Аԥсны иазгәаҭаз еиуеиԥшым аиубилеитә рыцхәқәа

© Sputnik / Томас ТхайцукВоенный парад, посвященный 25-летию Дня Победы и Независимости Абхазии, на площади Свободы в Сухуме
Военный парад, посвященный 25-летию Дня Победы и Независимости Абхазии,  на площади Свободы в Сухуме   - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Sputnik Аԥсны еиднакылеит 2018-тәи ашықәс аҟны иазгәаҭаз еиуеиԥшым аиубилеитә рыцхәқәа рсиа.

Аиааиреи Ахьыԥшымреи 25-шықәса рхыҵра

Аиааиреи Ахьыԥшымреи 25-шықәса рхыҵра иазкыз Аиааира апарад иалахәын 1,5-нызқьҩык рҟынӡа аруааи шәкы инареиҳаны арратә техникеи, ахархәара рыҭан авертолетқәа МИ-8, МИ-24, ажәыларатә ҳаирпланқәа Л-39.

Ми-8 аԥсҟы икын аибашьра аветеран, аполковник Нури Герзмаа, авертолет Ми-24 аԥсҟы икын акомандир Антон Велигор. Ахақәиҭра ашҭа иахаԥраауан ажәыларатә авиациа Л-39. Авиациа акомандаҟаҵаҩ — аинрал Адгур Гумба.

Аџьынџьтәылатә еибашьраҿ иҭахеит 3,5 нызқьҩык инареиҳаны, хә-нызқьҩык рҟынӡа ахәрақәа роуит. Ҩышәҩык хабарда ибжьаӡит.

Аиааиреи Ахьыԥшымреи 25-шықәса анырхыҵуа амш аҽны ареспубликаҿы имҩаԥысуан еиуеиԥшым агәалашәаратә уснагӡатәқәа.

© Sputnik / Томас ТхайцукАиааиреи Ахьыԥшымреи 25-шықәса рхыҵра
Аԥсны иазгәаҭаз еиуеиԥшым аиубилеитә рыцхәқәа - Sputnik Аҧсны
Аиааиреи Ахьыԥшымреи 25-шықәса рхыҵра

Урыстәыла Аԥсны ахьыԥшымра азханаҵеижьҭеи 10 шықәса 

Нанҳәа ҩеижәи фба рзы жәашықәса ҵит Урыстәыла Аԥсны ахьыԥшымра азханаҵеижьҭеи. Нанҳәа 26 2008 шықәса рзы Урыстәыла Ахада Дмитри Медведев ирылеиҳәеит Урыстәылатәи Афедерациа Аԥсны Аҳәынҭқарреи Аахыҵ Уаԥстәыла ареспубликеи рхьыԥшымра шазханаҵаз азы.

© Sputnik / Глеб Котов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраФестиваль Дружбы народов
Аԥсны иазгәаҭаз еиуеиԥшым аиубилеитә рыцхәқәа - Sputnik Аҧсны
Фестиваль Дружбы народов

Аԥсуа телехәаԥшра - 40 шықәса

Аԥсуа бызшәала раԥхьатәи ажәабжьқәа аефир ахь иҭыжьын абҵара 6, 1978 шықәса рзы. Абри амш ателерадиоеилахәыра аншьаҭаркыз амш ҳәа иԥхьаӡоуп. Ҩынҩажәа шықәса рыҩныҵҟа шәара шәызнысыз амҩа – ихьыҧшым Аҧсны аҳәынҭқарра аполитикатә ҭоурых ҿыц иахәҭакуп. Аҧсуа телехәаҧшра аира, ашьақәгылара иузаҟәымҭхо иадҳәалоуп ахақәиҭреи, ахьыҧшымреи рзы ҳажәлари ҳинтеллигенциеи рықәҧара. 1977 шықәсазы Москваҟа идәықәҵаз еицырдыруа ашәҟәы иаанартит адаҟьа ҿыц ҳреспублика аҿиарамҩаҿы. 40 шықәса раԥхьа, 1978 шықәса, абҵара 6 рзы аԥсуа телехәаԥшра адикторцәа Леонид Хышбеи Кама Џьапуаԥҳаи аԥсуа бызшәала ажәабжьқәа аефир ахь ицәырыргеит. Абри амш аԥсуа телехәаԥшра ашьаҭаркра иамшны иҟалеит.

© Фото : Пресс-служба Президента РААԥсуа телехәаԥшра - 40 шықәса
Аԥсны иазгәаҭаз еиуеиԥшым аиубилеитә рыцхәқәа - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа телехәаԥшра - 40 шықәса

Апоет – сатирик Кьыршьал Чачхалиа 100 шықәса ихыҵра

Аԥсуа литератураҿы зхатә стили зажәа мцабзи рыла инарылукаауаз апоет – сатирик Кьыршьал Чачхалиа 100 шықәса ихыҵра азгәарҭеит Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҿы. Алитератураҭҵааҩ, акритик Владимир Аҵнариа "аччара арыцарь" ҳәа дзышьҭаз Кьыршьал Шамил-иԥа Чачхалиа иԥсҭазаара далҵит рашәарамза 4, 1970 шықәсазы 52 шықәса дшырҭагылаз.

© Sputnik Бадрак АвидзбаАпоет – сатирик Кьыршьал Чачхалиа 100 шықәса ихыҵра
Аԥсны иазгәаҭаз еиуеиԥшым аиубилеитә рыцхәқәа - Sputnik Аҧсны
Апоет – сатирик Кьыршьал Чачхалиа 100 шықәса ихыҵра

Шоҭа Салаҟаиа диижьҭеи 85 шықәса

Аԥсуа фольклорҭҵааҩы, аепосҭҵааҩы Шоҭа Хьыҷ-иԥа Салаҟаиа диижьҭеи 85 шықәса аҵреи, иҭҵаарадырратә-рҿиаратәи, ирҵаҩратәи усура 65 шықәса ахыҵреи ирызкыз аҭҵаарадырра-практикатә конференциа. Афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, ААР-и АМАН-и ракадемик, ААУ апрофессор Шоҭа Салаҟаиа ииубилеитә хәылԥазы ааиртит Аԥсуаҭҵааратә институт адиректор, афольклорист Арда Ашәба. Иара далацәажәеит Шоҭа Хьыҷ-иԥа Кавказҭҵааҩык иаҳасабала иҭҵаарадырратә усура.

© Sputnik / Томас ТхайцукШоҭа Салаҟаиа диижьҭеи 85 шықәса
Аԥсны иазгәаҭаз еиуеиԥшым аиубилеитә рыцхәқәа - Sputnik Аҧсны
Шоҭа Салаҟаиа диижьҭеи 85 шықәса

Софа Агумаа диижьҭеи 80 шықәса

Аԥсны Жәлар рартист Софа Хынтрыгә-иԥҳа Агәмааԥҳа диит Гәдоуҭа араион Дәрыԥшь ақыҭан. 1956 шықәса рзы лара дҭалоит Шоҭа Русҭавели ихьӡ зху Қарҭтәи атеатралтә институт. Уи даналга ашьҭахь, 1960 шықәса рзы Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә драматә театр атруппахь дрыдыркылоит. Иара убри ашықәсан Аҟәатәи амузыкатә ҵараиурҭа ахортә дирижиорра афакультет дҭалеит. Софа Агәмааԥҳа лактиортә ҟазара анаҩсгьы, асахьаркыратә ажәа дазҟазоуп. Еснагь иҿыцу аартрақәа дрышьҭоуп, ааԥсарак ҟамҵакәа арҿиара амҩа дануп. Софа Агәмааԥҳа 70 рҟынӡа роль налыгӡахьеит. Урҭ иреиуоуп: Емилиа (Уилиам Шекспир "Отелло"), Регана ("Король Лир"), Наталиа (Антон Чехов "Предложение"), аҭаца (Федерико Гарсиа Лорка "Кровавая свадьба") уҳәа убас ирацәаны.

© Foto / из личного архива Софы АгумааСофа Агумаа диижьҭеи 80 шықәса
Аԥсны иазгәаҭаз еиуеиԥшым аиубилеитә рыцхәқәа - Sputnik Аҧсны
Софа Агумаа диижьҭеи 80 шықәса

Мушьни Лашәриа диижьҭеи 80 шықәса

Аԥсны Жәлар рпоет, аиҭагаҩ, алитератураҭҵааҩы, акритик, академик Мушьни Лашәриа 80-шықәса ихыҵит ажьырныҳәа 16 рзы. Апоет иира амш аҽны Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба "Ахьӡ-аԥша" аорден I аҩаӡара ианеишьеит. Ԥхынҷкәын 11-12 рзы Аԥсны Жәлар рпоет Мушьни Лашәриа ииубилеи иазку агәырӷьаратә еиԥыларақәа мҩаԥысуеит ҳтәылаҟны. Аԥсуаҭҵааратә институт аҟны аҩаша жәларбжьаратәи аконференциа еиҿкаахоит. Ԥхынҷкәын 12 рзы Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи аҟны иаатуеит ацәыргақәҵа "Ашәҟәыҩҩы идунеи" захьӡу. Уи аинтерес зҵоу цәыргақәҵахоит, еиднакылоит ашәҟәыҩҩы ирҽиамҭақәа, афотоархив, Мушьни Лашәриа иҩымҭақәа ирылхны аграфикатә сериа ҟазҵаз Баҭал Џьапуа иусумҭақәа ҟалоит, иара убасгьы апоет иажәеинраалоу ироман "Аџьынџь" аӡыргара мҩаԥысуеит. Аԥсышәала ароман 2008 шықәсазы иҭыҵит, сынтәа иҭыжьын аурыс еиҭага. Асааҭ 16 рзы Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҟны ахәылԥаз мҩаԥгахоит. Уи ҩ-хәҭакны еихшазаауеит, аофициалтә қәгыларақәа рнаҩс иҟалоит асахьаркыратә хәҭа.

© Sputnik / Бадрак АвидзбаМушьни Лашәриа диижьҭеи 80 шықәса
Аԥсны иазгәаҭаз еиуеиԥшым аиубилеитә рыцхәқәа - Sputnik Аҧсны
Мушьни Лашәриа диижьҭеи 80 шықәса

Рауль Ҳаџьымба диижьҭеи 60 шықәса

Рауль Ҳаџьымба диит хәажәкыра 21 1958 шықәса рзы, Тҟәарчал. Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет аҭоурых-зиндырратә факультет доушьҭымҭоуп. Аус иуан еиуеиԥшым аҳәынҭқарратә маҵзурақәа рҟны. Рауль Ҳаџьымба Аԥсны Ахадас далхуп 2014 шықәса рзы.

© Sputnik / Томас Тхайцук  / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРауль Ҳаџьымба
Аԥсны иазгәаҭаз еиуеиԥшым аиубилеитә рыцхәқәа - Sputnik Аҧсны
Рауль Ҳаџьымба

Владимир Анқәаб диижьҭеи 90 шықәса

Жәабран 23 аҽны ашәҟәыҩҩы, апоет, иналукааша аԥсуа патриот Владимир Анқәаб 90 шықәса ихыҵуазаарын. Зыԥсҭазаареи зырҿиареи зегьы зыжәлар рлахьынҵа иадҳәалаз Владимир Анқәаб акьыԥхь аҿы дцәырҵуеит 1954 шықәсазы. Апоезиатә еизгақәа иҭижьыз иреиуоуп: "Сышьха ӡиас" (1958), "Бзыԥ аԥшаҳәа" (1960), "Сышьха хыҵырҭа" (1971), "Асхыс" (1975), "Иалкаау" (1987), иажәеинраалоу ароманқәа "Абрыскьыл", (1960) "Ааԥыни анаҟәи" (1980). Владимир Анқәаб афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат ҳәа ахьӡ ихьчеит аԥсуа поема азҵаарақәа рыла.

© Sputnik / Томас ТхайцукВладимир Анқәаб диижьҭеи 90 шықәса
Аԥсны иазгәаҭаз еиуеиԥшым аиубилеитә рыцхәқәа - Sputnik Аҧсны
Владимир Анқәаб диижьҭеи 90 шықәса

Уасил Царгәыш диижьҭеи 80 шықәса

Аԥсны Жәлар рартист, Дырмит Гәлиа ипремиа алауреиат, Жәлар рыкәашаратәи рашәаҳәаратәи аҳәынҭқарратә ансамбль анаԥхгаҩы, "Ахьӡ- аԥша" аорден аҩбатәи аҩаӡара занашьоу Уасил Царгәыш жәабран 1 аҿны иихыҵит 80 шықәса.

© Фото : presidentofabkhaziaУасил Царгәыш диижьҭеи 80 шықәса
Аԥсны иазгәаҭаз еиуеиԥшым аиубилеитә рыцхәқәа - Sputnik Аҧсны
Уасил Царгәыш диижьҭеи 80 шықәса

Нестор Лакоба диижьҭеи 125 шықәса

Иналукааша аҳәынҭқарратә усзуҩ Нестор Аполлон-иԥа Лакоба диит лаҵарамза 1, 1893 шықәса рзы, аԥсуа нхаҩы иҭаацәараҿы, Гәдоуҭа араион, Лыхны ақыҭан. 1905 шықәса рзы ашкол даналга ашьҭахь Нестор Лакоба дҭалоит Тифлистәи адоуҳатә ҵараиурҭа. Иара уаҟоуп ахы ахьакуа ибольшевиктә дунеихәаԥшра. Кавказтәи атәылаҿацәтә РКП(б) акомитет маӡалатәи адҵала, 1919 шықәса рзы Очымчыратәи аучасток амилициа рхадас аусура далагоит. Жәабран 17 1922 рзы Лакоба далырхуеит Аԥсны Жәлар Ркомиссарцәа Рхеилак ахантәаҩыс. Иара убри аамҭазы ареспублика Аекономикатә хеилак дахылаԥшуан. 1930-1936шш. рзы Нестор Лакоба Ацентртә анагӡаратә еилакы ахантәаҩыс дыҟан. Нестор Лакоба ианашьан Аеҵәа Ҟаԥшь аорден асовет мчра аҿаԥхьа илшамҭақәа рзы. 1936 шықәса, ԥхынҷкәынмзазы Қарҭ иԥсҭазаара далҵуеит, Аԥсни аԥсуа жәлари рықәгара иашьҭаз ауаа рнапаҟынтәи. Аамҭақәак рышьҭахь "ажәлар раӷа" ҳәа ихьыӡҵан.

© Foto / kiarazНестор Лакоба диижьҭеи 125 шықәса
Аԥсны иазгәаҭаз еиуеиԥшым аиубилеитә рыцхәқәа - Sputnik Аҧсны
Нестор Лакоба диижьҭеи 125 шықәса

Гьаргь Гәлиа диижьҭеи 105 шықәса

Хәажәкыра 14 аҽны 105 шықәса ҵит диижьҭеи Аԥсны зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩ, ашәҟәыҩҩы Гьаргь Гәлиа. 1930 шықәсазы раԥхьаӡа акьыԥхь абеит Гьаргь Гәлиа иповест "На скате". Ажәабжь кьаҿқәеи, ахәыҷқәеи ирызку аповестқәеи еидкыланы шәҟәны "У костра" ахьӡны иҭыҵит 1937 шықәсазы. Гьаргь Гәлиа иповест "Весна в Сакене" азы 1947 шықәсазы ианашьан Сталин ихьӡ зху апремиа ахԥатәи аҩаӡара, "аҳаҭыртә дырга" аорденқәа хԥа, Аԥсни Қарҭтәылеи зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩ ҳәа ахьыӡ ҳаракқәа. Иара дравторуп хыԥхьаӡара рацәала ажәабжьқәеи, ароманқәеи, аповестқәеи, аҭоурыхтә жәабжьқәеи, акиносценариқәеи.

© Sputnik / Томас ТхайцукГьаргь Гәлиа диижьҭеи 105 шықәса
Аԥсны иазгәаҭаз еиуеиԥшым аиубилеитә рыцхәқәа - Sputnik Аҧсны
Гьаргь Гәлиа диижьҭеи 105 шықәса

 

Ажәабжьқәа зегьы
0