Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Sputnik амчыбжь: ауалафахәқәа рышьҭыхра, Урыстәылатәи аделегациа, Аҟәа амш

© Sputnik / Томас Тхайцук Президент Абхазии Аслан Бжания и глава российской делегации Игорь Маслов
Президент Абхазии Аслан Бжания и глава российской делегации Игорь Маслов  - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.07.2022
Анапаҵаҩра
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны иазнархиеит рашәара 27 инаркны ԥхынгәы 3 рҟынӡа ареспубликаҿ аҭыԥ змаз ахҭысқәа реизак.
Ииасыз амчыбжь азы Аԥсны аиҳабыра аӡбара рыдыркылеит атәыла ауааԥсыра ркатегориақәак руалафахәы шьҭыхзарц, ареспубликахь даан дыҟан Урыстәыла ахада иҿы иҟоу Аҳәаанырцә тәылақәа арегионбжьаратәи акультуратәи хырхарҭақәа рҿы рыҽрымадаразы Аусбарҭа аиҳабы Игор Маслов, Аҟәа Ахақәиҭра ашҭаҿы ихыркәшоуп амлашьратә акциа. Арҭи егьырҭ ахҭысқәеи Sputnik аматериал аҿы.

Амлашьра аанкыларазы

Абылтәы ахәԥса ахалара даҿагыланы млашьра Ахақәиҭра ашҭаҿы амшьамбаҿы итәаз ауаажәларратә усзуҩ Џьансыхә Адлеиба 17 мшы рышьҭахь иакциа ааникылеит рашәара 28 рзы.
Акциа ахьымҩаԥигоз аҭыԥ аҿы ауаа рацәаны еизеит рашәара 28 рзы. Уи аҽны шьыжьымҭан атәыла ахада Аслан Бжьаниа Адлеиба иҿы днеины диҳәеит акциа игәабзиара иаԥырхагамхарц азы иааникыларц, иҳәеит аицәажәара дшазыхиоу.
Ахәылбыҽха Адлеиба еизаз иреиҳәеит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа иҟынтәи ауаа ааины адырра ширҭаз ҩымчыбжьа рыҩнуҵҟа абылтәы ахә аларҟәра азҵаара шыӡбахо.
Активист ҩымчыбжьа аԥшра сазыхиоуп иҳәеит, атәыла анапхгара ирҳәаз ражәа нарыгӡаҵәҟьозар, абылтәы, адизель, агаз рыхә Шәача ишыҟоу еиԥш иладырҟәуазар, ус анакәымха, акциа ҩаԥхьа далагоит ҳәа.
Джансух Адлейба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.06.2022
Аԥсны
Џьансыхә Адлеиба амлашьратә акциа ааникылеит
Ҽнак уи аԥхьа Апарламент Аминистрцәа реилазаара абжьагара анаҭеит ԥхынгәы 7 рҟынӡа аекономикатә ҵаҵӷәы аҭаны абылтәы ахәԥса аҭышәнартәалараз хра змоу аполитика амҩаԥгараз ауснагӡатәқәа аднакыларц.
Жәлар Реизара иара убасгьы Аминистрцәа реилазаара иабжьанагеит анефҭ аалыҵ ахкқәак рыхәԥсақәа рганахьала мшаԥымзазы ирыдыркылаз ақәҵара аԥырхырц.
Адепутатцәа ирыдыркылаз ақәҵара инақәыршәаны, ҩымчыбжь рыҩнуҵҟа аиҳабыра ахәаԥшразы иаздырхиароуп адокумент ҿыц.
Аминистрцәа реилазаара ирабжьыргаз анынармыгӡа, апарламентарицәа Аԥсны азакәанԥҵара инақәыршәаны уи азхьаԥшра арҭоит.
Заседание  - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.06.2022
Аԥсны
Апарламент Аминистрцәа реилазаара ирабжьнагеит ԥхынгәы 7-нӡа абылтәы ахәԥса еиқәдыртәарц

Урыстәылантәи аделегациақәа

Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Вольвач зхадараҿы дыҟоу аделегациа Аԥсны иаҭааит рашәара 28 рзы. Дара Аинвестпрограмма ахарџьқәа рыла еиҭашьақәдыргыло аобиектқәа ирҭааит.
Аделегациа Гәылрыԥшь араион Кациқыҭ зыргылара иаҿу агәамсамеизакырҭа, астанциа маҷ "Алаҳаӡы", Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аҟәатәи аҳаиртә баӷәаза иаҭааны ирбеит. Анаҩс аделегациа Аҟәаҟа ихынҳәит. Уа еиԥылеит Дмитри Вольвачи Аслан Бжьаниеи.
Дмитрий Вольвач - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.06.2022
Аԥсны
Вольвач Аԥсны имҩаԥигаз аусуратә еилацәажәарақәа рылҵшәақәа дырзааҭгылеит
Рашәара 30 рзы Аԥсны иаҭааит Урыстәыла ахада иҿы иҟоу Аҳәаанырцә тәылақәа арегионбжьаратәи акультуратәи хырхарҭақәа рҿы рыҽрымадаразы Аусбарҭа аиҳабы Игор Маслов зхадараҿы дыҟоу аделегациа. Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба аурыс-аԥсуа ҳәааҿы Аҳәаа ахысра армариаразы иҟаҵатәу азҵаарақәа рзы иарку аилацәажәара мҩаԥигеит.
Анаҩс, атәыла анапхгареи иареи аиԥыларақәа анымҩаԥырга, Игор Маслов атәыла ахада Аслан Бжьаниа дицны Аԥсны мрагыларатәи ахәҭаҿы Аинвестпрограммала еиҭашьақәдыргыло аобиектқәа ргәаҭара ицеит. Дара аҭааит Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аҟәатәи аҳаиртә баӷәаза, Бедиатәи ауахәама, Мықәтәи ауахәама, Лабра ақыҭан еиҭаҳау аӡахәааӡарҭа, Очамчыратәи амшын баӷәаза, "Тамшь Village" ирҭааит.
Аслан Бжьаниа Игор Маслов Аԥсныҟа иаара дахцәажәеит - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.07.2022
Аԥсны
Аслан Бжьаниа Игор Маслов Аԥсныҟа иаара дахцәажәеит

Аҟәа Амш

Ԥхынгәы 3 рзы Аҟәа 2506 шықәса ахыҵра азгәарҭон. Аныҳәа иалагеит асааҭ 12:00 рзы аҳҭнықалақь ахадара аҿаԥхьа иҟоу Ефрем Ешба ихьӡ зху апарк аҿы, ара имҩаԥысит ахәыҷбаҳчақәа рааӡамҭацәа рконцерт, иара убас асахьақәа рконкурс, асахьақәеи анапкымҭақәеи рцәыргақәҵа, ауаҩы иоура зоуроу акьанџьақәа ршоу.
В Сухуме отмечают 2506-летие города - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.07.2022
Аԥсны
Аҟәа аирамш: Аԥсны аҳҭнықалақь 2506 шықәса ахыҵра азгәарҭоит
Анаҩс Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр аҿаԥхьа иҟоу апарк аҿы иаатит "Аҟәа" захьӡу афотоцәыргақәҵа. Уа аҳҭнықалақь анхацәеи асасцәеи ирбарҭан ажәашықәсақәеи ашәышықәсақәеи рыла Аҟәа иахҭысуаз аҽыԥсахрақәа.
Фотовыставка ко Дню Сухума открылась на набережной столицы  - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.07.2022
Аԥсны
Аҟәа амшныҳәа аҳаҭыр азы аԥшаҳәаҿы ацәыргақәҵа аатит
Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәаҟны аевкалипт ду амҵан иқәгылеит ашәаҳәара-инструменталтә ансамбль "Гәында". Иара убри аамҭазы аихамҩа аангыларҭа "Гәыма" аҿы акинотеатр аусура иалагеит, уа иахәаԥшыр рылшон Аҟәа иазку акинофильмқәа. Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәаҿы иҟоу Сергеи Багаԥшь ихьӡ зху ашҭаҿы еиҿкаан аныҳәатә усмҩаԥгатә "Сықалақь Аҟәа", анаҩс - агәырӷьаратә салиут, асааҭ 22:00 рзы - агәыԥ Red Rocks аконцерт.
Вокально-инструментальный ансамбль Гунда дал концерт в честь Дня Сухума  - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.07.2022
Аԥсны
Ашәаҳәара-инструменталтә ансамбль "Гәында" Аҟәа Амш иазкыз аконцерт мҩаԥыргеит
Ақалақь амш иазку аныҳәа традициа бзиахеит Аҟәа. Есышықәса Аҟәа ақалақь амш азгәарҭоит ԥхынгәымза раԥхьатәи асабшазы, аха сынтәа уи Тамшьтәи адесант аныӡхыҵыз амш иахьақәшәаз азы амҽышахь ииагазарц ӡбан.
Мой город Сухум: концерт в честь 2056-летия столицы состоялся на площади Багапша  - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.07.2022
Аԥсны
Сықалақь Аҟәа: аҳҭнықалақь 2506 шықәса ахыҵразы аконцерт мҩаԥган Багаԥшь ихьӡ зху ашҭаҿы

Михаил Мишустин инапынҵа

Рашәара 29 рзы Урыстәыла аԥыза-министр Михаил Мишустин Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистрра анапы ианиҵеит аԥснытәи агани дареи рнапы аҵарҩырц "2022-2025 шш. рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра асоциал-економикатә ҿиара Аҳәынҭқарратә программа анагӡараҿ ацхыраара аҟаҵаразы" аиқәшаҳаҭра.
Аиқәшаҳаҭра хықәкыс иамоуп Аԥсны аҿиара ацхраара, хнырҳәрадатәи афинанстә цхыраарагьы абрахь иналаҵаны.
Аԥсны-урыстәылатәи аиҳабырабжьаратә комиссиа аӡбарала, аԥарақәа рныхра алшоит ауалафахәқәа рышьҭыхраз, Аԥсны инхо Урыстәыла ауааԥсыра хәшәыла реиқәыршәараз, аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа техникала реиҿкаараз, АШәМ аусзуҩцәа руалафахәқәеи ртәанчахәқәеи рышьҭыхраз уҳәа егьырҭ ахырхарҭақәа рзы.
Премьер-министр РФ М. Мишустин провел заседание комиссии по устойчивости экономики - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.06.2022
Аԥсны
Мишустин анапынҵа ҟаиҵеит Аԥсны аҿиаратә программаз аиқәшаҳаҭра нап аҵаҩызарц

Ауалафахәқәа рышьҭыхра

Аԥсны Аминистрцәа реилазаара агәабзиарахьчара, аҵарадырра, аҭҵаарадырра, аспорт, акультура, асоциалтә маҵзура аусзуҩцәа 2022 шықәсазы руалафахәы ашьҭыхразы ақәҵара рыдыркылеит.
Адокумент инақәыршәаны арҵаҩцәа руалафахәы 25 186 мааҭ инаӡароуп, ахәыҷбаҳчақәа рааӡаҩцәа - 20 900 мааҭ, ашколқәранӡатәи арҵаҩцәа - 22 000 мааҭ, алагарҭатә ҵареи абжьаратә занааҭҵарҭеи рырҵаҩцәа - 22 900 мааҭ.
Иреиҳау аҵараиурҭақәа рырҵаҩцәа - 34 900 мааҭ, аҭҵаарадырратә усзуҩцәа - 30 000 мааҭ, аҳақьымцәа - 34 000 мааҭ, амедицина абжьаратә усзуҩцәа - 20 300 мааҭ, иеиҵоу амедперсонал - 20 500 мааҭ, акультура аусзуҩцәа рперсонал хада - 16 600 мааҭ, асоцусзуҩцәа -14 500 мааҭ.
Арҭ ахықәкқәа ирзыԥхьагәаҭоуп 1 миллиардки 600 нызқь мааҭ.
Продавец на рынке пересчитывает деньги - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.07.2022
Аԥсны
Делба: абиуџьет усзуҩцәа ашықәс алагамҭа инаркны ироушаз руалафахәы рзахырыԥхьаӡалоит

Аԥсны ацәыӡ

Еицырыруа урыстәылатәи, аԥснытәи абизнесуаҩ, амеценат Евгени Палант дыԥсны дырбеит Подмосковье иҩны рашәара 27 рзы.
Урыстәыла ашьаусҭҵааратә Еилакы аусзуҩцәа Паланти иԥҳәыси рыԥсыбаҩқәа рбеит аҩнуҵҟала иаркыз ауадаҿы. Ашьаусҭҵаара хацыркуп.
Евгений Палант - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.06.2022
Аԥсны
Абизнесуаҩ, амеценат Евгени Палант дыԥсны дырбеит Москва иуаҭах аҿы
Аԥсны ари ажәабжь бааԥс гәалсра дула ирыдыркылеит. Палант Аԥсны акультуреи анаплакратә усуреи рырҿиара дацхраауан, иара аԥснытәи амобилтә оператор "А-мобаил" ацхантәаҩыс дыҟан.
Ԥхынгәы 1 азы "А-Мобаил" аофис хадаҿы Евгени Палант абзиараз иаҳәараз ацеремониа мҩаԥган.
Евгени Палант - 48 шықәса зхыҵуа абизнесуаҩ, аинжинирингтә еилахәыра "Инсталсаит" аҟны ахәҭаа иман, аԥснытәи амобилтә оператор "А-мобаил" ацхантәаҩыс дыҟан. Уи адагьы аԥсуа культура арҿиара дацхраауан, Аԥсны Аҳәынҭқарра датәылауаҩын.

Рауф Лакоба изкыз ацәыргақәҵа

Нестор Лакоба иҭоурых-мемориалтә музеи аҿы рашәара 28 рзы иаатит аԥсуа политик иҷкәын - Рауф Лакоба диижьҭеи 100 шықәса аҵра аҳаҭыраз афотосахьақәа рцәыргақәҵа.
Ацәыргақәҵахь инаган Нестор Лакоба иҭаацәа рфотосахьақәа, аҭоурыхтә кадрқәа, Аԥсны анапхгаҩи СССР иреиҳаӡоу апартиатә напхгара - Иосиф Сталин, Лавренти Бериа уҳәа еицҭырхыз афотосахьақәа.
Ауснагӡатә мҩаԥысит Лакоба имҩа аҩны №32 аҿы. Ара инхон аԥсуа политик иҭаацәеи иареи.
Выставка, посвященная Рауфу Лакоба в Сухуме  - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.06.2022
Аԥсны
Рауф Лакоба изку ацәыргақәҵа аатит Аҟәа
Рауф Лакоба диит 1922 шықәса рзы. 1937 шықәса жьҭаара 31 рзы дырбаандаҩын 15 шықәса зхыҵуаз Рауф, ԥшьышықәса инарзынаԥшуа Аҟәа, Қарҭ, Москва абахҭақәа рҿы дҭакын. Иара ицҭакын "Аԥсуа рԥарцәа рус" иаҵанакыз иара иқәлацәа Николаи Лакоба, Ҭенгиз Лакоба, Николаи Иналиԥа. Аҷкәынцәа аконтрреволиуциатә террористтә ус рнапы алакын ҳәа ахара рыдҵан ашьра рықәҵан. Ԥхынгәы 28, 1941 шықәсазы Рауф, Николаи, Ҭенгьиз рыԥсҭазаарақәа ҿахҵәан.
Ажәабжьқәа зегьы
0