https://sputnik-abkhazia.info/20231126/konstitutsia-khara-ikhytsny-iup-emyr-rekaa-asny-azakan-khada-iazkny-1049077535.html
"Ҳконституциа хара ихәыцны иҩуп": Ҭемыр Рекәаа Аԥсны азакәан хада иазкны
"Ҳконституциа хара ихәыцны иҩуп": Ҭемыр Рекәаа Аԥсны азакәан хада иазкны
Sputnik Аҧсны
Абҵарамза 26, 1994 шықәсазы Иреиҳаӡоу Асовет асессиаҿы ирыдыркылеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа. Жьҭаара 3, 1999 шықәсазы Аԥсны Жәлар рыбжьыҭарала уи... 26.11.2023, Sputnik Аҧсны
2023-11-26T13:00+0300
2023-11-26T13:00+0300
2023-11-26T21:16+0300
аԥсны
аԥсны
аналитикеи аиҿцәажәарақәеи
агәаанагара
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/0b/10/1049077349_0:33:1280:753_1920x0_80_0_0_f81d08f608aa2bbcf8b2fe01f160b131.jpg
Еиуеиԥшым аполитикцәа рҟынтәи иҳаҳауеит Аконституциатә реформақәа захьӡу ажәеидҳәала, уимоу изныкымкәа атәыла ахадацәа акомиссиақәа аԥырҵахьеит уи аиҭакразы. Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза аконгресс ахаҭарнак Ҭемыр Рекәаа Жәлар Реизарахь адепутатразгьы ихы ԥишәахьеит, убри аҟынтә иқәыԥшу аполитик, ауаажәларратә усзуҩ ҳәа изаҳҳәар ауеит. Аконституциа амш азын Ҭемыр Реваз-иԥа сиазҵааит иарбан реформоу уи иаҭахны иибо? - Ҳәарада, иҟоуп иԥсахтәу. Аконституциа егьырҭ аҳәынҭқарратә документқәа зегь реиԥш аамҭа аҽанаԥсахлакгьы аиҭарҿыцрақәа аҭаххоит. Иара иҳамоу Аконституциа салацәажәозар, ҿыгҳарыла ишдуумгьы, сара сгәаанагарала, ианырыҩуаз, 1994 шықәсазы даараӡа ихадоу ахәҭаҷқәа арҭеит. Уи аԥызҵоз даара ԥхьаҟа ихәыцуан, ҳабиԥарақәа зырӷьацаша ашьагәыҭқәа азгәаҭоуп азын. Даара ибзиаӡаны иҩуп сҳәар сылшоит. Аконституциатә реформақәа рзын 2020 шықәсазы иҟарҵаз акомиссиа атәы ҳҳәозар, аусура алҵшәа макьана иҳамбаӡац. -Иаҳҳәап, уара уи акомиссиа уалазар жәалагалақәас иҟауҵоз арбану? - Сара сгәаанагарала, ҳрыхәаԥшыр ауеит, абри Аконституиаҿы иҟоу азакәанԥҵаратәи анагӡаратәи мчқәа ирызку ахԥатәи аԥшьбатәи ахәҭақәа. - Убра иануп урҭ зых иақәиҭу мчрақәоуп ҳәа, дара-дара еихьыԥшым ҳәа, уи аума узҿу? - Ааи. Сгәанала, иҭҵаатәуп ари азҵаара, ҳара ҳаҩнуҵҟатәи аполитикатә ҭагылазаашьа зеиԥшроу ҳаԥшны. Иҟоуп хаз-хазы атәыла ахадеи, иара убас Аминистрцәа реилазаара иатәу аппаратқәеи. Урҭ иҟарҵо аус акыр еиԥшуп, еиқәҿырҭуеит, адублиаж ҳәа рзуҳәар ауеит. Сгәанала, акы ааныжьзар еиҳа еиӷьуп. Абри ԥсахтәуп, избанзар ҳара ҳҳәынҭқарра уи аҟара идуӡам, Аминистрцәа реилазаареи атәыла ахада иаппарати рҿгьы аус зуа рацәаҩцәоуп. Иркьаҿтәуп сгәанала. Ареформа абри ала ауп ҳазлалагаша. Ари ҳзыҟаҵар, шьаҿа-шьаҿала еигьырҭ азҵаарақәа рахьгьы ҳаиасуеит. Иаҳҳәап, иҟоуп уажәы изҳәо апараламенттә алхрақәа рзы амажоритартәи апартиатәи системақәа рыла имҩаԥгатәуп ҳәа. Сгәаанагарала, уажәы ишыҟоу еиҳа еиӷьуп, избанзар, уи асистемахь уиасаанӡа апартиатә система зеиԥшроу гәоуҭароуп. Жәаба инареиҳаны иҳамоуп апартиақәа, аха, уахәаԥшуазар, аус зуа иаҳбо ҩба, ма хԥа роуп. Апартиа аԥҵара ахатә ԥҟарақәа амоуп, урҭ араионқәа рҿы рофисқәа есымша аус руазароуп зҳәаз еиԥш. Абри зегь анагӡаратә мчы ахылаԥшлароуп. Азакәанқәа ҳаҩуеит, аха анагӡаратә мчы аиҭакра азумзар, акгьы ҳзыԥсахӡом. Азакәан бзиақәа ҳамоуп, Аконституциагьы иануп, аха убри аҩыза аҭагылазаашьа ҳамоуп иахьатәи аамҭазы, гәыԥла ҳауаажәлар шаны иҟоуп – атәыла ахада идгылаҩцәа, аоппозициа иадгыло ҳәа. - Ҭемыр Реваз-иԥа, уи адунеи аҿы зехьынџьара иҟаӡами? - Иҟоуп, ҳәарада. Сара Италиа ҩышықәса аҵара сҵон, нас Венесуелагьы аус зуан, уаҟагьы ус иҟоуп. Цәгьарас акгьы амам, аха анагӡаратә мчы ахь ианҳархо, иаҳҳәап, аӡәы азакәан еилеигар, ари са дыстәуп, лахь исҭарым ҳәа уанихәаԥшуа – абри аилкаара ҳара ҳадымҵыр , абри аҩыза азнеишьа ҳаҟәымҵыр, егьа реформа ҟаҳҵаргьы, егьа закәан бзиа ҳҩыргьы, акагьы иҳахәаӡом. Ауа-аҭынха, ари ани дитәуп ҳәа, ма аштаб аҿы аус иуан, дҳацхраауан ҳәа имҩаԥаҳго аполитика лҵшәадоуп. - Иуҳәарц иуҭаху апрфессионализм ззырҳәо аԥыжәара аҭатәуп? - Аминистрцәа реилазаарахь аусура ианырго, Апарламент ахь ианықәдыргыло зҳәаз еиԥш, иҟазароуп азанааҭдырра ахәаԥшра. - Ареформа зҭаху ҳполитикатә хдырра аума? - Ааи. Аха уи уадаҩуп, избанзар, уи ахдырра ажәлар рҿгьы аҽаԥсахырц азыҳәан, амчра ахаҭа алагароуп дара рыҩнуҵҟа аиҭакрақәа рымҩаԥгара. Ииашоу аҿырԥшқәа аадырԥшлароуп. Иаҳҳәап, азакәан аӡә дацымныҟәар, егьырҭ избогьы уи иацныҟәаӡом. Ареформа анаҳҳәо, азакәанқәа рхылаԥшра арџьбарара ауп изызхәыцтәу. - Уара 2022 шықәсазы унеирц ахьуҭахыз Апарламент адепутатцәагьы ирымоуп ахылаԥшратә мчра. - Ирымоуп, аха иахьа асистема шыҟоу ала, атәыла ахадарахь даҽаӡә дааиргьы, Аминистрцәа реилазаарахь инеиго иара игәыԥ ауп. Аиҳабы аҭаацәараҿгьы адҵақәа зшо иара иоуп. Абри ҟаҵатәуп, абри нагӡатәуп иҳәоит, анагӡашьагьы хылаԥшра аиҭароуп. - Уажәа ахы ахьцо ала, ҳ-Конституциа бзиоуп, иара амчра знапаҿы иҟоу уа иарбоу ахәҭаҷқәа ирықәныҟәозар? - Ииашоуп ишәҳәо. - Ирҳәоит аҳәынҭқарра ахада ҳара ҳ-Конституциа ала ирацәаны амч имоуп ҳәа. Иҟан ацәажәарақәа урҭ рыхәҭак Апарламент иаҭазарц. Министрцәақәак адепутатцәа рыла аусура иарҭо зҳәаз еиԥш. Уара угәанала ари қьарс иалоузеи? - Сара сгәанала, ари иашаӡам. Иҟоуп алшара атәыла ахада иажәалагала ала, Апарламент ачынуаа анышьақәнарӷәӷәо, иаҳҳәап, апрокурор хада, аӡбаҩцәа. Ареформа хҭахызар, амчра ҿыц мааи, убарҭ аминистрцәа ҿыцқәа ықәыргыланы ареформақәа ирылагар ҟалоит. Апарламент иаҳҭар уи аҩыза амчра, уа 35-ҩык ыҟоуп, дасу игәаанагара имоуп, аӡәы аппозициа дадгылоуп, даҽаӡәы - аҳәынҭқарра ахада. Досу иминистр дықәиргыларц иҭаххоит. Уи аполитикатә кризис ҳҭанаргылар алшоит. - Аконституциа иануп анагӡаратә, азинԥҵаратә, аӡбарҭатә мчқәа ихьыԥшым мчрақәоуп ҳәа. Абри иашаҵәҟьоума ҳполитикатә ԥсҭазаара ахәшьара аҳҭозар? - Исҳәоит абас – ақьаад аҿы ишану иашоуп, аха афактқәа рыла иаҳгозар, амц заҳҳәои, ус иҟаӡам. Сгәаанагарала, абри апарламенттә, апрезиденттә алхрақәа аныҟоу ҳара убри аҩыза аҭагылазаашьа аҟынӡа ҳааит - ауаҩы аус ахьиуа, изанааҭ дыррақәа ҳрыхәаԥшӡом. - Аӡбарҭатә система иаԥырхагои? - Ақьаҳиара аҵак ду амоуп. - Абаӡӡеира, анаӡӡеира? - Ааи. Убри ауп иахьа ҳара иаҳԥырхагоу. Хәыҷы-хәыҷла ԥхьаҟа ҳцон абри ҳамамызҭгьы. - 2022 шықәсазы уара Жәлар Реизара адепутатразы кандидатс уқәгылан Аҟәатәи 7-тәи алхырҭатә ҭыԥ хадаҿы. Аиааиразы иузымхеи? Аԥсҭазаара адырра, аԥсуа алхрақәа рфилософиа, мамзаргьы уахьпартиауаҩым? - Апартиа сахьалам уи уамак исԥырхагам ҳәа исшьоит. Анализ ҟасҵеит, аха аҭак аҟаҵара уадаҩуп. Сгәаанагарала, исзымхаӡеит аԥышәа. Сара сзы ари раԥхьатәи политикатә шьаҿан. Ҳара аконгрессаа ҳкоманда шықәсык иназынаԥшуа апрограмма аҩра ҳаҿын, ҳнеир хәышықәса рыҩнуҵа инаҳагӡо ҳәа. Иҟоуп алхыҩцәа уи гәык-ԥсыкала иазнеиз, рыбжьгьы сырҭеит. Аха, ауаа сахьрацәажәоз еилыскааит агәрагара шрыцәмаҷу. Уаанӡа исеиӷьызгьы аналырхуаз ыҟан, аха рҭыԥ аҿы ианнеилакгьы рҽырыԥсахуан ҳәа алкаа ҟаҵаны, агәрамгара шьҭызхыз алхыҩцәа ыҟоуп. Убри ихадоу уадаҩрас иҟаны избоит. Алхҩык сиацәажәон, ихьӡи ижәлеи сызҳәом, убзиоуп, уздыруеит, уҵара ыҟоуп, аха умгәаан, азакәанқәа еиҭаҳкуеит рҳәан, изныкымкәа сыбжьы рысҭахьан акандидатцәа, нас рхабар ҟамлеит иҳәеит. Аҵыхәтәаны убас сеиҳәеит – абригьы, абригьы ҟауҵар сыбжьы усҭоит ҳәа. - Уара атрансформаторқәа узаахәаӡомызт? - Ааи. Агәрагара гьежьырц азы, апарламентгьы, анагӡаратә мчгьы русура аартызароуп. Шьаҿацыԥхьаӡа иҟауҵо, угәы иҭоу, иузыҟамҵазгьы налаҵаны ауаа идурҳалароуп. Ишәгәалашәозар, иҟан агәаанагара Жәлар Реизара аҟынтәи ишиашоу ицо аефирқәа рыҟаҵаразы. Сара убри даара исҭахын, сагьалацәажәон алхрақәа раамҭазы. Ари раԥхьатәи шьаҿоуп ауаажәларра угәра ргарц азыҳәан. - Аконституциа 2-тәи ахәҭаҷ иануп ажәлар рымч атәы. Урҭ рымчра рхаҭарнакцәа рыла инарыгӡоит ҳәа. Аԥсҭазаараҿы иабоубо ажәлар рымч? Ҩынтәҟа еизаны атәыла ахадацәа рҭыԥ аанрыжьыртә иахьныҟәахьоу? - Уигьы ажәлар рымч ахь иахуԥхьаӡалар ауеит. Аха, зегь реиҳа ибзианы ажәлар рымч закәу аанарԥшуеит жьҭаара 3 1999 шықәсазы иҟаз ареферендум аҿы бжьыҭирала иахьышьақәдырӷәӷәаз 1994 шықәсазы Апарламент иаднакылаз Аконституциа. Усҟан 98% процент алхыҩцәа Аконституциа иадгылеит. - Усҟан ҳара ҽакала ҳаҟан? - Ааи. Усҟан еиҳа аидгылара ҳаман. Ажәлар рымч захьӡу Аԥсны иҟоуп. Сара акырџьара сныҟәахьеит, убарҭ ирҿырԥшны изгозар, адемократиа ҳамоуп ҳара. Иахьа досу игәы иҭоу иҳәар илшоит. Амала, сара исгәамԥхо, аизарақәа аныҟоу аисреи аиқәԥареи рыла ахымҩаԥгара ҳара ҳарԥшӡаӡом. - Аконституциа иану ахәҭаҷқәа зегь рахьтә даара еилагоу акәны иҟоуп ҳҳәар ауеит аҳәынҭқарратә бызшәа иадҳәалоу 1-тәи ахәҭа 6-тәи ахәҭаҷ. Иарбан реформоу иҟаҵатәу ари азакәан аус аурц азы? - Абри аҿырԥшыга ҳәа хыхь сызлацәажәоз абраҟагьы ахархәара амаӡам. Анагӡаратә мчы рхаҭа еиларгоит. - Ажәлар абра ирылшои? Ари азы ахаан еизаны митинг дук ҟарымҵацт аполитикцәа.- Сгәанала, ус ргәы иаанагозар ҟалап апарламентааи аиҳабыреи – уажә иуадаҩу азҵаатәқәа даҽа бызшәак ала рылацәажәара еиҳа иманшәалоуп ҳәа. Априоритетқәа ииашаны ишьақәыргылатәуп. Аекономика даҽа бызшәак ала ҳалацәажәозар, уи хара ҳнанагаӡом, избанзар убызшәала уанцәажәо удунеихәаԥшрагьы даҽакала иҟоуп. Ԥсышәала уанцәажәо даҽакала уазнеиуеит, уныҟәашәагьы аҽаԥсахуеит. Иарбан ҳәынҭқарроу исшәырба иахьа азин ахьсымоу, иаҳҳәап Италиа, аиталиан бызшәа сзымдырӡакәа џьара аусурҭа аԥшаара. Фирмак аҿгьы аус сзуӡом. Иахьа аԥсуа бызшәа узымдыруазар иуадаҩраӡам. Аусурҭа уоуеит, аԥара урҳауеит, уминистрхоит. Аԥсуа бызшәа иадҳәаланы ареформақәа ҟауҵар ауеит, иаҳҳәап абызшәа удыруазар, азин ҷыдақәа уоур ауа. Ауалафахәы, ашәахтә льготқәа уҳәа рыҟноума, астимул ыҟазароуп. - Ҭемыр Реваз-иԥа, гәыӷрақәас иумои Аконституциа 29 шықәса анахыҵуа амш азын? - Раԥхьаӡа сшалагаз еиԥш исҳәоит. Сара даараӡа ибзианы иҩуп ҳәа исыԥхьаӡоит Аконституциа, раԥхьа санаԥхьозгьы иџьасшьон ирылшаз. Хара ихәыцны иҩуп ари Азакәан хада. Убри аҩыза ахәҭақәа ыҟоуп, абри ҳҳәынҭқарра ахьыԥшымра, аҳәаақәа зегь хьчоуп. Урҭ рыԥсахра ауӡом. Ҳара иаҳзаанхаз убри ақәныҟәара ауп…
https://sputnik-abkhazia.info/20231124/aati-aashei-akonstitutsia-asakhraa-ralagalara-iazkny-1049184798.html
https://sputnik-abkhazia.info/20151125/1016410468.html
https://sputnik-abkhazia.info/20221216/asny-iryzhit-akhya-rzy-akonstitutsia-1043150587.html
https://sputnik-abkhazia.info/20231126/aslan-bzhania-asny-iynkho-azhlar-akonstitutsia-amsh-rydinyaleit-1049227816.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Елеонора Коӷониаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102002/80/1020028073_1000:0:5016:4016_100x100_80_0_0_fa9e562a2e09e5b7f5ebc8753d4339c1.jpg
Елеонора Коӷониаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102002/80/1020028073_1000:0:5016:4016_100x100_80_0_0_fa9e562a2e09e5b7f5ebc8753d4339c1.jpg
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/0b/10/1049077349_79:0:1216:853_1920x0_80_0_0_93e7d7f99f4baf1378af0ca69921a0be.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Елеонора Коӷониаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102002/80/1020028073_1000:0:5016:4016_100x100_80_0_0_fa9e562a2e09e5b7f5ebc8753d4339c1.jpg
аԥсны, аналитикеи аиҿцәажәарақәеи, агәаанагара
аԥсны, аналитикеи аиҿцәажәарақәеи, агәаанагара
Еиуеиԥшым аполитикцәа рҟынтәи иҳаҳауеит Аконституциатә реформақәа захьӡу ажәеидҳәала, уимоу изныкымкәа атәыла ахадацәа акомиссиақәа аԥырҵахьеит уи аиҭакразы. Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза аконгресс ахаҭарнак Ҭемыр Рекәаа Жәлар Реизарахь адепутатразгьы ихы ԥишәахьеит, убри аҟынтә иқәыԥшу аполитик, ауаажәларратә усзуҩ ҳәа изаҳҳәар ауеит. Аконституциа амш азын Ҭемыр Реваз-иԥа сиазҵааит иарбан реформоу уи иаҭахны иибо?
- Ҳәарада, иҟоуп иԥсахтәу. Аконституциа егьырҭ аҳәынҭқарратә документқәа зегь реиԥш аамҭа аҽанаԥсахлакгьы аиҭарҿыцрақәа аҭаххоит. Иара иҳамоу Аконституциа салацәажәозар, ҿыгҳарыла ишдуумгьы, сара сгәаанагарала, ианырыҩуаз, 1994 шықәсазы даараӡа ихадоу ахәҭаҷқәа арҭеит. Уи аԥызҵоз даара ԥхьаҟа ихәыцуан, ҳабиԥарақәа зырӷьацаша ашьагәыҭқәа азгәаҭоуп азын. Даара ибзиаӡаны иҩуп сҳәар сылшоит. Аконституциатә реформақәа рзын 2020 шықәсазы иҟарҵаз акомиссиа атәы ҳҳәозар, аусура алҵшәа макьана иҳамбаӡац.
-Иаҳҳәап, уара уи акомиссиа уалазар жәалагалақәас иҟауҵоз арбану?
- Сара сгәаанагарала, ҳрыхәаԥшыр ауеит, абри Аконституиаҿы иҟоу азакәанԥҵаратәи анагӡаратәи мчқәа ирызку ахԥатәи аԥшьбатәи ахәҭақәа.
- Убра иануп урҭ зых иақәиҭу мчрақәоуп ҳәа, дара-дара еихьыԥшым ҳәа, уи аума узҿу?
- Ааи. Сгәанала, иҭҵаатәуп ари азҵаара, ҳара ҳаҩнуҵҟатәи аполитикатә ҭагылазаашьа зеиԥшроу ҳаԥшны. Иҟоуп хаз-хазы атәыла ахадеи, иара убас Аминистрцәа реилазаара иатәу аппаратқәеи. Урҭ иҟарҵо аус акыр еиԥшуп, еиқәҿырҭуеит, адублиаж ҳәа рзуҳәар ауеит. Сгәанала, акы ааныжьзар еиҳа еиӷьуп. Абри ԥсахтәуп, избанзар ҳара ҳҳәынҭқарра уи аҟара идуӡам, Аминистрцәа реилазаареи атәыла ахада иаппарати рҿгьы аус зуа рацәаҩцәоуп. Иркьаҿтәуп сгәанала. Ареформа абри ала ауп ҳазлалагаша. Ари ҳзыҟаҵар, шьаҿа-шьаҿала еигьырҭ азҵаарақәа рахьгьы ҳаиасуеит. Иаҳҳәап, иҟоуп уажәы изҳәо апараламенттә алхрақәа рзы амажоритартәи апартиатәи системақәа рыла имҩаԥгатәуп ҳәа. Сгәаанагарала, уажәы ишыҟоу еиҳа еиӷьуп, избанзар, уи асистемахь уиасаанӡа апартиатә система зеиԥшроу гәоуҭароуп. Жәаба инареиҳаны иҳамоуп апартиақәа, аха, уахәаԥшуазар, аус зуа иаҳбо ҩба, ма хԥа роуп. Апартиа аԥҵара ахатә ԥҟарақәа амоуп, урҭ араионқәа рҿы рофисқәа есымша аус руазароуп зҳәаз еиԥш. Абри зегь анагӡаратә мчы ахылаԥшлароуп. Азакәанқәа ҳаҩуеит, аха анагӡаратә мчы аиҭакра азумзар, акгьы ҳзыԥсахӡом. Азакәан бзиақәа ҳамоуп, Аконституциагьы иануп, аха убри аҩыза аҭагылазаашьа ҳамоуп иахьатәи аамҭазы, гәыԥла ҳауаажәлар шаны иҟоуп – атәыла ахада идгылаҩцәа, аоппозициа иадгыло ҳәа.
- Ҭемыр Реваз-иԥа, уи адунеи аҿы зехьынџьара иҟаӡами?
- Иҟоуп, ҳәарада. Сара Италиа ҩышықәса аҵара сҵон, нас Венесуелагьы аус зуан, уаҟагьы ус иҟоуп. Цәгьарас акгьы амам, аха анагӡаратә мчы ахь ианҳархо, иаҳҳәап, аӡәы азакәан еилеигар, ари са дыстәуп, лахь исҭарым ҳәа уанихәаԥшуа – абри аилкаара ҳара ҳадымҵыр , абри аҩыза азнеишьа ҳаҟәымҵыр, егьа реформа ҟаҳҵаргьы, егьа закәан бзиа ҳҩыргьы, акагьы иҳахәаӡом. Ауа-аҭынха, ари ани дитәуп ҳәа, ма аштаб аҿы аус иуан, дҳацхраауан ҳәа имҩаԥаҳго аполитика лҵшәадоуп.
- Иуҳәарц иуҭаху апрфессионализм ззырҳәо аԥыжәара аҭатәуп?
- Аминистрцәа реилазаарахь аусура ианырго, Апарламент ахь ианықәдыргыло зҳәаз еиԥш, иҟазароуп азанааҭдырра ахәаԥшра.
- Ареформа зҭаху ҳполитикатә хдырра аума?
- Ааи. Аха уи уадаҩуп, избанзар, уи ахдырра ажәлар рҿгьы аҽаԥсахырц азыҳәан, амчра ахаҭа алагароуп дара рыҩнуҵҟа аиҭакрақәа рымҩаԥгара. Ииашоу аҿырԥшқәа аадырԥшлароуп. Иаҳҳәап, азакәан аӡә дацымныҟәар, егьырҭ избогьы уи иацныҟәаӡом. Ареформа анаҳҳәо, азакәанқәа рхылаԥшра арџьбарара ауп изызхәыцтәу.
- Уара 2022 шықәсазы унеирц ахьуҭахыз Апарламент адепутатцәагьы ирымоуп ахылаԥшратә мчра.
- Ирымоуп, аха иахьа асистема шыҟоу ала, атәыла ахадарахь даҽаӡә дааиргьы, Аминистрцәа реилазаарахь инеиго иара игәыԥ ауп. Аиҳабы аҭаацәараҿгьы адҵақәа зшо иара иоуп. Абри ҟаҵатәуп, абри нагӡатәуп иҳәоит, анагӡашьагьы хылаԥшра аиҭароуп.
- Уажәа ахы ахьцо ала, ҳ-Конституциа бзиоуп, иара амчра знапаҿы иҟоу уа иарбоу ахәҭаҷқәа ирықәныҟәозар?
- Ирҳәоит аҳәынҭқарра ахада ҳара ҳ-Конституциа ала ирацәаны амч имоуп ҳәа. Иҟан ацәажәарақәа урҭ рыхәҭак Апарламент иаҭазарц. Министрцәақәак адепутатцәа рыла аусура иарҭо зҳәаз еиԥш. Уара угәанала ари қьарс иалоузеи?
- Сара сгәанала, ари иашаӡам. Иҟоуп алшара атәыла ахада иажәалагала ала, Апарламент ачынуаа анышьақәнарӷәӷәо, иаҳҳәап, апрокурор хада, аӡбаҩцәа. Ареформа хҭахызар, амчра ҿыц мааи, убарҭ аминистрцәа ҿыцқәа ықәыргыланы ареформақәа ирылагар ҟалоит. Апарламент иаҳҭар уи аҩыза амчра, уа 35-ҩык ыҟоуп, дасу игәаанагара имоуп, аӡәы аппозициа дадгылоуп, даҽаӡәы - аҳәынҭқарра ахада. Досу иминистр дықәиргыларц иҭаххоит. Уи аполитикатә кризис ҳҭанаргылар алшоит.
- Аконституциа иануп анагӡаратә, азинԥҵаратә, аӡбарҭатә мчқәа ихьыԥшым мчрақәоуп ҳәа. Абри иашаҵәҟьоума ҳполитикатә ԥсҭазаара ахәшьара аҳҭозар?
- Исҳәоит абас – ақьаад аҿы ишану иашоуп, аха афактқәа рыла иаҳгозар, амц заҳҳәои, ус иҟаӡам. Сгәаанагарала, абри апарламенттә, апрезиденттә алхрақәа аныҟоу ҳара убри аҩыза аҭагылазаашьа аҟынӡа ҳааит - ауаҩы аус ахьиуа, изанааҭ дыррақәа ҳрыхәаԥшӡом.
- Аӡбарҭатә система иаԥырхагои?
- Ақьаҳиара аҵак ду амоуп.
- Ааи. Убри ауп иахьа ҳара иаҳԥырхагоу. Хәыҷы-хәыҷла ԥхьаҟа ҳцон абри ҳамамызҭгьы.
- 2022 шықәсазы уара Жәлар Реизара адепутатразы кандидатс уқәгылан Аҟәатәи 7-тәи алхырҭатә ҭыԥ хадаҿы. Аиааиразы иузымхеи? Аԥсҭазаара адырра, аԥсуа алхрақәа рфилософиа, мамзаргьы уахьпартиауаҩым?
- Апартиа сахьалам уи уамак исԥырхагам ҳәа исшьоит. Анализ ҟасҵеит, аха аҭак аҟаҵара уадаҩуп. Сгәаанагарала, исзымхаӡеит аԥышәа. Сара сзы ари раԥхьатәи политикатә шьаҿан. Ҳара аконгрессаа ҳкоманда шықәсык иназынаԥшуа апрограмма аҩра ҳаҿын, ҳнеир хәышықәса рыҩнуҵа инаҳагӡо ҳәа. Иҟоуп алхыҩцәа уи гәык-ԥсыкала иазнеиз, рыбжьгьы сырҭеит. Аха, ауаа сахьрацәажәоз еилыскааит агәрагара шрыцәмаҷу. Уаанӡа исеиӷьызгьы аналырхуаз ыҟан, аха рҭыԥ аҿы ианнеилакгьы рҽырыԥсахуан ҳәа алкаа ҟаҵаны, агәрамгара шьҭызхыз алхыҩцәа ыҟоуп. Убри ихадоу уадаҩрас иҟаны избоит. Алхҩык сиацәажәон, ихьӡи ижәлеи сызҳәом, убзиоуп, уздыруеит, уҵара ыҟоуп, аха умгәаан, азакәанқәа еиҭаҳкуеит рҳәан, изныкымкәа сыбжьы рысҭахьан акандидатцәа, нас рхабар ҟамлеит иҳәеит. Аҵыхәтәаны убас сеиҳәеит – абригьы, абригьы ҟауҵар сыбжьы усҭоит ҳәа.
- Уара атрансформаторқәа узаахәаӡомызт?
- Ааи. Агәрагара гьежьырц азы, апарламентгьы, анагӡаратә мчгьы русура аартызароуп. Шьаҿацыԥхьаӡа иҟауҵо, угәы иҭоу, иузыҟамҵазгьы налаҵаны ауаа идурҳалароуп. Ишәгәалашәозар, иҟан агәаанагара Жәлар Реизара аҟынтәи ишиашоу ицо аефирқәа рыҟаҵаразы. Сара убри даара исҭахын, сагьалацәажәон алхрақәа раамҭазы. Ари раԥхьатәи шьаҿоуп ауаажәларра угәра ргарц азыҳәан.
- Аконституциа 2-тәи ахәҭаҷ иануп ажәлар рымч атәы. Урҭ рымчра рхаҭарнакцәа рыла инарыгӡоит ҳәа. Аԥсҭазаараҿы иабоубо ажәлар рымч? Ҩынтәҟа еизаны атәыла ахадацәа рҭыԥ аанрыжьыртә иахьныҟәахьоу?
- Уигьы ажәлар рымч ахь иахуԥхьаӡалар ауеит. Аха, зегь реиҳа ибзианы ажәлар рымч закәу аанарԥшуеит жьҭаара 3 1999 шықәсазы иҟаз ареферендум аҿы бжьыҭирала иахьышьақәдырӷәӷәаз 1994 шықәсазы Апарламент иаднакылаз Аконституциа. Усҟан 98% процент алхыҩцәа Аконституциа иадгылеит.
- Усҟан ҳара ҽакала ҳаҟан?
- Ааи. Усҟан еиҳа аидгылара ҳаман. Ажәлар рымч захьӡу Аԥсны иҟоуп. Сара акырџьара сныҟәахьеит, убарҭ ирҿырԥшны изгозар, адемократиа ҳамоуп ҳара. Иахьа досу игәы иҭоу иҳәар илшоит. Амала, сара исгәамԥхо, аизарақәа аныҟоу аисреи аиқәԥареи рыла ахымҩаԥгара ҳара ҳарԥшӡаӡом.
- Аконституциа иану ахәҭаҷқәа зегь рахьтә даара еилагоу акәны иҟоуп ҳҳәар ауеит аҳәынҭқарратә бызшәа иадҳәалоу 1-тәи ахәҭа 6-тәи ахәҭаҷ. Иарбан реформоу иҟаҵатәу ари азакәан аус аурц азы?
- Абри аҿырԥшыга ҳәа хыхь сызлацәажәоз абраҟагьы ахархәара амаӡам. Анагӡаратә мчы рхаҭа еиларгоит.
- Ажәлар абра ирылшои? Ари азы ахаан еизаны митинг дук ҟарымҵацт аполитикцәа.
- Сгәанала, ус ргәы иаанагозар ҟалап апарламентааи аиҳабыреи – уажә иуадаҩу азҵаатәқәа даҽа бызшәак ала рылацәажәара еиҳа иманшәалоуп ҳәа. Априоритетқәа ииашаны ишьақәыргылатәуп. Аекономика даҽа бызшәак ала ҳалацәажәозар, уи хара ҳнанагаӡом, избанзар убызшәала уанцәажәо удунеихәаԥшрагьы даҽакала иҟоуп. Ԥсышәала уанцәажәо даҽакала уазнеиуеит, уныҟәашәагьы аҽаԥсахуеит. Иарбан ҳәынҭқарроу исшәырба иахьа азин ахьсымоу, иаҳҳәап Италиа, аиталиан бызшәа сзымдырӡакәа џьара аусурҭа аԥшаара. Фирмак аҿгьы аус сзуӡом. Иахьа аԥсуа бызшәа узымдыруазар иуадаҩраӡам. Аусурҭа уоуеит, аԥара урҳауеит, уминистрхоит. Аԥсуа бызшәа иадҳәаланы ареформақәа ҟауҵар ауеит, иаҳҳәап абызшәа удыруазар, азин ҷыдақәа уоур ауа. Ауалафахәы, ашәахтә льготқәа уҳәа рыҟноума, астимул ыҟазароуп.
- Ҭемыр Реваз-иԥа, гәыӷрақәас иумои Аконституциа 29 шықәса анахыҵуа амш азын?
- Раԥхьаӡа сшалагаз еиԥш исҳәоит. Сара даараӡа ибзианы иҩуп ҳәа исыԥхьаӡоит Аконституциа, раԥхьа санаԥхьозгьы иџьасшьон ирылшаз. Хара ихәыцны иҩуп ари Азакәан хада. Убри аҩыза ахәҭақәа ыҟоуп, абри ҳҳәынҭқарра ахьыԥшымра, аҳәаақәа зегь хьчоуп. Урҭ рыԥсахра ауӡом. Ҳара иаҳзаанхаз убри ақәныҟәара ауп…