Аԥсуа ҭҵаарадырра арӷәӷәареи аизырҳареи рзы: Арда Ашәба Аԥсуаҭҵааратә институт иазкны
Наала Гәымԥҳа
Sputnik акорреспондент
Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҭоурых, уи аҭҵаарадырраҿи аҳәынҭқарраҿи рольс инанагӡо, иахьатәи аԥсҭазаашьа уҳәа атәы дазааҭгылеит аинститут аиҳабы Арда Ашәба.
SputnikХәажәкыра 17 рзы Аԥсуаҭҵааратә институт аҿы имҩаԥысит аҵарауаа рзеиԥш еизара, уи азкын иахьатәи адиректор Арда Ашәба имаҵура аҿҳәара ахьынҵәаз азы аиҳаб ҿыц иалхра. Аҵарауаа реиҳараҩӡак рыбжьы рҭиит Арда Ашәба директорс даҽа хәышықәса дахагылазарц азы. Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт Аԥсны аҭҵаарадырратә усҳәарҭақәа рахьтә зегь реиҳа зҵазкуа, қәралагьы акыр зхыҵуа акәны иҟоуп. Ҳазҭоу ашықәс азы иара шьаҭаркижьҭеи 97 шықәса ҵуеит. Аԥсуаҭҵааратә институт Н. Марр иаԥшьгарала еиҿкаан 1925 шықәсазы Аԥсуа бызшәеи алитературеи Ракадемиа ҳәа хьӡыс иаҭаны. 1930 шықәсазы Аԥсны жәлар ркомиссариат иаднакылаз ақәҵара инақәыршәаны, Аԥсуа бызшәеи алитературеи Ракадемиа ахьӡ ԥсахын Аԥсуа бызшәеи алитературеи рыҭҵаарадырратә институт ҳәа.
"Ҩнапыкла иазнеитәын Аԥсуаҭҵааратә институт ашьаҭаркра. Аԥсуа ҭоурых ҩтәын, аԥсуа культура, аԥсуа бызшәа арҿиара уҳәа иҟаҵатәыз рацәан, ҿыц иеиҵагылаз аԥсуа аҵарауаа ҿарацәагьы рхы иеигӡомызт. Иахьа иҳамоу аҭҵаарадырратә ҩаӡара ахьӡ аҳаракыра иабзоуроуп усҟантәи аамҭазы рнапы зларкыз аҵарауаа рџьабаа. Урҭ иаԥырҵаз апрограмма аплан иқәныҟәо, хәыҷы-хәыҷла аԥсуа ҭҵаарадырра амҽхак арҭбааит ган рацәала: ажәарқәа, аорфографиа, аграмматика, аҭоурыхтә баҟақәа уҳәа аидкылара, ашьақәыргылара, аҭҵаара иалагеит", - иҳәоит Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аиҳабы Арда Ашәба.
Аԥсуаҭҵааратә институт ашьаҭаркра иабзоурахеит ҳажәлар аҵарадырра рыларҵәаразы раԥхьатәи ашьаҿақәа. Аҳәынҭқарра аҟынтә ахылаԥшреи агәцаракреи аман, ихадаз аусқәа раԥхьа игылан , ацхыраара ду ҟанаҵон аԥсуа ҵарауаа ҿарацәа рааӡараҿы.
"Аԥсуа бызшәа аҿиара аиуит, асахьаркыратә литература, арҵагатә шәҟәқәа уҳәа амҽхак ҭбаахеит, еиҳа-еиҳа абызшәа иамаз алшарақәа аатуа иалагеит.Уи згәамԥхоз ақырҭцәа аԥсуаа жәларык раҳасабала ашьақәгылара иаҿуп ҳәа, ҳҭоурых, ҳалшаратә ҵабырг иацәшәаны Қырҭтәыла ҳаларҵеит иахьакәзаалак ҳҳәаақәа рҭшәаны, ҳаԥсуа школқәа аркны, ҳҩыратә нбан ԥсахны, аха зегьы акоуп уи аӡыблара ҳҽаҳамҭеит", - иҳәоит Арда Ашәба.
Аинститут аиҳабы иажәақәа рыла, усҟантәи аамҭазы Қырҭтәыла, ақырҭуа жәлар рганахьала аԥсуа жәлар, аԥсуа ҵарауаа ирықәымчуаз амчрақәа шыҟазгьы, ҳҵарауаа еснагь ирылдыршон рҿахәы аҳәара, адунеи ажәларқәа ҳҭоурыхи ҳбызшәеи шхазу, ақырҭуа ишазааигәам аиашара рызнагара, аԥсуа иԥсадгьыл аҟны иара дшаԥшәымоу аадырԥшуан уахгьы-ҽынгьы иззааԥсоз рыҭҵаамҭақәа рыҟны.
"Аԥсны Қырҭтәыла ианаларҵа инаркны аҵарауаа рыҭҵаамҭақәа ркьыԥхьразы алшарақәа еиҳагьы ирмаҷын. Шықәсык ҵарауаҩ наӡак ииҩыз иҭҵаамҭа аҟара акәын Аинститут зегьы аҭыжьразы ззин ыҟаз. Иара убри иҭрыжьуазгьы иаҿагылон ақырҭцәа, ус иҟам шәҭоурых, шәбызшәа, уи ҳара ҳбызшәа иашьҭроуп, зхала иҟоу бызшәам ҳәа имцырку атеориатә мҩақәа азылырхуан, еиуеиԥшым ашьапҿаршәқәа азыруан, ҳҿы ршәаҳауан, ҳҭоурых ҵабырг дырблаҟьон", - иҳәоит Арда Ашәба.
Аԥсуаҭҵааратә институт аԥсуа жәлар зегьы реиԥш ианиеит еиуеиԥшым арыцҳарақәа, ауадаҩрақәа. Зегь раасҭа иуадаҩыз аамҭан 30-50-тәи ашықәсқәа, 90-тәи ашықәсқәа. Иаҳа ҳиашахоит ес-жәашықәса ҳҳәар… Аԥсуа школқәа раркра, Аԥсны аҭыԥхьыӡқәа рыԥсахра, хыԥхьаӡара рацәала рыжәлар хырҵәаны Аԥсныҟа мчыла иааганы рнырхара, ҳрыларӡра, ҳбызшәа, ҳҭоурых аныхразы ақырҭуа жәлар еиҿыркаауаз аполитикатә мыҟәмабарақәа. Урҭ зегьы анырзалмырша, бџьарла ҳабашьра, ҳнырҵәара хықәкыс ишьҭырхит. Ҳаҭҵаарадырразы зегьы раасҭа иааха ӷәӷәахеит хықәкылаҵәҟьа жьҭаарамза 22 1992 шықәсазы Аԥсуаҭҵааратә институти Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә архиви рыбылра.
"Ныха ԥшьак иаҳзаҩызоу Аԥсуа ҭҵаарадырратә институт, акыр абызшәатә, афольклортә, аетнографиатә малла ибеиаз, акыр зҵазкуаз архив раԥхьа иргыланы иқәыргарц рыӡбеит, избанзар ҳмилаҭтә хдырра зырҿыхоз, ԥхьаҟатәи ҳԥеиԥш аҿахәы зҳәоз аҵарауаа аус ахьыруаз, еснагьы дара қәнамгала ирҳәоз амц рҿаԥызҽуаз, жәларык рҵабыргҳәарҭа ԥшьаҭыԥын. Амца иалаблит зҭыжьра иахьымӡаз, иуникалтәыз аматериалқәа, жәашықәсала ҳҵарауаа хатәрақәа иеизыргоз. Уи шьҭа зқьышықәсала иаҳзеизымго акакәны иаанхеит," - ҳәа азгәеиҭоит Ашәба.
Ауадаҩрақәа зегьы ириааины, иахьа Аԥсуаҭҵааратә институт қәҿиарала аус ауеит, уи амаҵ азыруеит аҵарауаа дуқәа, урҭ рԥышәа рымаздо, анаука еихазҳауа аҿар аҵагылеит. Аԥсуаҭҵааратә институт ахыбраҟны имҩаԥысуеит еиуеиԥшым аҭҵаарадырратә конфренциақәа, жәларбжьаратәиқәагьы убрахь иналаҵаны, акандидаттә, адоктортә диссертациақәа аԥсышәала рыхьчара, Аҳәаанырцәтәи аинститутқәеи дареи аиқәшаҳаҭрақәа рыбжьоуп акыр аԥсуа наука иацхрааша ашьаҿақәа ҟаҵоуп.
"Ицәгьаӡаз аамҭақәа раан аԥсуа изинқәа рыхьчаразы рхы иамеигӡеит ҳҵарауаа. Амбатә рылшеит, шьапылара мацара ақалақь иалсны аусура иаауан, ауалафахәы рымамызт, афымца ыҟамызт, аха зегьы акоуп урҭ рхықәкы нарыгӡон, ԥсыцқьала, ааԥсара рымамкәа, хьаҳә-хьачарада уахгьы-ҽынгьы аус руан ҳҵарауаа", - ҳәа иҳәоит Арда Ашәба.
Иахьатәи аамҭазы Аԥсуаҭҵааратә институт аҿы аус руеит абызшәа, алитература, афольклор, аҭоурых, археологиа, аетнологиа, ахыҵхырҭаҭҵаара, аҟазара, аполитологиеи аконфликтологиеи, аредакциа рыҟәшақәеи, иара убас адиалектологиеи афольклори рлабораториақәа, архив, аҭҵаарадырратә библиотека.
Аԥсуаҭҵааратә институт аиҳабы иажәақәа рыла, иахьа аҵарауаа рҿаԥхьа иқәгылоуп адҵақәа рацәоуп, урҭ иреиуоуп макьаны акьыԥхь зымбац, Аџьынџьтәылатә еибашьра ду (1941-1945 шш.) ашьҭахь аԥсуа қыҭақәа рҿы аҵарауаҩ ду Хәыхәыт Бӷажәба иеизигаз аматериалқәа рҭыжьра. Иара убас, сынтәа хә-томкны иҭҳажьыз Омар Беигәаа инапылаҩырақәа ирыцу, ҿыц иԥшаахаз "Аԥсуа-аҭырқәа, Аҭырқәа-аԥсуа жәар" акьыԥхь азырхиара, аҭыжьра. Урҭ рыдагьы егьырҭ ҳаԥсуаҭҵаарадырра зырбеиаз ҳҵарауаа дуқәа русумҭақәа русумҭақәа рҭыжьра.
""Сгәанала, акыр зҵазкуа акәны иҟоуп шықәса ҩажәа Ҭырқәтәыла Аԥсны цҳаражәҳәаҩыс иҟаз аҵарауаҩ, адипломат
Владимир Аҩӡба имшынҵақәа акьыԥхь азырхиара, аҭыжьра. Уи ифольклортә материалқәа, иеиҭагамҭақәа ҩба-хԥа шәҟәы аҭыжьра ҳалшахьеит, аха макьана акьыԥхь зымбацгьы ыҟоуп. Аԥсуаа рытрадициатә маҭәа аҷыдарақәа ҭызҵаауаз аҵарауаҩ-аетнолог Елена Малиаԥҳа лусумҭақәа еидкыланы аҭыжьра азырхиара ҳаҿуп, иҭыҵхьеит шәҟәык. Иҵегьы ҳагәҭакқәа рацәоуп, урҭ зегьы ртәы сзымҳәаргьы, ҳаԥхьаҟа аусутә ду ҳзыԥшуп, агәра згоит ишҳалшо", - иҳәоит Арда Ашәба.
"Аҵыхәтәантәи хәышықәса рзы Аԥсуаҭҵааратә институт азы мацара акәым, аԥсуаҭҵаара зегьы азы харҭәаашьа змам ацәыӡ дуқәа ыҟоуп, рыԥсҭазаара иалҵит аҵарауаа хатәрақәа: Л.П. Ҷкадуа, Ш.Хь. Салаҟаиа, А.Е. Кәыпраа, В.А. Касланӡиа, Б.Гь. Џьонуа, Е.Қь. Кьылба, Ҭ.А. Ачыгәба, В.Б. Агрба, В.М. Ԥачлиа, В.Џь. Аҩӡба, Е.М. Малиа, Ц.С. Габниа. Урҭ рнапы злакыз аҭҵаара, аус здырулоз аматериалқәа ирыцызҵаша, рус хазырҭәааша лассы рыԥшаара уадаҩуп", - ҳәа азгәеиҭоит Арда Ашәба.
Убас Арда Ашәба иҳәеит аҵыхәтәантәи аамҭазы аҭҵаарадыррахь зхы зырхо аҿар адгылара шрырҭо, урҭ аҵарахь ирымоу азҿлымҳара ишахаҵгыло аиҳабыра.
"Аԥсуаҭҵааратә институт аҿы аусура иалагаз аҿар рхыԥхьаӡара еизҳауа иалагеит. Урҭ рахьынтәи аҿарацәа рҽаладырхәуеит аконференциақәа, ажәахәқәа ҟарҵоит, иаԥырҵоит аҭҵаарадырратә усумҭақәа, сынтәа ҩыџьа акандидаттә диссертациақәа рыхьчахьеит, иҟоуп иҵагьы ахьчара иазыхио. Уажәшьҭа угәы каҳартә иҟам иеиҵагылаз уанрыхәаԥшуа, аха аҳәаақәа ырҭбаалатәуп, ажәытәи-аҿатәи еимаздо абызшәақәеи ахыҵхырҭақәеи рыцҳа хҵатәуп", - иҳәеит аинститут адиректор.
Иара иажәа иалаҵан иҳәеит аспирантцәа ишроуа хә-нызқь мааҭ астипендиа, иагьазгәеиҭеит уи, ҳәарада, ишмаҷу иахьатәи аамҭазы, аха агәыӷра шрымоу иҵегьы алшарақәа ҟалап ҳәа.
Анцәа иџьшьаны иахьа Аԥсуаҭҵааратә институт аҟны аус руеит зықәра ыҟоу, аԥышәа ду змоу аҵарауаа нагақәа. Аинститут аҭҵаарадырратә усура амҽхак ҭбаауп, уи аҿиаразы аҭагылазаашьа бзиа аԥҵатәуп, аҵарауаа ирыцхраатәуп ҳәа азгәеиҭоит Арда Ашәба.
"Ҳаԥсуа ҭҵаарадырратә институт аҟны шьҭа итрадициахеит есышықәса имҩаԥаҳго аҭҵаарадырратә еихшьалатә сессиа. Ҳҵарауаа шықәсык аҩнуҵҟа иҭырҵааз, аус здырулаз атемақәа рыла иқәгылыртә еиԥш алшара рымоуп. Иара убас хазы есышықәса аҿар рконференциа мҩаԥаҳгоит, уи уажәшьҭа аҽарҭбааит, ижәларбжьаратәхеит", - ҳәа иҳәоит иара.
Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт Аԥсны аҭҵаарадырратә усҳәарҭақәа рахьтә зегь ақәра ду амоуп. Ҳазҭоу ашықәс азы иара шьаҭаркижьҭеи 97 шықәса ҵуеит. Аԥсуаҭҵааратә институт Н. Марр иаԥшьгарала еиҿкаан 1925 шықәсазы Аԥсуа бызшәеи алитературеи Ракадемиа ҳәа хьӡыс иаҭаны. 1930 шықәсазы Аԥсны жәлар ркомиссариат иаднакылаз ақәҵара инақәыршәаны, Аԥсуа бызшәеи алитературеи Ракадемиа ахьӡ ԥсахын Аԥсуа бызшәеи алитературеи рыҭҵаарадырратә институт ҳәа.
1931 шықәсазы Аԥсуа ҭҵаарадырратә еилазаареи иареи еилаҵаны, Аԥсуа тәылаҿацәҭҵааратә ҭҵаарадырратә институт ҳәа ахьӡ аиуит, 1935 шықәсазы уи ҩаԥхьа ахьӡ ԥсахын Н.И. Марр ихьӡ зху Аԥсуа культура аинститут ҳәа. 1950 шықәсазы уи зыхьӡ ахыз ахыхны, Қырҭтәылатәи ССР Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иатәу Аԥсуа бызшәеи, алитературеи, аҭоурыхи ринститут ҳәа иахьӡырҵеит. 1960 шықәса инаркны уи Д.И. Гәлиа ихьӡ ахылеит. 1994 шықәса инаркны иахьа уажәраанӡа уи иныҟәнагоит Аԥсуаҭҵааратә институт ҳәа ахьӡ.