Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Sputnik амчыбжь: Ахәыҷқәа рыхьчара амш, арлахҿыхрақәа, аԥсадгьыл аԥсахразы ашьаус

© Sputnik / Сергей Аверин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраДень защиты детей в Донецке и Луганске
День защиты детей в Донецке и Луганске - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.06.2022
Анапаҵаҩра
Аҵыхәтәантәи амчыбжь иалагӡаны Аԥсны ахҭысқәа рацәан - Хьыбла Гьерзмаа еиҿылкаауа аконкурс азы ашәаҳәацәа ралкаара иалагеит, иазгәарҭеит Ахәыҷқәа рыхьчара амш, Ашәарҭадаратә маҵзура ашьаус хацнаркит аԥсадгьыл аԥсахразы.
Лаҵара 30 инаркны рашәара 5 рҟынӡа абарҭи егьырҭ ахҭысқәеи шәрыԥхьа Sputnik есымчыбжьатәи ахҳәааҿы.

Аҵакы змоу аныҳәа

Аԥхынра актәи амш азы адунеи аҿы иазгәарҭоит Ахәыҷқәа рыхьчара жәларбжьаратәи амш. Аԥсынгьы уи аҽны еиуеиԥшым аусмҩаԥгатәқәа еиҿкаан.
Ахәыҷқәа рыхьчара амш Аҟәа иалагеит Москва аиҳабыра рыцхыраарала еиҿкааз аԥкьаҭымпыл азы аицлабрақәа рыла. Урҭ ирылахәын 60-ҩык аспортсменцәа хәыҷқәа ақәратә категориақәа хԥа рыла: жәышықәса рҟынӡа, 9-10 шықәса, 11-13 шықәса зхыҵуа. Иара убас Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәаҿы аиԥхныҩларагьы мҩаԥган.
Агәыҳалалратә фонд "Кьараз" хылаԥшра знаҭо ахәыҷқәа ракәзаргьы, ари амш ус баша ирхырымгеит. Жәаҩык ахәыҷқәа ари аныҳәа аҽны аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны иаҭааит. Дара уа аекскурсиа рзымҩаԥигеит аредакциа ауадақәа рҿы. Дара хаҭала ирбеит ажәабжьқәа шырыҩуа, авидеомонтаж амаӡақәа рзеиҭарҳәеит, арадио аҿы ажәабжьқәа ирыԥхьеит, рхаҭақәагьы аредактор ицхыраарала ажәабжьқәа асаит ахь иҭарҵеит, апресс-конференциа маҷгьы рзеиҿыркааит, аҳамҭақәа рырҭеит.
Подопечные фонда Киараз в Sputnik Абхазия - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.06.2022
"Кьараз" хылаԥшра знаҭо ахәыҷқәа Sputnik Аԥсны иаҭааит
Уи ашьҭахь "Кьаразаа" Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра иаҭааит. Уа ирзеиҭарҳәеит адипломатиатә шәҟәеимдарақәа шыҩтәу, урҭ рылҵшәа бзиахарц азы маӡақәас иҟоу, аофициалтә документқәа шеиқәыршәатәу уҳәа. Иара уаҟагьы аҳамҭақәа рырҭеит.
Анаҩс аҳҭнықалақь ауааԥсыреи асасцәеи акультура-усуратә ҭыԥ "Гәыма" иаҭааит, уа имҩаԥысит аробототехника, ахыци ахәымпали рыла ахысра, аинженериа уҳәа ирзыҟаҵаз аҟазаратә-классқәа. Уи адагьы Аҳәынҭқарратә филармониаҿы ахәыҷбаҳчақәа рааӡамҭаӡәа злахәыз аконцерт мҩаԥган.
Зегьы иреиӷьу ахәыҷра: Гәыма аҿы Ахәыҷқәа рыхьчара амш шазгәарҭаз - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.06.2022
Аԥсны
Зегьы иреиӷьу ахәыҷра: "Гәыма" аҿы Ахәыҷқәа рыхьчара амш шазгәарҭаз
Ахәылбыҽха ахәыҷқәеи урҭ рҭаацәеи алшара рыман акциа "Иқьиоу акартош" аҽалархәра. Уи мҩаԥган акрыфарҭа "ABURGER" аҿы. Ирҭииз акартош иаанагаз аԥара зегьы агәыҳалалратә фонд "Ашана" зыцхыраауа ахәыҷқәа ирзырхахеит, иара убас Аԥсуа драмтеатр аԥхьа еиҿкааз аспорттә усмҩаԥгатә "Ахәыҷтәы хәмаррақәа" рыҽрылархәра.
Традициа ҳасабла ари акциа иадрыԥхьалеит Аԥсны еицырдыруа артистцәа, аекранқәа рҟны лассы-ласс ицәырҵуа ауаа, ауаажәларратә усзуҩцәа, афонд апартниорцәа. Урҭ акассаҿы игыланы ихәаахәҭуеит. Акциа аҳәаақәа ирҭагӡаны анапкымҭақәа рҭиит, агәыҳалалратә лотереиагьы мҩаԥыргеит.
Выставка на театральной площади - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.06.2022
Аԥсны
Ахәыҷра аныҳәа: Аҟәа Рашәара акы шымҩаԥысыз

Алитературатә премиа

Ахәаша рашәара 3 рзы Аурыс ПЕН-центр адырра ҟанаҵеит Фазиль Искандер ихьӡ зху аԥхьахә асиа ду иазку аусмҩаԥгатә ҟалоит 2022 шықәса рашәарамза 6 рзы, Пушкин имш азы ҳәа. Сынтәа уи фынтәуп имҩаԥысуеижьҭеи.
"Ари аамҭазы лауреатцәаны иҟалеит еицырдыруа реиԥш, иқәыԥшу, ҿыц иалагаз апрозаикцәа, апоетцәа, адраматургцәа, асценаристцәа, аиҭагаҩцәа", - аҳәоит арелиз аҿы.
 Фазиль Абдулович Искандер - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.06.2022
Аԥсны
Искандер ипремиа асиа ду Пушкин имш азы ирыларҳәоит
Сынтәа Искандер ихьӡ зху аԥхьахә атәыла ахада игрант аиуит, акультуратә ԥшьгамҭақәа Рфонд ацхыраара анаҭоит.
Искандер ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аԥхьахә аиура алшоит хьыӡҳәала: "Апроза", "Апоезиа", "Акиносценарии адраматургиеи", "Ахәыҷқәеи ақәыԥшцәеи рзы апроза", "Аиҭага". Аԥхьахә ҭыԥқәа ирыԥсахо шәкы-шәк нызқь мааҭ роуеит.

Аҟазацәа реицлабра

Даҽа культуратә хҭысхеит Аоператә шәаҳәаҩы Хьыбла Герзмааԥҳа илаԥшьгамҭоу авокалистцәа рыбжьара жәларбжьаратәи аиндаҭларахь азыҳәақәа рыдкылара иахьалагаз.
Азыҳәақәа рыдыркылоит цәыббра 30 рҟынӡа. Алахәылацәа аиҿкааҩцәа ирзынарышьҭроуп авидео ма авидео ахь азырха – ҟазшьала еиԥшым ариақәа ҩба, аоригинал бызшәала иахьынарыгӡо.
Хибла Герзмава - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.06.2022
Аԥсны
Хьыбла Герзмааԥҳа авокалистцәа рыбжьара аиндаҭларахь иаԥылҵаз азыҳәақәа рыдкылара иалагеит
Аиндаҭларақәа ирылахәхар ҟалоит 18-35 шықәса зхыҵуа, апрофильтә ҵара змоу ма истуденту.
Аиндаҭлара мҩаԥгахоит иара убасгьы амузыкатә ҵара ҷыда змоу 22 – 35 шықәса зхыҵуа аконцертмеистерцәеи астудентцәеи рыбжьарагьы.
Аԥышәара алкаақәа рыла актәи атур ахь инеиуеит 16-ҩык авокалистцәеи 16-ҩык аконцертмеистерцәеи. Урҭ рыхьӡқәа рылаҳәахоит жьҭаара 17 азы.

Аԥсадгьыл аԥсахра

Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура рашәара 3 рзы 28 шықәса зхыҵуа Тҟәарчал анхаҩы Даур Буаа иԥсадгьыл иԥсахит ҳәа ашьаус хацнаркит. Уажәы иара Қырҭтәыла дыҟоуп.
Заанаҵтәи ашьаусҭҵаара адыррақәа рыла, Буаа 2021 шықәса жьҭаарамзазы асоциалтә ҳа "Tik Tok" аҿы иҭеигалон иаартны, иара убас ҽымдыр ҟаҵангьы Аԥсны асуверенитет, аҵакыратә акзаара, аҳәынҭқарратә шәарҭадара, атәылахьчаратә лшара ааха рызҭашаз ааԥхьарақәа зныз авидеонҵамҭақәа.
АШәМ иазгәанаҭоит иара ианҵамҭақәа Аԥсны автономтә республика аҳасабала Қырҭтәыла иадларц, иара уи аконституциаҿы азинтә статус шьақәырӷәӷәазарц апропаганда аадырԥшуеит ҳәа.
Уаанӡа Буаа иганахьала Урыстәыла аҵакыраҿы афедералтә шьҭазаара рылаҳәан мҽхакы ҭбаала анаркотикқәа раахәареи рыҵәахреи рзы.
Милиция МВД - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.06.2022
Аԥсны
Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура Тҟәарчал анхаҩы иԥсадгьыл иԥсахит ҳәа ашьаус хацнаркит

Ашьапылампыласцәа хәыҷқәа рзы аҳамҭа

Ахәыҷқәа рыхьчара Амш аҽны Аҟәа иаадыртит аҳаскьынхаҭа зқәыиаауа ашьапылампыласырҭа адә маҷ. Иара ақалақь ҳамҭас иаиҭеит анаплакҩы Гиви Чамагәуа.
Чамагәуа еиҭеиҳәеит ари адәы аргылара зиҭаххаз, даныхәыҷыз ари адәаҿы дыхәмарлон, аха усҟан амашьынақәа маҷын, уажәы урҭ анырацәаха, адәы хкаазар ахьиҭаххаз азы.
Открытие нового мини-футбольного поля в Сухуме  - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.06.2022
Аԥсны
Аҟәа иаадыртит ашьапылампыласырҭа адә маҷ
Адә маҷ аҿы аҳаскьын аауеит. Уи ажәла ҷыдала Голландиантәи иааган. Ашьацркыра ишақәнагоу иҟаларцаз дахылаԥшуан агроном Виктор Ҵулукьиа. Иара акыр ашьапылампылтә дәқәа аус рыдиулахьеит, астадион "Фишт" назлоу.
Уаанӡа Ҵулукьиа агрономс дыҟан Казан ашьапылампылтә клуб "Рубин" астадион аҿы. Виктор ииааӡаз аҳаскьын иҩуа иқәын Лионель Мессии егьырҭ ахәмарыҩцәеи.

90-тәи ашықәсқәа рыгәхьаагара

Лаҵара 31 рзы Афон ҿыц ақалақь аҟны аԥхынтәи аԥсшьара аамҭа алагамҭаз имҩаԥысит аконцерт. Уа иқәгылеит урыстәылатәи амузыкатә гәыԥқәа "На-На", "Стрелки", "Комбинация", "Божья коровка", Зара.
Афон ҿыц астадион аҿы амузыкантцәа ирзыӡырҩырц инеиуан ҭаацәала, аиҩызцәа еицны, иара убас издыруаз, изаҳаз, ииасны ицоз аӡәырҩы.
Праздничный концерте в Новом Афоне - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.06.2022
Аԥсны
Афон ҿыц аԥхынтәи асезон аадыртит Урыстәылатәи ашәаҳәаҩцәа рконцерт ала
Аконцерттә программа аанартит агәыԥ "Божья коровка", дара ирҳәеит рхит хада - "Гранитный камушек".
Анаҩс агәыԥ "Стрелки" ахкынагӡаҩцәа инарыгӡеит: "Ты бросил меня", "На вечеринке". Агәыԥ "Комбинация" ашәақәа "Бухгалтер", "Два кусочка колбаски" еизаз ирыцырҳәон.
Аконцерт хнаркәшеит агәыԥ "На-На" "Фаина" ашәа ала.

Харитон Агрба ииааирақәа

Ари амчыбжь иалагӡаны аԥснытәи абоксиор Харитон Агрба ҩынтә аиԥыларақәа мҩаԥигеит, аҩынтә раангьы аиааира игеит.
Рашәара 1 азы Харитон Агрба дииааит Авак Узлиан, Евразиатәи абокс азы апарламент ачемпион ҳәа атитулгьы иоуит. Рашәара 5 рзы актәи атур аҟны аиааира игеит апрофессионалтә бокс азы Урыстәылеи Америкеи рыбжьара "Аинтерконтиненталтә храҿа" аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысуаз аиндаҭлараҟны.
Харитон Агрба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.06.2022
Аԥсны
Харитон Агрба "Аинтерконтиненталтә храҿа" азы аиааира игеит
Аԥснытәи абоксиор дықәгылеит урыстәылатәи акоманда даланы 68 кьыла зыкапан ыҟаз рыбжьара. Иара диндаҭлон венесуелатәи аспортсмен Мичел Маркано.
"Аинтерконтиненталтә храҿа" иазықәԥоит Урыстәыла, Африка, Азиа, Америка ркомандақәа. Аиндаҭлара мҩаԥысуеит мчыбжьык ахьынтәи знык, анаҩстәиқәа мҩаԥгахоит рашәара 11, 18, 25 рзы.

Женеватәи аиҿцәажәарақәа рхацыркра

Иҳаҩсыз амчыбжь азы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәба Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа дырԥылеит.
"Хәажәкырамзазы имҩаԥысраны иҟаз араунд аамҭа иахыган ацхантәаҩцәа раԥшьгамҭала. Ҳақәгәыӷуеит иахьазы иҟоу азҵаарақәа зегь ҳаицрықәшаҳаҭны рашәарамзазы иазԥхьагәаҭоу араунд амҩаԥгара алыршахап ҳәа", - иҳәеит иара.
Ҭыжәба иҳәеит Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи женеватәи аиҿцәажәарақәа рымшхәаԥштә аконсервативтә ҟазшьа амоуп, избанзар иара апунктқәа реиҳарак еиҭакрыда иаанханы иҟоуп ҳәа.
"Апроцесс зегьы азеиԥш ҳара ҳазгьы ипроблеманы инханы иҟоуп арегион, ҳреспублика иахьрыҵаркуа ашәарҭадара аиҿкаара азҵаара. Ҳара уи амч ахамырхәаразы Қырҭтәылеи Аԥсни рыбжьара аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра иадаҳҳәалоит. Аха иҳәатәуп ақырҭуа делегациа ҳажәалагалақәа рылацәажәара мап шырцәыркуа абри азҵаара аганахь ала", - иҳәеит иара.
Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи женеватәи аиҿцәажәарақәа 56-тәи рраунд 2022 шықәса хәажәкыра 29-30 рзы имҩаԥысраны иҟан, аха ацхантәаҩцәа раԥшьгамҭала уи ҟамлеит.
Заместитель министра иностранных дел Абхазии Ираклий Тужба провел встречу с сопредседателями Международных женевских дискуссий по безопасности и стабильности в Закавказье. - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.06.2022
Аԥсны
Женеватәи аиҿцәажәарақәа рашәарамзазы еиҭахацыркхар ҟалоит
Ажәабжьқәа зегьы
0