https://sputnik-abkhazia.info/20220801/sputnik-amchybzh-covid-19-akhynra--bzhania-moskvaa-itsara-ayrua-shykhy-laankylara-1040620716.html
Sputnik амчыбжь: COVID-19 ахынҳәра, Бжьаниа Москваҟа ицара, ақырҭуа ԥшыхәыҩ лаанкылара
Sputnik амчыбжь: COVID-19 ахынҳәра, Бжьаниа Москваҟа ицара, ақырҭуа ԥшыхәыҩ лаанкылара
Sputnik Аҧсны
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны еснагь еиԥш иазнархиеит ԥхынгәы 25-31 рзы ареспубликаҿ иҟаз иналукааша ахҭысқәа реиқәыԥхьаӡа. 01.08.2022, Sputnik Аҧсны
2022-08-01T09:39+0300
2022-08-01T09:39+0300
2022-08-01T09:39+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
ауаажәларра
аекономика
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/07/15/1040414722_0:85:1620:996_1920x0_80_0_0_35ebb0c84e191a73bb133f2a44dfcdbf.jpg
Ари амчыбжь азы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Урыстәылаҟа дцеит, аҵарауаҩ, ауаажәларратәи аполитикатәи усзуҩ Тарас Шамба игәалашәара иазкыз ахәылԥаз мҩаԥысит, ақырҭуа ԥшыхәраз ашьаусҭҵаара иалагеит.SputnikАхада Москва иҟазаараАслан Бжьаниа ԥхынгәы 27 рзы Москваҟа дцеит Урыстәыла ахада иусбарҭеи Ашәарҭадартә хеилаки рҿы аусутә еиԥыларақәа рымҩаԥгаразы.Раԥхьатәи амш азы Урыстәыла Ашәарҭадаратә хеилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Дмитри Медведеви Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи еиԥылеит.Медведев аиԥылараан иҳәеит Урыстәыла аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны ахахьы иагаз ахыдҵақәа зегьы ныҭкааны ишынанагӡо, Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара, уи ашәарҭадара аиҿкаара ацхрааразы иақәнагоу зегьы ҟанаҵоит ҳәа, иагьазгәеиҭеит Аԥсны аҿиарамҩа ишаныц ишану, уи жәларбжьаратәи апозициақәа рыҽшдырӷәӷәо.Урыстәыла Ашәарҭадаратә хеилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ уи адагьы инаҵшьны иҳәеит Урыстәылеи Аԥсни рыбжьара азеиԥш социалтәи аекономикатәи ҵакыра апрограмма анагӡара аԥеиԥш бзиа шамоу. Иара игәаанагарала, уи иабзоураны ареспублика асоциал-економикатә ҿиара бзиа аиоуеит, урыстәылатәи абизнес азы уи аинвестициатә лшарақәа аатуеит.Аганқәа ҷыдала иалацәажәеит Украина имаԥысуа Урыстәыла арратә операциа ҷыда, иазааҭгылеит аҩтәылак рхәаахәҭра-економикатә усеицуреи урыстәылатәии аԥснытәии амедикцәа рҳәоу еиқәшәаны аус ахьеицыруаз иабзоураны Аԥсны аепидҭагылазаашьа аҭышәныртәалара шалшази.Адырҩаҽны Аслан Бжьаниа Москва диԥылеит Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Дмитри Козак.Аиԥылараан аганқәа рылацәажәеит аҳәынҭқаррабжьаратә усеицуразы аҵакы змоу азҵаарақәа жәпакы, хықәкыла – авиаеимадара аиҭахацыркреи, 2022- 2025 шықәсқәа рызтәи Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара апрограмма анагӡашьеи.Козак идагьы аилацәажәара иалахәын Урыстәыла ахада иҿы иҟоу Аҳәаанырцә тәылақәа арегионбжьаратәи акультуратәи хырхарҭақәа рҿы рыҽрымадаразы Аусбарҭа аиҳабы Игор Маслов, Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистр Максим Решетников, Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Вольвач.Тарас Шамба игәалашәара иазкыз ахәылԥазЕицырдыруа аԥсуа ҵарауаҩ, ауаажәларра-политикатә усзуҩ, аорден "Ахьӡ-Аԥша" I аҩаӡара занашьаз Тарас Шамба диижьҭеи 84 шықәса аҵра иазкыз агәалашәаратә хәылԥаз мҩаԥысит Аҟәа Владислав Арӡынба ихьӡ зху Ахьӡ-аԥша амузеи аҟны ԥхынгәы 29 рзы.Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба иҳәеит иара изы кыр шаҵанакуа аԥсуа жәлар инарылукааша рԥа, ауаҩы ҿырԥшыга игәалашәара анаӡаӡатәразы еиҿкаау акомиссиа анапхгара ахьаиҭо.Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс анагӡаратә маӡаныҟәгаҩ Инар Гыцба Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Иреиҳаӡоу Ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь иаашьҭымҭа шәҟәы атекст даԥхьеит. Уа иазгәаҭоуп Тарас Шамба азиндырраҿы ирҿиамҭақәа Аԥсны, Урыстәыла, урҭ рынҭыҵгьы ибзианы ишырдыруа.Ахәылԥаз аҟны дықәгылеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин. Иара иҳәеит Тарас Шамбеи иареи Москва ишеиқәшәалоз, еснагь ишџьеишьоз аԥсҭазаарахь иааирԥшуаз абзиабара, игәыҭбаара.Аԥсни Урыстәылеи руаажәларра-политикатә усзуҩ Тарас Шамба иԥсҭазаара далҵит Москва 2020 шықәса жьҭаара 13 рзы.Лакоба имузеи аремонтНестор Лакоба имузеи аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирылагеит ари амчыбжь азы. Аилахәыра "Аԥсныргылара" адиректор хада Руслан Тәанба иҳәеит Нестор Лакоба имузеи аремонт шымҩаԥысуа апроект инақәыршәаны, амузеи аиҭашьақәыргылара апроект 2012 шықәсазы аинтериертә проект нацҵаны ишрыдыркылахьаз. Уажәы аусурақәа ирҿуп, ашықәс нҵәаанӡа инагӡахоит, Новосибирсктәи апроекттә еиҿкаара аинтериертә проект аус адырулоит иҳәеит иара.Шьаҭанкылатәи аремонт ашьҭахь ахархәара аҭахоит адизаин-проект. Аҩбатәи аихагылаҟны аекспозициатә залқәа ԥшьба ҟалоит. Уа Нестор Лакоба иԥсҭазаара иадҳәалаз аекспонатқәа цәыргахоит. Актәи аихагылаҿы – аҵәахырҭа, администрациа, 40 ҭыԥ змоу азал ҟалоит иҳәеит Тәанба.Ахыбра 18,5 х 12 метра иҟоуп (450 метр ԥшьыркца). Ашҭа маҷгьы еиҿкаахоит. Иҟалоит ашҭаҟынтәгьы амҩаду аҟынтәгьы аҩналарҭақәа.Донбасс иҭахаз рҭаацәа ацхыраара рыҭахоитДонбасс иҭахаз Ахра Кьыркьнаӡеи Лоран Смыри рҭаацәаарақәа знык миллионк-миллионк асоциалтә шәара рзыҟарҵарц Аԥсны Аминистрцәа реилазаара ақәҵара рыдыркылеит.Афинансқәа рминистрра анапы ианҵоуп 2022 шықәсазы ари ашәара ареспубликатә биуџьет аҟынтәи рыҭара еиҿкаахарц.Уи адагьы иҭахаз рхәыҷқәа рыцхрааразы есымза 10-10 нызқь мааҭ рызшәалахоит.Ашәарақәа мҩаԥысуеит ахәыҷқәа 18 шықәса рхыҵаанӡа, абжьаратәи иреиҳау аҵараиурҭақәа ирҭоу - рҵара иалгаанӡа, аха 23 шықәса рхыҵаанӡа.COVID-19 аизҳараАиҳабыра реилатәараҟны Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба идирдырит коронавирустә инфекциа аҽарҭбаауа ишалагаз.Быҭәба иҳәеит акоронавирус еиҭахынҳәит, ареспублика араионқәа зегьы рҿы ПЦР-анализқәа ахьыҟарҵо аҭыԥқәа аартуп ҳәа. Аҟәа ҩ-ҭыԥк ыҟоуп - ахәыҷтәы поликлиникеи аҿкчымазаратә хәшәтәырҭеи рҿы.Аԥыза-министр Александр Анқәаб иҳәеит аиҭалаҵа шыҟаиҵаз, ааԥхьара ҟаиҵеит егьырҭгьы ишьҭа иқәларц.Агәалашәара анаӡаӡатәраАшәҟәыҩҩцәа Шьалодиа Аџьынџьали Гьаргь Гәыблиеи, аспорти абаҩрҵәыреи русхк аҟны зҽаԥсазтәыз аусзуҩ Роберт Дилениани, Аџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз Беслан Касланӡиеи ргәалашәара наӡаӡартәраны иҟоуп. Уи азы урҭ ахьынхоз Аҟәатәи аҩнқәа рҭыӡқәа рҿы агәалашәаратә дыргақәа кыдырҵараны иҟоуп.Абри азы еицҿакрыла аӡбара рыдыркылеит Аҟәатәи ақалақьтә еизара адепутатцәа, Ауаажәларратә комиссиа алкаақәа рышьаҭала.Амҩақәа, амҩадуқәа, абжьаларҭақәа, апаркқәа, аскверқәа, абульварқәа, ашҭақәа рыхьӡқәа рышьақәыргылареи рыԥсахреи рзы Ауаажәларратә комиссиа ажәалагала иахәаԥшит.Ақырҭуа лыԥшыхәраз аусҭҵаараԤхынгәы 25 азы Аԥсны АШәМ аԥшыхәразы Қырҭтәыла атәылауаҩ, Гал араион аҿы инхоз Кристина Такаланӡе лганахьала ашьаус хацнаркит.24 шықәса зхыҵуа Такаланӡе Жәыргьыҭ диит, милаҭла дақырҭуоуп, Гал араион Баҭаигәара (Набакеви) ақыҭаҿы дынхон. Аусҭҵаара адыррақәа рыла, Такаланӡе еизылгоз аинформациа Қырҭтәыла Ашәарҭадаратә маҵзура ахы ианархәар алшон Аԥсны ашәарҭареи, аконституциеи, ахьыԥшымреи рыҵшәааразы.Заанаҵтәи аусҭҵаара ишьақәнаргылеит Такаланӡе абри аус лнапы шалакыз 2021 шықәса цәыббрамза инаркны 2022 шықәса ԥхынгәы 20 рҟынӡа.Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа аӡбала Такаланӡе цәыббра 20 рҟынӡа даанкылазаауеит.
https://sputnik-abkhazia.info/20220727/urystyla-asny-aiarei-asharadarei-iatskhraaueit-ieit-medvedev-bzhaniei-iarei-aneiyloz-1040558700.html
https://sputnik-abkhazia.info/20220728/aslan-bzhaniei-dmitri-kozaki-aynarrabzharat-useitsura-ialatsazheit-1040567070.html
https://sputnik-abkhazia.info/20220729/taras-shamba-igalashara-iazkyz-akhylaz-akh-asha-amuzei-any-imaysit--1040595999.html
https://sputnik-abkhazia.info/20201017/Alamia-Taras-Shamba-izy-iarakyrayna-auaa-khagalany-dargy-aky-iasousha-rbo-iaion-1031103063.html
https://sputnik-abkhazia.info/20220728/asny-aiabyra-donbass-iakhaz-raatsaraa-atskhyraara-ryroit-1040573238.html
https://sputnik-abkhazia.info/20220727/aa-shyk-inalukaasha-auaa-rgalashara-naaartueit-1040529516.html
https://sputnik-abkhazia.info/20220726/asny-ashm-ashykhrazy-yrtyla-atylaua-lganakh-ala-ashaus-khatsnarkit-1040511629.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/07/15/1040414722_90:0:1530:1080_1920x0_80_0_0_537e85ef4e346ad0d9662bbcc0796cdc.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, ауаажәларра, аекономика
ажәабжьқәа, ауаажәларра, аекономика
Sputnik амчыбжь: COVID-19 ахынҳәра, Бжьаниа Москваҟа ицара, ақырҭуа ԥшыхәыҩ лаанкылара
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны еснагь еиԥш иазнархиеит ԥхынгәы 25-31 рзы ареспубликаҿ иҟаз иналукааша ахҭысқәа реиқәыԥхьаӡа.
Ари амчыбжь азы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Урыстәылаҟа дцеит, аҵарауаҩ, ауаажәларратәи аполитикатәи усзуҩ Тарас Шамба игәалашәара иазкыз ахәылԥаз мҩаԥысит, ақырҭуа ԥшыхәраз ашьаусҭҵаара иалагеит.
Аслан Бжьаниа ԥхынгәы 27 рзы Москваҟа дцеит Урыстәыла ахада иусбарҭеи Ашәарҭадартә хеилаки рҿы аусутә еиԥыларақәа рымҩаԥгаразы.
Раԥхьатәи амш азы Урыстәыла Ашәарҭадаратә хеилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Дмитри Медведеви Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи еиԥылеит.
Медведев аиԥылараан иҳәеит Урыстәыла аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны ахахьы иагаз ахыдҵақәа зегьы ныҭкааны ишынанагӡо, Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара, уи ашәарҭадара аиҿкаара ацхрааразы иақәнагоу зегьы ҟанаҵоит ҳәа, иагьазгәеиҭеит Аԥсны аҿиарамҩа ишаныц ишану, уи жәларбжьаратәи апозициақәа рыҽшдырӷәӷәо.
Урыстәыла Ашәарҭадаратә хеилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ уи адагьы инаҵшьны иҳәеит Урыстәылеи Аԥсни рыбжьара азеиԥш социалтәи аекономикатәи ҵакыра апрограмма анагӡара аԥеиԥш бзиа шамоу. Иара игәаанагарала, уи иабзоураны ареспублика асоциал-економикатә ҿиара бзиа аиоуеит, урыстәылатәи абизнес азы уи аинвестициатә лшарақәа аатуеит.
Аганқәа ҷыдала иалацәажәеит Украина имаԥысуа Урыстәыла арратә операциа ҷыда, иазааҭгылеит аҩтәылак рхәаахәҭра-економикатә усеицуреи урыстәылатәии аԥснытәии амедикцәа рҳәоу еиқәшәаны аус ахьеицыруаз иабзоураны Аԥсны аепидҭагылазаашьа аҭышәныртәалара шалшази.
Адырҩаҽны Аслан Бжьаниа Москва диԥылеит Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Дмитри Козак.
Аиԥылараан аганқәа рылацәажәеит аҳәынҭқаррабжьаратә усеицуразы аҵакы змоу азҵаарақәа жәпакы, хықәкыла – авиаеимадара аиҭахацыркреи, 2022- 2025 шықәсқәа рызтәи Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара апрограмма анагӡашьеи.
Козак идагьы аилацәажәара иалахәын Урыстәыла ахада иҿы иҟоу Аҳәаанырцә тәылақәа арегионбжьаратәи акультуратәи хырхарҭақәа рҿы рыҽрымадаразы Аусбарҭа аиҳабы Игор Маслов, Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистр Максим Решетников, Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Вольвач.
Тарас Шамба игәалашәара иазкыз ахәылԥаз
Еицырдыруа аԥсуа ҵарауаҩ, ауаажәларра-политикатә усзуҩ, аорден "Ахьӡ-Аԥша" I аҩаӡара занашьаз Тарас Шамба диижьҭеи 84 шықәса аҵра иазкыз агәалашәаратә хәылԥаз мҩаԥысит Аҟәа Владислав Арӡынба ихьӡ зху Ахьӡ-аԥша амузеи аҟны ԥхынгәы 29 рзы.
Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба иҳәеит иара изы кыр шаҵанакуа аԥсуа жәлар инарылукааша рԥа, ауаҩы ҿырԥшыга игәалашәара анаӡаӡатәразы еиҿкаау акомиссиа анапхгара ахьаиҭо.
Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс анагӡаратә маӡаныҟәгаҩ Инар Гыцба Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Иреиҳаӡоу Ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь иаашьҭымҭа шәҟәы атекст даԥхьеит. Уа иазгәаҭоуп Тарас Шамба азиндырраҿы ирҿиамҭақәа Аԥсны, Урыстәыла, урҭ рынҭыҵгьы ибзианы ишырдыруа.
Ахәылԥаз аҟны дықәгылеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин. Иара иҳәеит Тарас Шамбеи иареи Москва ишеиқәшәалоз, еснагь ишџьеишьоз аԥсҭазаарахь иааирԥшуаз абзиабара, игәыҭбаара.
Аԥсни Урыстәылеи руаажәларра-политикатә усзуҩ Тарас Шамба иԥсҭазаара далҵит Москва 2020 шықәса жьҭаара 13 рзы.
Нестор Лакоба имузеи аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирылагеит ари амчыбжь азы. Аилахәыра "Аԥсныргылара" адиректор хада Руслан Тәанба иҳәеит Нестор Лакоба имузеи аремонт шымҩаԥысуа апроект инақәыршәаны, амузеи аиҭашьақәыргылара апроект 2012 шықәсазы аинтериертә проект нацҵаны ишрыдыркылахьаз. Уажәы аусурақәа ирҿуп, ашықәс нҵәаанӡа инагӡахоит, Новосибирсктәи апроекттә еиҿкаара аинтериертә проект аус адырулоит иҳәеит иара.
Шьаҭанкылатәи аремонт ашьҭахь ахархәара аҭахоит адизаин-проект. Аҩбатәи аихагылаҟны аекспозициатә залқәа ԥшьба ҟалоит. Уа Нестор Лакоба иԥсҭазаара иадҳәалаз аекспонатқәа цәыргахоит. Актәи аихагылаҿы – аҵәахырҭа, администрациа, 40 ҭыԥ змоу азал ҟалоит иҳәеит Тәанба.
Ахыбра 18,5 х 12 метра иҟоуп (450 метр ԥшьыркца). Ашҭа маҷгьы еиҿкаахоит. Иҟалоит ашҭаҟынтәгьы амҩаду аҟынтәгьы аҩналарҭақәа.
Донбасс иҭахаз рҭаацәа ацхыраара рыҭахоит
Донбасс иҭахаз
Ахра Кьыркьнаӡеи Лоран Смыри рҭаацәаарақәа знык миллионк-миллионк асоциалтә шәара рзыҟарҵарц Аԥсны Аминистрцәа реилазаара ақәҵара рыдыркылеит.
Афинансқәа рминистрра анапы ианҵоуп 2022 шықәсазы ари ашәара ареспубликатә биуџьет аҟынтәи рыҭара еиҿкаахарц.
Уи адагьы иҭахаз рхәыҷқәа рыцхрааразы есымза 10-10 нызқь мааҭ рызшәалахоит.
Ашәарақәа мҩаԥысуеит ахәыҷқәа 18 шықәса рхыҵаанӡа, абжьаратәи иреиҳау аҵараиурҭақәа ирҭоу - рҵара иалгаанӡа, аха 23 шықәса рхыҵаанӡа.
Аиҳабыра реилатәараҟны Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба идирдырит коронавирустә инфекциа аҽарҭбаауа ишалагаз.
"Ииасыз уахыки-ҽнаки рыҩныҵҟа 23-ҩык коронавирус рыдбалоуп. Ачымазара ԥсыҽны ахы мҩаԥнагоит. Иахьазы Гәдоуҭатәи агоспиталь аҿы 11-ҩык шьҭоуп", - иҳәеит иара.
Быҭәба иҳәеит акоронавирус еиҭахынҳәит, ареспублика араионқәа зегьы рҿы ПЦР-анализқәа ахьыҟарҵо аҭыԥқәа аартуп ҳәа. Аҟәа ҩ-ҭыԥк ыҟоуп - ахәыҷтәы поликлиникеи аҿкчымазаратә хәшәтәырҭеи рҿы.
Аԥыза-министр Александр Анқәаб иҳәеит аиҭалаҵа шыҟаиҵаз, ааԥхьара ҟаиҵеит егьырҭгьы ишьҭа иқәларц.
Ашәҟәыҩҩцәа Шьалодиа Аџьынџьали Гьаргь Гәыблиеи, аспорти абаҩрҵәыреи русхк аҟны зҽаԥсазтәыз аусзуҩ Роберт Дилениани, Аџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз Беслан Касланӡиеи ргәалашәара наӡаӡартәраны иҟоуп. Уи азы урҭ ахьынхоз Аҟәатәи аҩнқәа рҭыӡқәа рҿы агәалашәаратә дыргақәа кыдырҵараны иҟоуп.
Абри азы еицҿакрыла аӡбара рыдыркылеит Аҟәатәи ақалақьтә еизара адепутатцәа, Ауаажәларратә комиссиа алкаақәа рышьаҭала.
Амҩақәа, амҩадуқәа, абжьаларҭақәа, апаркқәа, аскверқәа, абульварқәа, ашҭақәа рыхьӡқәа рышьақәыргылареи рыԥсахреи рзы Ауаажәларратә комиссиа ажәалагала иахәаԥшит.
Ақырҭуа лыԥшыхәраз аусҭҵаара
Ԥхынгәы 25 азы Аԥсны АШәМ аԥшыхәразы Қырҭтәыла атәылауаҩ, Гал араион аҿы инхоз Кристина Такаланӡе лганахьала ашьаус хацнаркит.
24 шықәса зхыҵуа Такаланӡе Жәыргьыҭ диит, милаҭла дақырҭуоуп, Гал араион Баҭаигәара (Набакеви) ақыҭаҿы дынхон. Аусҭҵаара адыррақәа рыла, Такаланӡе еизылгоз аинформациа Қырҭтәыла Ашәарҭадаратә маҵзура ахы ианархәар алшон Аԥсны ашәарҭареи, аконституциеи, ахьыԥшымреи рыҵшәааразы.
Заанаҵтәи аусҭҵаара ишьақәнаргылеит Такаланӡе абри аус лнапы шалакыз 2021 шықәса цәыббрамза инаркны 2022 шықәса ԥхынгәы 20 рҟынӡа.
Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа аӡбала Такаланӡе цәыббра 20 рҟынӡа
даанкылазаауеит.