Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Sputnik амчыбжь: амитинг алахәылацәа рзы азыӡба, асы, алашара арцәара аграфик

© Sputnik / Томас Тхайцук Первый снег в Сухуме 2021
Первый снег в Сухуме 2021 - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.01.2022
Анапаҵаҩра
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны иазнархиеит атәылаҿы ажьырныҳәа 10-16 рзы имҩаԥысыз, иналукааша ахҭысқәа реизга.
Иаҳхысыз амчыбжь азы ирацәоуп азҿлымҳара зуҭаша Аԥсны имҩаԥысыз ахҭысқәа – Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа ԥхынҷкәын 21 азтәи амитинг алахәылацәақәак рганахьала азыӡба аднакылеит, еилкаахеит ConIFA имҩаԥнаго ашьапылампыл азы Европа ачемпионат анымҩаԥысуа, Аҟәеи Аҟәа араионқәаки рҿы аамҭа-аамҭала алашара арцәара иалагеит.
Sputnik

Амитинг алахәылацәа рзы азыӡба

Ԥхынҷкәын 23 рзы Аҟәатәи апрокуратура ашьаус хацнаркит ԥхынҷкәын 21 2021 шықәсазы Аԥсны аҳҭнықалақь аҟны ауаа рацәа злахәыз аиҿагыларақәа реиҿкааҩцәеи рлахәылацәеи рганахьала. Ари ашьаусҭҵаара аҳәаақәа ирҭагӡаны иаанкылан хәҩык ауааԥсыра.
Ажьырныҳәа 11 рзы ақалақьтә ӡбарҭа Аҟәа имҩаԥысуаз аҿагыларатә акциа алахәылаҩцәа хҩык рганахьала азыӡбақәа аднакылеит: Аслан Ҭаниа жәохәымш ихақәиҭра далхәыдатәызарц, Баҭал Ҵәыџьба – мызки жәохәымши, Рамаз Џьопуа – хәажәкыра 22 рҟынӡа аҩнытә баандаҩра даҵакызарц.
Сухумский Городской суд  - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.01.2022
Аԥсны
Аӡбарҭа Аҟәа имҩаԥысуаз аҿагыларатә акциа алахәыла иганахьала азыӡба аднакылеит
Аслан Ҭаниа игәамбзиара иахырҟьаны аҳәара ҟаҵан иаанкылара аҭакра акәымкәа, даҽакала иазыӡбазарц, аха аӡбаҩ ажьырныҳәа 23 рҟынӡа (жәохә мшы) дбаандаҩызарц иқәиҵеит.
Адукатцәа ирҳәеит арҭ аӡбамҭақәа рзы Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Ахашшааратә коллегиахь ишашшуазы.
Ԥхынҷкәын 21 2021 шықәсазы Аҟәа имҩаԥысуаз аиҿагыларақәа дрылахәын ҳәа иаанкылаз Анрик Инаԥшьба изкыз Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа аилатәара раԥхьа иахыган игәамбзиараз. Иара ацхыраара ласы изаԥхьан. Баграт Сурмаа иакәзар, иус ахган ахьчаҩцәа рыҳәарала, иахәҭаз адокументқәа реизгара иахьахьымӡаз азы.
Анрик Инаԥшьба иганахьала Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа азыӡба аднакылеит ажьырныҳәа 13 азы. Иара мызкы ҳәа - жәабран 8 рҟынӡа дбаандаҩызарц иқәырҵеит.
Баграт Сурмаа иганахьала уи аҽны Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа азыӡба аднакылеит ҩажәамш - ажьырныҳәа 28 рҟынӡа даанкылазарц.
Сухумский Городской суд  - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.01.2022
Аԥсны
Аҟәа имҩаԥгаз аиҿагыларақәа ирылахәыз ахәбатәи ахаҿы аҩнытә рбаандаҩра иқәырҵеит
Ажьырныҳәа 13 ахәылԥаз Аҟәа ақалақь апрокуратурахь инеит гәыԥҩык аоппозициа ахаҭарнакцәа ԥхынҷкәын 21 рзы аҳҭнықалақь аҟны имҩаԥысыз амитинг ҳалахәын, ҳаргьы ҳаанышәкыл ҳәа.
"Иааргаз арзаҳалқәа инарықәыршәаны, урҭ атәылауаа ашаҳаҭцәа раҳасабала рҿахәы рҿыхын, аха ԥхынҷкәын 21 2021 шықәса рзы аилаҩеиласрақәа реиҿкаара, ма аиҳабыратә хыбрақәа рҿаԥхьа иҟаз аибарххарақәа рылахәра афакт шьақәдмырӷәӷәеит. Убри аан иазгәаҭатәуп Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашьаусԥшааратә закәанеидкыла ахәҭаҷ 141 ишазԥхьагәанаҭо дарбанзаалак ауаҩы ацәгьоура шыҟаиҵаз азы хатәгәаԥхарала адырра ҟаиҵоит ҳәа", - ҳәа аанацҳауеит Апрокуратура хада.
Прокуратура Сухума  - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.01.2022
Аԥсны
Апрокуратура рҿахәы рҿырхит Аҟәа амитинг ҳалахәын ҳәа арзаҳалқәа назгаз ауаа

Аныҳәазы атуристцәа хыҵит

2022 шықәса раԥхьатәи жәамш ирылагӡаны Риҵатәи амилаҭтә парк иаҭааит 13 284-ҩык аԥсшьаҩцәа, Афонҿыцтәи аҳаԥы - 9 414-ҩык.
Риҵатәи ареликттә милаҭтә парк аиҳабы Адамыр Багаҭелиа уи аԥхьа Sputnik иазеиҭеиҳәахьан, ажьырныҳәа 1 инаркны 3-нӡа аӡиа ишаҭааз хәнызқьҩык инарзынаԥшуа аԥсшьаҩцәа ҳәа. Иара иажәақәа рыла, ҵыԥхтәи ашықәс ари аамҭазгьы Риҵа иаҭааз рхыԥхьаӡара убри аҟара ыҟан.
Озеро Рица  - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.01.2022
Аԥсны
Ашықәс ҿыц аныҳәамшқәа рзы Риҵеи Афонҿыцтәи аҳаԥи 22 нызқьҩык аԥсшьаҩцәа аҭааит
Риҵатәи ареликттә милаҭтә парки Афонҿыцтәи аҳаԥи ӡынгьы-ԥхынгьы аԥсшьаҩцәа рацәаҩны изҭаауа аҭыԥқәа иреиуоуп.

COVID-19 азы аҭагылазаашьа

Аԥсны аепидемиа ҵысижьҭеи аҿкчымазара зыхьхьоу ауаа рхыԥхьаӡара 38768-ҩык рҟынӡа инаӡеит, ргәы бзиахахьеит 32539-ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵхьеит 569-ҩык.
Амедицинатә усҳәарҭақәа рҿы алаҵа ахьыҟарҵо аҭыԥқәа зегьы аус руеит. Ажьырныҳәа 11 рызтәи аҭагылазаашьала, ашықәс иалагазар, 370-ҩык инареиҳаны "Спутник Лайт" ҟарҵахьеит, "Спутник V" аҩбатәи акомпонент 120-ҩык иҟарҵахьеит, актәи акомпонент - 6-ҩык.
Статистикала, ауаа еиҳарак "Спутник Лайт" иазҵаауеит, бжеиҳан аиҭалаҵаҟаҵаразы. Аҟәа "Спутник Лайт" ала алаҵаҟаҵара иалагахьеижьҭеи уи рыларҵахьеит 2600-ҩык, "Спутник V" - 5250-ҩык.
Воуԥҳа еиҭалҳәеит аковид чмазара аҟынтәи алаҵаҟаҵаразы Аҟәа аҭагылазаашьа зеиԥшроу атәы - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.01.2022
Арадио
Воуԥҳа еиҭалҳәеит аковид чмазараҟынтәи алаҵаҟаҵаразы Аҟәа аҭагылазаашьа зеиԥшроу атәы

Ауаажәларратә палатаҿ аиԥылара

Аџьынџьтәылатә еибашьара аветеранцәа руаажәларратә еиҿкаара "Амцахара" ахаҭарнакцәеи аветерантә еиҿкаара "Аруаа" ахаҭарнакцәеи Аԥсны ауаажәларратә Палата алахәылацәеи реиԥылара мҩаԥысит ажьырныҳәа 12 азы.
Ауаажәларратә палата аԥшьгамҭала имҩаԥысыз аиԥылара ахҳәаа арҭеит апалата алахәыла Сократ Џьынџьали апартиақәа рхаҭарнакцәеи.
Нужно разговаривать: Амцахараи Аруаа обсудили пути выхода из политического кризиса - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.01.2022
Аԥсны
Аԥсны Ауаажәларратә палата аҟны иалацәажәеит аполитикатә кризис алҵшьас иҟаҵатәу
Џьынџьал иазгәеиҭеит аганқәа рыбжьара хра змаз агәаанагарақәа шеимдаз.
"Ауаажәларра еидызкылаша амҩақәа ралхшьа атәы иалацәажәан, ауаажәларра амчқәа зегьы аҳәынҭқарраз ихәарҭахарц азы", - ҳәа иҳәеит иара.
Ауаажәларратә еиҿкаара "Ахьаца" анапхгаҩы Ахра Бжьаниа ишиҳәаз ала аиԥылара алахәылацәа иакыз агәаанагара рыман ареспубликаҿы акризис ахысразы аиҿцәажәарақәа шхымԥадатәу.
Апартиа "Амцахара" аполитхеидкыла амаӡаныҟәгаҩ Заур Адлеиба иазгәеиҭеит апартиақәа рлахәылацәа рыбжьара аиҿцәажәара ауасхыр шышьҭаҵатәу.
Ҳашыг Амцахареи Аруааи рхаҭарнакцәа реиԥыларазы: агәыӷра узҭо лҵшәоуп  - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.01.2022
Арадио
Ҳашыг "Амцахареи" "Аруааи" рхаҭарнакцәа реиԥыларазы: агәыӷра узҭо лҵшәоуп

Ницца ашьапылампыласра мҩаԥгахоит

Ихьыԥшым ашьапылампылтә ассоциациақәа рконфедерациа (ConIFA) адырра ҟанаҵоит Ашьапылампыл азы Европа Ахраҿазы (EFC) ахәмаррақәа шымҩаԥысуа Ницца рашәарамза 3-12 рзы ҳәа.
Футбольный мяч  - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.01.2022
Аԥсны
ConIFA еиҿнакаауа Ашьапылампыл азы Европа ачемпионат мҩаԥысраны иҟоуп Ницца
Ашьапылампыл азы ConIFA ачемпионат Франциа Ницца ақалақь имҩаԥысраны иҟан ҵыԥх рашәарамзазы, аха акоронавирустә ԥкрақәа ирыхҟьаны уи аанкылан.
"Ҳара хықәкы хадас иҳамоуп ари атурнир аҽазыҟаҵара, ҳара ибзиоу акоманда қәыԥш ҳамоуп, урҭ рхы бзианы иаадырԥшыроуп. Ашьапылампыл азы афедерациа ҳаспортсменцәа ахәмарратә практика роурц иҟанаҵароуп, ашықәс иалагӡаны 7-8 мзы ихәмарроуп. Убасҟан ауп акоманда азыҟаҵаҩ хада испортсменцәа ишахәҭоу разыҟаҵара анилшо атурнир аҿы иқәгыларц азы", - иҳәеит Аԥсны Ашьапылампыл азы афедерациа ахада Ҭарашь Ҳагба.

Асоуреи амҩақәеи

Ҩынтәуп сынтәа Аԥсны амшын иахьаԥну асы леиуеижьҭеи. Уи агәахәареиԥш апроблемақәагьы цәырнагеит.
Асабша ажьырныҳәа 15 азы Аԥсны асы леит, аҳауагәаҭаҩцәа адырра ҟарҵеит ахьшәашәарақәа ирыхҟьаны амҩан аҵаахшәыла шыҟало. Аԥсны ААИ агәҽанызаара ҟарҵахьан амҩан амшәыр ҟамларц азын амашьына аныҟәцаҩцәа рныҟәашәа иагырханы, амҩатә ԥҟарақәа ирықәныҟәарц.
Машина МЧС Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.01.2022
Аԥсны
Аԥсны АҶА аҟны ахәшьара арҭеит амш еицәахар атехника ҷыдеи аҟәшақәеи разыхиазаара

Алашара арцәара аграфик ҿыц

Аԥсны алашара аамҭа-аамҭала идырцәо иалагеит афымцацәаҳәақәа ирықәу ақәыӷәӷәара иахҟьаны.
Убас, астанциа маҷ "ИЭПиТ" зҵоу ақәыӷәӷәара ду иахҟьаны аҳҭнықалақь агәаҿы аамҭа-аамҭала алашара дырцәалоит анаҩс иаагоу аихшанҵа инақәыршәаны ҩба-ҩба сааҭ:
18:00 - 20:00 - ақалақь агәи уи иазааигәоу амҩадуқәеи;
20:00 - 22:00 - Имам Шамили Чачбеи рымҩадуқәа;
22:00 - 00:00 - асассирҭа "Интер-Сухум" уи аигәа иҟоу амҩадуқәеи.
Астанциа маҷ "Баслаҭа" зҵоу ақәыӷәӷәара аизҳара иахҟьаны аамҭа-аамҭала алашара арцәара иалагеит Аҟәа ахәҭаки Аҟәа араиони аҟны.
Алашара дырцәалоит анаҩс иаагоу аихшанҵа инақәыршәаны:
11:00 - 12:00, 17:00 - 18:00 афидер Бырцха - Ҷанба имҩаду ахәҭак
12:00 - 13:00, 18:00 - 19:00 афидер Абжьаҟәа - Ҷанба имҩаду ахәҭак
13:00 - 14:00, 19:00 - 20:00 афидер Баслаҭа ГЕС - Одышь ақыҭа иахьаҵанакуа
14:00 - 15:00, 19:00 - 20:00 афидер Ақалақь -10 - Ҷанба имҩаду иахьаҵанакуа, Ацҳа ҟаԥшь иаду амҩадуқәа
15:00 - 16:00, 21:00 - 22:00 афидер Кьалашәыр араион, Акомсомолцәа рымҩа
16:00 - 17:00, 22:00 - 23:00 афидер Ақалақь -11 - Ашколтә мҩаду иахьаҵанакуа.
Уаанӡа алашара арцәара алагалан астанциа маҷ "Аҟәа-1" аҟны.
Уи адагьы афымцацәаҳәақәа реидара ахьанҭара иахҟьаны Гәдоуҭа араион аҿы авольтҳарак "Мысра" аҿы аремонт амҩаԥгараан алашара ырцәан.
В Адыгее построена первая в регионе солнечная электростанция - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.01.2022
Аԥсны
Аҟәа агәҭа иахьаҵанакуа ҩсааҭк алашара аамҭа-аамҭала идырцәалоит
Ажәабжьқәа зегьы
0