Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Иԥсадгьыл ахьаа игәы ҵнаблаауан: Борис Гәыргәлиа игәалашәара иазкны

© Foto / предоставил Анатолий ЛагулааБорис Гургулия
Борис Гургулия  - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.07.2024
Анапаҵаҩра
Ԥхынгәы 20 рзы апоет-атрибун Борис Алмасхан-иԥа Гәыргәлиа диижьҭеи 89 шықәса ҵуеит. Ажурнал "Алашара" аредактор Анатоли Лагәлаа иахьатәи ианҵамҭаҿ дазааҭгылоит Борис Гәыргәлиа ихаҭара, иажәа амч, ижәлари иԥсадгьыли рыбзиабара, ирҿиара уҳәа.
Ҳаԥсуа шәҟәыҩҩцәа ԥыҭҩык рлахьынҵа уаназхәыцуа, даара уаршанхоит, иагьџьоушьоит, изакәытә гәы ӷәӷәааз ирызҭаз абарҭ ауаа ҳәа. Урҭ руаӡәк, сара схаҟара пату зқәысҵоз Борис Алмасхан-иԥа Гәыргәлиа иԥсы ҭаны дҳалагылазҭгьы, иахьа 89 шықәса ихыҵуазаарын.
Ирҳәоит, ауаҩы гәыраз дануԥылалак, аԥҭа иаалыԥхаз амреиԥш данаауҿаччалак, уусқәа зегьы маншәалахоит, узхьымӡашагьы уахьӡоит ҳәа. Убас иҟаз уаҩымшын, уаҩыразын, уаҩыҳалалын, апоет-аҵарауаҩ, зыжәлар рхьаа зхьааз, ргәаҟра згәаҟраз, ргәырӷьара згәырӷьараз, ршәарҭара ду мцаԥшьны зшьа-зда иҭысхьаз, кыршықәса раахыс ажурнал "Алашара" аредколлегиа иалаз Борис Алмасхан-иԥа Гәыргәлиа. Ҳпоет аамҭа убриаҟара даӡрыжәхьан, ижәлар ргәырҩа ас ду еиԥш еимгәҳәаны дахысхьан, зны-зынла данааҳԥылоз, иԥсы ҭакны дызкуи абри ахаҵа, гәкажьра ҟамҵаӡакәа уҳәарын.
Уи ишәҟәқәа: "Анапы разқәа", " Амреи ауааи", "Амшзырҳага", "Ахрақәа", "Адгьыл гәакьа", "Аамҭа", "Ахьаа" ҳаԥсҭазаара иалиааит, шәышықәса рышьҭахь иаашьҭыхны иаԥхьо аԥхьаҩ ибоит ҳажәлар ирхыргаз, изиааиз, изхыԥаз, изҵысыз. Уи иԥсҭазаара абжеиҳарак зегьы ҳуниверситет аҭӡамцқәа рҿы иахьымҩаԥысыз акраанагоит. Избанзар, уаҟа ирызҳауан аҿар иацтәи ҳҭоурых пату ақәҵаны, уаҵәтәи еихазҳауаз. Уаҵәтәи амш, уаҵәтәи агәыӷра лаша иахьыԥшуаз ҳпоет, ҳарҵаҩы, ҳәарас иаҭахыз, аҿаргьы ихьыԥшын, бзиа дырбон.
Анзор Мукба - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.07.2020
Арадио
Мықәба Борис Гәыргәлиа изы: даԥсыуа дуун, агәы иман, ахы иман
Аԥшәма бзиа дануԥыло, есымша игәырҩа иҵәахуеит, хьаада-баада адунеи дықәушәа, иччаԥшь ухьиршоит. Уи аҿар данҳалагылаз, еиҳаракгьы Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла аклуб аҿы, ҳара ҳҟынӡа ихы лбааигарц азы, иареи ҳареи ҭәымрак ҳабжьамларц азы, ҳгәы "аартыга" ажәеинраалақәа дрыԥхьон. Урҭ руак сара есымшагьы исгәалашәоит, иагьараангьы иара дышгылаз, бзиа избо алирикатә жәеинраалақәа руак абри ауп ҳәа астудентцәа сырзаԥхьахьан.
Ссирк са сышҟа дымҩахыҵит,
Ари дызбаз рыԥсы рхыҵит!..
Рыԥсы рхыҵит, рыбла ҭыҵит,
Урҭ ршьыцра мшынха ихыҵит!..
Ссирк са сышҟа дымҩахыҵит,
Сара сгәы акәын - аҭра иҭыҵит.
Са сҿы мыжда ажәак зҭымҵит,
Уи лыгәҭыхагь аԥсы ахыҵит!..
Борис Алмасхан-иԥа иҩызцәа рыҩнуҵҟа егьлафны, егьафоризмны, рацәак дзацәҳарц ииҭахымыз аӡәы даниамхацәҳа, нас "аӷәра" ақәыршәны ирылеиҵеит уи алаф:
" Исымҳәар акәын, аха исҳәазааит!" - ҳәа.
Ари афоризмхеит, иахьа иҩызцәа рыбжьара иара данааргәалашәалак, ма ус хҭыск аныҟалалак, ахуҳәа иаацәырыргоит.
Ҳара ҳҿар ирдыруазарц ахәҭоуп Борис Гәыргәлиа поетк иаҳасабала анаҩсгьы, ҵарауаҩык, ҭоурыхдырҩык иаҳасабалагьы даара дышҵаулаз, шьҭахьҟа дшымеиҭаԥоз. Ҳполитикцәеи, ҳҭоурыхҭҵааҩцәеи ирацәаҩны дрыҿцәажәахьан, аамҭа цәгьақәа раан, рыжәлар дмырӡырц азы, зны-зынла иҟарҵоз ахьаҵрақәагьы, аҵыхәтәанынӡа данрызхәыцлак, дрықәыӡбаӡомызт, иранаижьуан, избанзар, уаҳа даҽа мҩак шыҟамыз ибон.
Убас иҟоу ҭоурыхуп уажәы абраҟа иаазго афактгьы, уи агәылзҩааит иара Борис "Здоуҳа амҽхак ҭбааз" захьӡу истатиак. Уи изкуп Аԥсны аҵеицәа дуқәа ируаӡәкыз Андреи Максим-иԥа Ҷоҷуа. Араҟа акритик аԥхьаҩ ихаҿы иааигоит, фактла еилыхха иеилиркаауеит дзыхцәажәо ауаҩы аԥсуа жәлар рдоуҳатә ԥсҭазаараҿы илиршахьаз шшьардоу, еиҳаракгьы октиабртәи ареволиуциа ҟалаанӡатәи иибахьаз аџьабаа шаҟа анырра ӷәӷәа ҟанаҵаз ҳҵаралашаратә усхкқәа зегьы рҿы, уи рҵаҩык, рккаҩык, Аԥсуа нбан аԥсуа ҵаҩцәа рзы изҩыз, еиуеиԥшым арҵагашәҟәқәеи, аметодикатә цхыраагӡақәа равторк, ахәыҷтәы шәҟәыҩҩык, ҳәынҭқарратә, уаажәларратә усзуҩык иаҳасабала игәылҭәаауп ихаҿсахьа.
Иури Лакербаи - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.06.2024
Аԥсны
Зашәақәа ҳацу апоет: Иури Лакербаи диижьҭеи 90 шықәса ҵит
Уажәы абра иаазгар сҭахуп Андреи Ҷоҷуеи Борис Гәыргәлиеи реицәажәара аҟынтә ҭыԥк, ҳпоет-ҳҵарауааҩ ихаҿсахьа ҭырҭәааны иузырбо, уи иашас ииԥхьаӡо, ипринцип дшахымԥо:
- Андреи Максим-иԥа! Зҵаарак шәысҭоит, сшәыҳәоит, политикатә гызмалрак аҵамкәа, иара аӡбахә ала шәара ижәдыруа, насгьы шәгәаанагара иашаҵәҟьа сашәҳәарацы. Ирҳәоит, уи егьиашан Сталини Бериеи ррежим ахаан, аԥсуа жәлар рыԥсадгьыл Аԥсны иахыргарц азын, адәыӷбақәа рыхианы Очамчыреи Гәдоуҭеи иргыланы ирыман ҳәа, аха шьоукы изларҳәо ала, Сталини Ворошилови рыбзоурала ҳахырымгакәа ҳаанхазшәа… Ииашоума ирҳәо? Ишԥаҟаҵәҟьаз аԥсҭазаараҿы?
Андреи Максим-иԥа дааиԥхьхәыцын, иҽырҟасаны ацәажәара дналагеит.

- Дад, иҵабыргуп, Сталин "аԥсуаа ахыжәгароуп" ҳәа имҳәаӡеит, Ворошиловгьы аԥсуаа рзы бзиарамзар цәгьара имҳәацызт. Бериа иакәзар, ҳахигарц шиҭахыз ҵабыргуп, ииашоуп, аха ҳара ҳажәлар ахырҵәара иацәынзырхаз даҽакуп. Ишдыру еиԥш, 1938 шықәсазы аԥсуа нбан ақырҭуа графикахь ииаҳамгар ԥсыхәа ыҟамызт, ииаагеит. Нас аԥсуа школқәа қырҭуаҳтәит. Убасҟан Аԥсны анапхгара ахадаратә ҭыԥқәак рҟны игылаз аԥсуаа, аӡәык-ҩыџьакгьы ҳажәлар ҳацәхдырҵәар, зынӡа иаҳцәынҵәар ҳәа ҳшәаны, "аԥсуаа урҭ қырҭуа жәларшьҭроуп" ҳәа, дара ақырҭуа ассимилиаторцәа ирҳәоз рыцҳарӷызгәышьеит. Ас аныҟаҳҵа, аԥсуаа Кавказ иашьагәыҭу милаҭуп, иахаагаргьы, мышкы зны аҭыӡшәа ду алҵыр ҟалоит, уиаҵкыс еиӷьми, ҭоурыхлагьы, ԥсабаралагьы иԥшӡоу амилаҭ зҳарӡрызеи, иқырҭуаҳтәып, иҳаӡҩап ргәахәын, ҳахымгакәа ҳаанрыжьит убасҟан абасала. Ҵабыргуп, Аԥсны ахадараҿы игылаз аԥсуаа усҟан иҟаҳҵаз аиаша, аҳақ, аҵабырг аганахьала уахәаԥшуазар, ирмариаӡаны иуҳәозар, ииашамызт, аха обективла, ԥсабарала усҟан аԥсуа жәлар еиқәнархеит, еилнамшьааит. Егьыс, аиашаҵәҟьа ҳҳәазҭгьы, ҳахыргон аԥсуаа, ҳахыргар, ҳажәлар рлахьынҵа злаҟаз аҵкыс еицәахон, ҳабжеиҳараҩык нҵәон, сгәанала. Абасоуп дад, ари аус убасҟан алахьынҵа шыӡбахаз…"

Ари аҭоурых ззымдыруа рацәаҩуп, Борис Алмасхан-иԥа ибзоурала еиқәхеит, иагьырхәыцгоуп, иагьгәҽанҵагоуп.
Апоет дуаҩы разын, дуаҩ қьиан, аха ианаацәгьахалак, аҿаца-ҿацаҳәа уи ицәажәара, уи "иҟамчы" ашыҩҵәҳәа изхиҟьаз, дҵарауаҩума, дполитикума, акыраамҭа ибызбызуа инхалон. Убри азы акәын иара дахьтәаз аибашьра иалагаанӡагьы имҩаԥысуаз ақырҭқәеи аԥсуааи рҵарауааи ринтеллигенциеи реиқәшәарақәа рҿы, дара еиҳа есымша ашҳам зҿаз ақырҭқәагьы рҽызхьаркуаз, избанзар, уи даарызцәырҵыр ирзыԥшыз рдыруан.
Уи иарбан аудиториазаалакгьы дықәгылан дахьцәажәаз, иара ишьҭахь ақырҭқәа шәаҟьон, ирҳәарц ирҭахыз рхашҭуан, мамзаргьы рыбз рыхәлашәон.
Абзагу Гургулия - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.04.2021
Згәы заԥысуаз: Абзагә Гәыргәлиа игәалашәаразы
Аибашьра анцоз аамҭазы, иҷкәын фырхаҵа Абзагә Аҟәа данҭаха, иара Очамчыраҟа иаб иҩны ашҟа диасит, араион аҿы аҭабиақәа зегьы рҿы днеиуан, ҳажәлар ргәы шьҭызхуаз ацәажәарақәа мҩаԥигон, иреиҳәон аиааира ҳара ишаҳтәхоз. Абар, аибашьра аан ииз уи иажәеинраалақәа руак, иҷкәын Абзагә изку:
Жәаха-жәамш иукын абџьар хаҵаҵас,
Сыҷкәын хәыҷы, сгәаҵәа еилыҷҷа, сдоумыжьха!..
Уашәақәлацәеи уареи ишәоуит лахьынҵас
Аԥсынтәылаз шәыԥсы ҭышәхырц, иара еиқәхарц!..
Жәаха-жәамш шәабџьар жьышуан лаҳәаҵас,
Иҟыруа иаҳхалаз алаҳәақәа ҭашәырхарц!
Жәаха-жәамш шаҟа ууз, шаҟа ҟауҵаз
Азхоит, сыҷкәын, ужәлар ргәаҵаҟны унхарц...
Аԥсуа поезиаҿы иреиӷьӡоу аграждантә лирика ҳаналацәажәо, Гәыргәлиа иажәеинраалақәа рыда уи ухаҿы иузаагаӡом. Урҭ уцуп уахьыҟазаалак, урҭ рыгәра угоит.
Борис Гәыргәлиа зеиԥш дыҟам пеизажиступ, ибзиабаратә лирика шаҟа аԥсуа цәа аҟәнузеи.
Бара ибызхьаау сқәыԥсычҳара мцабзқәа
Сыгәҭыха иамадан бышҟа исышьҭуеит!..
Бара ибыхҟьоугьы - бара бакәымкәа,
Ҽаӡәы ишизмырцәо агәра згауеит...
Сара шьҭа иагьа цәгьара сыхьыргьы,
Схаҭа сышҳам са соуп иагауа...
Мамзар бгәы ашҟа неишьа шамамгьы,
Агәра бсыргауеит - ба была сықәуа!..
Абри азы бсықәгәыӷ, о, иагьыбдыруаз:
Ба была сшыҟоу, ба была иҭахо!..
Сыԥсгәышьозаргьы - гәаныла исныруаз,
Сыԥсра аҽыҵга здыруагь бшынхо!..
Ари ажәеинраала амцхә аҽаамыртцәакәа, ухы инаркны ушьапаҟынӡа уеилнашьаауеит, уардысуеит, убри аамҭаз, уагьархәыцуеит.
Николай Хашиг - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.02.2023
Заԥсуара иазгәдууз ашәҟәыҩҩы: Никәала Ҳашыг диижьҭеи 91 шықәса ҵит
Ус шаҟа жәеинраала бзиа иҭынхазеи Борис Гәыргәлиа. Иҟалап, Леонти Лабахәуеи, Алықьса Лашәриеи, Борис Гәыргәлиеи раҟара зыграждантә позициеи зпоезиеи еиԥшны, ирҳәо акны, хҭак еиҭадыршәуа иҟаз апоетцәа маҷзар. Уи сара сгәаанагара ауп, исыцеиҩызшогьы маҷым ҳәа сгәы иаанагоит.
Борис Гәыргәлиа поетк иаҳасабалагьы, уаҩык иаҳасабалагьы, ииҳәаз ҳәан, ииуз уын, иара иԥсҭазааратә мҩа акырӡа ишҭагәаҭасызгьы, илахьынҵа дахькыднаҟьоз шырацәазгьы, аԥсадгьыл ахьаа есымша игәы ҵнаблаауан, аха иԥсҭазаара аҵыхәтәантәи амшқәа рҟынӡа, иԥсадгьыли иареи реимадара, рыбзиабара ҿыцәааӡомызт.
Уара иухьуа - саргьы исыхьуеит,
Саргәырӷьоит угәырӷьара.
Уара умаӡа саргьы исҵәахуеит,
Уаргама сацәыхарам...
Уара узыҳәан сыхгьы шьҭасҵоит,
Аԥсра сацәымшәакәа.
Ужәлар аиашахь иугозар,
Ахәахәа уанымшәакәа.
Апоет игәы аартны ижәлар дрылагылан, рҿахәы поезиалагьы иҭыцҟьаан иҳәон, ҭоурыхлагьы еиҿыршәшәаны идыруан, ҳажәлар ринтересқәа рыхьчараан уи дытрибун дуун, иҿагыларагьы иацәшәон ҳаӷацәа, насгьы, абра иазгәаҭатәуп, иара ақырҭшәа аӡеиԥш ишидыруаз, ианаҭаххоз аамҭазы, дара рбызшәалагьы ирҿаԥиххаауан.
© Foto / предоставил Анатолий Лагулаа

Борис Гәыргәлиеи иԥшәмаԥҳәыс Нелли Чычԥҳаи

Борис Гәыргәлиеи иԥшәмаԥҳәыс Нелли Чычԥҳаи - Sputnik Аҧсны
1/3

Борис Гәыргәлиеи иԥшәмаԥҳәыс Нелли Чычԥҳаи

© Foto / предоставил Анатолий Лагулаа

Борис Гәыргәлиа иҭаацәеи иареи

Борис Гәыргәлиа иҭаацәеи иареи - Sputnik Аҧсны
2/3

Борис Гәыргәлиа иҭаацәеи иареи

© Foto / предоставил Анатолий Лагулаа

Борис Гәыргәлиа

Борис Гәыргәлиа - Sputnik Аҧсны
3/3

Борис Гәыргәлиа

1/3

Борис Гәыргәлиеи иԥшәмаԥҳәыс Нелли Чычԥҳаи

2/3

Борис Гәыргәлиа иҭаацәеи иареи

3/3

Борис Гәыргәлиа

Иахьа иԥсы ҭаны дҳалагылазҭгьы, Борис Гәыргәлиа 89 шықәса ихыҵуан. Машәырла дҭахагәышьеит апоет, иҩныҟа, Кәтолҟа амҩа дшықәыз, амҩа шеихиҵәоз... Ииҳәашаз, ииушаз, ииҩшаз имҩа абжараҿы иаанижьит, аха дзыхьӡаз ҳаԥсуа жәлар рзыҳәан баҟаны иаанхоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0