Џьапуа: иуникалтәу аинститутқәа шҳамоу еиԥш, иуникалтәу аҵарауаагьы ҳамоуп

© Sputnik / Илона ХварцкияАҧсны Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа ахада Зураб Џьапуа.
Аҧсны Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа ахада Зураб Џьапуа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жьҭаара 16, 2006 шықәса рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Жәлар Реизара иаднакылеит Азакәан, ишьақәзырҕәҕәоз – Аҧсны анаука амш аҧҵара. Уи ашықәс инаркны, жьҭаарамза 30 аҽны иазгәарҭоит Апсны аҭҵаарадыррақәа рымш.

Иахьа ҳтәылаҿы аизҳара иаҿу аҭҵаарадырра ахырхарҭақәа зегьы рҭагылазаашьа аилкаараз, аҿар аҭҵаарахьы шаҟа иазҿлымҳау алацәажәараз Sputnik акорреспондент Рада Ажьиԥҳа диҿцәажәеит Аҧсны Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа ахада Зураб Џьапуа.

—  Зураб Џьота–иԥа, Аҧсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аиреи ашьақәгылашьеи аҭоурых шәазааҭгыларц сҭахын. Иахьынӡаздыруа академиа еиҿкаан Аԥсны аџьынџьтәылатәи еибашьра ашықәсқәа рышьҭахь.

— Аҧсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аиҿкаара азҵаара акыр шықәса раԥхьа ирҳәахьан, еиуеиԥшым ацәажәарақәеи агәаанагарақәеи ыҟан, аха аԥсуа академиа еиҿкаахеит аибашьра ашьҭахь. Аибашьра анеилга ашьҭахь ԥхынҷкәын 12 рзы, усҟан Аԥсны аԥхьагыла Владислав Арӡынба аусԥҟа ҭижьит Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аԥҵаразы.

Сҭампыл иҟоу Галатасараитәи ауниверситет арҵаҩы Ильбер Ортаилы - Sputnik Аҧсны
Ильбер Ортаилы: сара аԥсуаа иреиуоу аҩызцәа бзиақәа сымоуп

Иахьатәи ҳаамҭазы ҳакадемиа иаҵанакуеит аинститутқәа жәба. Уаанӡа иҳаман аа-институтк. Зынӡа иҿыцны иаԥаҳҵеит аекономикеи-азини ринститут, иара убас иҿыцу аинститутқәа ирхыԥхьаӡалоуп аекологиа аинститут, уи 2012 шықәса рзы иаԥҵахеит. Абарҭ аинститутқәа, иаҳҳәап: апотологиеи атерапиеи ринститут НИИЭПиТ ҳәа ҳзышьҭоу, нас аботаника аинститут, афизика-атехникатә институтқәа уҳәа еиуеиԥшым аамҭақәа рзы Асовет Еидгыла ахылаԥшырҭақәа ирыҵаркуан.

Аԥсуа аҭҵааратә институт ҳәа иԥхьаӡоу Карҭтәылатәи академиа иаҵанакуан. Аибашьра ашьҭахь ҳҳәынҭқарра хазы ианыҟала, арҭ ҳаинститутқәа зегьы, ус ҳҳәар ауазар, хыда инхеит, изҵазкуа ыҟамкәа. Асовет Еидгыла хыбгалеит, аибашьра ашьҭахь Владислав Арӡынба раԥхьаӡа иргыланы дҵарауаҩ дуун, академиа шаԥҵатәыз дырны, абарҭ аинститтуқәа зегьы еидызкалаша акәны иҟалеит Аҧсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа.

Усҟантәи аамҭазы 1993 шықәса рзы ауп Владислав Арӡынба аусԥҟа анҭижьыз, аха усҟантәи аамҭазы аҭагылазаашьа ахьыуадаҩыз иахҟьаны аамҭа ԥыҭк цеит, аха жьҭаарамза 30 аҽны 1997 шықәсазы Аҧсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа еиҿкаахеит. Абри амш Аҧсны Аҭҵаарадыррақәа ирымшны иԥхьаӡоуп. 

—  Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иаҵанкуа аинститутқәа аҭҵаарадырратәи аҭҵаарадырра-еиҿкааратәи аусура аҳасабырба зеиԥшроузеи?

— Аинститутқәа ҳара иҳамоу зегьы – иуникалтәу институқәоуп. Ас еиԥш аинститутқәа даҽа ҳәынҭқарракаҿы иҟаӡам. Иҟазаргьы даҽа ҳәынҭқарраҿы рыҩнуҵҟатәи азҵаарақәа роуп зымаҵ руа дара. Ҳара ҳҳәынҭқарра азыҳәан иуникалтәқәоуп ҳаинститутқәа, избанзар аҭҵарадырра ашьаҭа змам аҳәынҭкара анҵыра амаӡам, изҿиаӡоум.

Аҳәынҭқарраҿы шьаҭас иҟазар ауп раԥхьаӡа иргыланы ахшыҩ, аҭҵаара. Аҵарауаа ус еиуеиԥшым аусумҭақәа аԥырҵо мацара акәӡам, аҵарауаа адыррақәа аԥырҵоит. Сара убас избоит ҳара иуникалтәу аинститутқәа шҳамоу еиԥш, иуникалтәу аҵарауаагьы ҳамоуп. Шәазахәыц, абри СССР аамҭазы аҵара зҵаз, уи анаҩс адыррақәа зауз, ажәакала уашьҭалар иузымԥшаауа акадрқәа ҳамоуп иахьа еиуеиԥшым ҳаинститутқәа рҿы. Аԥсуаҭҵааратә институт ихадороу аинститутқәа ируакуп, уи ажәытә институтқәа ирхыԥхьаӡалоуп, иара иахыҵит 80 шықәса.

Аботаникатә институт акәзар уи зегьы иреиҳабуп сынтәа иахыҵит 175 шықәса. НИИЭПиТ акәзар аҵакы рацәа змоу институтуп. Аҟәатәи афизико-техникатә институт адунеи аҟны ирдыруа институтуп. Уаҟа иҟарҵоз, иҟарҵо аусура атәы амаӡақәа уҳәар ҟалом, аха аҭагылазаашьа шыуадаҩугьы аус ауеит.

Абарҭ зегьы аинститутқәа апреспектива ду змоу институтқәоуп. Ааигәа Аладатәи анаукатә центри аԥсуа академиеи еицымҩаԥаагеит анаукатә конференциа, аекосистемеи амшыни рыҭҵаара иазкны, уи ҿырԥштәыс иаазгоит избанзар ас еиԥш иҟоу аконференциақәа иунарбоит ҳҵарауаа шаҟа рдыррақәа ҳараку, рыҭҵаарақәа шыҵаулоу. Ажәакала, ҳҳәынҭқарра зыда ԥсыхәа амам аинституқәа роуп. 

— Академиа афинанстә лшарақәа зеиԥшроузеи? Аҧсуа ҭҵаарадырра аҿиара аиуратәы?

— Сара избоит ҳҳәынҭқаара анапхгара ишырныруа академиа иамоу ауадаҩрақәа, ацхыраара шыҟаҵатәу. Аԥсны анапхгареи Аҧсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиеи аилыибакаара ҳамоуп, уи угәы иаамыхәарц залшом. Даҽа зҵаароуп афинанстә лшарақәа рыԥшаашьа амҩақәа.

Аҭоурыхҭҵааҩ Гьаргь Амҷба игәалашәаратә хәылԥазы ААУ имҩаԥысит - Sputnik Аҧсны
Аҭоурыхҭҵааҩ Гьаргь Амҷба игәалашәаратә хәылԥазы ААУ имҩаԥысит

Сара аҩбатәи академиа апрезидент соуп, аԥхьатәи анапхгаҩы Шоҭа Арсҭаа иоума, уи ивагылаз Шоҭа Салаҟаиа иоума, зыдунеи зыԥсаххьоу Гиви Аиба иоума иҟарҵаз даараӡа ирацәоуп. Убри аҟнытә ҳара аҭакԥхықәра ду ҳамоуп, уи аҟнытә иҿыцу аԥҟаԥҵәа ҳадаҳкылеит.

Иахьатәи аԥсҭазаашьа иақәшәаша. Изхысҳәаауа, арҿыцрақәа маҷымқәа иҟаҳҵахьеит. Аилкаара ыҟоуп аҳәынҭқарра аиҳабыра рыҟнытә. Ҳара ҳазҿыз абри асистема аҳәынҭкарреи Аҧсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиеи апрогматикатә еизыҟазаашьақәа рыманы аҟаҵара ауп, алҵшәақәагьы ыҟоуп.

Насгьы Аҧсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Аԥсны имҩаԥысуа аҭҵаара шьаҭас измоу аусқәа зегьы експерт ҳасабала ирымазар ауп. Аус еицаҳуеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратәи ауниверситети ҳареи. Уаантәи акадрқәа рааӡара, ргара. Ажәакала, абас еиԥш аусқәа мҩаԥысуеит, ҳаԥхьаҟа еиӷьхап ҳәа агәыӷра ааҳарԥшуеит. 

—  Аҧсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа егьырҭ аҳәынҭқаррақәа ракадемиақәеи шәареи аусра шәыбжьоума?

— Ихадароу мҩаны иҳамоуп егьырҭ аҳәынҭкаррақәа  Аҭҵаарадыррақәа ракадемиақәеи ҳареи аусеицура, аиқәшаҳаҭрақәа ҳабжьаҵара. Ари азҵаара аганахьала ҵыԥхи сынтәеи иҟаҳҵахьо ртәы еиҿҳарԥшуазар иааҵо аусқәа рацәоуп. Иаҳҳәхап: аиқәшаҳаҭра ҳабжьаҳҵеит Ростовтәи Ладатәи аҭҵаарадырратә центри ҳареи, Ҭаҭарсҭан ареспублика Аҭҵаарадыррақәа ракадемиеи ҳареи.

Ҳҵарауаа ахатәрақәа рыбзоурала 2005 шықәсазы Урыстәыла аҳәынҭқарра ҳхьыԥшымра азханаҵаанӡа, аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵахьан Урыстәылатәи Аҭҵаарадыррақәа ракадемиеи ҳара ҳакадемиеи рыбжьара. Аиқәшаҳаҭрақәа ахьҳабжьоу ҳусеицура арӷәӷәара ҳаҿуп. Иааиуа амзазы Урыстәылатәи академиа аиҳаби сареи аиқәшәара ҳаураны ҳаҟоуп, даара иаҳҭаху азҵаарақәа шьҭаҳхран ҳаҟоуп. 

—  Иааидкыланы аҭҵаарадырра, амилаҭтә наука аҭагылазаашьа зеиԥшроузеи Аԥсны?

Зураб Џьапуа: аҵарауаа ҿарацәа ацхыраара раҳҭалоит

— Иаадкыланы иуҳәозар абри аҭоурых ҳалаԥшуазар, Аԥсны ихацаркыз аҭҵаарадырратә проектқәа, аусурақәа иҟаҵо даараӡа ирацәоуп.  Апсуа аҭҵааратә институт иҟанаҵо ҟазҵо адунеи аҿы даҽа институтк ыҟаӡам. Уи абызшәеи, аҭоурыхи рыҭҵаараҿы.  

Археологиатә усурақәа урыхәаԥшуазар Аԥсны археологиатә ҭҵаарақәа ирҳәынҭқарроуп уҳәаратәы иҟоуп. Иара убас аекологиа аганахьала иуникалтәу ҭыԥуп аҭҵааразы, амшыни ашьхақәеи реизааигәареи, ҳӡиасқәеи рганахьала, убри аҟнытә аекологиа аинститут даараӡа апреспектива ду змоу ҳәа ҳахәаԥшуеит.

Аҭоурых дуӡӡа змоу НИИЭПиТ  аума, афизикатә-техникатә институт аума, аботаникатәи, ақыҭанхамҩатәи ринститутқәа иахьа иҟарҵо аусқәа рацәоуп. Аибашьра ашьҭахь еиҿкаақәаз аинститутқәа аамҭа цәгьақәа иргәылсны иааит, иахьа ирымоу алшарақәа рыла иҟарҵо уамашәа иубартәы иҟоуп, ҳҵарауаа дуқәа аус руеит иахьанӡагьы. Ҳинститутқәа рыҟны аус зуа ҳҵарауаа убарҭ рыхьчара аҭахуп, аиҵбацәеи аиҳабацәеи рдыррақәа аимдара аҭахуп. Зегь реиҳа иҵарны иқәгылоу акадрқәа рызҵаара.

Иаахҵәаны иуҳәар ауеит аҿарацәа аҭцаарадыррахь игәырӷьаҵәа ицаӡом ҳәа. Уи зыхҟьо аусустә рацәоуп, арахь аулафахәы ахьмаҷу ауп. Аҳәынҭкарреи ҳареи абри азҵаара аганахьала аилыибакаара ҳаур ари аҭагылазаашьа ҳаиааиуеит. Иахьазы ҳаспирантцәа х-нызқь мааҭ аԥара роуеит. Иҳаԥсахроуп абри аҭагылазаашьа. 

Ажәабжьқәа зегьы
0