Sputnik
Аиааира Амш
Сынтәа, лаҵара 9 рзы Аԥсны аҳҭнықалақь аҟны имҩаԥысыз Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны игаз Аиааира 77 шықәса ахыҵра иазкыз аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа аартын Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз Идырым рбаҟа амҵан ашәҭқәа рышьҭаҵарала.
Арахь иааит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа, аԥыза-министр Александр Анқәаб, Апарламент аиҳабы Лаша Ашәба, аминистрцәа, адепутатцәа, Ацҳаражәҳәарҭақәа рхаҭарнакцәа, атәыла ауаажәларра, ашколхәыҷқәа.
Анаҩс мҩаԥган апарад, гәырӷьаратә шьаҿеиқәшәарала амҩа ианысит Аԥсны Атәылахьчара аминистрра аруаа, Аԥсны иҟоу Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра иатәуп 7-тәи арратә базеи Аҳәаахьчаратә маҵзуреи рыруаа.
Гәдоуҭа Наӡаӡатәи амца аиркит араион аҿы зыԥсы ҭаны инхаз аветеран Рубен Керопиан.
Иара убас имҩаԥысит уажәшьҭа итрадициахаз шәҩыла ауааԥсыра злахәыз акциа "Ԥсра зқәым архәҭа" Аҟәа ақалақь, Гагра, Гәдоуҭа, Очамчыра, Тҟәарчал, Гал араионқәа рҟны.
Аҟәатәи Ацәыргақәҵатә зал хадаҿы иаартын "Аиааира Амш! Алаӷырӡ зцу агәырӷьара". Иара аус ауеит лаҵара 20 рҟынӡа.
Багаԥшь ихьӡ зху ашҭаҿы имҩаԥысит аҭыԥантәи ансамбльқәеи артистцәеи злахәыз аконцерт.
Очамчыра Акультура ахан аҿы имҩаԥган аконцерт ахореографиатә коллектив "Ерцахә", ахәыҷтәы коллективқәа, ашәаҳәаҩцәа алархәны. Тҟәарчал имҩаԥгаз амитинг ашьҭахь имҩаԥган аконцерт.
Ахәылԥаз хыркәшан аныҳәатә салиут ала.
Раԥхьатәи ахада иирамш
Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба лаҵара 14 рзы 77 шықәса ихыҵуазаарын.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа, атәыла анапхгара, ауаажәларра ашәҭқәа шьҭарҵеит Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба Алада Ешыра анышә дахьамадоу аҳаҭгәын аҿы.
Гәдоуҭа Владислав Арӡынба игәалашәараз еиҿкаан ацәыргақәҵеи аконцерти.
Апарламент ахь аиҭалхрақәа
Апарламент ахь аиҭалхрақәа мҩаԥысит Гәдоуҭа ақалақь аокруг №18 аҟны лаҵара 14 азы.
Заанаҵтәи АКХ адыррақәа рыла аиааира игеит Леонид Лакербаиа.
Адепутаттә ҭыԥ азы иқәгылоуп ҩыџь акандидатцәа - уаанӡатәи аԥыза-министр Леонид Лакербаиа, уаанӡатәи апрокурор Беслан Ҭаркьыл.
Лаҵара 15 азы АКХ аҟны ашәҟәы дҭаргалеит адепутатрахь акандидат Џьансыхә Адлеиба – Алашарбагатәи алхырҭатә округ №8. Аиҭалхрақәа мҩаԥгахоит лаҵара 28 азы. Адепутатрахь иқәгылоуп хәҩык акандидатцәа.
Афымцамч азҵаарақәа
Лаҵара 12 азы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа аенергетикеи акриптовалиута амаининги рызҵаарақәа рзы аилацәажәара мҩаԥигеит.
Ахада иазгәеиҭеит амаининг ҿагылараз имҩаԥгоу ауснагӡатәқәа шазымхо, ареспубликаҿ афымцамч ахархәара шыҳараку.
Аԥыза-министр Александр Анқәаби ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Алхас Кәыҵниеи рнапы ианҵан акриптовалиута арҳара алзмыршараны иҟоу аусбарҭақәа рнапхгаҩцәа рҭакԥхықәра шьақәдыргыларц, иахәҭоу алеишәатә ӡбарақәа рыдыркыларц.
Ирмарианы аҳәаахысра
Лаҵара 12 азы Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба зхадараҿы дыҟоу аусутә гәыԥ аилатәара мҩаԥыргеит аԥсуа-аурыс ҳәаа ахысра армариара азҵаарақәа ирызкны.
Аиԥылара иалахәын аԥыза-министр Александр Анқәаб, Жәлар Реизара аиҳабы Лаша Ашәба, Аԥсны АШәМ, ААР, Аистициа аминистрра, Адәныҟатәи аусқәа рминистрра рхадацәа.
Аусутә гәыԥ аилатәара алкаақәа инарықәыршәаны апрофильтә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа рнапы ианиҵеит аԥсуа-аурыс ҳәаа ахысра армариара азҵаараз ажәадгалақәа аздырхиарц.
Аныҟәараз ахәԥсақәа
Аҟәа иалаҵәеит ажәабжь – ауаажәларратә транспорт аҟны ахәқәа шьҭырхуеит ҳәа.
Аҟәатәи автотранспорттә наплакы (АТН) аиҳабы Леонид Шәлымба арадио Sputnik аефир аҟны иҳәеит макьаназы ауаажәларратә транспорт аҟны ахәқәа шышьҭырымхыц.
Аекономика аминистрраҿы Sputnik иазеиҭарҳәеит ахәқәа рышьҭыхразы АТН аҟынтә ашәҟәы шырмоуц.
Шәлымба иажәақәа рыла, официалла ахәқәа шьҭыхым, аха ишазԥхьагәаҭоу ала – атроллеибус 10 мааҭк иаԥсахоит, автобус – 20 мааҭ, амаршруттә такси – 30 мааҭ ирыԥсахоит.
Апоет игәаларшәара
Аҟәа Аԥсны жәлар рпоет Баграт Шьынқәба диижьҭеи 105 шықәса аҵра инамаданы ибаҟа аҿаԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит иахьа, лаҵара 12 рзы.
Абаҟа амҵан ашәҭқәа шьҭарҵеит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа, Аԥсны аиҳабыра, ашәҟәыҩҩцәа, атәыла аинтеллигенциа, ауаажәларра, апоет игәакьацәа, аҟәатәи ашколқәа рҵаҩцәа.
Анаҩс, абаҟа аԥхьа аԥсуа поетцәеи ашколхәыҷқәеи Баграт Шьынқәба иажәеинраалақәа ирыԥхьеит.
Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҿы ари ахҭыс инамаданы имҩаԥган Б.Шьынқәба изку Актәи Жәларбжьаратәи аԥхьарақәа.
Апоет, апрозаик, ауаажәларратә усзуҩ, Д.И.Гәлиа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа занашьоу Ҟабарда-Балкариеи Адыга тәылеи жәлар рышәҟәыҩҩы, "Ахьӡ-Аԥша" аорден актәи аҩаӡара акавалер, Аҧснытәи Аҭҵаарадырратә Академиа академик Баграт Уасил-иԥа Шьынқәба иԥсҭазаара далҵит 2004 шықәса рзы.
Аҵыҵындра иаамҭам
Ииасыз ашықәс азы Аԥсны еизыргеит ҩ-нызқь тонна инареиҳаны аҵыҵындра, урҭ рҟынтәи 400 тонна Урыстәылаҟа идәықәҵан.
Сынтәа аҵыҵындра аҽаҩра амаҷра иахҟьаны еиҵахоит Урыстәылаҟа ирышьҭуагьы ҳәа азгәаҭоуп Ахәаахәҭра-ааглыхратә палатаҿ иҟарҵаз анализ аҿы.
Апалата аҟазауаа рҭааит Гәылрыԥшьи Очамчыреи рраионқәа рҿы иҟоу 29 нхамҩа – аҵыҵындра ахьаадрыхуа. Аҭыԥ аҿы игәарҭеит ари аус атехнологиақәа ирыцу ауадаҩрақәа.
Афермерцәа ражәақәа рыла, аҽаҩра алаҟәра анырра арҭеит арҵәыгақәеи арԥхагатә конструкциақәеи рыхәԥсақәа рышьҭыҵреи аҳауатә ҭагылазаашьақәеи.
Абаҟақәа иакәым ала рызныҟәара
Идырым џьоукы аҟәатәи апантеон аҿы абаҟақәа иакәым ала ирызныҟәеит.
Арбгаҩцәа аԥхасҭа рырҭеит еицырдыруа аԥсуа ҳәынҭқарратә усзуҩцәа Аслан Оҭырба, иԥшәмаԥҳәыс Татиана Конџьариаԥҳа, акультура аминистрс иҟаз Ҭемыр Қьецба рбаҟақәа. Абаҟақәа ирымхуп аџьазлыхҩырақәа, иқәыргеит аҳәынҭқарратә усзуҩ Григори Ԥлиа ибиуст, ари апантеон аҿы раԥхьа анышә иамардаз.
Аныхачаԥақәа рцәыргақәҵа
Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаҿы Аиааира агара иазку аиашахаҵаратә уахәама аныхачаԥақәа рцәыргақәҵа "Иԥшьоу аибашьцәа" аатит Камантәи аберҭыԥ аҿы лаҵара 11 рзы.
Ацәыргақәҵахь инагоуп 50 рҟынӡа усумҭа, ажәытә аурыс ажәытә бырзен ныхаҩыра аԥҟарақәа зныԥшуа. Ацәыргақәҵа аекспонатқәа аздырхиеит Тамбовтәи асахьаҭыхыҩцәа-аныхачаԥаҩҩцәа реидгыла "Къ Свету".
Аныхачаԥақәа аҭәа иалху аӷәаҿы иҩуп, ахархәара рыҭоуп иԥсабаратәу аматериалқәа: левкасн, ахьыҵаӷаԥс, акәтаӷь агәы ала иҩу аминералтә пигментқәа, ацәеи алаки. Иара убас ирацәоуп адоуҳатә тематика иадҳәалоу асахьақәа.
Афырхацәа рзы абаҟа
Лаҵара 11 рзы Ҟрым иаадыртит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан адгьылбжьаха ахақәиҭтәра зхы ақәызҵаз аԥснытәи асолдаҭцәа рбаҟа.
Аныҳәа ҟазшьа змаз аусмҩаԥгатә иалахәын Аԥснытәи аделегациа: Акультура аминистр Даур Ақаҩба, Атәылахьчара аминистрра ахаҭарнакцәа Олег Аршбеи Илиа Гамсаниеи, Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Одиссеи Бигәаа.
Амонумент Ҟрымтәи амемориалтә комплекс иахәҭакуп, агранит иалхуп. Ақьашана авторцәас иамоуп аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа Руслан Габлиеи Амиран Адлеибеи.
Аспорттә еихьӡарақәа
Ииасыз амчыбжь азы аԥқьаҭасразы аицлабра, Роберт Дилениан игәалашәара иазкыз ахацәа рыбжьара анапылампыл азы атурнир, ашьапылампыл азы аицлабрақәа мҩаԥысит.
СССР-и Аԥсни зҽаԥсазтәыз разыҟаҵаҩ, абаҩрҵәыреи аспорти зҽаԥсазтәыз русзуҩ, "Ахьӡ-Аԥша" аорден III аҩаӡара занашьоу азыҟаҵаҩ Роберт Дилениан игәалашәара иазкыз ахацәа рыбжьара ашьапылампыл азы атурнир мҩаԥысуан Аҟәа лаҵара 13-15 рзы Ареспубликатә спортшкол аҿы.
Атурнир аҿы аиааира ргеит Нхыҵ Уаԥстәыла акоманда.
Астолтә ԥқьаҭасразы ачемпионат актәи атур мҩаԥысит лаҵара 14-15 рзы Аҟәа.
Акомандақәа ҩба-ҩба тур мҩаԥыргеит. Аӡбаҩ хада - Руслан Сариан.
Ачемпионат иалахәын 60-ҩык аспортсменцәа, 9 командак: "Аҟәа", "ААУ", "Аҳабла ҿыц (Аҟәа)", "Гагра", "Гал", "Ткуарчал", "Очамчыра", "Гәылрыԥшь", "РДЮСШ-игр".
Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҿы игаз Аиааира 77 шықәса ахыҵра аҳаҭыр азы аҟәатәи астадион "Динамо" аҿы имҩаԥысит Мрагылареи Мраҭашәареи рыфронтқәа рветеранцәа ашьапылампыл азы аиҩызартә еиԥылара.
Аиҩызаратә хәмарра хыркәшахеит 5:2 ҳәа Мраҭашәаратәи афронт аветеранцәа риааирала.
Лаҵара 10 азы Гагра ихацыркын Аԥсны ашьапылампыл азы ачемпионат аҩбатәи аикәшара.
"Гагреи" "Ерцахәи" реицыхәмарраан гаграа 2:0 ҳәа иаиааит. Лаҵара 11 азы Гәдоуҭа "Риҵа" иаднакылеит галтәи "Самырзаҟан". 6:0 ҳәа иаиааит гәдоуҭатәи акоманда. Лаҵара 12 азы Афон ҿыц еицыхәмаруан "Афони" "Нарҭи". "Афон" 4:2 ҳәа аиааира агеит. "Саӡи" "Динамои" реицлабраҿ аҩбатәиқәа аиааира ргеит 2:1 ҳәа.
Ихҭыс бзиахеит Аԥснытәи аԥқьаҭасыҩ Асҭамыр Кациа Адлертәи аԥқьаҭасратә академиа иалахәхара. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы иара иқәра иаҵанакуаз атурнирқәа зегьы дрылахәын. Уажәы иара Аладатәи Афедералтә округ аицлабрақәа дрылахәхоит –Адлер, лаҵара 16 - 22.
ЦСКА-и "Локомотив"-и рыбжьара асезон афиналтә хәмарра мҩаԥысит лаҵара 13 рзы Москва. Ахәмарра хыркәшан 1:1 ҳәа, аха уи ЦСКА иазхон аҿартә турнир зегь аҿы аиааира ргарц азыҳәаны.
Аԥснытәи аспортсмен Заур Ҭарба ЦСКА акоманда далахәны ҩынтә Урыстәыла ашьапылампыл азы аҿар рыбжьара ачемпионат дачемпионхеит.
Москватәи акоманда ахәмарра алҵшәақәа рыла 63 очко ргеит, анаҩс инеиуеит "Ростов" (59 очко), ахԥатәи аҭыԥ - "Локомотив" (53 очко).
Апрофессионалтә шьапылампылтә клуб ЦСКА инеиқәырццакны ҩынтәуп, аҭоурых аҿы хынтәуп чемпионс иҟалоижьҭеи. Дара асезонқәа 2018/19, иара убас 2020/21 рҿы аиааира ргахьан. Акоманда азыҟаҵаҩс дыҟоуп уаанӡа уи иалаз Ролан Гусев.
Краснодартәи атәылаҿацә аҿы таитәи абокс азы Ахраҿа агаразы аицлабрақәа мҩаԥысуан лаҵара 11-14 рзы Ҟәбина аҳҭнықалақь аҿы.
Аԥсуа таибоксиорцәа қәҿиарала иқәгылеит Краснодартәи атәылаҿацә Ахраҿазы, урҭ амедалқәа рыхкқәа зегьы ириааит. Иранашьан ахьтәы медалқәа ҩба, араӡны медалқәа хәба, аџьазтә медалқәа быжьба.
Иара уи адагьы атурнир иреиӷьӡоу аиқәԥаҩыс ихьӡ рҳәеит Сероб Геворгиан. Аицлабрақәа ирылахәын 300-ҩык аспортсменцәа.