Sputnik амчыбжь: афымцамч аиқәырхара, COVID аҿагылара, зеиԥш ҟамлац атурсезон

© Sputnik / Томас ТхайцукТуристы в Новом Афоне
Туристы в Новом Афоне  - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.07.2021
Анапаҵаҩра
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны абжьааԥнеиԥш иазнархиеит ԥхынгәы 19-25 рызтәи ахҭысқәа реизга.

Ииасыз амчыбжь азы Аԥсны  иазырхиан афымцеиқәыршәара аоптимизациаз аплан, амаинерцәа русура аиҿкаашьа шыҟало, аҳаиртә баӷәазеи газла атәыла аиқәыршәареи ирылацәажәан. Атәылаҿ иацырҵоит акоронавирус аҿагылара, еиқәдырхоит атуристцәа.

Sputnik

Аекономикатә жәабжьқәа

Ииасыз амчыбжь азы аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр  Кристина Озган абрифинг мҩаԥылгеит, иара азкын афымцеиқәыршәара аоптимизациаз аплан, Аинвестпрограмма анагӡашьа, аекономика актуалтә проблемақәа.

Монета номиналом один рубль. - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.07.2021
Аекономика аминистр Аинвестпрограмма 2020-2022 шымҩаԥысуа атәы далацәажәеит

Озган илҳәеит Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара асоциал-економикатә ҿиаразы Аиҳабырабжьаратә комиссиа ацхантәаҩцәа рыӡбрала Аԥсны аекономика аминистрреи, Урыстәыла аекономика аҿиара аминистрреи, Урыстәыла афымцамч аминистрреи Аԥсны фымцалашарала аиқәыршәара аоптимизациазы ауснагӡатәқәа рыплан шьақәырӷәӷәоуп ҳәа.

Аплан аҿы иарбоуп 2021 шықәса ахԥатәи аԥшьбаразы ишышьақәырӷәӷәахо афымцалашараз  атарифқәа рхархәара аметодологиа. Атариф ҿыц иаҵанакуеит  афымцалашара аиура, афымцаҳақәа рхархәара, аԥхьаӡаратә хархәагақәа рышьақәыргылара. Аԥшьбатәи аԥшьбаразы иазԥхьагәаҭоуп  афымцамчхара ахархәара анормативқәа рышьақәырӷәӷәара.

Аоптимизациатә план атарифтә политикеиԥш иаҵанакуеит аԥареизгара амеханизмқәагьы ҩ-ҟәшакны: амаинингқәа рлегализациеи афымцамчԥхьаӡагақәа рықәыргылареи.

Криптоферма  - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.07.2021
Аԥсны Урыстәыла иаҳәоит амаинерцәа русуразы афымцалашара аарышьҭразы

Иара убас Аԥсны ргәы иҭоуп амаинерцәа рзы афымцалашара аиураз Урыстәыла иаҳәарц ҳәа лҳәеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган. Убри аан иазԥхьагәаҭахоит амаининг-хархәагақәа ахьықәыргылахо астанциа маҷқәа роушьҭратә лшара.

Озган иара убасгьы егьырҭ апроектқәагьы дрылацәажәеит. Авольтҳарак цәаҳәа "Аҽгәара" аремонт иаламгацт аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рысхема ахьеиҭаку азы лҳәеит аминистр. Иазгәалҭеит хара имгакәа аусурақәа ишрылагахо.

Аремонт аԥаразоужьра ахыҵхырҭа – Аинвестпрограмма ауп. Аматериал аахәара 106 миллион мааҭ агеит. "Амшынеиқәафымцамч" ахарџьқәа идыртәеит 16 миллион мааҭ.

Кристина Озган иара убасгьы иазгәалҭеит "Аҽгәара" аремонт азы аԥарақәа реихшараан ацәынха Аԥсны газла аиқәыршәара  асхема хада иазырхарцаз шырыӡбаз. Ауснагӡатә иалагараны иҟоуп 2021-2022 шықәсқәа рзы.

Аилацәажәарақәа цоит аҳаиртә баӷәаза аԥаразоужьра ахыҵхырҭа ашьақәыргыларазгьы.

"Агәыргьын" ацынхара

Аԥсны иахьаҵанакуа акоронавирус аҽарцәгьеит. Ирацәоуп аԥсҭбарақәа.

Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 21061-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 16763-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 289-ҩык.

Ԥхынгәы 20 рзы қарҭтәи аклиникаҿ иԥсҭазаара далҵит "дельта" штамм зыдбалаз аԥснытәи аӡҟы.

Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭаҿы акомпиутертә томограф аусура еиҭеиԥҟьеит. Уи иахьыз аилкааразы агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба иҟаиҵаз аҳәарала Белоруссиантәи аҟазацәа ааит. Иара убас Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿгьы еиҭаҵуа арентген-аппарат бжьысит ахархәара рацәаны иахьамаз азы.

Российский военный госпиталь в гостинице Айтар  - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.07.2021
Аԥсни Урыстәылеи реиқәшаҳаҭрала ҳтәылахь иаараны иҟоуп арратә мобилтә госпиталь

Аԥсныҟа еиҭах иаараны иҟоуп 150 иара-ҭыԥ змоу урыстәылатәи арратә мобилтә госпиталь. Абри аҩыза аиқәшаҳаҭра нагӡахоит рыҩтәылак рнапхгара реицәажәарала, иҳәеит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ԥхынгәы 22 рзы имҩаԥысыз Ашәарҭадаратә хеилак аилацәажәараҿы. Атәыла ахада аиҳабыра рнапы ианиҵеит ҩымш рыҩныҵҟа агоспиталь ахьыҟало аҭыԥ алырхрази иааԥхьоу амедусзуҩцәа рыҟазаараз иманшәалоу аҭагылазаашьақәа аԥырҵарази.

Акьыбачымазаратә центр аҿы COVID-пациентцәа рзы 40 ҭыԥ рхиахоит иаҭахханы иҟалозар, абри атәы иҳәеит Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Ашәарҭадаратә хеилак аилатәараҿы.

Аминистр иазгәеиҭеит ареспублика амедусҳәарҭақәа рҿы аиара-ҭыԥқәа ишрыцҵатәу аҿкы алаҵәара ӷәӷәа иахҟьаны.

Уи адагьы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа иҳәеит Урыстәыла ахада Иусбарҭа дшамадоу Аԥсныҟа алаҵа "Спутник V" аҩбатәи апартиа аашьҭра азҵааразы.

"Ари азҵаара ӡбахоит", - иҳәеит иара.

"Амшынеиқәафымцамч" ахада имаҵура аанижьит

Ԥхынгәы 23 азы Михаил Логәуа "Амшынеиқәафымцамч" адиректор хада имаҵура аанижьит игәамбзиара иахҟьаны.

Совещание Аслана Бжания с Михаилом Логуа в Черноморэнерго - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.07.2021
Михаил Логәуа "Амшынеиқәафымцамч" адиректор хада имаҵураҟынтәи ихы дақәиҭыртәит

"Амшынеиқәафымцамч" адиректор хада инапынҵақәа назыгӡо ҳәа даҭоуп Ҭенгьиз Гырџьынба.

Ҭенгиз Гырџьынба диит 1973 шықәса мшаԥы 22 азы Очамчыра ақалақь аҿы. Далгеит ААУ агронџьныртә факультет.

2003-2018 шықәсқәа рзы аус иуан "Амшынеиқәафымцамч" аҿы, 2018-2020 шықәсқәа рзы – Аҟәатәи афымцатә ҳақәа рҿы.

2020 шықәса инаркны иахьа уажәраанӡа "Амшынеиқәафымцамч" анџьныр хада ихаҭыԥуаҩыс дыҟан.

Атурсезон арбагақәа

Сынтәатәи аԥхынтәи аамҭа 2019 шықәсазтәи арбагақәа ираԥнагахьеит ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны атуризм аминистр ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Барцыц.

"Ԥхынгәы 19, 2019 шықәсазы Афон ҿыцтәи аҳаԥы иаҭаахьан 105 274-ҩык аԥсшьаҩцәа, сынтәа – 210 952, 2019 шықәса аҩныҵҟа Риҵатәи амилаҭтә парк иаҭааит 385 000-ҩык, 2021 шықәса ԥхынгәы 1-нӡа– 297 000-ҩык. Аиҿырԥшра иунарбоит иҟоу аивыгарақәа", - иҳәоит иара.

Барцыц иажәақәа рыла, атәылаҿ аԥсшьаҩцәа ахьрыдыркыло аҭыԥқәа зегьы ҭәуп. Уаанӡеиԥш аԥхьа идырҭәуеит Гагра араион, анаҩс – Аҟәа, Афон ҿыц, Гәдоуҭа. Ирацәоуп ауаа ахатә секторқәа рҿы, Очамчыра араион Кындыӷ апансионатқәа рҿы.

Асеиԥш Аԥснытәи ахырхарҭа аҭаххара мзызны иамоу апандемиа аамҭаан аҳәаанырцәуаа рзы тәылақәак иаларгалаз аԥкрақәеи аҳәаақәа раркреи роуп.

Барцыц иҳәеит иара убасгьы Аԥсныҟа ауаа адзыԥхьало иара асасдкылареи, ақьабзқәеи, акультуреи роуп ҳәа.

Аӡбарҭақәа ирӡбақәаз

Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа аҳәынҭқарратә харадҵаҩ изыҳәа инақәыршәаны Қьамал Арӡынба дишьит ҳәа агәҩара зызрымоу Баҭал Ԥлиа ирбаандаҩра аҿҳәара иацнаҵеит ԥхынгәы 20 азы. Ԥлиа ирбаандаҩра аҽа ԥшьымз иацҵоуп, зынӡа – 2021 шықәса абҵара 19 рҟынӡа.

Судебный молоток - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.07.2021
Қьамал Арӡынба дызшьыз ҳәа агәҩара зызрымоу ирбаандаҩра аҿҳәара иацҵоуп

Ԥхынгәы 22 азы аӡбаҩ Асҭамыр Тәанба ихантәаҩрала имҩаԥысуаз Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа ақәшаҳаҭхеит Аслан Зыхәба ирбаандаҩразы аҳәынҭқарратә харадҵаҩ иҟаиҵаз азыҳәа. Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа аӡбарала Аслан Зыхәба ҩымз, 2021 шықәса цәыббра 19 рҟынӡа дырбаандаҩхоит. Иара Аҟәа ԥхынгәы 17 азы иҟаз аиҿахысра далахәуп ҳәа дыԥхьаӡоуп.

Аӡбаҩ Асҭамыр Тәанба ихантәаҩрала имҩаԥысуаз Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа ақәшаҳаҭхеит Игор Гәдалиа ирбаандаҩразы аҳәынҭқарратә харадҵаҩ иҟаиҵаз азыҳәа. Аӡбарҭа ақәҵарала Игор Гәдалиа ҩымз ҳәа - 2021 шықәса цәыббра 18 рҟынӡа дырбаандаҩуп.

Гәдалиа Аҟәа аҭыԥ змаз ҩыџьа ауаа ахьҭахаз аиҿахысра далахәуп ҳәа дшьоуп. Иара ихарарҵоит Беслан Ӡыба ишьреи закәаншьаҭада абџьар амазаареи.

Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ашьаусҭҵаараз ахашшааратә коллегиа ԥхынгәы 23 азы мап ацәнакит адукат Инга Габилаиаԥҳа Бориса Ачба иганахьала Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа иаднакылаз аӡбамҭазы лышшыԥхьыӡ.

Суд по делу Бондо Ачба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.07.2021
Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Ачба иус азы Ақалақьтә ӡбарҭа аӡбаразы ахашшаара иақәшаҳаҭымхеит

Лаҵара 5 азы Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа Ачба ахара ихараҵаны быжьшықәса ҭакрыла ихигарц иқәнаҵеит азеиԥш режим иаҵанакуа ариашаратә колониаҿы, убри аан имазарагьы имхны. Борис Ачба иумҭа Аԥсны Ашьаустә закәанеидкыла ахәҭаҷ 156 ахәҭа 4 иаҵанакуеит (мцҳәарыла аҵаӷьычра, даҽакала иуҳәозар, мцҳәарыла, агәрагара ахархәарала атәым мазара мҽхакы ҭбаала атәтәра).

Ԥхынгәы 23 азы Аԥсны аомбудсмен Асида Шьаҟрылԥҳа аӡбарҭаҿы аҳәара ҟалҵеит Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура уаанӡатәи ахантәаҩы Зураб Марганиа иус иахәаԥшырц АШәМ иатәу аамҭалатәи ауаҩы иаанкыларҭаҿы иҭакыз иқәшәара дахьаԥырхагаз азы. Лара аҳәара ҟалҵеит иҭакыз ауаҩы иқәшәара дахьаԥырхагахаз ахәшьара арҭарц.

Амчыбжь аиааирақәеи аихьӡарақәеи

Аоператә шәаҳәаҩы Хьыбла Гьерзмааԥҳа раԥхьаӡа акәны Арена ди Верона аҿы дықәгылеит Верди и-"Реквием" далахәны ԥхынгәы 19 азы.

Хьыбла Гьерзмааԥҳа раԥхьаӡа акәны Арена ди Верона аҿы Верди и-Реквием далахәын - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.07.2021
Хьыбла Гьерзмааԥҳа раԥхьаӡа акәны Арена ди Верона аҿы Верди и-"Реквием" далахәын

"Верди и-"Реквием" аҿы ашәа сҳәеит. Ари џьашьахәуп. Сыԥрындаз ҳәа сыҟоуп. Насыԥ сыманы схы збоит абрахь сааины ашәа сҳәартә аҭагылазаашьа ахьсымоу ", - лҳәоит Герзмааԥҳа.

Нанҳәамзазы иазԥхьагәаҭаз афестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит..." аконцертқәа ҟалаӡом аепидемиологиатә ҭагылазаашьа инадҳәаланы ҳәа лыҩуеит ашәаҳәаҩ Facebook аҿы.

"Афестиваль "Хьыбла Гьерзмаа шәаалыԥхьоит..." аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысран иҟаз аконцертқәа ҟалом. Дара азԥхьагәаҭан нанҳәа 13 азы Пицундатәи ауахәамаҿи нанҳәа 15 азы Искандер ихьӡ зху Аурыс драматә театр аҿи", - ҳәа лыҩуеит Гьерзмааԥҳа.

Аоператә шәаҳәаҩы иазгәалҭоит урҭ рыхәҭак 2021 шықәса ҭагалан азы имҩаԥысыр шалшо.

Аԥснытәи аԥқьаҭасыҩ Амина Аншԥҳа Польша, Гдыне ақалақь аҿы имҩаԥысуаз акатегориа WTA-250 иатәу атурнир актәи аикәшараҟны 135-тәи аномер змоу Франциа ахаҭарнак Армони Тан дылиааит ҳәа аанацҳауеит Sports.ru.

Урыстәылатәи аԥсшьаҩцәа гәыԥҩык зықәтәаны амшын ихыз акатамаран аидара рацәа иахҟьаны иԥҽын, аӡааҟәрылара иалагеит Гәдоуҭа араион Бамбора ақыҭа аԥшаҳәаҿы.

Волны на побережье Черного моря - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.07.2021
Аҷкәын қәыԥш Гәдоуҭа амшын аҿы аӡы иагоз аԥсшьаҩцәа еиқәирхеит

Жәибжь шықәса зхыҵуа Леон Барцыц аԥҳәыс лхәыҷи лареи еиқәирхеит Гәдоуҭа амшын аҿы аӡааҟәрылара иаҿыз акатамаран аҟынтәи.

Атәыла ахада Леон Барцыц дидикылеит. Иара убасгьы аусдҵа инапы аҵеиҩит Леон Москватәи афинанстә университет аҭаларазы ацхыраара шииҭо азы.  Бжьаниа иара убасгьы  аҳаҭыртә шәҟәи аԥаратә ҳамҭеи ииҭеит.

Аҵара аҭалараҿ ацхыраара Леон мап ацәимкит, аиҳаракгьы арратә ҵараиурҭа аҭалара алимитқәа ахьыҟамыз иахҟьаны иахьилымшаз азы.

Ажәабжьқәа зегьы
0