Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Sputnik амчыбжь: ахада иҿы аилацәажәара, амцакрақәа, амҩаҿ аҭагылазаашьақәа

© Sputnik / Томас Тхайцук Президент проводит расширенное совещание по итогам 2022 года
Президент проводит расширенное совещание по итогам 2022 года - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.01.2023
Анапаҵаҩра
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны иазнархиеит ажьырныҳәа 23-29 рыбжьара ареспубликаҿы аҭыԥ змаз ахҭысқәа реихшьаала.
Атәыла ахада иҿы имҩаԥгаз аилацәажәараҟны еиҳа иалыркааз, ахада иҟаиҵаз анапынҵақәа, азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа иааныркылаз ззааныркылаз, аԥыза-министр Александр Анқәаб анхарҭатә проблема змоу ирыдигалаз уҳәа Sputnik аиқәыԥхьаӡаҿы.

Ахада иҿы аилацәажәара

Ажьырныҳәа 24 рзы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа инарҭбаау аилацәажәара мҩаԥигеит 2022 шықәсазтәи аусурақәа реихшьаала иазкны. Аҳасабырбақәа дырзыӡырҩит, анапынҵақәа ҟаиҵеит.
Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб далацәажәеит 2022 шықәсазы ареспубликатә биуџьет ахатәы лагалақәа реизҳара атәы. Иара иҳәеит алагалақәа ишдыртәаз 4,95 миллиард мааҭ, иазгәаҭаз 4,56 миллиард мааҭ аҟынтә. Ари зыбзоуроу ашәахтәқәҵаратә база арҭбаара, абиуџьет ахь ауалқәа ршәара аиҿкаара, ашәахтәқәа напхгара рыҭара аиӷьтәра, афинанстә леишәа арӷәӷәара ауп.
Александр Анкваб  - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.01.2023
Аԥсны
Анқәаб 2022 шықәсазы ареспубликатә биуџьет ахатәы лагалақәа реизҳара атәы далацәажәеит
Алагалақәа рыла аҳәынҭқарратә биуџьет ашықәс анҵәамҭаз 13,73 миллиард мааҭ шьақәнартәеит, ари ишьақәыргылаз арбагақәа иреиҳахеит 1,3 миллиард мааҭ рыла ҳәа азгәеиҭеит аԥыза-министр.
Урыстәылатәи абанкқәа аԥсуа наплакыҩцәа альготтә кредитқәа рыҭараз Урыстәыла ацхыраара ҟанаҵалоит, абри атәы лҳәеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган ахада иҟны аилацәажәараҿ.
Лара лажәақәа рыла, ишьақәдырӷәӷәахьеит апрограмма анагӡара аԥҟарақәа, ажәалагалақәа реиқәыршәара иаҿуп. Урыстәыла аекономикатә ҿиарахь инарышьҭхьоу апроектқәагьы ыҟоуп, аха макьаназ хҳәаа рымам лҳәеит Озган.
Аслан Бжьаниа ҷыдала дазааҭгылеит акурорттә сезон атема, амҩатә структура аиҿкаара. Анапынҵа ҟаиҵеит амҩақәа иахәҭоу аҭагылазаашьақәа рыҭазарц.
Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.01.2023
Аԥсны араионқәеи ақалақьқәеи реиҿкаара
Бжьаниа: амҩатә инфраструктура зегьы рҽеитәуп лаҵара 1 аҟынӡа

Агәраргагатә шәҟәы

Ииасыз амчыбжь азы Урыстәылатәи Афедерациаҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра анапынҵа ҷыдақәеи азинмч нагӡеи змоу ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниа Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Михаил Галузин агәраргагатә шәҟәқәа ииҭеит.
Алхас Кәыҵниа Урыстәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩс дҟаҵан абҵара 30 рзы.
Галузин Кәыҵниа инапынҵақәа рынагӡара дахьалагаз идиныҳәалеит, иусураҿы ақәҿиарақәа изеиӷьеишьеит.
Аганқәа русеицура арҭбааразы азҵаарақәа ирылацәажәеит.
Посол Абхазии в России Алхас Квициниа вручил копии верительных грамот замминистра иностранных дел РФ Михаилу Галузину. - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.01.2023
Аԥсны
Алхас Кәыҵниа Урыстәыла АА рминистр ихаҭыԥуаҩ агәраргагатә шәҟәқәа ииҭеит

Анхарҭа азҵаара

Ахәыҷырацәа змоуи зылшарақәа ԥкуи аҭаацәарақәа рхаҭарнакцәа рынхарҭатә проблемақәа рыӡбаразы ажьырныҳәа 20 рзы еизеит Аҟәа. Аԥыза-министр Александр Анқәаб амитинг иалахәыз рхаҭарнакцәа дырԥылеит. Иара анхарҭатә проблема ӡбашьас иаманы иибо атәы иҳәеит.
Анқәаб иажәақәа рыла, Аԥсны Адемографиатә политикеи асоциалтә еиқәыршәареи рзы аминистрра имҩаԥнаго аҳәынҭқарратә программа "Анхарҭа 2023-2025" ашҟа актәи агәыԥ иаҵанакуа ахамыхәацәа, иизар аахыс ихымхәоу, ҭаацәа змам, аибашьраан иҭахаз рҭаацәарақәа, ахшарарацәа змоу рҟынтәи ишынашьҭу 413 рзаҳал. Аԥшьгаратә гәыԥ ахаҭарнакцәа ирҳәеит ишазыхиоу Аԥсны егьырҭ араионқәа рҿы анхарагьы.
Жәлар Реизараҟны иаԥҵоу асоциалтә политикеи, аџьеи, адемографиеи, аибашьра ахамыхәацәеи аветеранцәеи русқәа рзы аилак анхарҭа ҭыԥ зҭахны иҟоу аҭаацәарақәа хаҭа-хаҭала рызҵаара шҭырҵаауа атәы рҳәеит.
Кабинет Министров Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.01.2023
Аԥсны
Анқәаб Аҟәа амитинг иалахәыз рхаҭарнакцәа дырԥылеит

Амҩақәа рҿы аҭагылазаашьақәа

Аҳәынҭавтоинспекциа аиҳабы Баҭал Агрба имаҵура аанижьырц арзаҳал алеиҵеит ҳәа иҳәеит Аԥсны ААР аминистр Вальтер Быҭәба атәыла ахада иҟны имҩаԥысуаз аилацәажәараҟны.
Агрба имаҵура ааныжьра мзызс иамоуп амҩаҿ иҟоу аҭагылазаашьа. Аԥсны ашықәс ҿыц ҳҭалазар аԥсҭбарақәа зцу амҩан амашәырқәа маҷымкәа иҟалахьеит.
Милиция - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.01.2023
Аԥсны
Аԥсны Аҳәынҭавтоинспекциа аиҳабы имаҵура аанижьырц арзаҳал алаиҵеит
Атәыла ахада Аслан Бжьаниа иҳәеит уаанӡа Аԥсны ААР анапы ишанҵаз амҩан иҟало амашәырқәа рхыԥхьаӡара аиҵатәра, 2022 шықәсазы 2021 шықәса иаҿырԥшны амашәырқәа шеиҳахаз. Уи ашьҭахь имҩаԥган амҩақәа рҿы ашәарҭадара азҵаарала Апарламент аҳәынҭқарра-зинтә политиказы Аилак аилатәара.
Апарламент Аилак аиҳабы, адепутат Беслан Ҳалуашь арадио Sputnik аинтервиу аҭо иҳәеит ахада иҟынтәи Апарламент ахь азакәан апроект шынашьҭу. Уа ишарбоу арыжәтә ыжәны аԥсҟы акразы ахараԥса 12 нызқь мааҭ аҟынтәи 48 нызқь мааҭ рҟынӡа ашьҭыхра алыршара. Уи адагьы ариашарақәа иазԥхьагәарҭоит арныҟәараз азин амхра.
Ажьырныҳәа 26 азтәи аилацәажәараҟны ахада Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр идиҵеит автомашьынақәа рсаркьақәа рыршәшьра ахырхырц. Аслан Бжьаниа иҳәеит ахада икортеж амашьынақәа рыла ари аус иалагарц. Уи ашьҭахь амаҵзуратә машьынақәа рсаркьақәа рҟынтәи аршәшьыгақәа амхын.
Амҽыша, ажьырныҳәа 29 азы Аԥсны апрокурор хада идҵала ҳтәыла ақалақьқәеи араионқәеи рҟны араионтә прокурорцәеи ААИ аиҳабацәеи амҩақәа рҟны иҟоу аҭагылазаашьазы аилацәажәарақәа мҩаԥыргеит.
Автомобиль милиции - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.01.2023
Аԥсны
Аԥсны амҩақәа рҟны иҟоу аҭагылазаашьа иалацәажәеит араионтә прокурорцәеи ААИ аиҳабацәеи
Аизараҟны иазгәаҭан аиҳарак амҩатә машәырқәа ахьыҟало аҭыԥқәа, уаҟа аԥынгылақәа рышьҭаҵареи, авидеоҭыхгақәа рыкнаҳареи, амҩатә дыргақәеи рыргылара азыӡбан.
Аԥсны ААР араионтә ҟәшақәа реиҳабацәеи аҳәынҭавтоинспекциа анапхгареи рықәгылараҟны иазааҭгылеит лыҵшәа бзиала рус анагӡаразы ирыгу ҳәа иазгәарҭеит: аԥыԥшра-хьчаратә гәыԥқәа русзуҩцәа разымхара, аусутә машьынақәа разымхара, алашара аҟамзаареи амҩа злахҟьоу ахаҭабзиареи.
Мессенджер Telegram может быть заблокирован Роскомнадзором - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.01.2023
Аԥсны
Аԥсны Аҳәынҭавтоинспекциа Telegram аҟны ахатәы канал аиуит

Амцакрақәа

Иҳаҩсыз амчыбжь азы Иашҭхәа ақыҭан абнара амца акит. Амцакра анхарҭаҭыԥқәа ирзааигәан. 400 метра ԥшьыркца иҟаз амцакра ырцәан АҶА аусзуҩцәа рымчала.
Амцакрақәа ахьыҟаз егьырҭ аҭыԥқәа рахь анеира уадаҩын, аҩнқәа ирцәыхаран, ауааԥсыра ирԥырхагамызт. Ус шакәызгьы, аиқәырхаҩцәа аҭагылазаашьа хылаԥшра арҭон.
Лесные пожары  - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.01.2023
Аԥсны
Иашҭхәа ақыҭан абнара амца акит
Иара убас хә-гектарк рҟынӡа аҳаскьынҩеи абна аҵеи амца рыцралеит Очамчыра араион Кәтол ақыҭан.
Ауаҩы инапала амхқәа, ауҭрақәа ррыцқьаразы адгьыл амца ахьацреиҵо азы абылрақәа акыр рҽеиҵырхит ҳәа рҳәеит АҶА аусуҩцәа. Аусбарҭаҿы иазгәарҭеит ашәарҭара шыҟаз ачаитә плантациақәа рахь амца ииасуеит ҳәа. Амца дырцәон Очамчыра абылраҽацәыхьчаратә ҟәшеи ақыҭауааи. Амца аанкылан, иара убас амхқәа рцәаӷәеит амцакрақәа уаҳа иҟамларц азы.
Пять гектаров сухостоя загорелись в Очамчырском районе - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.01.2023
Аԥсны
Очамчыра араион аҿы хә-гектарк аҳаскьынҩа блит амца ахьацрарҵаз азы
78 шықәса зхыҵуаз ахаҵа Гагра араион Цандрыԥшь аҳаблан амца зыцралаз аҩны далаблит. Ахҭыс шыҟалаз азы АҶА аҷаԥшьаратә хәҭахьы адырра ҟалеит асааҭ 10:00 рзы. Амца акит Аҳәаатә мҩаҿы игылоу аҩны актәи аихагыла ауадақәа руак. Амцарцәаҩцәа аннеи, амца ауада зегьы амҽхакны аҩбатәи аихагылахь анеира иаҿын. Амцарцәаҩцәа ирылшеит амца арцәара.

Арбаандаҩрақәеи ашьаусқәеи

Апсихотроптә маҭәашьарқәа алаирҵәон ҳәа гәҩарас дҟаҵаны Аҟәа араион даанкылан аҳҭнықалақь аҟны инхо Валери Қьецбаиа.
Иаанкылаз ахаҵа игәаҭараан амфетамин згәылаз аилаҳәырақәа идырбалеит. Қьецбаиа амилициа аусзуҩцәа иреиҳәеит ззин ыҟам амаҭәашьар маӡалатәи ашьҭаҵарҭақәа рыла ишииҭиуаз, иара ихазы еилаҳәарак шаанижьыз.
Наручники  - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.01.2023
Аԥсны
Амфетамин аларҵәаразы Аҟәа инхо ауаҩԥсы даанкылоуп
Маӡалатәи ашьҭаҵарҭақәа аарԥшын Баслаҭа ақыҭан Аруаа рымҩаҟны, уаҟа иԥшаан амфетамин згәылаз ԥшь-еилаҳәарак. Иара убас иазгәаҭоуп, Қьецбаиа иаанкылара аамҭазы анаркотикқәа идкыланы дшыҟаз. Иахьазы 15 мшы ҳәа дҭакуп.
Анаркотикатә маҭәашьар "каннабис" имхын 41 шықәса зхыҵуа Давид Гобиӡашьвили дангәарҭоз. Имашьына агәаҭараан азинхьчаратә усбарҭа аусзуҩцәа Калашников иавтомати (акалибр 5,45) 27 патрони рбеит. Иара абџьари анаркотикқәеи имырхит. Давид Гобиӡашьвили атәыла дшалымҵуазы анапынҵала доушьҭын, аусҭҵаара мҩаԥысуеит.
Машины МВД Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.01.2023
Аԥсны
Абџьари анаркотикқәеи имхуп Бзыԥҭа аҳабла ауаҩԥсы
Гагра араион Ԥсахара ақыҭа ауаҩԥсы Аԥсныҟа анаркотикқәа ралагаларазы даанкылоуп аҳәынҭқарратә ҳәаа аушьҭырҭатә ҭыԥ "Ԥсоу" данахыс ашьҭахь. Иаанкылаз 35 шықәса зхыҵуа Владимир Пашьиан игәаҭараан идбалан амефедрон. Иара ҩымз ҳәа даанкылоуп. Аусҭҵаара иацырҵоит.
Руки в наручниках. - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.01.2023
Аԥсны
Гагра араион ауаҩԥсы Аԥсныҟа анаркотикқәа ралагаларазы даанкылоуп
Дранда инхо Гурам Какоба ихысуа абџьари аџьаԥҳани закәаншьаҭада раахәараз, рымазаараз, рныҟәгараз, иара убасгьы анаркотикқәа рымазаараз гәҩарас дҟаҵаны Гәылрыԥшьтәи Аҩнуҵҟатәи аусқәа рраионтә ҟәша аусзуҩцәа аоперинформациа анагӡараан дааныркылеит. Имашьынаҿы ирбеит 10 граммк аканнабис. Ашьҭахьтәи атәарҭаҿ иҭаз ашәыраҿ ирбеит апатронақәа ԥшьба зцыз атапанча.
Тҟәарчал араион инхо Ника Басариа аԥара ԥаршеиқәа рыҭиразы даанкылоуп. Ацәгьоуҩы данааныркылоз идбалан 315 нызқь мааҭ. Ииасыз ашықәс, нанҳәамзазы Басариа Адлер, аҵәахҭыԥ ахархәарала 5-5 нызқь иҟаз 65 ԥаршеи купиура ааихәеит. Зынӡа 325 нызқь мааҭ. Ҩ-банкнотак рхархәара дахьӡахьан Аԥсны аҵакыраҿ данааныркылоз. Ашьаус аусӡбарҭахь инашьҭуп. Басариа 7-12 шықәса аҭакреи 500 нызқь мааҭ ахараԥсеи иқәҵахар ҟалоит.
Конверт с российскими рублями. - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.01.2023
Аԥсны
Тҟәарчал араион инхо ауаҩы даанкылоуп аԥара ԥаршеиқәа рыҭиразы
Аԥсны апрокуратура хада Аҟәа атәылауаҩшәҟәқәа ахьрырҭо аусбарҭа уаанӡатәи аусзуҩ Викториа Џьынџьалԥҳа лганахь ала ашьаус хацнаркит. Аусҭҵаара агәаанагарала Викториа Џьынџьалԥҳа Урыстәыла атәылауаҩ Александр Лебедев иҟынтәи аԥсуа тәылауаҩшәҟәы аиуразы иахәҭаз адокументқәа лыдылкылеит. Урҭ ирыҵанакуан Лебедев Аԥсны атәылауаҩра иоуразы атәылауаҩратә Комиссиа аҟынтәи аршаҳаҭга ԥаршеи (15.02.2021ш.). Убри иахҟьаны 2021 шықәса нанҳәамзазы Александр Лебедев закәаншьаҭада Аԥсны атәылауаҩра иҭан.
Здание генеральной прокуратуры - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.01.2023
Аԥсны
Аҟәа атәылауаҩшәҟәқәа ахьрырҭо аусбарҭа уаанӡатәи аусзуҩ ашьаус далахәылахеит

Шәышықәса рышьҭахь

Николаи Аџьашьахәҟаҵаҩ иуахәама аадыртит Тамшь ақыҭан ареставрациа ашьҭахь асабша ажьырныҳәа 28 рзы. Тамшьтәи ауахәама еиҭашьақәыргылан ари ақыҭа иалҵыз, Аԥсны Жәлар Реизара адепутат Резо Занҭариа ихарџь ала.
Ареставрациа хышықәса иадхалеит. Аԥсуа уахәама аиҳабы аиереи Виссарион (Аԥлиаа), аԥсуа апапцәа ауахәама рԥшьеит, анцәаимҵаныҳәара мҩаԥыргеит. Аусмҩаԥгатә иалахәын ахада Аслан Бжьаниеи уи иԥшәма Аелита Ахьиԥҳаи. Атәыла ахада ауахәама Абиблиа ҳамҭас иеиҭеит.
Шәышықәса инареиҳаны ари ауахәама аус ауӡомызт.
Ажәабжьқәа зегьы
0