Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Аполитика хәымга": Рашьыҭ Гәынба илахьынҵа иазкны

© Foto / из семейного архива Гунба Рашид Гунба
Рашид Гунба - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.04.2022
Анапаҵаҩра
Дыҟамзар ҟалап ԥсыуак, аҭоурыхтә хҭысқәа ирхырҟьаны зашҭа арыцҳара ҭамлаз. Амҳаџьырра, арепрессиа, Аџьынџьтәылатәи аибашьра Ду, аҿатә аамҭазы 1992-1993 шықәсқәа рзы ҳара ҳазлаԥшыз ахлымӡаах налаҵаны ҳмилаҭ ирхырымгахьоузеи. Аха зегь акоуп ҳадгьыл ҳнацәақәа аларԥсны, атәым имҭакәа иахьа уажәраанӡа ҳџьынџь ҳахуп. Иахьатәи санҵамҭа изыскыр сҭахуп Сталини Бериеи рполитика хәымга иалаӡаз, хәҩык ахшара ирхыганы наунаӡа ибжьадырӡыз Рашьыҭ Езыгә-иԥа Гәынба. Ажәабжь сзеиҭалҳәеит имаҭа Диана Гәынԥҳа.
Гагра, здание нквд - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.12.2021
Аԥсны
Абиԥарақәа рхьаа: 37-тәи ашықәсқәа ирылаӡыз аишьцәа Қаҩаа рҭоурых
Рашьыҭ Гәынба иӡбахә аҟынӡа снеиаанӡа, исымҳәарц залшом иаб Езыгә Аҷандара ақыҭан ҳаҭыр ду змаз, унеишь-уааишь ҳәа ззырҳәоз анхаҩ нага шиакәыз. Иара ихәыҷқәа анжыцәха, Дәрыԥшь ақыҭа адгьыл аахәаны уахь иҭаацәа иманы нхара диасит. Аха ихшара ршьапы иқәгылаанӡа машәырла дҭахоит. Иԥшәмаԥҳәыс Анқәабԥҳа (лыхьӡ ргәалашәом) ԥшьҩык ахәыҷқәа лхала илааӡоит.
"Ԥшралеи чаԥашьалеи еинаалаз сабду Рашьыҭ хҩык аиаҳәшьцәа драшьан. Агәараҭа ҵәҩаншьапс иаҵагылаз иара заҵәык иоуп ҳәа, иани иаҳәшьцәеи акырӡа иқәгәыӷуан, ихӡыӡаауан. Аҭаацәара даналала ачара ду изыруит. Иара диразҟхеит Мгәыӡырхәатәи аԥҳәызба Ница Агрԥҳа. Хәҩык ахшарагьы рхылҵит", - еиҭалҳәоит амаҭа Диана Гәынԥҳа.
Аамҭала Езыгә Гәынба нхарҭа ҭыԥс иалихыз Дәрыԥшь ақыҭан абиԥара ҿа еиҵагылеит. Рашьыҭи Ницеи ҳәоуеиқәшәала еицынхон. Хҩык аԥҳацәеи ҩыџьа аԥацәеи ирықәгәырӷьо ԥсыуа ҵасла ирааӡон. Аџьабаа иацәаашьаӡомызт. Рынхара рынҵыра зегьы ԥхӡашала ауп ишеиҿыркааз.
Рашьыҭ Дәрыԥшь аколнхара ахантәаҩыс дахагылан. Уи инаваргыланы, хәыҷи дуи рыдгьылқәагьы ирықәаарыхуан. Ахаан аӡәы имал иамеилаҳацыз, аӡәы изы цәгьахәыцрак згәы иҭамшәацыз Гәынаа рҭаацәа, аҩсҭаа дрылахәмарырц иақәикит. Уахык зны, амхаҟынтәи иааԥсаха иааины акы инацҳауеит ҳәа инатәоны еиԥш, рҭынчра еиԥдырҟьоит НКВД амаҵуар лақәа. "Уҳацныҟәароуп" ҳәа маҭәа еиқәаҵәала еилаҳәаз ахацәа 47 шықәса ирҭагылаз Рашьыҭ ихшара дырхыганы дыргоит.
Осман Кәакәасқьыри Анҭица Ҟаитанԥҳаи - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.10.2021
"Аԥхыӡ ҿаасҭа збеит, ахәыҷқәа шԥаҟоу": 37-тәи ашықәсқәа ирылаӡаз Осман Кәакәасқьыр иҭоурых
"Рашьыҭ иԥацәа рахьтә еиҳабыз саб Дикран иакәын. Бџьарла еиқәных ауада иҩналаз ахацәа бзиарак аҵыхәала ишымааиз еилкааны, Рашьыҭ дандәылыргоз дрышьҭагыланы акыргьы дцеит, аха иаб "сара исхароу акагьы ыҟам, соурыжьуеит. Уара уеиҳабыми, уцаны зегьы ргәы рҭынч" ҳәа наиаҳәаны диргьежьит. Уи нахыс ахәыҷқәа рыла ҭаа агәашә ахь ишыԥшуаз, рхәыҷра ниаӡӡаа ицеит, рабгьы уаҳа дыхнымҳәит", - лҭаацәаратә ҭоурых дазааҭгылоит Диана.
Ница Агрԥҳа лыԥшәма аҩнынтә ддәылганы данырга ашьҭахь, Аҟәатәи Иреиҳау аӡбарҭаҟны иус иахәаԥшраны ишыҟаз лаҳаит. Дахьлеиз иааигәа днармышьҭӡеит. Ҵаҟа дахьгылаз, амардуан иаҿаланы хахь дшыргоз данихьԥшит ауп.
"Ҳанду Ница Агрԥҳа 37-тәи ашықәсқәа раан ахлымӡаах еиқәаҵәа далаԥшит. Ҩыџьа лашьцәа Уасили Гьаргьи дырӡит, дара дрыхҟьаны "ажәлар раӷа" ҳәа аҭакра иқәырҵеит лыԥшәма Рашьыҭ Гәынба. Анаҩсгьы, Аџьынџьтәылатәи аибашьра Ду аан хабарда дыбжьаӡуеит ахԥатәи лашьа Чынчор. Саб иҳәалон, Ница илцәыӡыз лгәакьацәа рпотреҭқәа гәыдкыланы егьараан дгәынқьуа дҵәыуан ҳәа", - лажәа иацылҵоит амаҭа.
Қшьышьи Џьаҭмеи Гәынаа - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.04.2021
Наӡаӡа ахәышҭаара нрыжьит: Осман Гәынбеи иԥацәеи рҭоурых
Дикран Гәынба иаб данҭарка нахыс, иара иакәхеит еиҳабҵас зан илывагыланы анхамҩа аныҟәгара иалагаз. Аҵара ҵареи аҩнусқәеи реилагӡара мариамхеит аҟнытә, аҷкәын хәыҷы ашкол нижьыр акәхеит. Рашьыҭ ихҭысыз ашьҭахь хәышықәса ааҵуаны, 1942 шықәсазы, Дәрыԥшьи Лыхни рыбжьара, Аџьамҽыӷра ҳәа иахьашьҭоу инхоз Лабиак, аҭакра ихыганы данаауаз, Рашьыҭ иҟынтәи асалам шәҟәы ааигеит.
"Сабду раԥхьатәи-аҵыхәтәантәи исалам шәҟәы аҟны иаҳәон, еицыз агәыԥ аҟынтәи иаразаҵәык шиакәу зыԥсы ҭаны инхаз. Аҳәарагьы ҟаиҵеит ирылшозар, ақьаад иану аҭыӡҭыԥ ахь аҳәашша изаарышьҭырц. Хымԥада иҭаацәа игәазыҳәара нарыгӡеит, аха инапаҿы иахьынӡанаргаз атәы еилкаам. Асалам шәҟәы аазгаз иакәзар, саб игәазхара диацәажәартә еиԥш изыҟамлеит. Ахаҵа рыцҳа иԥсадгьыл ахь ибаҩ ирҳәазеит акәымзар, ԥсы ихамызт. Хара имгакәа идунеи иԥсахит", - лажәа иацылҵоит Диана.
Дикран иашьеи иареи ианрызҳа, Рашьыҭ зыргылара дахьымӡаз аҩны аҩбатәи аихагыла иацҵаны, рынхамҩа еиҿыркааит. Еибааӡаз зегьы анцәа ишиҳәара еиҵагылеит.
1970-тәи ашықәсқәа раан, Рашьыҭ Езыгә-иԥа Гәынба ахара шихыхыз азы ашәҟәы ааит. Ақьаад иаҳәоз аҭаацәа изларыхәозеи иҟалахьаз ашьҭахь, аха уеизгьы иаанарԥшит ажәлар дышраӷамыз. Убасҟан ауа аҭахы ааԥхьаны Рашьыҭ ихшара раб иԥсхәы руит.
Ница Агрԥҳа лакәзар, ақәра маҷымкәа инылҵеит. Лмаҭацәа ишрызҳауаз лбеит. Гәынаа рҭаацәа иахьагьы Рашьыҭ ихьӡ дырӡуам. Ари аҭоурых иԥшьоу гәалашәараны инеихылҵыз ирзынхеит.
Письмо пером  - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.03.2021
Агәыӷра зцыз асалам шәҟәы: арепрессиақәа ирылаӡыз Амтон Хагәышь иҟәырҷаха
Ажәабжьқәа зегьы
0