Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Sputnik амчыбжь: акоронавирус, алаҵаҟаҵара, ААУ астудент "илаф"

© Sputnik / Максим Богодвид / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВакцинация от Covid-19 в Казани
Вакцинация от Covid-19 в Казани - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.11.2021
Анапаҵаҩра
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны иазнархиеит жьҭаара 25-31 рыбжьара аҭыԥ змаз ахҭысқәак рыхҳәаа.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Москваҟа дцеит урыстәылатәи ачынуаа рԥыларазы, ҩ-ганктәи аусеицура актуалтә зҵаарақәа рылацәажәаразы. Коронавирусә инфекциа акәзар, атәыла ауааԥсыреи амедусзуҩцәеи ҭынчра рнаҭом. Уи ус шакәу аанарԥшуеит астатистика. Ииасыз амчыбжь аиҭаусура иалагеит аҳәса рзы аконсультациа, нап адыркит амҩаду Аҟәа-Егры лашарала аиқәыршәара.
Sputnik

Бжьаниа Москва иҟазаара

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа усутә ныҟәарала Москваҟа дцеит жьҭаара 25 рзы. Жьҭаара 26 рзы Аслан Бжьаниеи Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Дмитри Козаки еиԥылеит. Аганқәа ирылацәажәеит аԥсуа-аурыс еизыҟазаашьақәа, иара убас 2022-2025 шықәса рзы Аԥсны асоциал-економикатә ҿиареи афинанстә усеицуреи рызҵаарақәа.
Жьҭаара 27 рзы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи Урыстәыла ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ ихаҭыԥуаҩ Рашид Нургалиеви еиԥылеит. Аиԥылараҿы ирылацәажәеит аҳәаахьчаратә шәарҭадареи, аушьҭырҭа-гәаҭаратә ҭыԥ "Ԥсоу" аусушьеи, иара убас еиуеиԥшым аекономикатә усхкқәа ршәарҭадара иазкыз азҵаатәқәеи.
Аслан Бжания и Рашид Нургалиев  - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.10.2021
Аԥсны
Бжьаниеи Нургалиеви аҳәаахьчаратә шәарҭадара азҵаарақәа ирылацәажәеит
Жьҭаара 28 рзы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи Урыстәыла аиҳабыра рхада ихаҭыԥуаҩ Александр Новаки еиԥылеит, иалацәажәеит "амҩатә хсаала" анагаӡареи, атәыла фымцамчла аиқәыршәара арманшәалареи, газла аиқәыршәара асхема хадеи.
Жьҭаара 29 рзы Аслан Бжьаниа Урыстәыла атранспорт аминистр Витали Савельеви Урыстәыла аспорт аминистр Олег Матицыни дырԥылеит. Аиԥыларақәа раан иалацәажәеит атранспорттә инфраструктуреи аҳаиртә еимадара аиҭахацыркреи рызҵаарақәа, Урыстәыла аспорт аминистрреи Аԥснытәи аусбарҭеи аспорттә усхк арҿиареи аусеицуреи рызҵаарақәа, иара убас ирзааҭгылеит ашколхәыҷқәеи астудентцәеи рыбжьара аспорт аҩаӡара ашьҭыхреи аизҳарақәа раиуреи рыпроблемақәа.

Акоронавируси ахҟьаԥҟьақәеи

Аԥсны иахьазы еиҳа излацәажәо акәны иҟоуп COVID-19 аҭагылазаашьа. Ачымазара астатистика угәы ҟазҵо акәым.
Аминистрцәа реилазаара аилатәараҿы Аԥсны аепидемиологиатә ҭагылазаашьа акыр ишәарҭоуп ҳәа иҳәеит Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба.
Ҳтәылауаа рахь ааԥхьара ҟасҵар сҭахуп асанԥҟарақәа ирықәныҟәаларц. Уахи-ҽни ҳколлегацәа "ацәаҳәа ҟаԥшь" иҭоуп, убри аан ираҩсны ицо ачарамашьынақәа рыбжьы раҳауеит. Абарҭқәа рышьҭахь ауп ачымазарагьы аҽанышьҭнахуа. Аҭагылазаашьа даара иуадаҩуп, ишәарҭоуп. Ауааԥсыра ацхыраара ҳарҭароуп.
Эдуард Бутба  - Sputnik Аҧсны
Едуард Быҭәба
Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр
Аминистр иажәақәа рыла, ахәшәтәырҭа иҭоу рҟынтә аҵәыҵәри зҭаху рацәаҩхо иалагеит. Уахыки-ҽнаки рыла 200 баллон нырхуеит. Арахь аахәара уадаҩхо иалагеит. Аҳабла ҿыц аҿы иҟоу астанциа аремонт аҭахуп, 580 нызқьмааҭ итәоит.
Аԥыза-министр Александр Анқәаб иҳәеит ари ахыбра еиҭашьақәыргыламзар ҟалом ҳәа.
Встреча Людмилы Скорик и премьера-министра Александра Анкваб - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.10.2021
Аԥсны
Аковидҿагыларатә уснагӡатәқәа рырӷәӷәара иалацәажәеит Аԥсны аминистрцәа реилазаараҿы
Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, Аԥсны ачымазараҿкы зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 31583-ҩык рҟынӡа инаӡеит, ргәы бзиахеит 26707-ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵит 456-ҩык.
Аҟәа иҟоу Урыстәылатәи арратә мобилтә госпиталь аҟны COVID-19 зыдбалаз 1,3 нызқьҩык рҟынӡа ачымазцәа рыдыркылахьеит. Хырхарҭарацәалатәи амобилтә госпиталь алабараториаҟны имҩаԥыргоит ареспублика ақалақьтә лабораториақәа рҟынтәи инарго анализқәа ПЦР-диагностика. Жьҭаара 29 азтәи адыррақәа рыла агоспиталь амобилтә лабораториақәа рҿы имҩаԥгоуп 8 000 рҟынӡа клиникатә ҭҵаара, 3 нызқь ПЦР-тест, зқьы инеиҳаны рентгенограмма.
Аԥсны иҟоу аепидҭагылазаашьа иахҟьаны жьҭаара 28 инаркны 30-нӡа аԥсуа-қырҭуа ҳәаа ахысразы аԥкрақәа алагалоуп. Уи аамҭазы ахылаԥшра-аушьҭырҭатә ҭыԥ аҟны асанитартә рыцқьарақәа мҩаԥыргоит. Аусуразы аҳәаа иахысуа аԥкрақәа ирыҵанакуам, иаҳҳәап ЕгрыГЕС аусзуҩцәа.
Медики ЮВО выписали из мобильного госпиталя в Сухуме более 300 пациентов, вылечившихся от COVID-19 - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.10.2021
Аԥсны
Аҟәа иҟоу амобилтә госпиталь аҟны 1,3 нызқьҩык рҟынӡа ачымазцәа рыдыркылахьеит

Алаҵаҟаҵара

30 000 доза алаҵа "Спутник V" Аԥсныҟа иааргараны иҟоуп, ҳәа лҳәеит Аԥсны асанитартә ҳақьым хада Лудмила Скорик аԥыза-министр Александр Анқәаб жьҭаара 27 азы имҩаԥигаз аилацәажәараҿы.
Скорик илҳәеит, Жәларбжьаратәи Аџьар ҟаԥшь аилак Аԥсныҟа ишаанаго алаҵаҵәахырҭатә хьшәашәага ҷыда. Архьшәашәага аҭахуп аимҳәазгьы алаҵа ааргараны иахьыҟоу азы.
Медицинский работник делает укол - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрраҟны ирҳәеит "Спутник Лайт" алаҵа шаҟаҩы иҟарҵахьо
Иахьазы COVID-19 аҟынтә Аԥсны иҟарҵо алаҵа "Спутник Лайт" ауп, аха алаҵаҟаҵара акыр иԥсыҽны имҩаԥысуеит, иҟазҵахьо 3638-ҩык роуп. Актәи алаҵаҟаҵара хацыркын лаҵара 10 азы. Усҟан ареспубликахь иааган "Спутник V" 6500 лаҵа.
Аԥыза-министр Александр Анқәаб аҳәамҭа ҟаиҵеит хаз игоу усзуҩцәақәак ркатегориақәа рзы хымԥадатәи алаҵаҟаҵара алагалатәуп ҳәа.

Даҽа методқәак ԥшаатәуп. Арахь иаҵанакуеит арҵаҩцәа, аҩнуҵҟатәи аусқәа рмаҵзурауаа, аруаа, ачынуаа. Алаҵа зҿаҳҵои нас ара иҟаҳамҵозар. Алаҵа аар, даҽакала азнеишьақәа аҭахуп.

Заседание Координационного штаба по защите населения от коронавируса - Sputnik Аҧсны
Александр Анқәаб
Аԥсны аԥыза-министр
Алаҵа "Спутник V" Аԥсны аҵакыраҿы иҟазҵаз аршаҳаҭгеи ацифратә QR-коди роуеит. Абри атәы лҳәеит Аԥсны асанитар ҳақьым хада Лиудмила Скорик, ҳәа аанацҳауеит Аԥсныпресс.
Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра аусурақәа мҩаԥнагон алаҵа ззыҟаҵоу ауааԥсыра иаку релектронтә база аиқәыршәаразы. Уажәы алаҵа ҟазҵаз зегьы ҭелла SMS-дырра рырҭоит алогини апароли рзы, анаҩс дара ирылшоит агәабзиарахьчара аминистрра асаит аҟны ркабинет ҷыдахь аҭалара, уа иарбахоит алаҵазы адыррақәа.
"Спутник Лайт" алаҵа ҟазҵаз QR-код рырҭом, избанзар иара хымз роуп аҿкы аҟынтәи ахьчара аналшо.
Covid-free ресторан в Москве - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Аԥсны "Спутник V" алаҵа ҟазҵаз QR-код змоу аршаҳаҭга рыҭахоит
Урыстәыла ауааԥсыра реиԥш, Аԥсныҟа иаауа егьырҭ атәылауаагьы ироуеит алшара COVID-19 аҟынтә алаҵаҟаҵаразы, урҭ Аԥсны атәылауаҩра рымоу ирымаму иахьмырԥшыкәа, абри атәы Sputnik иазеиҭалҳәеит Агәабзиарахьчара аминистрра апрофилактикатә цхыраара аусбарҭа аиҳабы Саида Делԥҳа. Лара лажәақәа рыла алаҵаҟаҵаразы ухаҭара шьақәзырӷәӷәо ашәҟәы умазароуп, Аԥсны уахьынхо аҭыԥ зҵазкуа амедусҳәарҭахь унеироуп.

Гагра араион аҿы аинспекциа

Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Гагра араион амедусҳәарҭақәа ргәаҭара мҩаԥигеит. Гагратәи араионтә хәшәтәырҭа аҳақьым хадас ишьақәырӷәӷәоу Индира Арсалиаԥҳа аминистр иԥылараан Арсалиаԥҳа иазгәалҭеит амедусҳәарҭа ауадаҩрақәа реиҳарак араион ахадара ишаӡбо.
"Ахәшәтәырҭа аиҿкаара азҵаарақәа, автопарк ахарҭәаара уҳәа рыҟны ацхыраара ҳанаҭоит араион. Аминистрра аганахьала ацхыраара ҳәа иаҳҭаху аҟазауаа: ареаниматологцәа, ахирургцәа, акушерцәа, атерапевтцәа, апедиатрцәа рыла ҳаиқәдыршәароуп", - лҳәеит Арсалиаԥҳа.
Заседание опершатаба по защите от коронавируса  - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.10.2021
Аԥсны
Агәабзиарахьчара аминистр Гагра араион амедусҳәарҭақәа ргәаҭара мҩаԥигеит
Быҭәба иҳәеит аҟазауаа разыҟаҵара аганахьала аусурақәа шымҩаԥысуа.
Быҭәба ПЦР-лабораториа аҭагылазаашьагь гәеиҭеит. Ара есыҽны 100 ҭҵаарак мҩаԥыргоит, аха иаҭахханы иҟалар – 200 рҟынӡагь рымҩаԥгара алшоит.
Аминистр Гагратәи амедицинатә ҵараиурҭа астудентцәа дрыҿцәажәеит. Ара уажәы аҵара рҵоит 104-ҩык.
"Шәара уаҵәтәи амш азы ҳзықәгәыӷуа шәоуп. Аҵара даара ҭакԥхықәрала шәазнеилароуп. Иуадаҩу азанааҭ алышәхит. Даара иахьа Аԥсны шәаҭахуп. Урыстәылатәи аҵараиурҭақәа рҭалара шәхықәкызар, ацхыраара шәаҳҭоит. Шәаныхынҳәлак шәыԥсадгьыл амаҵ азыжәулап", - иҳәеит Быҭәба.
Едуард Быҭәба Пицундатәи ахәшәтәырҭагьы аусушьа гәеиҭеит. Иуадаҩра хаданы ара иҟоу ҳаамҭазтәи ацхыраара ласы амашьынеи арентген-аппарати рыҟамзаароуп. Аминистр иақәиргәыӷит аԥара шыԥшаахо арентген-аппарат аахәаразы.
архивтә фото - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.10.2021
Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра акоронавирус ахәшәтәразы аԥкаанҵа аиҭакрақәа аланагалеит

Аҳәса рзы ареспубликатә консультациа аартра

Аҳәса рзы ареспубликатә консультациа ахьымҩаԥыргуа еиҭашьақәыргылан иаадыртит жьҭаара 27 азы. Уи иақәхарџьуп 8,8 миллион мааҭ.
Аартра иазкыз аусмҩаԥгатә далахәын Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба. Иара иҳәеит ари акрызҵазкуа хҭысны ишыҟоу, далацәажәеит аконсультациа аиҿкаашьа.
Иҟоуп макьаназы 100 процентк рыла еибыҭам ахархәагақәа. Сгәы иаанагоит ари аамҭа аҭахуп ҳәа избанзар аԥаразоужьра рацәаны иаҭахуп. Ус шакәугьы аамҭақәак рышьҭахь амедусҳәарҭа ҳаамҭа иақәшәо еиҿкаахоит ҳәа.
Эдуард Бутба  - Sputnik Аҧсны
Едуард Быҭәба
Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр
Еиҭашьақәыргылоу ахыбраҿ аус руеит акушер-гинекологцәа, атерапевтцәа, аофтальмологцәа, аԥсихолог, астоматолог, иара убас араҟа иҟоуп алабораториа. Аколлектив аилазаара 23-ҩык рыла ишьақәгылоуп. Бжьаратәла мышкала 45-50-ҩык рыдыркылоит.

Еиҭахгьы "авеер"

Афымцатә цәаҳәақәа ирықәу аидара амчхара азымхара иахҟьаны Аԥсны мрагыларатәи ахәҭаҟны аамҭа-аамҭала афымцалашара арцәара иалагеит.
Афымца арцәара алагалоуп аҳауатә цәаҳәа "Шешелеҭ-1" иақәу ақәыӷәӷәара ахьазышьҭымхуа иахҟьаны.
Лашарада иаанхоит Очамчыреи Гәылрыԥшьи араионқәа, иара убас Аҟәа ахәҭак. Арҭ араионқәа рҟны уаанӡа иалагалаз уахынла, ҩ-сааҭк алашара арцәара аграфик аԥыххоит.
Свечка  - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Аԥсны мрагыларатәи ахәҭаҟны аамҭа-аамҭала афымцалашара арцәара иалагоит
Иазгәаҭоуп, алашара шдырцәало еиҳа афымцацәаҳәақәа ирықәу ақәыӷәӷәара ахьеиҳахаз араионқәа рҟны.

Амҩаду арлашара

Амҩаду Аҟәа-Егры лашарала аиқәыршәара хацыркуп.
Апроект нагӡахоит Аинвестициатә программа аԥаразоужьрала. Аныхрақәа актәи аетап аан идыртәоит 74 миллион мааҭ.
Аусура актәи аетап аан "Амшынеиқәафымцамч" аусзуҩцәа Аӡҩыбжьа-Лабра ахәҭаҿы ацинк зҿыкәыршоу, имжьакцо 600 шьаҟа дыргылоит.
Золотая осень в Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.10.2021
Аԥсны
Амҩаду Аҟәа-Егры лашарала аиқәыршәара хацыркуп
Амҩа дырлашалоит 100 ваттк иҟоу алашарадиодтә лампақәа. Фымцалашарала аиқәыршәаразы иқәыргылахоит атрансформаторқәа хәба.

"Алаф бааԥс"

Жьҭаарамза анҵәамҭазы асоциалтә ҳақә рҿы ицәырҵит аинформациа Аԥснытәи ауниверситет аҿы срылахысуеит ҳәа аӡәы дшымақаруаз. Уи иаарласны даадырԥшит. Абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит ААУ аректор Алеко Гәарамиа.
"Ҳара ари адырра ҟазҵаз дҳаԥшаахьеит. Ҳара дҳастудентуп. Уи ишакәым длафит. Аха ари ахҭыс ауаа рылаҵара иахәҭам. <...> Уажәы иҷыдоу ҳмаҵзурақәа аусҭҵаара мҩаԥыргоит. Шәарҭара ыҟам. Асоциалтә ҳақәа рҟынтәи иқәгатәуп. Иҟәышрам", - ҳәа иҳәеит аректор.
Ауниверситет аҿы иазԥхьагәарымҭеит адырра ҟазҵаз иганахь уснагӡатәык адкылара. Аректор иҳәеит аҵара аштаттә режим ала ишымҩаԥысуа.
Человек с телефоном - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.10.2021
Аԥсны
Даарԥшуп аноним, Аԥснытәи ауниверситет аҿы срылахысуеит ҳәа имақаруаз
Ажәабжьқәа зегьы
0