Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Sputnik амчыбжь: ахадацәа реиԥыларақәа, ахьыԥшымра азхаҵара амш, абаҟа аартра

© Sputnik / Леон Адлейба Церемония возложения в парке Славы в честь 15-й годовщины признания Абхазии
Церемония возложения  в парке Славы в честь 15-й годовщины признания Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.08.2023
Анапаҵаҩра
Аинформациатә маҵзура Sputnik иазнархиеит есымчыбжьатәи ахҭысқәа рыхҳәаа. Иахьатәи анҵамҭаҿы - нанҳәа 21-27 рызтәи ажәабжь хадақәа.
Ареспубликаҿы Аԥсны Ахьыԥшымра азхаҵара 15 шықәса ахыҵра амш азгәарҭеит, уи аҽны аиҳабыра рҟны аиԥыларақәа мҩаԥган, акультуратә программагьы ҭбаан, абарҭи егьырҭ ажәабжьқәеи - Sputnik аматериал аҿы.

Аныҳәа аламҭалаз аиԥылара

Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымрақәа разхаҵара 15 шықәса ахыҵра амш аламҭалаз, Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Москва дырԥылеит Урыстәыла Ашәарҭадаратә хеилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Дмитри Медведеви Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Алан Гаглоеви.
Медведев Аԥсны жәлар рхьыԥшымра азхаҵара 15 шықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит, ақәҿиарақәа рзеиӷьеишьеит.
"Аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа ҳабжьоуп, урҭ ԥхьаҟагьы хымԥада аҿиара роуеит", - иҳәеит Медведев.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Урыстәыла иқәынхо ажәлари, хаҭала Медведеви ҭабуп ҳәа реиҳәеит аԥсуа ҳәынҭқарра аҿиаразы иҟарҵо ацхырааразы. Бжьаниа иажәақәа рыла, Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара аҭынчра азаанагеит.
Аслан Бжания и Дмитрий Медведев - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.08.2023
Аԥсны
Медведев: Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымра азхаҵара Кавказ аҭынчра шьақәнаргылеит

Аԥсны Ахьыԥшымра азхаҵара амш

Нанҳәа 26 рзы Аԥсны Ахьыԥшымра Урыстәыла аганахьала азхаҵара амш азгәарҭоит. Сынтәа уи аахижьҭеи 15 шықәса ҵуеит, убри азы атәылаҿы еиҿкаан еиуеиԥшым агәалашәаратә, агәырӷьаратә, аофициалтә усмҩаԥгатәқәа.
Аԥсны Жәлар Реизара аиҳабы Лаша Ашәба идикылеит Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара 15 шықәса ахыҵра иазку аусмҩаԥгатәқәа рылахәхаразы Аԥсныҟа иааз Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума аделегациа.
Аҭагылазаашьа ихы иархәаны, Лаша Ашәба Аҳәынҭдума адепутатцәа Пиотр Толстои Оҭари Аршбеи, иара убасгьы Урыстәыла ахада Владимир Путини иҭабуп ҳәа реиҳәеит Аԥсны аганахьала ргәаанагара еснагь ишыҟац иахьыҟоу.
Здание Парламента Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.08.2023
Аԥсны
Лаша Ашәба Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума аделегациа идикылеит
Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Пиотр Толстои инаҵишьит Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара - ареспублика қәыԥш азы адагьы, Урыстәыла аҭоурых азгьы акыр шаҵанакуа.
Уи аҽны ахәылԥаз агәырӷьаратә еилатәара мҩаԥысит ареспублика Аминистрцәа реилазаараҿы, уи иалахәын атәыла аиҳабыра, Аҳәынҭқарратә Думеи Афедерациа ахеилаки рхаҭарнакцәа, аинтеллигенциеи, ауаажәларреи.
Адныҳәаларатә ажәахә даԥхьеит атәыла ахада Аслан Бжьаниа. Иара аҳәамҭа ҟаиҵеит Аԥсны Ахьыԥшымра азхаҵара - уи аполитикатә ҿиарамҩа иашьашәалоз лҵшәан ҳәа.
"Ҳхьыԥшымра азхаҵара ус башамаша иҟамлаӡеит. Уи ҳтәыла аполитикатә ҿиарамҩа иашьашәалоз лҵшәан, аԥсуа милаҭ-хақәиҭратә қәԥареи аибашьраҿы иргаз аиааиреи рышьҭахь иҟалараны иҟаз хҭысын", - иҳәеит атәыла ахада.
Церемония возложения  в парке Славы в честь 15-й годовщины признания Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.08.2023
Аԥсны
Бжьаниа: Аԥсны азхаҵара - атәыла аполитикатә ҿиарамҩа иалҵшәоуп
Атәыла анапхгареи, асасцәеи, аветеранцәеи, ауаажәларреи ашәҭқәа шьҭарҵеит Аҟәа Ахьӡ-Аԥша апарк аҟны, Владислав Арӡынбеи Сергеи Багаԥшьи рҳаҭгәынқәа рҟны.
Ари аныҳәа Аԥсны жәлар ирыдиныҳәалеит Урыстәыла ахада Владимир Путин. Иара иҳәеит дара наҟ-наҟгьы Аԥсны ишацхраало.
"Даҽазнык исҳәар сҭахуп Урыстәылатәи Афедерациа наҟ-наҟгьы аиашьаратә аԥсуа жәлар ганрацәала ишацхраало атәылахьчареи ашәарҭадареи аиҿкаараҟны, адәныҟаполитикатә интересқәа рыхьчараҟны, актуалтә аекономикатәи асоциалтәи зҵаарақәа рыӡбараҟны", - ҳәа ануп адныҳәалараҿы.
Путин инаҵшьны иҳәеит нанҳәа 26, 2008 шықәса рзы Урыстәыла Аԥсны ахьыԥшымра азхҵаразы аӡбамҭа шаднакылаз аԥсуа жәлар иаадырԥшыз аҭахра инақәыршәаны, Еиду Амилаҭқәа реиҿкаара Аԥҟаԥҵәа, егьырҭ жәларбжьаратәи ашьаҭаркыратә документқәа ҳасаб рзуны.
Обращение президента РФ В. Путина по случаю Дня молодёжи - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.08.2023
Аԥсны
Владимир Путин: Урыстәыла наҟ-наҟгьы Аԥсны жәлар ирыцхраалоит

Адәныҟатәи аусқәа рминистр Очамчыра араион даҭааит

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба ашәахьа нанҳәа 21 рзы Очамчыра араион ауаажәларра дырԥылеит. Уи Аԥсны Ахьыԥшымра азхаҵара амш иазкын.
Иара инаҵшьны иазгәеиҭеит Аԥсни Урыстәылеи аҵыхәтәантәи 15 шықәса ирылагӡаны акрызҵазкуа аиқәшаҳаҭра-зинтә база шеицаԥырҵаз. Арҭ аиқәшаҳаҭрақәа рҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра ганрацәалатәи ацхраара арбоуп. Урыстәылатәи Афедерациа уи инҭкааны иананагӡоит иҳәеит аминистр.
Флаг Абхазии и России  - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.08.2023
Аԥсны
Урыстәыла 2008 шықәса раахыс Аԥсны 110 миллиард мааҭ афинанстә цхыраара анаҭахьеит
"Урыстәыла 2008 шықәса раахыс Аԥсны 110 миллиард мааҭ афинанстә цхыраара анаҭахьеит, урҭ рахьтә 30 млрд мааҭ – Аинвестпрограммала", - иҳәеит иара.
Аԥсны адәныҟаполитикатә усбарҭа аиҳабы иара убас дазааҭгылеит жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа, адунеи аҿы аполитикатә ҭагылазаашьа, ашәарҭадара уҳәа рызҵаарақәа, иара убас агәҭынчымра ааирԥшит арра-политикатә ҭагылазаашьаҟны аиҭакрақәа рганахьала.
Граница по реке Ингур  - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.08.2023
Аԥсны
Арӡынба: Қырҭтәылеи Аԥсни рҳәааҟны аҭагылазаашьа ҭышәынтәалоуп

Кавказ ахьчаҩцәа ргәалашәаразы

1942-1943 шықәсқәа рзы ашьхахыҵырҭа Пыв аҟны иҭахаз асовет еибашьцәа рбаҟа аадыртит нанҳәа 24 рзы.
Аусмҩаԥгатә иалахәын атәылахьчара аминистр Владимир Ануа, акультура аминистр Даур Ақаҩба, Урыстәыла иҟоу Аԥсны ахәаахәҭратә хаҭарнак Олег Барцыц, Гәдоуҭа араион ахада Баграт Боџьгәуа, аԥсуа аруааи, Аԥсны иҟоу 7-тәи аурыс база аруааи.
Аусурақәа мҩаԥган Кавказ игаз аиааира 80 шықәса аҵра иазкны аибашьра аҭоурых-арра-патриоттә проект "Кавказтәи афронт" аҳәаақәа ирҭагӡаны, акультуратә фонд "Платформа", Аԥсны атәылахьчара аминистрра, акультура аминистрра рыдгылара.
Ацаха ҟаԥшь ԥырҟеит атәылахьчара аминистр Владимир Ануеи Приволжтәи Афедералтә округ аҿы Аԥсны аҳаҭыр зқәу аконсул Владимир Литвинчуки. Абаҟа ашьаҭаҿ иара убас иҭарҵеит ԥхьаҟа еиҵагыло рзы анашьҭымҭа зҭоу акапсула, ҩ-бызшәак рыла – аԥсышәалеи урысшәалеи. Иара 20 шықәса рышьҭахь, Кавказ азы аибашьраҿ аиааира 100 шықәса ахыҵра амш азы иаартхоит.

ДЖәР азы агумцхыраара

Аԥсны АҶА ишаанацҳаз ала, жәа-нызқь тонна инареиҳаны агуманитартә еидара нашьҭын ДЖәР.
Аминистр Лев Кәыҵниа раԥхьа днаргыланы Донецкҟа аидара дәықәлеит. Еиҳарак уи афатәи аӡыржәтәи роуп.

Амҩатә машәырқәа

Алаҳаӡы ақыҭан нанҳәа 23 рзы амҩан иҟалаз амашәыр аҟны дҭахеит 65 шықәса зхыҵуаз ахаҵа
Амҩан амашәыр шыҟалаз азы адырра ҟалеит асааҭ 7:50 рзы ахаша, нанҳәа 23 рзы. Адырра шыҟала иаразнак аиқәырхаҩцәа аҭыԥахь инеит.
Аусбарҭаҟны ирҳәеит, амашәыр шыҟалаз Алаҳаӡы ақыҭан Ешба имҩан. Уаҟа автомашьынақәа Toyota, BMW еиҿасит, аԥсҟы зкыз аӡәы дҭахеит. Амашәыр аҟны амашьынақәа Toyota аԥсҟы зкызи, BMW иҭатәаз апассаџьыри аахақәа роуит. Дара араионтә хәшәтәырҭахь инаргеит.
Рейд милиции по соблюдению антиковидных мер на транспорте - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.08.2023
Аԥсны
Гагра араион аҟны амҩан иҟалаз амашәыр аҟны аӡәы дҭахеит
Жәҩык ауаа аахақәа роуит Гәдоуҭа араион аҿы иҟалаз амҩатә машәыр аан нанҳәа 26-27 руха. Амҩатә машәыр шыҟалаз азы Аԥсны АҶА ахь адырра ҟалеит амҽыша, нанҳәа 27 ҵхыбжьон асааҭ 2:49 рзы. Аҭыԥ ахь инеит аиқәырхаҩцәа ҩ-бригадак Гәдоуҭеи Аҟәеи рҟынтәи, иара убас аҳақьымцәа.
Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҳақьым хада ихаҭыԥуаҩ Асҭана Аҩӡба ишиҳәаз ала, амҩатә машәыр ашьҭахь ааҩык дара рахь иааргеит. Ишьҭарҵеит ԥшьҩык, урт рахьтә хҩык аоперациа рзымҩаԥыргеит, рҭагылазаашьа уадаҩуп, дара зегьы Аԥсны атәылауаа роуп. Даҽа туристкак лҭагылазаашьа бжьаратәуп. Аҩӡба иажәақәа рыла, егьырҭ актәи амедицинатә цхыраара рырҭан, иоурышьҭит.
Республиканская больница - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.08.2023
Аԥсны
Гәдоуҭа араион аҿы иҟалаз амҩатә машәыр аан ааха зауз хҩык ахәышәтәырҭа иҭарҵеит

Аусӡбара

Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа Урыстәыла атәылауаҩ Александр Педасов 15 шықәса аҭакреи 600 нызқьмааҭ ахараԥсеи иқәнаҵеит.
58 шықәса зхыҵуа Педасов ахара идҵоуп 14,301 грамм аметодон закәаншьаҭада аҵәахреи амҩангареи рзы.
Заанаҵтәи аӡбарҭатә усҭҵаарақәа раан Педасов харас идырҵаз дақәшахаҭхеит, иумҭа дшахьхәыз иҳәеит.
Наручники  - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.08.2023
Аԥсны
Аԥсны арҩашьыгатә маҭәашьарқәа алазырҵәоз урыстәылауаҩ 15 шықәса аҭакра иқәҵоуп

Аҳәынҭавтоинспекциа Гагратәи араионтә ҟәша аиҳабы дырхәит

Нанҳәа 26-27 руха Пицунда дхәын Аҳәынҭавтоинспекциа Гагратәи араионтә ҟәша аиҳабы Ҳаџьараҭ Бганба.
АҩАР апресс-маҵзура адыррақәа рыла, ахысра далагеит 24 шықәса зхыҵуа Лӡаа ақыҭа инхо Михаил Барцыц. Иара еиқәырццакны Ҳаџьараҭ Бганба диеихсын аҭыԥ аҟынтәи иҽиӡеит.
Бганба Гагратәи Араионтә хәышәтәырҭа хадахьы днаргеит иарма шьапы ахәра аманы. Азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа Михаил Барцыц иԥшааразы аоператив-ԥшааратә усмҩаԥгатәқәа ирҿуп.
Машины МВД Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.08.2023
Аԥсны
Аҳәынҭавтоинспекциа Гагратәи араионтә ҟәша аиҳабы дырхәит Пицунда

Акультуратә программа

Аԥсны Ахьыԥшымра азхаҵара амш аҽны Аҟәа иаатит аоператә шәаҳәаҩы Хьыбла Гьерзмааԥҳа лфестиваль “Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит...” Уи алагеит Джакомо Пуччини иопера "Тоска" алагеит.
Открытие I Международного конкурса вокалистов и концертмейстеров Хиблы Герзмава - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.08.2023
Аԥсны
Афестиваль “Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит...” аатит Аҟәа
Ахацәа рроль хадақәа нарыгӡон еицырдыруа аоператә шәаҳәаҩцәа Владислав Сулимскии Иван Гынгазови. Урҭ инарыцлеит ашәаҳәаҩцәа ҿарацәагьы - 2023 шықәса рзы имҩаԥысуаз Хьыбла Гьерзмааԥҳа еиъылкааз Раԥхьатәи жәларбжьаратәа аицлабра алауреатцәа: Алексеи Кулагин, Виачеслав Василиев, Глеб Периазев, Дамир Садуахасов, Мариа Лупарева, Ливеи Хоу.
Уаанӡа Аԥснытәи аҳәынҭфилармониаҿы нанҳәа 23 рзы Урыстәыла Аԥсны азханаҵеижьҭеи 15 шықәса аҵра инамаданы аконцерт мҩаԥысит. Еизаз асцена аҟынтәи дрыдныҳәалеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәарҭа ацҳаражәҳәаҩ-иабжьгаҩ Максим Литвинов.
"Ҳаҭыр зқәу сҩызцәа, гәык-ԥсык ала Аԥсны аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азхаҵара 15 шықәса ахыҵра шәыдысныҳәалоит!", - иҳәеит аԥсышәала.
В Государственной филармонии состоялся концерт, приуроченный к 15-летию со Дня признания Российской Федерацией Государственного суверенитета Республики Абхазия - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.08.2023
Аԥсны
Урыстәыла Аԥсны азханаҵеижьҭеи 15 шықәса аҵра иазкны Аҳәынҭфилармониаҿ аконцерт мҩаԥысит
Анаҩс, урыс бызшәала иацҵо Литвинов иҳәеит Урыстәыла Аԥсны азхаҵара аҭо жәларбжьаратәи аренаҿ изықәгәыӷуа аҩыза бзиа шаиуз.
Аҟәа Баграт Шьынқәба ихьӡ зху апарк аҿы иаатит Аԥсны Ахьыԥшымра азхаҵара 15 шықәса ахыҵра иазку афотоцәыргақәҵа. Аекспозициа иаанарԥшуан Аԥсны асуверенитет Урыстәыла иазханаҵаанӡеи уи ашьҭахьи имҩаԥысуаз ауаажәларра-политикатә хҭысқәа.
Фотовыставка к 15-летию признания независимости Абхазии, открылась в Сухуме - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.08.2023
Аԥсны
Аҟәа иаатит Аԥсны Ахьыԥшымра азхаҵара 15 шықәса ахыҵра иазку афотоцәыргақәҵа
Нанҳәа 14 рзы Аҟәа Ацәыргақәҵатә зал хадаҟны иаатит Аԥсны жәлар рсахьаҭыхыҩ, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа занашьоу Баҭал Џьапуа иусумҭақәа рцәыргақәҵа.
Аекспозициа еиднакылоит 81 усумҭа. Ацәыргақәҵатә зал хада аҩ-залк рыҟны ицәыргақәҵоуп. Асахьаҭыхыҩ ирҿиара адырразы, аҽалахаларазы аҭааҩцәа алшара рымоуп цәыббра 3 рҟынӡа.
Иара убас иҳаҩсыз амчыбжь азы имҩаԥысит Аԥснытәи аҿар ртеатр иқәнаргылаз аиспан поет, адраматург Федерико Гарсиа Лорка ипиеса ала "Ишьаарҵәыроу ачара" аспектакль аԥхьарбара. Ҩ-ҭаацәак рыбжьара аиӷареи абзиабареи иазку адраматә хҭыс ықәиргылеит Нхыҵ Уаԥстәыла зҽаԥсазтәыз артист Гиви Валиев.
Спектакль Кровавая свадьба в молодежном театре - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.08.2023
Аԥсны
Аиӷареи абзиабареи: Аԥснытәи аҿар ртеатр иқәнаргылеит "Ишьаарҵәыроу ачара"
Нанҳәа 25 рзы Аҳәынҭфилармониаҿы амузыкатә проект "Apsny-Star" аҩбатәи асезон ахԥатәи аконцерт мҩаԥысит.
Апроект алахәылацәа Ильда Қәычбериаԥҳаи, Фаиа Мархолиаԥҳаи, Аԥсуа драматә театр актиор, ашоумен Руслан Шьакаиеи уи иԥшәма, Аԥсуа ҳәынҭқарратә капелла адирижиор Софиа Реинберги ркомандақәа иалоуп.
Фаиа Мархолиаԥҳа лкоманда аанижьит Леван Ԥхалаӡе. Апроект аҟны иаанхеит Елизавета Аммаева, Кристина Кәыбрааԥҳа, Сариа Аиԥҳа.
Руслан Шьакаиеи Софиа Раинберги ркоманда аҟынтәи аицлабра иацырҵоит Инна Коионова, Диана Карбашиан, Нила Наҷҟьебиаԥҳа. Апроект аанижьит Ерик Ҳаҭхәа.
Ильда Қәычбериаԥҳа лкоманда дацлеит актәи асезон иалахәыз ашәаҳәаҩ Алан Беслан-иԥа. Амузыкатә проект "Apsny-Star" аҩбатәи асезон иацырҵоит Рената Хаџьиеви Гәында Абыхәбеи, апроект аанлыжьит Лаура Ҳагԥҳа.
Третий концерт второго сезона Апсны-стар - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.08.2023
Аԥсны
"Apsny-Star" аҩбатәи асезон ахԥатәи аконцерт мҩаԥысит Аҳәынҭфилармониаҿы
Ажәабжьқәа зегьы
0