Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Sputnik амчыбжь: ахада иеиԥыларақәа, хатәгәаԥхарала еибашьуаз иҭахара, Пицунда аҳәынҭдача

© Foto / сайт Администрации Президента РА Рабочая поездка Аслана Бжания
Рабочая поездка Аслана Бжания  - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.07.2022
Анапаҵаҩра
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны иазнархиеит ииасыз амчыбжь, ԥхынгәы 18-24 рызтәи ахҭысқәа рыхҳәаа.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ииасыз амчыбжь азы Аԥсны араионқәа руааԥсыреи рнапхгареи дырԥылеит. Уа ишьҭыхыз азҵаарақәа, излацәажәоз атемақәа, ареспублика ауааԥсыра ргәы иҵхо, ахада иҭакқәа, иара убас Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин иабадырреи Аԥсны абираҟ амш шымҩаԥысызи Sputnik аматериалқәа рҿы.

Ахада араионқәа рахь иныҟәарақәа

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Ҭаҭарсҭани Башкортосҭани рахьынтә даныхынҳә ашьҭахь Аҟәа аилцәажәара мҩаԥигеит Аԥсны Аҳәарҭадаратә хеилак алахәылацәеи азинхьчаратә усбарҭақәа реилазаара ахаҭарнакцәеи алархәны. Итема хаданы ишьҭыхын атәыла адәныҟатәии аҩнуҵҟатәии аполитика, ареспублика ашәарҭадара аиҿкаара уҳәа.
Президент Аслан Бжания провел совещание с отдельными членами Совета безопасности и руководителями силовых структур - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.07.2022
Аԥсны
Бжьаниа Ашәарҭадаратә хеилаки амчратә усбарҭақәеи алархәны аилацәажәара мҩаԥигеит
Иаҳхысыз амчыбжь азы Аслан Бжьаниа Аҟәа, Гәылрыԥшь, Очамчыра, Тҟәарчал, Гәдоуҭа, Гагра араионқәа дырҭааит ашықәс азыбжазтәи аусурақәа рзы аҳасабырбақәа дырзыӡырҩырц.
Очамчыра араион абиуџьеттә лагалақәа рыплан нагӡоуп 145% рыла
Тҟәарчал шықәсыбжак аҩнуҵҟа шә-миллионк еиҳаны ашәахтәқәа еизгоуп
Гәдоуҭа араион ахада ашықәсбжатәи аусуразы аҳасабырба ҟаиҵеит
Гагра араион ахада ашықәсбжатәи аҳасабырба ҟаиҵеит
Гәылрыԥшь араион ахада 2022 шықәса фымз рыҩнуҵҟа аусуразы аҳасабырба ҟаиҵеит
Араионқәа рхадацәа ахада иҿаԥхьа 2022 шықәса актәи азыбжазтәи русуразы аҳасабырбақәа ҟарҵеит еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рганахьала. Ахада абри ашьҭахь арҭ араионқәа рҿы хаз-хазы аҭагылазаашьа ахәшьара аиҭеит, иара убас ахәшьара аиҭеит анапхгаҩцәа русура, иҵару азҵаарақәа рыӡбараҿы мҩақәас иибо дрылацәажәеит.
Араионқәа руааԥсыра ирыман аҭагылазаашьа ргәы иҵхоз азҵаарақәа хаҭала ахада ирҭарц. Аиҳарак урҭ зызкыз асоциалтә усхк, ауалафахәы, анхамҩа–коммуналтә ҭагылазаашьақәа, абылтәы ахәԥса, Пицунда аҳәынҭдача алахьынҵа ракәын.

Аҳәынҭдача акәша-мыкәша ацәажәарақәа

Аԥсны, Пицундатәи аҳәынҭқарратә дача Урыстәылатәи Афедерациа аҭарази ахархәарази Москва ажьырныҳәа 19, 2022 шықәсазы Аиқәшаҳаҭра нап аҵаҩын ҳәа ауаажәларра ианрылаҵәа ашьҭахь иара еиҳа излацәажәоз жәабыжьны иҟалеит ари амчыбжь азы. Убас, Гәылрыԥшь абри аганахьала реибарххара иахҟьаны аиԥылара заанаҵы ихыркәшахеит.
Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.07.2022
Аԥсны
Аԥсны ахада Пицундатәи аҳәынҭдача Урыстәыла аҭаразы аиқәшаҳаҭра ахҳәаа аиҭеит
Еизаз ргәаанагарақәа рҽыршеит. Иҟан арҭ аргыларақәа Урыстәыла Афедералтә хьчара амаҵзура иаҭатәуп ҳәа изшьоз, абас ала, ҳгәылаҳәынҭқарра акраамҭатәи иаҳзыҟанаҵо ацхырааразы ҭабуп ҳәа аҳҳәоит ҳәа зҳәоз. Аха иҟан уи зынӡаск иақәшаҳаҭхар зҭахымыз. Араион ауааԥсыра рыхәҭак Бжьаниеи, Аиҳабыреи, Апарламенти рахь аҳәара ҟарҵеит ари азҵаара иахымыццакыкәа иӡбазарц.
Бжьаниа ихаҭа асеиԥш аӡбара ахәҭаны ишьоит. Иҳәеит Пицундатәи адача амазаратә комплекс Урыстәыла аҭара азҵаара 12 шықәса шыҵуа иалацәажәоижьҭеи, аха ишыӡбамыз. Уи адагьы, 2020 шықәса абҵарамзазы Владимир Путини Аслан Бжьаниеи Пицунда реиԥылараан Урыстәыла ахада аҳәара шыҟаиҵаз зегь ирзеицманшәалоу аӡбара рыдыркыларц.

"Ирацәоуп ииашамкәа ирыларҵәоу аинформациа, ауааԥсыра рхы ҭызҟьо. Ижәдырыр сҭахуп – адгьылқәа рыҭира аӡәгьы далацәажәаӡом. Алацәажәарагьы алшом ҳконституциа ала адгьыл аҭира ахьыҟамло азы", - иҳәеит иара.

Иара иҳәеит уажәазы ари азҵаара зыӡбатәхаз - адача аҵакыраҿы игылоу ахыбрақәа ажәит, дара дыргылеижьҭеи 60 шықәса ҵуеит. Бжьаниа иҳәеит ари аиҳарак Аԥсны азы ишыхәарҭоу Урыстәылаз аасҭа, избанзар ареспублика агәылаҳәынҭқарра ацхыраарада ахы шазымхьчо.
Уаанӡа, Жәлар Реизара - Апарламент ақәҵара аднакылеит Аԥсны Аконституциатә ӡбарҭахь азыҳәа нашьҭызарц Аԥсны Аконституциеи аҳәынҭқарратә дача Урыстәылатәи Афедерациа аҭарази ахархәарази Москва ажьырныҳәа 19, 2022 шықәсазы анап зҵаҩыз Аиқәшаҳаҭреи реишьашәалара аилыргаразы.
Рабочее собрание депутатов Парламента РА  - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.07.2022
Апарламент Аконституциатә ӡбарҭа иадҵаалоит Пицунда аҳәынҭдача Урыстәыла аҭара аус азы

Ацҳаражәҳәаҩ иабадырра

Михаил Шургалин Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩс дҟаҵан лаҵара 31 2022 шықәсазы. Уи иаԥхьа цҳаражәҳәаҩс дыҟан Алексеи Двинианин. Михаил Шургалин инапынҵақәа рынагӡара далагеит ԥхынгәы 13 рзы, Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр агәраргагатә шәҟәқәа анииҭа ашьҭахь.

Ԥхынгәы 21 рзы Аԥсны иҟоу аҷыдалкаатәи азинмчы змоуи Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа агәраргагатә шәҟәқәа ииҭеит.

Бжьаниа иазгәеиҭеит Урыстәыла ахада Владимир Путин ацҳаражәҳәаҩ иганахьала агәрагара ду шааирԥшыз ари аҩыза адипломатиатә маҵура Аԥсны дахагыларц анидигала. Аԥсны ахада иҳәеит аҩҳәынҭқаррак реиҩызаратә еизыҟазаашьақәа шьаҭас ишрымоу ҩ-еиқәшаҳаҭрак - "Аиҩызареи, аусеицуреи, аицхыраареи рзы" (2008 ш.), "Аиҩызареи астратегиатә партниорреи рзы" (2014 ш.).
Посол России в Абхазии вручает президенту верительные грамоты - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.07.2022
Аԥсны
Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин Аԥсны ахада агәраргагатә шәҟәқәа ииҭеит
Михаил Шургалин иазгәеиҭеит иара изы ишыхьӡу ахада агәраргагатә шәҟәқәа ахьииҭо. Иара даҽа знык инаҵишьит Урыстәылеи Аԥсни - аиҩызцәеи астратегиатә партниорцәеи шракәу.
Аԥсны иҟоу Урыстәыла аҷыдалкаатәи азинмчы змоуи ацҳаражәҳәаҩ дызлахәыз Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Ауаажәларратә хеилак инарҭбаау аилатәара ихы мҩаԥысит ԥхынгәы 22 рзы.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба ацҳаражәҳәаҩ бзиала уаабеит ҳәа иаҳәо, иазгәеиҭеит Аԥсны ахә ҳаракны ишашьо Урыстәыла иара асоциал-економикатә ҿиаразы, ашәарҭадара аиҿкааразы иҟанаҵо ацхыраара.
Общественный совет МИД с участием посла России в Абхазии Михаил Шургалин - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.07.2022
Аԥсны
Шургалин иҽалаирхәит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Ауаажәларратә хеилак аилатәара

Абираҟ Амш

Есышықәса, ԥхынгәы 23 рзы Аԥсны иазгәарҭоит Аҳәынҭқарратә бираҟ амш. Сынтәа Аԥсны Аҳәынҭқарратә бираҟ иахыҵуеит 30 шықәса.
Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны жәлар Аҳәынҭқарратә бираҟ амш рыдиныҳәалеит.
Празднование Дня национального флага Абхазии в Сухуме - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.07.2022
Ҳакзаара асимвол: Абираҟ амш шазгәарҭаз
Адныҳәалараҿы атәыла ахада иазгәеиҭеит 1992 шықәса ԥхынгәымза 23 иҿыцу ҳҳәынҭқарра аҭоурых аҟны иҷыдоу, аҵак дуӡӡа змоу рыцхәны ишыҟалаз.
30 шықәса раԥхьа, 1992 шықәса ԥхынгәымза 23 рзы Владислав Григори-иԥа Арӡынба хантәаҩра ззиуаз Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет, ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьа шыуадаҩызгьы, ишьақәнарӷәӷәеит Аԥсны Аҳәынҭқарра асимволика - Аҳәынҭқарратә бираҟи Аҳәынҭқарратә герби ҳәа азгәеиҭеит ахада.
Ареспублика ақалақьқәеи ариаонқәеи рҿы имҩаԥган аныҳәатә уснагӡатәқәа.
Празднование Дня национального флага Абхазии в Сухуме - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.07.2022
Аԥсны
Аԥсны Аҳәынҭқарра абираҟ амш азгәарҭеит

Ихынҳәыма акоронавирус?

Ааигәоуп Аԥсны ауааԥсыра аԥхыӡ бааԥс аиԥш акоронавирустә инфекциа рхадыршҭуа ианалагаз, аха уи еиҭах ихынҳәит. Ԥхынгәымза азбжаахыс ареспубликаҿ иазгәарҭахьеит 23 COVID-19 хҭыс.
Акоронавирус аҽазныкгьы ицәырҵит, уи Аԥсны изавымсит ҳәа иҳәеит Аԥсуа телехәаԥшра аефир аҿы Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба.

"Адунеи зегьы аҿы авирус еиҭаҽцәырнагеит. Аԥсынгьы аганахь инымхеит. Ижәбеит икьыԥхьыз адыррақәа - 23-ҩык аҿкчымазара рыдбалоуп ареспубликаҿ. Дара амбулаторла рҽырхәшәтәуеит. Макьаназ шәарҭара ыҟам, аҭагылазаашьа ҳахылаԥшуеит", - иҳәеит иара.

Ареспублика араионтә хәшәтәырҭақәа рҿы аус руеит ПЦР-анализқәа ахьарҭо аҭыԥқәа, Аҟәа - аҿкчымазаратә хәшәтәырҭеи ахәыҷтәы поликлиникеи рҿы. Аковид ашьақәырӷәӷәараз анализ аҳақьым инапынҵала иарҭоит, абиоматериал ргоит зсимптоматика убарҭоу рҟынтә.
Лечение больных с COVID-19 в ГКБ №52 - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.07.2022
Аиммунолог еиҭеиҳәеит COVID-19 ацәқәырԥа ҿыц аҷыдарақәа

Аԥснынтә Донецк хатәгәаԥхарала еибашьуаз дҭахеит

Аинтернационалтә бригада "Пятнашка" иалахәыз Лоран Смыр дҭахеит Донецк ианалахысуаз ҳәа адырра ҟалеит ԥхынгәы 22 рзы. Иҭахаз аибашьҩы Аԥсны, Нхыҵ Кавказ, Урыстәыла рҟынтәи инеиз аибашьцәа злоу аинтернационалтә бригада "Пятнашка" далан.
Иара дҭаацәаран. Хҩык ахшара драбын.
Аԥсны АҶА аусзуҩцәа аминистр Лев Кәыҵниа зхадараҿы дыҟоу Донецкҟа амҩа иқәлеит хатәгәаԥхарала еибашьуаз Лоран Смыр иԥсыбаҩ аагаразы.
Лев Квициния - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.07.2022
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Кәыҵниа Донецкҟа амҩа дықәлеит иҭахаз аибашьҩы Смыр иԥсыбаҩ аагаразы

Ауаҩшьреи ақәҵареи

Аҟәа ақалақь апрокуратура ашьаус хацнаркит 83 шықәса зхыҵуа ахаҵа ишьра аганахьала.
Аусҭҵаара адыррала, ԥхынгәы 20 рзы 25 шықәса зхыҵуа ижәны иҟаз Вартан Тозлиан 83 шықәса зхыҵуаз иуа Вартан Сельвиан еилкаам маҭәарла ихы дасны дишьит. Тозлиан даанкылоуп.
Руки в наручниках. - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.07.2022
Аԥсны
Аҟәатәи хаҵак дааныркылеит ауаҩшьра ҟаиҵеит ҳәа агәызҩара рыманы
Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа ахара иднаҵеит Узбекисҭан атәылауаҩ Акмалжон Иусупжонов, закәаншьаҭада анаркотикатә маҭәашьарқәа алаирҵәон ҳәа.
Аӡбарҭа аӡбрала ахара здырҵо арежим ӷәӷәа иаҵанакуа ариашаратә колониаҿ 15 шықәса ахыгареи миллион мааҭ ахараԥсеи иқәҵоуп.
На аукционе Анимация. Кино. Книги. Архивы. Графика, Редкие документы в Москве. Каталог включает более 500 лотов в 14 разделах - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.07.2022
Аԥсны
Узбекистан атәылауаҩ Аԥсны анаркотикқәа рыларҵәаразы иус ӡбоуп

Акультуратә хҭысқәа

Ҭырқәтәыла иаатит Аԥсуа культуратә центр ҿыц ҳәа арадио Sputnik аефир аҿы иҳәеит Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны ахаҭарнак Ибраҳим Аҩӡба.
Акультуратә центр еиднакылоит апровинциа Малатиа инхо аԥсуа-абаза диаспора реиланхарҭақәа ҩба. Ацентр ахантәаҩ ҿыцс далхуп Мурат Иузгулец (Адлеиба).
Ихыркәшахеит Амилаҭқәа ркультура жәларбжьаратәи аинклиузивтә фестиваль "Алтын маидан", иара мҩаԥган Аҟәа, Очамчыра, Гал.
Праздник марийской культуры «Пеледыш Семык» - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.07.2022
Аԥсны
Амилаҭқәа ркультура аинклиузивтә фестиваль "Алтын маидан" мҩаԥгахоит Аԥсны
Афестиваль иалахәын 600-ҩык, Урыстәыла 21 регион рҟынтәи 41 фольклортә коллектив, иара убас аԥсуа кәашаратә ансамбльқәа. Уи иалахәын зылшарақәа ԥку ауаа ахымхәацәа, дара арныҟәагақәа ирықәтәан икәашон, ишәаҳәон, амодақәа ртеатр ддырбон. Афестиваль аҳәаақәа ирҭагӡаны аетникатә хәылԥызқәа мҩаԥган, иара убас имҩаԥган ацәыргақәҵа-џьармыкьақәа, жәларбжьаратәи аетноеицлабра "Аламыс", аҟазара-классқәа.

Аспорт жәабжьқәа

Хынтәны аолимпиатә чемпион, ақәԥаҩ Александр Карелини аԥснытәи аспортсменцәеи аҟәатәи астадион "Динамо" аҟны еиԥылеит ԥхынгәы 22 рзы.
Карелин иԥыларазы араҟа еизеит аспортсменцәа қәыԥшцәа - ақәԥаҩцәа, ашьапылампыласыҩцәа, абоксиорцәа. Дара еицырдыруа аспортсмен азҵаара иҭаразы алшара рыман.
Карелин еиҭеиҳәеит аспортсмен иԥсҭазараҿы ихадоу ароль шынаигӡо иазыҟаҵаҩ.
"Шәазыҟаҵаҩцәа рыгәра жәгала, шәырзыӡҩрла усҟан шәеихьӡарақәа еизҳауеит. Досу шәара заҟа шәыӷәӷәахо аҟара иӷәӷәахоит акомандагьы. Ашьапылампыл командатә спорт хкуп", - иҳәеит иара.
Александр Карелин встретился с  абхазскими спортсменами в Сухуме - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.07.2022
Аԥсны
Аԥснытәи аспортсменцәеи Александр Карелини еиԥылеит
Аспорттә еицлабрақәа "Аԥсны Амчратә усбарҭақәа рассоциациа реиԥхныҩларақәа" раԥхьаӡа акәны имҩаԥысит Гәылрыԥшь араион Баӷмаран ақыҭан аԥшьаша, ԥхынгәы 21 рзы.
Аицлабрақәа ирылахәын Аԥсны атәылахьчара аминистрра иатәу ф-командак. Командацыԥхьаӡа жәаба-жәаба солдаҭ алахәын. Командала еиԥхныҩлон. Алахәылацәа жәа-километрак иҩуан. Аруаа ирықәнагаз маҭәа-ҩыҭәала, џьаԥҳаныла еибыҭан.
Марш-бросок Ассоциации силовых структур Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.07.2022
Аԥсны
Еиҳа зылшо: Баӷмаран Аԥсны аруаа реицлабрақәа шымҩаԥысыз
Ашьапылампыласразы ақыҭақәа рыбжьара аицлабра аатит Аҟәа астадион "Динамо" аҟны асабша ԥхынгәы 23 рзы.
Аартра далахәын аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа. Иара инапы ианын аԥхьатәи ахәмарра аартреи ампыл аршәреи.
Турнир по футболу среди сельских команд открылся в Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.07.2022
Аԥсны
Ақыҭақәа рыбжьара ашьапылампыласразы аицлабра хацыркуп
Аицлабра иалахәын ақыҭақәа Лыхны, Дәрыԥшь, Ҷлоу, Кәтол, Алаҳаӡы, Приморск, Џьырхәа, Ҵарча, Бзыԥҭа, Аӡыҩбжьа, Уарча, Ешыра рҟынтәи 12 команда.
Аԥхьатәи ахәмарра мҩаԥыргеит Ҷлоуи Лыхни ркомандақәа. 3:1 ҳәа ҷлоуаа аиааира ргеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0