Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Sputnik амчыбжь: Апарламент актәи аилатәара, афымцамч ахархәаразы ахәԥҵәақәа, COVID-19

© Sputnik / Григорий Сысоев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЗамена счетчиков электроэнергии
Замена счетчиков электроэнергии - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.04.2022
Анапаҵаҩра
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны иазнархиеит мшаԥы 11-17 рызтәи иналукааша ахҭысқәа реизга.
Апарламент VII ааԥхьара адепутатцәа раԥхьатәи реилатәара, афымцамч ахархәаразы ахәԥҵәа ҿыцқәа, Абла ахирургиа маҷ Ацентр аартра, арҭи егьырҭ ахҭысқәеи Sputnik аматериалқәа рҿы.
Sputnik

VII ааԥхьара адепутатцәа реилатәара

Мшаԥы 12 рзы Аҟәа имҩаԥысит Апарламент VII ааԥхьара адепутатцәа раԥхьатәи реилатәара. Аԥсны Жәлар Реизара абыжьбатәи ааԥхьара ахантәаҩыс далырхит Лаша Ашәба. Иара убасгьы Аԥсны Жәлар Реизара абыжьбатәи ааԥхьара раԥхьатәи реилатәараҿ ахантәаҩы ихаҭыԥуаа алырхит: Ашоҭ Миносиан, Асҭамыр Аршба, Фазлыбеи Аҩӡба.
Петербургский международный экономический форум. День второй - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.04.2022
Аԥсны
Володин Лаша Ашәба Аԥсны Апарламент аиҳабыс иалхра идиныҳәалеит
Ҿыц иалху адепутатцәа раԥхьатәи реилатәара иалахәын Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа, аԥыза-министр Александр Анқәаб, ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, атәыла анапхгара, Аминистрцәа реилазаара рхаҭарнакцәа.
Уахь инаԥхьан Аԥсны апрокурор хада, аӡбаҩцәа, араионқәеи ақалақьқәеи рхадацәа, Аԥсны Абыргцәа рхеилак алахәылацәа, иара убас ааԥхьара змаз Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭдума адепутат Константин Затулин.

Амедицинатә центр аартра

Абла ахирургиа маҷ Ацентр аатит Аҟәа. Ацентр еиқәыршәоуп Иапониа, Германиа, ЕАА рҟынтәи амыругақәа рыла.
Дара уадацыԥхьаӡа игылоуп. Ацентр аҿы иҟоуп амикроскоп. Уи ахархәарала аҳақьым ала агәы, аҵа ҭҵааны, аблаҵәца акатаракта ахихыр илшоит.
МНТК Микрохирургия глаза имени академика С. Н. Федорова - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.04.2022
Аԥсны
Аҟәа иаатит Абла ахирургиа маҷ Ацентр
Амедцентр рылахәхоит Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра апрограммақәа, льготала ауааԥсыра ацхыраара рзураҿы.
Уажәшьҭарнахыс Аԥсны ауааԥсыра ироуеит алшара атәыла иалымҵыкәа аофтальмологиатә цхыраара аиура.

Афымцамчхара ахархәаразы ахәԥҵәа ҿыцқәа шьақәыргылоуп

Аминистрцәа реилазаара афымцамч ахархәаразы ахәԥҵәа ҿыцқәа шьақәнаргылеит ахатәхаҿқәеи аиуристтә хаҿқәеи рзы.
Ақәҵара амчра аиуеит 2022 шықәса ԥхынгәы 1 инаркны.
Афымцахархәара агәаҭагақәа ззықәгылам ахатәхаҿқәа ахәԥҵәа ҿыц ала 90 копеи ршәароуп киловатт-сааҭк азы, агәаҭагақәа ззықәгылоу – 70 копеи киловатт-сааҭк азы.
Росстандарт ввел новые правила проверки счетчиков - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.04.2022
Аԥсны
Аминистрцәа реилазаара афымцамч ахархәаразы ахәԥҵәа ҿыцқәа шьақәнаргылеит
Агәабзиарахьчара, аҵара русхк иаҵанакуа икоммерциатәым аиҿкаарақәа 80 копеи киловатт-сааҭк азы иршәалароуп, аихамҩатә транспорти Жәларбжьаратәи аҳаиртә баӷәазеи – 70 копеи киловатт-сааҭк азы, Анхамҩа-коммуналтә нхамҩа аиҿкаарақәеи анаплакқәеи – 70 копеи, аиуристтә хаҿқәеи ахаҭалатә наплакыҩцәеи – 1,40 мааҭ киловатт-сааҭк азы.
Ареспубликатә биуџьет аҟынтәи аԥаразоужьра змоу аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи абиуџьеттә усбарҭақәеи – 1,50 мааҭ ршәоит, дара абарҭ аусбарҭақәа, аха аҭыԥантәи абиуџьетқәа рҟынтәи аԥаразоужьра змоу – 1,20 мааҭ.
Афымцамчхархәарала иныҟәо ақалақьтә транспорт аобиектқәа - 40 копеи ршәоит, ирезидентым ахархәаҩцәа - 1,80 мааҭ, акриптовалиута зырҳауа - 3,60 мааҭ (аиҳабыра амаининг азин ҟарҵар).
Лампочки  - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.04.2022
Аԥсны
Аиҳабыра афымцамчхархәара анормативқәа шьақәдыргылеит

Аковид ҟәшақәа адыркуеит

Аԥсны аҩнуҵҟа акоронавирустә инфекциа змоу рхыԥхьаӡара маҷхеит, Агәабзиарахьчара уи инадҳәаланы араионқәа рҿы аковид ҟәшақәа аркызарц аӡбеит.
Убри аан Гәдоуҭатәи аковид-центр аус аулоит.
COVID-19 ачымазара акыр ишылаҟәызгьы, асанитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорик илҳәеит ауааԥсыра алаҵаҟаҵара гәыгәҭармыжьырц.
Хра злоу ахҭысқәа: Гәниеи Аҩӡԥҳаи COVID аиқәтәареи, уи иаҳнарҵази иазкны  - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.04.2022
Арадио
Хра злоу ахҭысқәа: Гәниеи Аҩӡԥҳаи COVID аиқәтәареи уи иаҳнарҵази иазкны

Аԥхынразы аӡҭарчы

Аҟәатәи аолимпиатә аӡсаратә комплекс аартхоит аԥхынра алагамҭаз ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит афирма "Аквастройинвест" адиректор хада Олег Иурченко.
"Аӡҭарчы уажәазы арԥхара алшом, ӡыла ишҭәугьы. Амра шыра шааҟалак аӡсара алшо иҟалоит. Рашәарамза акәхар ауеит. Уажәы инханы иҟоу амаҷ-саҷқәак ҟаҳҵоит, ус амыругақәа зегьы аус руеит", - иҳәеит иара.
Сухумский бассейн  - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.04.2022
Аԥсны
Аҟәатәи аолимпиатә ӡҭарчы аԥхынраз иаадыртуеит
Аҟәатәи аӡҭарчы фымцамчла аиқәыршәараз ауадаҩрақәа ирыхҟьаны аԥхынра мацара аус аулоит, аӡы амра ианарԥхо.

Аԥшьгаратә гәыԥ ашәҟәы аҭаҩра

Адепутатрахь 8-тәи алхырҭатә ҭыԥ аҟынтә акандидат Иракли Чачхалиа иқәыргыларазы аԥшьгаратә гәыԥ ашәҟәы иҭагалоуп мшаԥы 12 рзы.
Аҟәа 8-тәи алхырҭатә ҭыԥ хадаҟны аиҭалхрақәа мҩаԥгахоит аҩбатәи атур аан иқәгылаз ҩыџьа акандидатцәа абжьқәа еиҟараны иахьроуз иахҟьаны. Аиҭалхра мҩаԥгахоит лаҵара 28 рзы.
ЦИК Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.04.2022
Аԥсны
Алхырҭатә ҭыԥ №8 аҟынтә акандидат иқәыргыларазы аԥшьгаратә гәыԥ ашәҟәы иҭагалоуп
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥысит хәажәкыра 12 рзы, усҟан иалхын 17-ҩык адепутатцәа, 17 алхырҭатә ҭыԥ рҿы алхрақәа аҩбатәи ртур мҩаԥган хәажәкыра 26 рзы.
Ажәабжьқәа зегьы
0