Гагратәи актәи абжьаратә школ аџьаус арҵаҩы Ахра Бебиа арадио Sputnik аефир аҟны арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҭеиҳәеит амаҭәар ахәыҷқәа рызнагаразы маҭәахәыла иахьынӡеиқәшәоу, иддырҵо атәы.
Аоперативтә информациа аус адулараан Урыстәылантәи Аԥсныҟа анаркотикатә маҭәашьар каннабис алазгалоз ацәгьоуцәа рус ԥкын.
Аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы Аԥсни Қырҭтәылеи реизыҟазаашьақәа аҭыԥ рықәҵаразы, аиҿцәажәарақәа ган рацәала рымҩаԥгаразы, иара убас аинраалара аҭахуп ҳәа аҿар рыбжьара изҳәо ахьцәырҵуа инамаданы лгәаанагара ҳацеиҩылшоит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 13458-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 12876-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 214-ҩык.
"Лирика" наркотикатә маҭәашьарны иԥхьаӡаны Аԥсны Аминистрцәа реилазаара ззин ыҟам ахәшәқәа ирыланакит 2018 шықәса хәажәкырамзазы.
Мшаԥы акы, аччара амш азы, апоет, ажурнал "Алашара" аредактор ахада Анатоли Лагәлааи ашәаҳәаҩ, Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Анатоли Алҭеибеи арадио Sputnik аефир аҿы еиҭарҳәеит аԥсуа лаф ҵар атәы, насгьы ахшыҩ згу алаф ишазыҟоу.
Уаанӡа урыстәылатәи ажурналист Аԥсны даҭаарц ааԥхьара ирҭахьан Аԥсны атуризм аминистри Аԥсны ажурналистцәа Реидгылеи.
Аҟәа ахада Беслан Ешба закәаншьаҭада акриптавалиута арҳара аҿагыларазы аоперштаб аилатәара мҩаԥигеит.
Урыстәылатәи ажурналист Владимир Познер 87 шықәса ихыҵра Қарҭ иазгәеиҭарц дахьнеиз иганахьала имҩаԥыргаз акциақәа ирхырҟьаны дхынҳәыр акәхеит. Қырҭтәыла аҳҭнықалақь аҿы амитинг еиҿыркааит Познер Аԥсназы уаанӡатәи иҳәамҭак инамаданы.
Урыстәыла ахада иҿы ахәыҷы изинқәа рхылаԥшразы иҟоу Анна Кузнецова агәыҳалалратә еиҿкаара "Аԥсны агәыҳалалра ацҳаражәҳәаҩцәа" реилазаара далахәуп.