоуп лдоктортә диссертациа атема анышьақәҳаргылаз, аматериал еидкыланы илыман, лҽазыҟалҵон, аха дахьымӡеит. Зегьы дрыхӡыӡаауан, акы дахашшаауа ҳмаҳацызт, еснагь ллакҭа ччон. Исцәыцәгьоуп, иҳазхаҵом ҳҩыза лцәыӡра", - ҳәа иҳәоит Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аиҳабы Арда Ашәба.
Цира Габниаԥҳа диит 1960 шықәса нанҳәамза 8 рзы Џьырхәа ақыҭан. Цира Габниаԥҳа дравторуп аԥсуа фольклор ажанр маҷқәа ирызку раԥхьаӡатәи амонографиатә ҭҵаамҭа, иара убас аԥсуа мифқәеи алегендақәеи реизга.
Цира Габния - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.02.2022
Аԥсны
"Ахаҵара ҳцәыуадаҩуп": аҵарауаҩ Цира Габниаԥҳа лгәалашәара иазкны
Ажәабжьқәа зегьы
0