Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Sputnik амчыбжь: ахада ихынҳәра, COVID Аԥсны, Ауаажәларратә хеилак аилатәара

© Sputnik / Илья ПиталевСотрудник Диагностического центра лабораторных исследований Депздрава Москвы проводит пцр-исследование
Сотрудник Диагностического центра лабораторных исследований Депздрава Москвы проводит пцр-исследование - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.09.2022
Анапаҵаҩра
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны иазнархиеит цәыббра 12-18 рзы аҭыԥ змаз ареспубликаҿы иналукаашаз ахҭысқәа.
Ииасыз амчыбжь азы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Нхыҵ Кавказ ареспубликақәа рахь иныҟәара хиркәшеит, Аҟәа аусура далагеит ареспублика Башкорҭосҭан ахаҭарнак, ашьаус хацдыркит атәыла асанитар ҳақьым хада Лиудмила Скорик лганахь ала. Арҭи егьырҭи аматериалқәа Sputnik аҿы.

Аусутә ныҟәарақәеи аиԥыларақәеи

Аслан Бжьаниа Нхыҵ Кавказ ареспубликақәа рҿы иҟазаара хиркәшеит. Цәыббра 6 - 12 рзтәи иусутә ныҟәараан Аԥсны ахада Нхыҵ Кавказ ареспубликақәа - Адыгеиа, Ҟабарда-Балкариа, Ҟарачы-Черкесиа дырҭааит.
Цәыббра 16 азы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи ацифратә економикеи аинновациақәеи, аимадарақәеи, АИХқәеи, акультуреи, атуризми, аспорти рзы Урыстәыла аиҳабыра рхантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Дмитри Чернышенкои реиԥылараан иалацәажәеит Аԥсны атуристтә усхк азҵаарақәа.
Бжьаниеи Чернышенкои ареспублика аинфраструктура, Аҟәатәи аҳаиртә баӷәаза ирылацәажәеит, Аԥсны аекономикатә ҿиареи аизҳазыӷьареи ирышьаҭаны иазыԥхьаӡо.
Президент Аслан Бжания встретился с Заместителем Председателя Правительства РФ Дмитрием Чернышенко - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.09.2022
Аԥсны
Бжьаниеи Чернышенкои Аԥсны атуристтә усхк иалацәажәеит
Аҵакы змоу аинвестициатә проектқәа мҩаԥысуеит, еизҳауеит Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара атауареикәыршара, ари акраҵанакуеит, сара арахь саара хықәкыс иамоуп Аԥсны атуристтә усхк азҵаарақәа рылацәажәара ҳәа иҳәеит иара. "Аԥсны Асовет Еидгыла абырлашқәа иреиуоуп. Хыԥхьаӡара рацәала арахь иаауеит урыстәылатәи атуристцәа", - иҳәеит Дмитри Чернышенко.
Дмитри Чернышенко иҳәеит урыстәылаа иахьа имшәакәа аԥсшьара ахьрылшо аҩыза-тәылақәа рҿоуп ҳәа. Урыстәыла ҩызас изхәаԥшуа Аԥсны урыстәылаа рныҟәарақәа рзы иҭыԥ шьахәуп.
Граница Абхазии и России с воздуха  - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.09.2022
Аԥсны
Чернышенко еиҭеиҳәеит аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" анеиҭашьақәыргылахо

Аусутә еимадарақәа

Аҟәа аусура далагеит ареспублика Башкортосҭан адәныҟаекономикатә еимадарақәеи аконгресстә усуреи рминистрра ахаҭарнак Олег Назаров. Иара арадио Sputnik Аԥсны иазеиҭеиҳәеит Ахаҭарнакра хықәкыси уснагӡатәыси иамоуп ареспубликақәа рыбжьара атауареикәыршара аизырҳара ҳәа.
"Уфеи Аҟәеи аиашьара рыбжьоуп. Ҳәарада, аизыҟазаашьақәа ҳарҿиар ҳҭахуп. Ахаҭарнакра хықәкыси уснагӡатәыси иамоуп ареспубликақәа рыбжьара атауареикәыршара аизырҳара ", - иҳәеит Назаров.
Иара иазгәеиҭеит аусеицура иарҿиар шалшо атуризм, ахәыҷқәа рыԥсшьара уҳәа реиԥш иҟоу ахырхарҭақәа.
Флаги Башкиртастан, России и Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.09.2022
Аԥсны
Башкириа ахаҭарнак Аԥсни Башкириеи русеицура ахьалшо аусхкқәа дрылацәажәеит

Акоронавирус Аԥсны

Аԥсны ԥхынгәымза азбжа инаркны ԥшьнызқьҩык инареиҳаны COVID-19 рыхьхьеит. Абри атәы арадио Sputnik аефир аҟны иҳәеит атәыла Асанепидмаҵзура аиҳабы инапынҵақәа назыгӡо Асҭан Аҩӡба.
"Ԥхынгәымза азбжа инаркны ашәҟәы иҭаҳгалоз иаҳнарбеит аҿкчымазара зыхьуа рхыԥхьаӡара аизҳара. Нанҳәымза азбжазы зынӡа ишьҭыҵит, анаҩс арбагақәа ашьшьыҳәа илаҟәуа иалагеит. Уажәы уаанӡатәи арбагақәа ирҿырԥшны алаҟәра иаҿуп", - иҳәеит иара.
Аҩӡба иазгәеиҭеит, хықәкыла иарбоу арбагақәеи иҟаҵәҟьоуи еиқәымшәуазар шауа. Ачымазара имарианы иахьымҩасуа азын ирацәаҩуп анализқәа азымҭо, амедусбарҭақәа рахь имнеиуа.
COVID-19 ацәқәырԥа ҿыц Аԥсны иалагеит ԥхынгәымза азбжазы. Апандемиа аамҭазы ҳтәылаҿы 75 нызқьҩык инреиҳаны аҽкчымазара рыхьит.
Госпиталь для лечения больных Covid-19 - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.09.2022
Аԥсны
АЕМ: ԥхынгәымза азбжа инаркны Аԥсны ԥшьнызқьҩык инареиҳаны COVID-19 рыхьхьеит

Пицундатәи аҳәынҭдачаз аиқәшаҳаҭра

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟынтәи анота аиуит аҳәынҭдача "Пицунда" иазку Аиқәшаҳаҭраз.
Аԥсны ААР анота Апарламент, апартиақәа рнапхгаҩцәа, ауаажәларратә еиҿкаарақәа, абыргцәа Рхеилак анапхгара иднардыруеит.
Здание Министерства иностранных дел РФ - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.09.2022
Аԥсны
Аԥсны ААР Урыстәыла ААР аҟынтә анота аиуит аҳәынҭдача "Пицунда" иазку Аиқәшаҳаҭраз
Урыстәыла иазԥхьагәанаҭоит Аиқәшаҳаҭра ахәҭаҷ 4 аҟны иарбоу аргылара, адгьылҭыԥқәа, амшын аӡымҽхакыра Урыстәыла азакәанԥҵара инақәыршәаны аҳәынҭқарратә хьчара иаҵанакуа ахаҿқәа злахәу аҳәынҭуснагӡатәқәа рымҩаԥгареи рыԥсшьареи мацара рзы ахархәара рыҭазарц ҳәа иҳәоит Аԥсны ААР аминистр Инал Арӡынба.
"Аҳәынҭқарратә хьчараз" афедералтә закәан ахәҭаҷқәа 7, 8 инарықәыршәаны аҳәынҭқарратә хьчара иаҵанакуеит атәыла анапхгара. Адачахь иааир рылшоит Урыстәыла ахада, аиҳабыра рнапхгаҩы, Аҳәынҭдумеи Афедерациатә хеилаки рхантәаҩцәа, Аконституциатәии Иреиҳаӡоуи аӡбарҭақәа рхантәаҩцәа, Апрокурор хада, Ашьаусҭҵааратә еилакы аиҳабы ҳәа иҳәеит Арӡынба.
Город курорт Пицунда  - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.09.2022
Аԥсны
Инал Арӡынба Пицундатәи аҳәынҭдачаз Аиқәшаҳаҭра ахҳәаа аиҭеит

Аԥсны ААР аҿы еиҿкаау Ауаажәларратә хеилак аилатәара

Цәыббрамза 15 рзы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны иҟоу Ауаажәларратә хеилак инарҭбаау аилатәара мҩаԥысит.
Аилатәара аҳәаақәа ирҭагӡаны ирыхәаԥшын Аԥсны Аҳәынҭқарра Донбасс ацхыраара аҭара азҵаареи Аԥсни Донецктәи жәлар рреспубликеи Лугансктәи жәлар рреспубликеи реизыҟазаашьақәа рызҵаареи.
Иара убасгьы ирылацәажәан Аԥсны иҟоу жәларбжьаратәи еиҳабыратәым аиҿкаарақәа, ООН амаҵзурақәа русура аспектқәа, русура ҭышәынзыртәало азакәан апроект аус адулара азҵаарақәа.

Ашьаусҭҵаарақәеи ахҭысқәеи

Аԥсны Апрокуратура хада ашьаус хацнаркит ԥыхьатәи Аԥсны асанитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорик лганахьала. Ԥыхьатәи Аԥсны асанитартә ҳақьым хада х-миллион мааҭк аҳәынҭқарратә мазара лтәылтәит ҳәа агәҩара рымоуп.
Ашьаус хацыркуп амаҵуратә напынҵақәа ҩынтә рхыҳәҳәареи аҳәынҭқарратә мазара ԥшьынтә ахатәтәреи аныхреи мҩаԥылгеит ҳәа.
Людмила Скорик  - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.09.2022
Аԥсны
Аԥсны Апрокуратура хада Лиудмила Скорик лганахьала ашьаус хацнаркит
Жәларбжьаратәи ашьҭазаара змаз Таџьикисҭан атәылауаҩ Махамадиусуф Касиров Аԥсны, Афон ҿыц ақалақь аҿы дааныркылеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны ААР.
20 шықәса зхыҵуа ахаҵа Таџьикисҭан Ашьаустә закәанеидкыла ахәҭаҷ 307.3 ахәҭа 2 иаҵанакуа ацәгьоурақәа (аекстремисттә усура аиҿкаара) дрылахәуп ҳәа агәызҩара ыҟоуп.
Касиров иԥшааразы Урыстәыла ААР жәларбжьаратәи аусеицура Аусбарҭаҟынтәи аинформациа аашьҭын цәыббра 8 рзы. Цәыббра 13 рзы изышьҭаз ахаҿы азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа дааныркылеит.
Наручники  - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.09.2022
Аԥсны
Жәларбжьаратәи ашьҭазаара змаз Таџьикисҭан атәылауаҩ Аԥсны дааныркылеит
Аԥсны Атранспорттә прокуратура агәаҭара мҩаԥнагоит жәеиза шықәса зхыҵуаз Сара Ахвледиани лҭахара инамаданы.
Аӡӷаб ацара иаҿыз адәыӷба Аҟәа - Санкт-Петербург даҵахеит цәыббра 13 асааҭ 22:30 рзы. Уи ҟалеит Гагра-Бзыԥ ирыбжьанакыз амҩаҿы 27 акилометр апикет №5 аҿы.
Железнодорожные пути  - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.09.2022
Аԥсны
Аԥсны Атранспорттә прокуратура агәаҭара мҩаԥнагоит аӡӷаб қәыԥш лҭахара аҵыхәала
Тҟәарчал араион аӡиа Аалӡга аԥшаҳәаҟны 1989 шықәсазы ииз Константин Афанасиади дҭахеит. ҳәа аанацҳауеит Аԥсны АҶА апресс-маҵзура.
Аусбарҭаҿ ишазгәарҭо ала, аус иуан аӡиа иахыкнаҳаз "тарзанка" аҟны. Иара ԥҵәан даман алада ианҭала ихы ахаҳә иаахеит.
Страны мира. Абхазия - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.09.2022
Аԥсны
Тҟәарчал араион Аалӡга аԥшаҳәаҟны хаҵак дҭахеит

Азинмчуаа рҽазыҟаҵарақәа

Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура атеррористҿагылартә ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргоит цәыббра 15-27 рзы, Аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥгахоит Аҟәа, амшынбаӷәаза иахьаҵанакуа.
"Аҳәара ҟаҵоуп ақалақь ауааԥсыреи асасцәеи ауҳәансҳәан иазымӡырҩырц, имшәарц, ааигәа иҟоу аҳәынҭусбарҭақәа русзуҩцәеи аҩнеихагылақәа рҿы инхо ауааи агәаҽанызаара аадырԥшырц.
Учения абхазских силовиков провели в Сухуме  - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.09.2022
Аԥсны
Аҟәа атеррористҿагыларатә ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥгахоит

"Аӡыхь" Очамчыра

Очамчыра аныҳәатә ҭагылазаашьа аԥҵаны ахәыҷбаҳча "Аӡыхь" аартра мҩаԥысит.
Ахәыҷбаҳча Аинвестпрограмма 2017-2019 ала иргылоуп, 120-ҩык ахәыҷқәа рҭыԥ амоуп. Аргылара нап аркын 2017 шықәсазы, апроекттә хәыԥса 129 миллион мааҭ ыҟоуп.
Аргылара 2019 шықәсазы ихыркәшазар акәын, аха агхақәа рацәаны иахьаарԥшыз азы ахыбра рыдрымкылеит.
В городе Очамчыра состоялось торжественное открытие детского сада Адзыхь. - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.09.2022
Аԥсны
Очамчыра иаадыртит ахәыҷбаҳча "Аӡыхь"
Ажәабжьқәа зегьы
0