Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Sputnik амчыбжь: "Аҽгәара" аиԥҟьара, аиҩызцәа реинырра, Аштаб хада аиҳаб ҿыц

© Foto / Facebook/РУП "Черноморэнерго"ВЛ Калдахуара
ВЛ Калдахуара  - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.11.2022
Анапаҵаҩра
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны иазнархиеит жьҭаара 31 инаркны абҵара 6 рҟынза иалкаахаз амчыбыжь ахҭысқәа.
Ииасыз амчыбжь азы авольтҳарак-цәаҳәа "Аҽгәара" ааха аиуит, Аԥсны ахәҭак лашарада иаанхеит, Аԥсныҟа иааит Белоруссиеи Урыстәылеи Реидгыла ҳәынҭқарра Апарламент аделегациа, ахада Атәылахьчара аминистрра Аштаб хада аиҳаб ҿыц деиҭеит. Арҭи егьырҭ ажәабжьқәеи Sputnik аҿы.
Сариа Кәарцхьиаԥҳа, Sputnik

"Аҽгәара" аиԥҟьара

Ииасыз амчыбжь, абҵара 1 азы авольтҳарак-цәаҳәа "Аҽгәара" ааха аиуит, уи иахҟьаны Аԥсны ахәҭак лашарада иаанхеит. Абҵара 2 рзы шьыжьнаҵы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа еиҭарылагеит. Уи аамҭазы алашара Урыстәылантә иаарышьҭуан.
Абҵара 3 рзы адырра ҟаҵан ацәаҳәаҿы аусурақәа зегь хыркәшоуп ҳәа, аха асааҭ 18:00 еиҭахгьы афымцалашара ааха иаиуз иахҟьаны ицәеит.
Лашарада иаанхаз араионқәа рҿы аԥкрақәа алагаланы алашара рзынарышьҭуан.
Абҵара 4 рзы ацәаҳәа ахьанҭара иацҵан. Иара уи ашьҭыхра алшеит.
Линии электропередач - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.11.2022
Аԥсны
Озган аиҿцәажәарақәа мҩаԥылгоит урыстәылантәи афымцалашара аашьҭразы
Авольтҳарак цәаҳәа "Аҽгәара" арҽеирақәа азура иалаган 2022 шықәса жьҭаарамза 5 рзы. Иԥсахын ацәаҳәақәа. Ари аус иақәхарџьын 50 миллион мааҭ. Аиҭашьақәыргылара ашьҭахь ацәаҳәақәа роушьҭратә лшара 260 мегаватт аҟынтә 300 мегаватт иҟалараны иҟан.
Аекономика аминистр Кристина Озган лажәақәа рыла, иҳараку авольттә цәаҳәа "Аҽгәара" шьаҭанкылатәи арҽеиратә усурақәа ҿҳәарас иарбан абҵарамза 15-нӡа, аха аԥсуа ган иадҳәалам атехникатә мзызқәа ирхырҟьаны, хықәкыла урыстәылантәи иаауаз алашара апкрақәа аларгалеит. Лара илҳәеит алашара аашьҭра шаанкылахаз еилаӡарыла, ԥыҭрак анаҩс ҩаԥхьа ишаарышьҭуа азы.
Аԥыза-аминистр ихаҭыԥуаҩ илҳәеит уи иахҟьаны 32 км рыԥсахран иахьыҟаз 24 км шакәу иԥсаху.
Энергетические объекты. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.11.2022
Аԥсны
АЦә "Аҽгәара" арҽеиратә усурақәа рзы аԥара макьана ишәаӡам лҳәеит Озган
Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган атәыла ахада Аслан Бжьаниа идҵала Урыстәыла Аенеркетика аминистрраҿ аиҿцәажәарақәа мҩаԥылгоит урыстәылантәи алашра аашьҭразы.
Асабшазгьы аусурақәа шымҩаԥысыц имҩаԥысуан.

Аинвестициақәеи абизнеси

Аҳәынҭқарратә инвестициатә маҵзура абизнес маҷи абжьаратә бизнеси рыпрограмма алахәхаразы арзаҳалқәа рыдкылара хнаркәшеит. Сынтәа арзаҳалқәа нарышьҭит 43-ҩык.
Аӡбра аднакылоит аиҳабырабжьаратә комиссиа: Апарламент адепутатцәа, ахада Иусбарҭа ахаҭарнакцәа, Аминистрцәа риелазаара Аппарат, Афинансқәа рминистрра, Ашәахтхқәеи аизгақәеи рминистрра алахәылацәа алахәны.
Апрограмма 2022 шықәса ԥхынгәымзазы Аԥсны аиҳабыра ишьақәдырӷәӷәеит. Иара хықәкыс иамоуп абизнес асубиектқ́әа рекономикатә храмазаара аҳаракра.

Аиҩызцәа реинырра

Белоруссиеи Урыстәылеи Реидгыла Апарламенттә еизара адепутатцәа рделегациеи аԥснытәи рколлегацәеи еиԥылеит абҵара 1 азы.
Жәлар Реизара аиҳабы Лаша Ашәба асасцәа аԥсшәа раҳәо иҳәеит, Белоруссиеи Урыстәылеи Реидгыла Апарламенттә еизара адепутатцәеи Аԥсни реинырра аҵак ду шамоу.
Аԥсны аҳәынҭқарра ахада Аслан Бжьаниа идикылеит Белоруссиеи Урыстәылеи Реидгыла Апарламенттә еизара адепутатцәа рделегациа, уи хадара аиҭон аҿар рполитикеи, аспорти атуризми рзы акомиссиа ахантәаҩы Артем Туров.
Делегация парламентского собрания Союза Беларуси и России встречается с Лашей Ашуба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.11.2022
Аԥсны
Белоруссиеи Урыстәылеи Реидгыла Апарламенттә еизара адепутатцәеи рколлегацәеи еиԥылеит
Бжьаниа иазгәеиҭеит аҳәынҭқаррақәа рыбжьара хырхарҭа рацәала аимадарақәа рыбжьаҵара аԥеиԥш бзиа аиур шалшо.
Артем Туров иҳәеит аԥснытәи рколлегацәеи дареи шеиқәшәаз, еиуеиԥшым азҵаарақәа ишрылацәажәаз.

Уаҵәтәи амш ҳәаақәызҵо ацәыргақәҵа

Аҟәа иаатит раԥхьатәи аҵараусҳәарҭақәа рыбжьаратә цәыргақәҵа. Иналукааша Урыстәылатәи аҵаратә усҳәарҭақәа жәаҩа, иара убасгьы ахәыҷтәы технопарк "Кванториум" аԥснытәи абитуриентцәа ирызӡырыргеит рҵаратә программақәа.
Ари ацәыргақәҵа аҳәаақәа ирҭагӡаны иҟоуп аҵараиурҭақәа абитуриентцәа рзы аԥышәарақәа зырхиаз. Убас Афинанстә университет абҵара 2 рзы Аҟәатәи ашкол № 2 ҟны аолимпиада мҩаԥнагеит. 50-ҩык Аԥснытәи абитуриентцәа Урыстәыла аиҳабыра рҿы иҟоу Афинанстә университет аолимпиада иахысит. Аолимпиада еиуеиԥшым амаҭәарқәа рзы атестқәа рыла ишьақәгылан. Дасу урҭ рахьынтәи ҩба аиҭар акәын.
Межвузовская Образовательная выставка - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.11.2022
Аԥсны
Аҟәа иаатит аҵараусҳәарҭақәа рыбжьара раԥхьатәи ацәыргақәҵа
Ихымԥадатәины иҟан аурыс бызшәа амаҭәар. Аҩбатәи амаҭәар иалырхуаз азанааҭ иадҳәалан. Аолимпиадатә еихшьаалақәа рыла иаиааиз хәыда-ԥсада Афинанстә университет аҿы аҵара рылшоит. Аԥхьахәқәа ирыԥсахаз – аҵараиурҭа аҭалараан 50 % рҵара ахәԥсашәара ирзагдырхоит.

Аштаб хада аиҳаб ҿыц

Аԥсны Атәылахьчара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ, аинрал-леитенант Владимир Савченко Аԥсны Арбџьармчқәа рштаб хада аиҳабыс даҭоуп.
2018 шықәса нанҳәамза аахыс Аԥсны арбџьармчқәа рыштаб хада аиҳабыс дыҟан Васили Луниов.
Аслан Бжания представил коллекттву Миобороны Начальника Генерального штаба Вооруженных сила РА - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.11.2022
Аԥсны
Аԥсны Арбџьармчқәа рыштаб хада аиҳаб ҿыц даҭоуп

Ақыҭанхамҩа аҿиара

Ақыҭанхамҩа аҿиара апрограмма алахәхараз 100 инреиҳаны арзаҳалқәа нашьҭуп. Арзаҳалқәа ахьырацәахаз инамаданы аминистрраҿы аамҭала арзаҳалқәа рыдкылара ааныркылеит. Ашықәс ҿыц инаркны акомиссиа иреиӷьу апроектқәа ралхра иалагоит.
2023 шықәсазы Аминистрцәа реилазаара ақыҭанхамҩа апрограмма иазоунашьҭит 100 миллион мааҭ.
Весенняя посевная в Краснодарском крае - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.11.2022
Аԥсны
Ақыҭанхамҩа аҿиара апрограмма алахәхараз 100 инреиҳаны арзаҳалқәа нашьҭуп

Еиҳа еиҳаны ашәахтәқәа аланагалеит

2022 шықәса жәамз рыҩнуҵҟа Аԥсны абиуџьет ахь ашәахтәқәа рнеира 131% рыла инагӡоуп, 3 642,8 млн мааҭ артәоит.
Ари аамҭазы ауснагӡала иарбан 2 665,1 млн мааҭ. 2021 шықәса иаҿырԥшны – 131%, ма 859,0 млн мааҭ ыҟоуп.
Монета номиналом один рубль  - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.11.2022
Аԥсны
2022 шықәса жәамз рыҩнуҵҟа Аԥсны абиуџьет ахь ашәахтәқәа рнеира 131% рыла инагӡоуп
Ажәабжьқәа зегьы
0