Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Sputnik амчыбжь: адепутатцәа шьақәырӷәӷәоуп, Гогәуа ииубилеи, COVID-19 ықәҵуа иалагеит

© Sputnik / Константин Михальчевский / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРазвертывание мобильного госпиталя для пациентов с COVID-19 в Симферополе
Развертывание мобильного госпиталя для пациентов с COVID-19 в Симферополе - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.03.2022
Анапаҵаҩра
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны иазнархиеит хәажәкыра 14-20 азтәи иналукааша ахҭысқәа.
Ииасыз амчыбжь азы Аԥсны Апарламент ахь иалырхыз адепутатцәа шьақәдырӷәӷәеит, алхрақәа аҩбатәи ртури гәдоуҭатәи алхырҭатә ҭыԥхадаҿы аиҭалхрақәеи рыҿҳәара азгәаҭоуп. Ареспублика зегьы аҟны имҩаԥысит Марттәи ажәылараан иҭахаз ргәалашәаразы ауснагӡатәқәа, иазгәарҭеит Алықьса Гогәуа 90 шықәса ихыҵра.
Sputnik

Марттәи ажәылара

Марттәи ажәылара 29 шықәса ахыҵра амш азы Аҟәа Ахьӡ-аԥша апарк аҿы иҟоу амемориал ахь урҭ ргәаларшәаразы инеит Атәыла ахада, аиҳабыра, ауаажәларра, аветеранцәа, иҭахаз ранацәа, ашколхәыҷқәа. Амемориал аҿаԥхьа ишьҭарҵеит ашәҭшьыҵәрақәа. Марттәи ажәылараан иҭахеит 222-а аибашьцәа, шәҩыла ахәрақәа роуит, 23-ҩык хабарда ибжьаӡит.
1993 шықәса хәажәкыра 15 азы аԥсуа ар Гәымсҭа аӡиас ирсны Аҟәа акәша-мыкәша иҟоу, астратегиатә ҟазшьа змоу аҳаракырақәа рнапахьы иааргеит. Амотохысцәа рыҟәша Гәымсҭа еиуеиԥшым аҭыԥқәа рҿы аӡы ирсны, аҳауаҟынтәи амшын аҟынтәи ацхыраара рыманы аӷа ижәланы, аҳҭнықалақь ахақәиҭтәразы ԥхьаҟа идәықәлараны иҟан. Аха хәажәкыра 15-16 руха излагаз аоперациа қәҿиара амоуит. Ӷәӷәалатәи аибашьра ашьҭахь аԥсуа ар хьаҵыр акәхеит.
Возложение цветов в парке Славы - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.03.2022
Аԥсны
Аҟәа иргәаладыршәеит хәажәкырамзазы иҭахаз ҳаибашьцәа
Анаҩс Аҟәа ахақәиҭтәразы хәажәкырамзатәи ажәылара зегь раасҭа иуадаҩыз, ацәыӡқәа зцыз жәыларахеит, тактикала иқәҿиарадахеит ҳәа иршьеит. Еилкаахеит аоперациа аиқәымшәарақәа шамаз. Аха иара иаанарԥшит Аҟәа ахахьы иҟоу аҳаракырақәа анапахьы раагара шхымԥадатәииз Аҟәа агаразы.

COVID-19 хьаҵуеит

Аԥсны аҿкчымазара зыхьуа рхыԥхьаӡара еиҵахуа иалагеит. Уажәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 22-а, рҭагылазаашьа бааԥсуп ааҩык, ибжьаратәуп 14-ҩык.
Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәшәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 17-ҩык, урҭ рахьтә 10-ҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәшәтәуеит жәҩык, Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - 8-ҩык, Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы хәҩык ачымазцәа шьҭоуп.
Акоронавирус аҽацәыхьчаразы Акоординациатә штаб алахәыла, Аҟәатәи аклиникатә хәшәтәырҭа аҳақьым Алхас Џьынџьал иҳәеит ахәшәтәырҭақәа рҿы акоронавирустә инфекциа зыхьуа рхыԥхьаӡара шеиҵахаз.
"Апандемиа анҵәамҭахь ҳнеиуеит ҳәа уҳәартә иҟоуп. Тәылақәак рҿы аҽа штаммқәак рԥыхьашәоит - омикрони дельтеи реилалара иеиԥшу. Сгәыӷуеит уи рылаҵәарым ҳәа. Аха зны-зынла ҳара ҳҟынгьы арҭ аштаммқәа рыҩба аамҭак ала ирымоуп ҳәа агәаанагара анузцәырҵуа ҟалалоит. Ауаа рацәа ачымазара рхыргеит. "Омикронтә лаҵаҟаҵара" ҳахысит уҳәар ауеит", - иҳәеит аҳақьым.
Аслан Бжания - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.03.2022
Аԥсны
Бжьаниа "Ахьӡ-Аԥша" аорден ранеишьеит COVID-19 аламырҵәара иазааԥсо аҳақьымцәа
Хәажәкыра 18 азы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа инапы аҵаиҩит "Ахьӡ-Аԥша" аорден III аҩаӡара ранашьазарц ааҩык аҳақьымцәа, акоронавирустә инфекциа аламырҵәаразы рџьабаази азанааҭҩаӡара ҳараки ахьаадырԥшыз азы. 2020 шықәса хәажәкыра - 2021 шықәса ԥхынҷкәын рыбжьара ачымазара иақәырӡын 776 миллион мааҭ.

Адепутатцәа рышьақәырӷәӷәареи аҩбатәи атури

Аԥсны Алхратә комиссиа хада хәажәкыра 15 азы ашәҟәы иҭаргалеит 17-ҩык ҿыц иалху адепутатцәа.
Аԥсны Апарламент ахь алхрақәа 17 алхырҭатә ҭыԥқәа рыҟны аҩбатәи атур мҩаԥгахоит хәажәкыра 26 азы.Аԥсны Алхратә комиссиа хада алахәыла Алиас Бранӡиа ишиҳәаз ала, азакәан инақәыршәаны аиааиразы бжьык ала аԥгара мацарагьы азхоит аҩбатәи атур аан.
Гәдоуҭатәи 18-тәи алхырҭатә ҭыԥ аҿа аиҭалхрақәа мҩаԥгахоит лаҵара 14, 2022 шықәсазы. Алхыҩцәа рнеира 51, 2% ҟалоит иазхоны ишьоу 25 процент аҟынтә.
 Бранӡиа еиҭеиҳәеит Жәлар реизарахь алхрақәа аҩбатәи рыхәҭа шеиҿкаахо  - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.03.2022
Арадио
Бранӡиа Жәлар Реизарахь алхрақәа аҩбатәи рыхәҭа шеиҿкаахо атәы еиҭеиҳәеит

Жәлар рышәҟәыҩҩы иубилеи

Аԥсны Жәлар рышәҟәыҩҩы, Д. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат, Аԥсны зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩы, "Ахьӡ-аԥша" аорден I аҩаӡара занашьоу Алықьса Гогәуа 90 шықәса ихыҵит хәажәкыра 15 рзы. Алықьса Гогәуа дшыхәыҷыз аҩра далагоит. Аԥхьа уи ажәеинраалақәа иҩуан. Иахьа 10 романки, 2 пиесаки, акритикатәи апублицистикатә статиақәеи аочеркқәеи дравторуп. Ароман-рапсодиа "Асду" иналукааша ҩымҭоуп.
Алықьса Гогәуа иажәабжьқәеи, иповестқәеи, ироманқәеи еиҭаргахьеит аурысшәеи ԥыхьатәи Асовет Еидгыла ажәларқәа акыр рбызшәақәеи рахь, иара убас европатәи абызшәақәа: англыз, анемец, афранцыз, аиспан, авенгер, аполиак, аболгар бызшәақәа рахь, аиапон бызшәахь.
Алексей Гогуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.03.2022
Аԥсны
Апроза иныҟәнаго апоезиа: аԥсуа литература аклассик Алықьса Гогәуа 90 шықәса ихыҵит
Иара ихаҭа еиҭеигахьеит Лев Толстои, Федор Достоевски, Андреи Платонов рырҿиамҭақәа.
Алықьса Гогәуа Аԥсны амилаҭтә-хақәиҭратә қәԥара ахыҵхырҭаҿ дгылан. Иара иоуп Аԥсны жәлар рфорум "Аидгылара" раԥхьатәи ахантәаҩысгьы иҟаз. Уи акырӡа алнаршеит аԥсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥараҿы.

Ахҵәацәа рыгьежьра

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа инапынҵала Донецки Лугански Жәлар Рреспубликақәа рҟынтәи Аԥсныҟа ахҵәацәа раагара еиҿкаан.
Лугансктәи Жәлар Рреспубликантәи Аҟәа асасааирҭа "Аиҭар" аҟны иҟаз ахҵәацәа рыхәҭак рыҩныҟақәа рахь ихынҳәырц рҭаххеит. Хәажәкыра 18 азы урҭ рыҩныҟа амҩа иқәлеит.
"Иахьа 37-ҩык ахҵәацәа Луганскҟа ихынҳәит, уа аҭагылазаашьа маҷк аҽарҭынчит. Инаскьаҳгоит, дара ргәалаҟазаара бзиуоп. Дәыӷбала иҳашьҭуеит, абилеҭқәа Аԥсны анапхгара иаанахәеит. Каменск-Шахтинск аҟны автобус рызԥшызаауеит, ЛЖәР Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрреи ҳареи ҳаицәажәеит", - иҳәеит Аԥсны АҶ рминистр Лев Кәыҵниа.
Часть беженцев отправилась из Сухума в Луганск  - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.03.2022
Аԥсны
Ахҵәацәа рыхәҭак Аҟәантәи Луганскҟа ицеит
Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра жәабран 24 азы Аԥсныҟа иааргеит Донецки Лугански жәлара рреспубликақәа рҟынтәи ахҵәацәа, мышқәак рнаҩс иааит ахҵәацәа аҩбатәи ргәыԥ, зынӡа Аҟәа иҟан 118-ҩык.
Ахҵәацәа ҩнан асасааирҭа "Аиҭар", уаҟа дара ирзаԥҵан аҭагылазаашьа бзиақәа.

Арда Ашәба Аԥсуаҭҵааратә институт аиҳабыс деиҭалхуп

Афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет адоцент Арда Ашәба Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аиҳабыс деиҭалхуп.
Ашәба хәышықәса инапынҵақәа рыҿҳәара ахьынҵәаз инамаданы Аинститут аиҳабы иалхра мҩаԥысит.
Маӡалатәи абжьыҭара алҵшәақәа рыла, аилатәара иалахәыз Арда Ашәба изы рыбжьы ирҭеит 85-ҩык, уи иаҿагылеит жәҩык.
Абхазский институт гуманитарных исследований - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.03.2022
Аԥсны
Аԥсуа ҭҵаарадырра арӷәӷәареи аизырҳареи рзы: Арда Ашәба Аԥсуаҭҵааратә институт иазкны
2015-2017 шықәсақәа рзы Арда Ашәба напхгара аиҭон ААУ афилологиатә факультет, 2017 шықәса жәабранмзазы Ашәба Аԥсуаҭҵааратә институт аиҳабыс далхын. Ирҵаҩратә усура дшаҿыц даҿуп, 2005 шықәса раахыс ААУ аԥсуа литература акафедраҟны аус иуеит.

Урыстәылеи Ҟрыми рҽеидҵара ахьӡала аконцерт

Ҟрыми Севастополи Урыстәыла иадлеижьҭеи 8 шықәса аҵреи Урыстәыла Украина имҩаԥнаго иҷыдоу арратә аоперациа адгылареи ирызкыз аныҳәатә концерт мҩаԥысит Р. Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҟны хәажәкыра 18 азы. Аконцерт иалахәын жәлар рансамбльқәеи аԥсуа естрадатә шәаҳәаҩцәеи: Артур Лакрба, Сати Какәбааԥҳа, Мана, Ҭемыр Ҭаниа, Гоча Ԥачлиа. Ҷыдала ааԥхьара рыҭан Урыстәыла зҽаԥсазтәыз артист Ольга Кормухинеи уи лыԥшәма арок-музыкант Алексеи Белови. Асасцәа гәахәарыла ирыдыркылеит Аԥсны аҭаара, аԥсуа жәлар рыбла ахыԥшылара.
Концерт в честь восьмилетия принятия Крыма в состав России состоялся в Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.03.2022
Аԥсны
Ҟрым Урыстәыла иадлеижьҭеи 8 шықәса ахыҵра иазкыз амш азгәарҭеит Аҟәа
"Даара игәхьаазгон Аԥсынтәыла. Иахьа асценаҟны аԥсуа жәлар сахьрыцшәаҳәо сгәы еизҳауеит. Еиҭахгьы агәра згеит аԥсуаа рысасдкылара, ргәыҭбаара, рҵас, рқьабз, ргәыӷәӷәара. Ҳара ҳаидызкало аиашара ауп, аиашара аныҟала - ҳдунеи еиқәхоит", - ҳәа азгәалҭеит Кормухина.
Хәажәкырамза 18, 2014 шықәсазы Урыстәыла ахада Владимир Путин, Ҟрым анапхгара, Севастополь ахада Ареспублика Ҟрыми Севастопольи Урыстәыла ишалалаз азы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит.
Ажәабжьқәа зегьы
0