Sputnik амчыбжь: амаининг азы ахараԥса ҿыцқәа, абаандаҩратә ҿҳәарақәа рыцҵара

© SputnikПарламент Абхазии
Парламент Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.04.2021
Анапаҵаҩра
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны иазнархиеит хәажәкыра 29 инаркны мшаԥы 4 рҟынӡатәи ахҭысқәа реизга.

Ииасыз амчыбжь Аԥсны хҭысла ибеиан. Атәыла Апарламент акриптавалиута арҳаразы амаининг азы ахарадҵара арӷәӷәеит, Аминистрцәа реилазаара ари аусхк анапалакраз азин аҿҳәара инахеит, уаанӡатәи ахада ицхырааҩ Ахра Аҩӡбеи ихьчаҩцәеи рус ахәаԥшра ҳцац ицоит, Ареспубликатә хәышәтәырҭаҿы аҭагылазаашьаз аҿыцрақәа цәыргоуп, Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб Аԥсныҟа дхынҳәит ихәышәтәра ашьҭахь. Абарҭи егьырҭ ажәабыжьқәеи Sputnik аҿы.

Sputnik

Апарламент аӡбра

Аԥсны Жәлар реизара аилатәара мҩаԥысит хәажәкыра 31 рзы. Аилатәарана апарламентарицәа еиуеиԥшым азҵаарақәа ирзааҭгылеит. Арахь иаҵанакуеит акриптавалиута арҳаразы амаининг амҩаԥгара азҵаарагьы. Закәаншьаҭада афымцамч зхы иазырхәо атәылауаа ашьауӷа рықәырҵоит, иалшоит аҭакрахьынӡа инеиргьы.

ЛЭП Яштуха  - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.03.2021
Аԥсны закәаншьаҭада афымцамч ахархәаразы ахара дырӷәӷәеит

Рмаҵзуратә мчра рхы иархәаны абри аумҭа мҩаԥызго ахаҿқәа шықәсык инаркны хышықәсанӡа рықәырҵоит, шықәсык инаркны ҩышықәсанӡа амаҵзуратә ҭыԥ аанкылара азингьы рымамкәа, ма уи ада.

Иаку аоператор инапаҵаҟа иҟоу афымцацәаҳәақәа аҽрыԥшьразы, ахархәара азакәаншьаҭа амамзар, аиурист хаҿқәеи ахаланаплакыҩцәеи адепутатцәа рыӡбрала ахараԥса рықәырҵоит.

Иара убри амш аҽны Аминистрцәа реилазаара асаит аҿы икьыԥхьын акриптавалиута амаининг 2022 шықәса хәажәкыра 31 рҟынӡв азин аҟамзаара аҿҳәара ишнахо.

Аԥсны Апарламент адепутатцәа ахԥатәи аҵыхәтәантәи аԥхьарыла ирыдыркылеит "2021 шықәсазтәи ареспубликатә биуџьет азы" азакәан апроект.

Апроект инақәыршәаны 2021 шықәсазтәи алагалақәа рыла аҳәынҭқарратә биуџьет ишьақәнартәоит 10 миллиардки 463 миллион мааҭ, аныхрақәа рыла – 11 миллиарди 255 миллион мааҭ. Аҳәынҭбиуџьет адефицит иартәоит 791 миллиони 758 нызқьмааҭ.

Банкноты номиналом 2000 рублей. - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.03.2021
Аԥсны Апарламент 2021 шықәсазтәи абиуџьет апроект аднакылеит

Иара убасгьы Апарламент адепутатцәа хәажәкыра 31 рзы "Амаҵзурауааи адепутатцәеи рхашәалақәеи, рныхрақәеи, рмазареи, амазаратә ҟазшьа змоу рхыдҵақәеи ашәҟәы рҭагаларазы" азакәан ариашарақәа рыдыркылеит актәи аԥхьарала.

Аиԥылара алахәылацәа "Амаҵзурауааи адепутатцәеи рхашәалақәеи, рныхрақәеи, рмазареи, амазаратә ҟазшьа змоу рхыдҵақәеи ашәҟәы рҭагаларазы" азакәан ариашарақәеи азакәан амчра аиуреи ирылацәажәеит, ариашарақәа рыдыркылеит.

Ариашарақәа раԥшьгаҩцәа ықәгылеит аҳәынҭмаҵзуразы азакәан адкылара иазымԥшкәа 2021 шықәса мшаԥы 3 инаркны "Амаҵзурауааи адепутатцәеи рхашәалақәеи, рныхрақәеи, рмазареи, амазаратә ҟазшьа змоу рхыдҵақәеи ашәҟәы рҭагаларазы" азакәан амчра аиуроуп ҳәа. Аха ариашарақәа инарықәыршәаны азакәан амчра аиуеит 2021 шықәса лаҵара 1 инаркны. Адепутатцәа еилацәажәонаҵы Апарламент ахыбрахь инеиит азакәан иадгыло ауаа.

Заседание парламента Республики Абхазия  - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.03.2021
Апарламент абиуџьеттә усзуҩцәа руалафахәы аицфинансркразы аиқәшаҳаҭра аратификациа азнауит

Аԥсны политикатә партиақәаки уаажәларратә еиҿкаарақәаки ахашәалақәа рдекларациа ишадгыло рҳәеит мшаԥы 1 азы имҩаԥысыз аиԥылараҿы.

Аԥсны Апарламент аратификациа азнауит агәабзиарахьчара, аҵарадырра, аҭҵаарадырра, акультура, аспорт, асоциалтә маҵура аусхкқәа рҟны аҳәынҭқарратә усбарҭақәа русзуҩцәа руалафахәқәа Урыстәыла ахьӡала рыцҵаразы Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара аиқәшаҳаҭра.

Аԥкаанҵа иазԥхьагәанаҭоит Урыстәылатәи Афедерациантәи иаанашьҭуа аԥара 8,733% рыла аиҵатәра, Аԥсны Аҳәынҭқарра ашәахтә ааимҭақәа ҳасаб рзуразы.

Иарбоу аиҭакрақәа абжьаратә уалафахәы аҩаӡараҟынӡа анагара иаԥырхагам.

Аԥсны Апарламент адепутатцәа актәи аԥхьарала ирыдыркылеит "Аԥсны Апарламент адепутатцәа ралхразы" азакәан ахь аиҭакрақәа.

Аиҭакрақәа инарықәыршәаны Апарламент адепутатраз азин роуеит аҳәынҭқарратә бызшәа здыруа, иреиҳау аҵара змоу, хәышықәса иреиҵамкәа аусуратә стаж змоу атәылауаа.

Арбаандаҩраҿҳәарақәа рыцҵара

Ахра Аҩӡбеи дзыхьчоз иҩызцәа ԥшьҩыки рганахьала ашьаус хацыркуп уаанӡа еиқәшаҳаҭханы абџьари аџьаԥҳани азакәаншьаҭа рымамкәа раахәара, рыҵәахра, рымҩангара, рныҟәгара ахьымҩаԥыргоз азы.

Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа Станислав Культа, Андреи Локтионов, Аслан Гуатижев рырбаандаҩратә ҿҳәара мызкы ҳәа ишьақәнаргылеит, уажәы уи аҿҳәара иацҵоуп 2021 шықәса лаҵара 4 аҟынӡа.

"Аҳақьымцәа рус" аҟны аҭагылазаашьа ҿыцқәа

Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҳақьым хада Аполлон Гәыргәлиеи ихаҭыԥуаҩ Георги Воубеи рганахьала аусҭҵаара хацыркын 2021 шықәса жәабран 9 рзы рнапынҵамчрақәа ирхыҳәҳәаны рхы иадырхәеит ҳәа.

Республиканская больница - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.04.2021
Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҳақьым хада инапынҵақәа рҟынтәи ихы дақәиҭтәуп

Аусҭҵаара адыррақәа рыла, ахәышәтәырҭа аҳақьым хада Апполон Гәыргәлиа имаҵзуратә зинмчра ихы иархәаны 1 522 531 мааҭ ахәышәтәырҭа амазара аӷьычра далахәуп.

Хәажәкыра 17 рзы Георги Воуба аҩнытә баандаҩра иқәҵазарц ҳәа азыӡба аднакылеит Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа. Аслан Цкәуа ахара ихарарҵоит, Ареспубликатә хәышәтәырҭа анапхгара рганахьала ашьаусмҩаԥгара аҳәаақәа ирҭагӡаны, змаҵзуратә напынҵақәа зымчра иахызыҳәҳәаз ахаҿқәа дрыцхраауан ҳәа. Мшаԥымза 9 рҟынӡа аҩнытә баандаҩра иқәҵоуп.

Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа аӡбрала, апрокуратура хада азыҳәа инақәыршәаны, Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҳақьым хада Апполон Гәыргәлиа инапынҵақәа рҟынтәи ихы дақәиҭтәуп. Абри атәы аанацҳауеит мшаԥы 2 рзы аӡбарҭа асаит.

Аӡбарҭа аӡбамҭа инақәыршәаны, Апполон Гәыргәылиа аамҭала инапынҵақәа рҟынтәи ихы дақәиҭтәуп, иганахьала ихацырку ашьаусԥшаара ала аҵыхәтәантәи аӡбамҭа рыдыркылаанӡа. Иара есымза изшәахоит аусура зылшо Аԥсны атәылауаа рыхныҟәгаратә минимум иартәо аԥара.

Ақалақьтә ӡбарҭа иара убасгьы Воуба иҩнтәы рбаандаҩра аҿҳәара иацнаҵеит лаҵара 9 рҟынӡа.

Авирус акәша-мыкәшатәи ажәабыжьқәа

Аԥсны раԥхьатәи акоронавирустә хҭыс аҭыԥ аман 2020 шықәса мшаԥы 7 рзы. Абри аамҭала 13385-ҩык COVID-19 рыдбалан.

Банкомат - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.03.2021
370 миллион мааҭ инеиҳаны акоронавирус иақәдырӡит Аԥсны шықәсык аҩныҵҟа

370 миллион мааҭ инеиҳаны акоронавирус иақәдырӡит Аԥсны шықәсык аҩныҵҟа. Зегь раасҭа аԥара ақәхарџьын Гәдоуҭатәи аковид-центр, аныхратә материалқәа, амедицинатә хархәагақәа, аҳақьымцәа рзы аԥарацҵа ашәара уҳәа рзы. Абри аус иахҭынҵан 225 миллион 700 нызқьмааҭ.

Аԥсны аԥыза-министр инапынҵақәа аамҭала иназыгӡо Владимир Делба аиҳабыра реилатәара мҩаԥигеит асоциалтә ԥгаԥсеи аџьа ахьчареи Рфонд анапхгара алархәны. Аилатәараҿы иалацәажәан акоронавирус иаҿагыланы иқәԥоз амедусзуҩцәа асоциалтә цхыраара рыҭара азҵаара.

Делба иазгәеиҭеит COVID-19 иаҿагыланы ақәԥара шыуадаҩыз, амедусзуҩцәа рлагала акыр ишдуу.

Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб COVID-19 аҟынтәи иҽыхәышәтәра далганы москватәи аклиникатә хәышәтәырҭа дҭыҵит хәажәкыра 18 рзы.

Александр Анқәаб Москвантәи Аԥсныҟа дхынҳәит акоронавирус аҟынтәи аҽыхәышәтәреи ареабилитациа ахысреи рышьҭахь.

Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб акоронавирус ицәа ишалаз аарԥшын ԥхынҷкәын 30 рзы, ажьырныҳәа 5 рзы иара Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа дҭашәеит. Хымш рышьҭахь иӡбан иара ихәышәтәра Москва иациҵарц азы.

2020 шықәса ажьырныҳәа 8 рзы Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб Урыстәыла ФМБА Афедералтә ҭҵаарадырра-клиникатә центр ахь диаган.

Анаркотикқәа рҿагылара

Ииасыз амчыбжь азы Аԥсны ААР анаркотикқәа реикәыршара ахылаԥшразы Аусбарҭа аусзуҩцәеи СОБР аҟазауааи аоперациа ҷыда анымҩаԥыргоз анаркотикатә маҭәашьар апартиа ду аадырԥшит.

Наркотики в руках подростков  - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.04.2021
Аԥсны анаркотикатә маҭәашьар рацәаны иаарԥшуп

Аусҭҵаара адыррақәа рыла, автомашьына "Лада Нива" аԥсҟы зкыз, адлертәи араион аҿы инхо Рамзик Кешьиан, 1973 шықәса рзы ииз, даанкылан аҳазалхырҭатә ҭыԥ "Ԥсоу" аҿы. Атранспорттә хархәага акәырқәа рҟны иаарԥшын ицәиаҵәаз аххыра згәылаԥсаз аилаҳәарақәа фба.

Дҽа еилаҳәарак рыԥшааит амашьына асалон аҿы. Иаарԥшыз анаркотикатә маҭәашьар каннабис Аԥсны ААР аексперт-криминалисттә центр адыррала х-кьылак азеиԥш капан ыҟан. Рамзик Кешьиан даанкылоуп.

Аҟәа араион Ешыра ақыҭан азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа дааныркылеит аамҭала ара инхо Дмитри Культуриди, 1970 шықәса рзы ииз, Краснодартәи атәылаҿацә Тҟәаԥс араион аҿы инхо. Игәаҭараан иаарԥшын ицәиаҵәаз аххыра згәылаԥсаз аилаҳәарақәа хԥа, иара убасгьы даҽа ҩ-еилаҳәарак. Аекспертиза ишьақәнаргылеит аилаҳәарақәа иргәылаԥсаз анаркотикатә маҭәашьар каннабис, азеиԥш капан ҩ-кьылаки бжаки шыҟаз.

Анаркотикатә маҭәашьар аҭиразы закәаншьаҭада аахәара, аҵәахра рзы Культуриди Дмитри иганахьала ашьаус хацыркуп.

Сотрудниками УУР МВД Абхазии изъято психотропное вещество «Прегабалин» у гражданина Джинджолия Алмаса Фредиковича  - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.04.2021
Гал араион ахадара аусзуҩ "Лирика" идбалоуп

Мшаԥы 1 азы Аԥсны ААР ашьаусԥшааратә Усбарҭа аусзуҩцәа дааныркылеит Гал араион ахадара аиурист Алмас Џьынџьал. Иара апсихотроптә маҭәашьар "Прегабалин" идбалоуп.

Иазгәаҭоуп Џьынџьал уи закәаншьаҭада ишааихәаз. Автотранспорттә хархәагаҟны имҩаԥгаз аԥшаарақәа иаадырԥшит 4 пластинак, 14 грамм апсихотроптә маҭәашьар зҭаз 47 капсула.

Ахаҵа иганахьала аусҭҵаара хацыркуп анаркотикатә маҭәашьарқәеи, апсихатроптә маҭәашьарқәеи урҭ раналогқәеи закәаншьаҭада раахәаразы, рыҵәахразы, аусеиҭарыдуларазы, рымҩангаразы.

Акультура ажәабжьқәа

Хәажәкыра 29 рзы Иван Папасқьыр ихьӡ зху Аԥсны амилаҭтә библиотека шәышықәса ахыҵра азгәарҭеит. Абри амш аҽны имҩаԥыргеит ашәҟәқәа рцәыргақәҵа.

Выставка Адгура Ампар Межвременье - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.03.2021
Асахьаҭыхҩы Адгур Амԥар ицәыргақәҵа "Аамҭабжьара" аатит Аҟәа

Абиблиотека адиректор Борис Ҷолариаиажәақәа рыла ацифратә технологиақәа раамҭазы абиблиотека аҭааҩцәа шагым, мышкахьы 17-18 ԥхьаҩ ҿыц шадҵаало.

Асахьаҭыхҩы Адгур Амԥар ицәыргақәҵа "Аамҭабжьара" аатит Аҟәа Ацәыргақәҵатә зал хадаҿы хәажәкыра 30 рзы.

Ацәыргақәҵа ахьӡ "Аамҭабжьара" – ари акы анҵәамҭеи аҽакы алагамҭеи реиԥшьырҭоуп. Ицәыргоу аусумҭақәагьы уи рныԥшуеит ҳәа иҳәоит Амԥар.

"Ацәыргақәҵаҿы иӡыргоу аусумҭақәа аҵыхәтәантәи шықәсык, шықәсыки бжаки рыҩныҵҟа иҭыху роуп. Адин иазааигәаз ауаҩ иҟынтәи аеволиуциахь зхы зырхаз уаҩхеит ари аамҭазы", - иҳәоит иара.

Адгур Амԥар ицәыргақәҵахь инагоуп 25 усумҭа.

Хәажәкыра 31 рзы Руслан Гәажәба ишәҟәы "Аԥсны - ҳаб игәара, ҳара ҳӡааӡаз - ҳан лгара…" аӡыргара мҩаԥысит Гәдоуҭа ақалақь Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра Аҳәынҭқарратә музеи аҟны.

Презентация сборника историка Руслана Гожба - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.04.2021
Ажәытә аԥсуа ҳәамҭақәа: Гәдоуҭа имҩаԥысит аҭоурыхҭҵааҩ Руслан Гәажәба ишәҟәы аӡыргара

Ашәҟәы еиднакылеит аетнологиа, афольклор, аԥсуа жәытә мифқәа еиқәырханы иаазгаз амҳаџьыраа рхылҵшьҭра рҳәамҭақәа.

Ари ашәҟәы аҭоурыхҭҵааҩ Руслан Гәажәба аус адиулон 50 шықәса раахыс. Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа диаспореи иареи аимадара бзиа рыбжьан асовет аамҭа инаркны.

Мшаԥы 3 рзы Аурыс драматә театр аҿы имҩаԥысит Станислав Лем ироман иалху аспектакль "Солярис".

Аԥсуа спортсменцәа рықәҿиарақәа

Аԥснытәи аспортсмен, автоеиԥхныҩлара алахәыла Дмитри Ӷәазааи италиатәи акоманда "Target Racing" аилаӡара рыбжьарҵеит.

Аилаӡара анапы аҵаҩын Монзе ақалақь аҿы. Ароуп иахьыҟоу адунеи аҿы иналукааша автодромқәа руак.

Дмитрий Гвазава  - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.03.2021
Аԥснытәи аспортсмен Дмитри Ӷәазааи италиатәи акомандеи аилаӡара рыбжьарҵеит

Lamborghini Huracan ала Ӷәазаа ари атрасса данысит.

Италиатәи акоманда анапхгара оумашәа ирбеит Ӷәазаа итесттә қәгылара алҵшәақәа.

Дмитри Ӷәазаа дицықәгылараны дыҟоуп италиатәи аспортсмен қәыԥш Андреа Колои, "Формула-3" уаанӡатәи алахәыла.

Атурнир "Уаҵәтәи алегендақәа рира" Адлер имҩаԥысит хәажәкыра 24-29 рзы, уи иалахәын Урыстәылатәи акомандақәа ааба, Аԥснытәиқәа ҩба.

Ахәыҷтәы шьапылампылтә клубқәа "Динамо" (Аҟәа) "Ерцахә" (Очамчыра) актәии ахԥатәии аҭыԥқәа ааныркылеит атурнир "Уаҵәтәи алегендақәа рира" аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0