Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Sputnik амчыбжь: аҽазыҟаҵарақәа, аԥшасра, азакәанқәа

© Sputnik / Томас ТхайцукМежведомственные тактические учения на озере Рица
Межведомственные тактические учения на озере Рица - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.02.2024
Анапаҵаҩра
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны иазнархиеит жәабран 5-11 рыҩныҵҟа иҟаз иналукааша ахҭысқәа рыхҳәаа.
Ииасыз амчыбжь азы имҩаԥысит Апарламент аилатәара, ирыхәаԥшын акрызҵазкуаз азакәанқәа рыпроектқәа, имҩаԥган аусбарҭабжьаратә еицҽазыҟаҵарақәа, Аслан Бжьаниеи урыстәылатәи иколлегацәеи реиԥыларақәа.

Аҭәаҵла аиқәырхара

Шәышықәсеи бжаки ирҭысхьоу Лыхнашҭатәи аҭәаҵла хьархьла иԥырҟеит 2023 шықәса мшаԥы 5 азы.
Аҵла изакәанымкәа иԥырҟеит ҳәа гәҩарас иҟаҵаны иааныркылеит ҩыџьа Аԥсны атәылауаа – Ираклии Даури Багаҭелиаа.
Китаинтәи Аԥсныҟа иааган Пекин ақыҭанхамҩатә институт аус зыднауло аҵлазы ихәарҭоу ахәшә. Аекологцәеи Аԥсны инхо китаиааи аҭәаҵла ашьапы иҷыдоу ӡшьарк ахьыршьит арзҩыдатәразы. Нас кәармала китаитәи ахәшә агәылалартә иларышьҭит.
Лыхненский храм и древняя липа. Архивные кадры  - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.07.2023
Аԥсны
Аекологиаз аҳәынҭеилакы аиҳабы еиҭеиҳәеит Лыхнытәи аҭәаҵла ашьақәгылара атәы
Имҩаԥгаз ауснагӡатәқәа зегьы хәарҭахеит, аҭәаҵла аиҭашьақәыргылара алшеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит аекологиазы Аҳәынҭеилакы аиҳабы Савели Ҷыҭанаа.
"Аԥсныҟа ацхырааразы иаҳзааз китаитәи ҳҩызцәа иҳадыргалаз ауснагӡатәқәа лҵшәа роуит. Ҩынтә кәармала ахәшә алаҵан, нас иахәҭаны иҟаз арҵәыгақәа аҭан" ҳәа иҳәеит иара.
Ашәарҭара зынӡаҵәҟьа имиасыцт, аха аҵла ааԥынразы ишәҭыр, ԥхьаҟа ԥырхага аиуам ҳәа уҳәар ҟалоит.

Аԥсабаратә рыцҳара ахҟьаԥҟьақәа

Жәабран 5-6 руха аԥша ӷәӷәа иасыз Аԥсны араионқәа ааха рнаҭеит.
Тҟәарчал араион аҿы аԥша аҵлақәа канажьит. Шьыжьнаҵы урҭ ықәыргеит, ақалақь аҿы аныҟәара аанкыламхеит. Аҟармара иахьаҵанакуа авольтҳаракцәаҳәа каҳаит. Уи аҭыԥ ақәҵаразы амш иалагӡаны "Амшынеиқәафымцамч" аҟынтәи аҟазауаа аусурақәа мҩаԥыргеит.
Гал араион аҿы уадаҩрада еилгеит - хәбаҟа ҵла каҳаит, ақалақь аҿы аныҟәара ԥкымхеит.
Гәдоуҭа араион аҿы Лыхныҟа узлацо амҩаҿ аҵлақәа каҳаит. Жәандәрыԥшь ақыҭаҿы ацҳақәа хԥа хнагеит, ақыҭа анапхгара хара имгакәа уи аҭыԥ иқәырҵеит. Уи адагьы афымцацәаҳәақәа ахьԥыҵәҵәаз азы ақыҭауаа лашарада иҟан. Алашара ыҟамызт ақыҭақәа Хәаԥ, Џьырхәа, Лыхны.
Ликвидация последствий непогоды в парке имени Ефрема Эшба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.02.2024
Аԥсны
Аԥша ӷәӷәа иасыз Аԥсны араионқәа ааха рнаҭеит
Афымцацәаҳәақәа ироуз аԥхасҭа иахҟьаны Гәылрыԥшь араион ахәҭак лашарада иҟан. Иара убас, аԥхасҭақәа ҟалеит Дранда, Бабышьра, Агәыӡера аҳаблан. Аҩнқәа рхыбқәа ԥырхага рымамызт, ӡхыҵра ҟамлеит. Иҟоу ахҟьаԥҟьақәа рҭыԥ иқәырҵеит.
Афымцацәаҳәақәа ахьԥҵәаз иахҟьаны Гагра ахәҭак лашарада иаанхеит. Аҭыԥ аҟны аус руан ақалақь аусбарҭақәеи аенергетикцәеи.

Апарламентарицәа рыӡбамҭақәа

Жәабран 7 рзы имҩаԥысит изаамҭанытәиу апарламенттә еилатәара.
Аԥсны Апарламент аҩбатәи аԥхьарала иаднакылеит Аграждантә закәанеидкыла аԥшьбатәи ахәҭа. Азакәан апроект иҭышәыннартәалоит аинтеллектуалтә усуреи ахазхаҭаларатә усура ахархәагақәа рзы азинқәа.
Адепутатцәа Аԥсны акриптовалиута закәаншьаҭада арҳаразы азакәан аҩбатәи, аҵыхәтәантәи аԥхьарала аԥсахрақәа аланагалеит.
"Амшынеиқәафымцамч" ацәаҳәақәа аҽрыԥшьрази амаининг азы 300 кВт. еиҳаны афымцамч ахархәарази шықәсык инаркны хышықәсанӡа ахақәиҭра алхәыдатәра.
Аԥсахрақәа иазыԥхьагәарҭоит амаинингқәа рыдагьы атрансформаторқәагьы шықәырго. Акриптавалиута арҳаразы аппаратқәа аӡбарҭа аӡбрала ирымырхуеит.
Аԥсны аҳәынҭмаҵзураҿы аусура ҟалоит 21 шықәса анухыҵлак инаркны, убри аан аусуратә ԥышәа умамзаргьы, аррамаҵзура уахымсыцзаргьы аха аҟазаратә ҭахрақәа урықәшәозар.
Абри азы адепутатцәа актәи аԥхьарала ирыдыркылеит "Аҳәынҭқарратә маҵзуразы" азакәан.
Аҳәатәи аҳәашьеи: «Аҳәынҭқарратә маҵзуразы» азакәан иазкны  - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.02.2024
Арадио
Аҳәатәи аҳәашьеи: "Аҳәынҭқарратә маҵзуразы" азакәан иазкны
Ахада азинмчра зиҭо аусбарҭа амаҵзурауаа ркадыртә резерв еиҿнакаауеит.
Аҳәынҭмаҵзураҿы иҟоу 60 шықәса дреиҳамзароуп, аха 65 шықәса ихыҵаанӡа есышықәса иацҵахалар ҟалоит иусураамҭа.
Аҳәынҭмаҵзурауаа рҟазара хышықәса рахь знык иазырҳалатәуп.
Хәышықәса рахь знык аттестациа иахыслароуп.

Аԥсныҟа аникотин аелектронтә системақәа ралагалара рзин ҟалом

Аԥсны аникотин аелектронтә системақәа ралагалара, рӡыргара, реикәыршара азин ҟаҵам
Азакәан аус адырулеит ареспублика ауааԥсыра рыԥсҭазаареи ргәабзиареи рыхьчаразы, аиҳаракгьы зықәра намӡац. Адепутатцәа иара рыдыркылеит аҩбатәи, аҵыхәтәантәи аԥхьарала.
Участник на специализированной выставке vape-индустрии Global vape - 2017 в Международном выставочном центре Крокус Экспо в Москве. - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.12.2023
Аԥсны
Аелектронтә сигаретқәа Аԥсныҟа раагара, реикәыршара, рӡыргара азин ҟамлар ҟалоит
Аԥсны ауааԥсыра аипотека ала анхарҭақәа раахәара рылшоит актәи аԥхьарала ирыдыркылаз Анхарҭаз азакәанеидкыла инақәыршәаны.
Ари апроект аҿы иазгәаҭоуп еиҭамҵуа амазара ма аипотека рзы азыҟа иҷыдоу асоциалтә закәан "Еиҭамҵуа амазара азыҟаз" иҳәаақәнаҵараны ишыҟоу.
Иазыԥхьагәаҭоуп, атәылауаа ркатегориақәак апроцент зыԥҵәа адагьы анхарҭа аахәаразы акредитқәа роур алшо ишыҟало.
Первый дом для переселения по программе реновации в Москве - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.02.2024
Аԥсны
Аԥсны ауааԥсыра аипотека ала анхарҭақәа аархәалар азы алшара роур ҟалоит

Апарламент иаднакылеит азакәан "Астратегиатә объектқәа рзы"

Аԥсны Апарламент аҩбатәи, аҵыхәтәантәи аԥхьарала азакәан "Ареспублика астратегиатә обиектқәа рзы" апроект аднакылеит.
Астратегиатә обиектқәа рахь иаҵанакуеит Аԥсны ААР, Аԥсны АШәМ, Аԥсны ААР, Аԥсны АҶА робиектқәа.
Иара убасгьы асиахь иаҵаркуп аенергетика (ЕгрыГЕСгьы) аобиектқәа, авиациа аиҿкаара асистемақәа, аихамҩа, ареспубликатә ҟазшьа змоу амҩақәа, авто́/аихамҩатә вокзалқәа, абаӷәазақәа, аимадаратә обиектқәа, ателе-радио центрқәа, аинформациатә маҵзурақәа.
Здание Парламента Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.02.2024
Аԥсны
Аԥсны астратегиатә ргыларақәа рзы азакәан рыдыркылеит

Икоммерциатәым аиҿкаарақәа рзы азакәан

Аслан Бжьаниа Апарламент ахь инаишьҭит "Аҳәаанырцәтә агентцәа раҳасабала аус зуа икоммерциатәым аиҿкаарақәеи ахазхаҿқәеи рзы" азакәан.
Азакәан апроект инақәыршәаны, иарбанзаалак аиҿкаара-зинтә форма змоу икоммерциатәым аиҿкаарақәеи ахазхаҿқәеи иҳәаанырцәтә агентцәоуп ҳәа иԥхьаӡатәуп урҭ аҳәаанырцәынтәи аԥара рзыршәозар, Аԥсны аполитикатә усура иалахәзар, рыхә зшәо рҭахрақәа ирықәшәо аусқәа нарыгӡозар.
Адокумент ишьақәнаргылоит аҳәаанырцәтә агент истатус аиура аԥҟара, урҭ ашәҟәынҵа ралаҵареи ма ралхреи, рыстатус ирыднаҵо ахыдҵақәеи аԥкрақәеи, аполитикаҿы усс инарыгӡои. Аҳәаанырцәтә агентцәа рзы Аԥсны азакәанԥҵара аиалагаразы административтә, ашьаустә ма даҽа хьырхәра хкык азԥхьагәаҭоуп.
Иҳәаанырцәтә агентцәоуп ҳәа иршьо икоммерциатәым аиҿкаарақәа ашәҟәы ианнаҵалоит Аиустициа аминистрра.
Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.02.2024
Аԥсны
Бжьаниа аҳәаанырцәтә агентцәа рзы азакәан апроект Апарламент ахь инаишьҭит

Амҩатә машәырқәеи ашьрақәеи рстатистика

2023 шықәсазы Аԥсны амҩақәа рыҟны 186 машәыр ашәҟәы иҭаргалеит. Иҭахеит 57-ҩык.
Шықәсык уи аԥхьа ареспубликаҿы ашәҟәы иҭагалан 214 мҩатә машәыр, иҭахеит 64-ҩык ҳәа Аслан Бжьаниа изеиҭеиҳәеит аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Кьиут.
Аминистр иажәаәқа рыла 2023-шықәсазы амҩатә ԥҟарақәа реилагаразы илган 61,3 миллион мааҭ хараԥса ҳасабла. Ари 10 миллионк рыла еиҵоуп 2022 шықәсазы аасҭа. Уи зыхҟьаз агәаҭаратә камерақәа ртехникатә еиԥҟьарақәа роуп.
2023 шықәса рзы 17 уаҩшьра аҭыԥ рыман, урҭ рахьтә 15 аарԥшуп. Ҵыԥх ари аамҭазы 18 уаҩшьра шьақәыргылан.
Иара убас иазгәаҭоуп 665 рҟынӡа ацәгьоурақәа, уи 2022 шықәсазы аасҭа 130-нтә еиҵоуп.

Ахада имҩаԥигаз аиԥыларақәа

Аслан Бжьаниа Москва иҟазаара иалагӡаны дырԥылеит Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Дмитри Козаки, Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ актәи ихаҭыԥуаҩ Рашид Нургалиеви, аекономикатә ҿиара аминистр Максим Решетникови, АКХ ахантәаҩы Елла Памфиловеи, Афедералтә шәахтә маҵзура анапхгаҩы Данил Егорови, Урыстәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Александр Новаки еиԥылеит.
Аиԥыларақәа рҟны асоциал-економикатә ахырхарҭаҟны ҩ-ганктәи аусеицуреи, аенергетикеи уҳәа егьырҭ азҵаарақәеи ирзааҭгылеит, аанацҳауеит Аԥсны ахада ипресс-маҵзура.
Аслан Бжьаниеи Сергеи Лаврови еиԥылеит. Аԥсны ахадеи Урыстәыла АдәА рминистри алацәажәеит аԥсны-урыстәылатә еизыҟазаашьақәа.
Аслан Бжания и Сергей Лавров - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.02.2024
Аԥсны
Аслан Бжьаниеи Сергеи Лаврови еиԥылеит Москва

Ауниверситет аиубилеи

Жәабран 5, 1979 шықәсазы Арҵаҩратә институт ашьаҭала иаартын Аҳәынҭқарратә университет. Ари алшеит "130-ҩык рышәҟәы" СССР аиҳабыра ианырзынашьҭха ашьҭахь. Ашәҟәаҿы изҵаара хаданы иқәгылан Аԥсны Қырҭтәылатәи ССР алҵра.
Аԥсуа интеллигенциа рышәҟәы Москвеи Қарҭи акыр ршьапы иқәнаҟьеит. Убасҟан ЦК КПССи СССР Аминистрцәа Рхеилаки иҭрыжьит ақәҵара Аԥснытәи АССР аҿиаразы. Адокумент иазԥхьагәанаҭон ауниверситет аартра, ателехәаԥшра аԥҵара, амшынбаӷәаза аргылара, Акьыԥхь аҩны аус арура.
2006 шықәсазы ААУ автономтә милаҭтә университет астатус аиуит, атәыла ахада инеигӡо ашьаҭаркҩы имчлшара аиуит.
АГУ - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.02.2024
Аԥсны
Актәи амилаҭтә: Аԥснытәи аҳәынҭуниверситет аҭоурых
Иахьа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы иаԥҵоуп адыррақәа риуразы алшара шьахәқәа. 2017 шықәсазы Аинвестицитә программа инақәыршәаны аҵаратә усбарҭеи азеиԥшнхарҭеи рхыбрақәа еиҭашьақәыргылан.
Иаартуп афакультетқәа жәба, аҵара рҵоит 2 000-ҩык рҟынӡа астудентцәа. Арҵаҩратә еилазаара рхыԥхьаӡара 450-ҩык рҟынӡа инаӡоит.

Закәаншьаҭада аԥсыӡ акразы ахараԥса

Аԥсны аԥсыӡкыгатә ӷбақәа хԥа 780 нызқь мааҭ ахараԥса рықәырҵеит, дара аҟәара иазааигәаны аԥсыӡ ркуан ҳәа, абри атәы иҳәеит Аекологиаз Аҳәынҭеилакы аиҳабы Савели Ҷыҭанаа.
Ӷбак аԥкрақәа ҩынтә еиланагахьан, уи икыз аԥсыӡ ақәын, аԥсабара иаҭоу ааха азы 600 нызқь мааҭ ахараԥса адҵан, иара убас 24 сааҭ аԥсыӡкразы азин рымхуп.
Аҩбатәи хынтә иаанкылан, аха аԥсыӡ ақәмызт. Ахараԥса -120 нызқь мааҭ, ҩаха-ҩымш аԥсыӡкразы азин рымхуп.
Ахԥатәи аӷба аԥҟарақәа еиланагахьан ҳәа уаанӡа иазгәаҭамызт, аха икыз аԥсыӡ ачарҭаҿ иқәын. 60 000 мааҭ ахараԥса ақәҵоуп, аԥсыӡкразы азин амхӡам.
Добыча хамсы - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.02.2024
Аԥсны
Аԥсны аԥсыӡкыгатә ӷбақәа хԥа 780 нызқь мааҭ ахараԥса рықәырҵеит

Аусбарҭабжьаратә усеицура

Аԥсны АҩАР Росгвардиеи рыбжьара аусбарҭабжьаратә усеицураз аиқәшаҳаҭра апроект аус адулоуп.
Иара азырхоуп аԥышәа аимдара, акадырқәа разыҟаҵара, аицҽазыҟаҵарақәа, аинформациатә технологиақәа рырҿиара.
Роберт Киут  - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.02.2024
Аԥсны
Аминистр Кьиут Аԥсны АҩАРи Урыстәыла Амилаҭтә гвардиеи реиқәшаҳаҭра ахҳәаа аиҭеит

Аусбарҭабжьаратә ҽазыҟаҵарақәа

Аԥсни Урыстәылеи рзинмчратә усбарҭақәа русбарҭабжьаратә тактикатә ҽазыҟаҵарақәа Риҵатәи амилаҭтә парк аҿы имҩаԥган.
Атеррористтә ҿагылареи аиқәырхареи ҽазыҟаҵарақәа ирылахәхоит Аԥсны АҩАР, АҶА, АШәМ, АХьМ, Урыстәыла АШәМ, Росгвардиа. Аҽазыҟаҵарақәа дырҭаауеит Аахыҵ Уаԥстәыла АҩА рминистр Алан Гучмазов.
Аҽазыҟаҵарақәа ирылахәын 50-ҩык, иадыԥхьалан авариа-еиқәырхаратә техника– БРДМ, акатер, ацхыраара лас амашьына.
Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Кьиут иажәақәа рыла аҽазыҟаҵарақәа ирхықәкуп аусбарҭабжьаратә еинырра, Аԥсни Урыстәылеи рмаҵзурақәа еишьашәаларыла рхымҩаԥгара.
Межведомственные тактические учения на озере Рица - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.02.2024
Аԥсны
Рԥышәа еиздырҳарц: Риҵа амчратә ҽазыҟаҵарақәа шымҩаԥысыз

Амчыбжь аихьӡарақәа

Аԥснытәи аҵаҩы Милена Кешебиан Адунеизегьтәи аҿар рфестиваль ахәыҷтәы Дирекциа далахәхеит.
Милена Москва, афестиваль аҽазыҟаҵаразы астратегиатә сессиаҿы дыҟоуп. Адунеизегьтәи аҿар рфестиваль мҩаԥгахоит "Сириус" аҿы 2024 шықәса хәажәкыра 1 - 7 рзы. иара алахәхаразы ашәҟәқәа нарышьҭит 190 тәыла рҟынтәи.

Атомкласс ҿыцқәа

2024 шықәсазы "атомклассқәа" ҩба аартхараны иҟоуп ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа иԥылараан аҵара аминистр Инал Габлиа.
Ахада иҳәеит ашколхәыҷқәа атехникатә занааҭқәа роуразы ари акыршаҵанакуа.
"Ҳара ҳҿы ирацәоуп агуманитартә занааҭ змоу. Еиваҟәалартә иҟаҵатәуп", – иҳәеит иара.
"Атомклассқәа" –"Росатом" иапрограммоуп, аус ауеит 2011 шықәса раахыс. Аԥсны иаартуп хә-класск. Пицунда ҩба аус руеит, Аҟәа, Тҟәарчал, Тамшь акака.

Амилаҭтә галереиа ацхырааразы

103 360 мааҭ еизгоуп Амилаҭтә галереиазы Аҟәа имҩаԥысыз агәыҳалалратә концерт аҿы. Арҭ аԥарақәа аминистрра аԥхьаӡамҭа ҷыдахь инашьҭхоит.
Благотворительный концерт в поддержку Национальной картиной галерее  - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.02.2024
Аԥсны
Шә-нызқьмааҭ еиҳаны еизган Амилаҭтә галереиа адгыларазы Аҟәа имҩаԥысыз аконцерт аҿы
Ажәабжьқәа зегьы
0