Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Sputnik амчыбжь: аҩбатәи атур, Москваҟа аусутә ныҟәара, алхратә закәанԥҵара аԥсахрақәа

© Sputnik / Томас Тхайцук Выборы во второй тур в Народное Собрание Абхазии
Выборы во второй тур в Народное Собрание Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.03.2022
Анапаҵаҩра
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны иазнархиеит хәажәкыра 21-27 азтәи ажәабжьқәа реихшьаала.
Ииасыз амчыбжь азы Аԥсны имҩаԥысит Жәлар реизарахь алхрақәа аҩбатәи ртур, Аԥсны ахадеи Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистри Москваҟа ицеит, Апарламент алхратә закәанԥҵара аԥсахрақәа аланагалеит. Арҭи егьырҭи ажәабыжьқәа Sputnik аҿы.
Sputnik

Ҩ-турк шьҭахьҟа

Абжьыҭаразы алхратә ҭыԥқәа аадырртит асааҭ 8:00 рзы асабша хәажәкыра 26 азы. Зынӡа иаартын 17 алхырҭатә ҭыԥ хадақәа рҟны 69 алхратә ҭыԥқәа. 17 ҭыԥ рзы еиндаҭлон 34-ҩык акандидатцәа.
Хәажәкыра 27 азы Алхратә комиссиа хада Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа аҩбатәи ртур заанаҵтәи рылҵшәақәа аихшьаала ҟанаҵеит. 16 алхратә ҭыԥ хадаҟны иалхын адепутатцәа. Алашарбагатәи алхратә ҭыԥ хадаҿы аиҭалхрақәа ҟалоит акандидатцәа абыжьқәа еиҟараны иахьроуз азы.
ЦИК Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.03.2022
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа-2022
АКХ аҟны ирҳәеит Апарламент ахь алхрақәа аҩбатәи атур заанаҵтәи рылҵшәақәа ртәы
АКХ ахада Дмитри Маршьан иҳәеит ашшыԥхьыӡ шыҟаиҵаз акандидат Амиран Какалиа. Уи иҳәеит иара иганахь ала иҟаз анаԥшыҩцәа абиуллитенқәа зегь рнапы шрыҵырмҩыз, аха АКХ уи иахәаԥшуам, акомиссиахь иахьынашьҭымыз азы.
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥысит хәажәкыра 12 азы. 35 ҭыԥ рзы иқәгылан 123-ҩык акандидатцәа. Гәдоуҭатәи 18-тәи алхратә ҭыԥ хадаҿы лаҵарамза 14 азы аиҭалхрақәа мҩаԥгахоит.
Выборы во второй тур в Народное Собрание Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.03.2022
Аҩбатәи ахәҭа: Аԥсны Апарламент ахь алхрақәа шымҩаԥысыз

Аанкылареи ацхыраареи

Аԥсны аиҳабыра атәылахь иаларгало аалыҵқәак рыхәԥса аҭышәныртәалара мҩаԥыргоит. Аминистрцәа реилазаара иара убасгьы тауарқәак рзы ирыцырҵо ахәқәа узхыԥар ҟамло рҳәаа шьақәдыргылар ҟалоит.
Аиҳабыра алахәылацәа иалацәажәеит абизнес ацхраара аҭаразы имҩаԥгатәу ауснагӡатәқәа: алагаларатә НДС аларҟәра ма аԥыхра реиԥш иҟақәоу.
Кабинет Министров Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.03.2022
Аԥсны
Аԥсны иаларгало аалыҵқәак рыхәԥса Аиҳабыра иҭышәыннартәалалоит
Хәажәкыра 23 азы Аԥсны аекономика аминистрраҿы имҩаԥысит аусбарҭеи ачалыхӡыҩцәеи реиԥылара. Аԥсны аиҳабыра ачалых аџьармыкьаҿ анаплакыҩцәа рыдгылара иазыхиоуп лҳәеит аекономика аминистр Кристина Озган.
Аиԥылараҿы ачалых ахә аизҳара азҵаара иалацәажәан. Иазгәаҭан акурорттә сезон иалагаанӡа ишыҟоу иааныжьзарц. Анаплакҩы ахарџь иқәшәар аиҳабыра ицхраауеит ҳәа азгәаҭан аилацәажәараҿы.

Азакәанқәа рыԥсахрақәа

Хәажәкыра 21 азы имҩаԥысит Аԥсны Жәлар реизара VI тәи ааԥхьара аҵыхәтәантәи реилатәарақәа руак. Адепутатцәа ирыдыркылеит азакәан апроектқәа жәпаки аԥсахрақәак ралагалареи.
Аҩбатәи, аҵыхәтәантәи аԥхьарала Аконституциатә закәан "Апарламент адепутатцәа ралхразы" аԥсахрақәа аланагалеит. Аԥсахрақәа инарықәыршәаны, депутатс далххар ҟалоит Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаҩ, аҳәынҭқарратә бызшәа аԥсшәеи аурысшәеи здыруа.
Аԥсны Жәлар Реизара актәи аԥхьарала иаднакылеит "Ахшара рацәа змоу аҭаацәарақәа асоциалтә цхыраара рыҭаразы" Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәан апроект" азы ақәҵара. Азакәан аилкаара "ахшара рацәа змоу аҭаацәарақәа" ҳәаақәнаҵоит: усеиԥш ишьоуп хҩык ма инареиҳаны ахшара змоу аҭаацәарақәа, ирԥартәыз ма ирыԥҳартәызгьы / ма ирыԥҳаԥсоуи ирԥаԥсоуи арахь иналаҵаны. Азакәан инақәыршәаны, аҳәынҭқарратә цхыраагӡа роуеит аҭаацәа рҟынтә аӡәы, хәыҷыцыԥхьаӡа ирзыԥхьаӡаны, урҭ 18 шықәса рхыҵаанӡа ма аҵараиурҭақәа ирҭоу 23 шықәса рхыҵаанӡа. Аԥаратә шәарақәа шьақәнаргылоит Аминистрцәа реилазаара.
Актәи аԥхьарала Аԥсны Аџьатә Закәанеидкылахь аԥсахрақәа шьақәдырӷәӷәеит. Аԥсахрақәа инарықәыршәаны иреиҵаӡоу мызктәи ауалафахәы шьақәнаргылоит Аминистрцәа реилазаара (8200 мааҭ). Иахьазы аус зуа Аџьатә закәанеидкыла инақәыршәаны иреиҵаӡоу мызктәи ауалафахәы ахь иаҵанакуам ашәарацҵақәа, акомпенсациатәии асоциалтәии шәарақәа, агәазыҟаҵарақәа, аԥхьахәқәа у.у.е.
Аҵыхәтәантәи аԥхьарала адепутатцәа Аграждантә закәанеидкыла аԥсахрақәа аланагалеит. Аилыркааратә шәҟәаҿы ишаҳәо ала, аԥсахрақәа аҭахны иҟалеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан "Аграждантә ҭагылазаашьа актқәа рзы" ахарҭәаарақәа ахьаларгало азы, урҭ ахарҭәаарақәа иазԥхьагәарҭоит ареспублика аҵакыраҿы инхо Аԥсны атәылауаа, аҳәаанырцә тәылауаа, атәылауаҩра змам ахаҿқәа рмилаҭтә ҟазшьа аԥсахра адагьы аԥсуа милаҭ ишатәу аиҭашьақәыргылара азин рыҭара.
Валерий Кварчия  - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.03.2022
Аԥсны
Аԥсны Жәлар Реизара 6-тәи ааԥхьара алҵшәақәа еихишьалеит уи аиҳабы Валери Кәарҷиа
Уи адагьы адепутатцәа Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахантәаҩыс далырхит Саида Быҭәԥҳа.

Москва аиԥыларақәа

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба диԥылеит Урыстәылеи Белоруссиеи Реидгылатә ҳәынҭқарра Амаӡаныҟәгаҩ хада Дмитри Мезенцев аҩаша хәажәкыра 22 азы.
Арӡынбеи Мезенцеви алацәажәеит евразиатәи аҵакыраҿы аҵарадырреи акультура-гуманитартә усхк аҟны аусеицура арҭбаареи ирызкыз азҵаарақәа.
Хәажәкыра 22 азы Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Думаҿы имҩаԥысит аусутә гәыԥ аилатәара, "Аԥсни Урыстәылеи рполитикатәи рекономикатәи еимадарақәа рырӷәӷәара" атемала. Аилатәара далахәын Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба.
Хәажәкыра 25 азы Москва имҩаԥысит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи Урыстәыла ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ, ахада Иусбарҭа анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Дмитри Пескови реиԥылара.
Инал Арӡынбеи Дмитри Пескови Урыстәыла ахада Иусбарҭаҿ реиԥылараан жәларбжьаратәи аинформациатә политика иалацәажәеит.
Иара убасгьы иалацәажәеит, Аԥснытәи аҟазауаа Урыстәыла ахада ипресс-маҵзураҿы аԥышәахысреи Аԥсны жәларбжьаратәи аренаҿы ахԥша ашьҭыхразы аилацәажәарақәа рымҩаԥгареи рызҵаарақәа.
В Администрации Президента РФ состоялась встреча Министра иностранных дел Республики Абхазия Инала Ардзинба с Пресс-секретарем Президента РФ - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.03.2022
Аԥсны
Инал Арӡынбеи Дмитри Пескови Жәларбжьаратәи аинформациатә политика иалацәажәеит
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа усутә ныҟәарыла Москва дыҟоуп. Хәажәкыра 25 азы иара диԥылеит Урыстәыла аиҳабыра рхада ихаҭыԥуаҩ Александр Новак.
Аслан Бжьаниеи Александр Новаки Аԥсны газлеи фымцамчлеи аиқәыршәареи иара убасгьы анефҭаалыҵқәа рыхәԥсашьақәыргылара азҵаареи иалацәажәеит.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистри реиԥылараан Сергеи Лавров иҳәеит Урыстәылеи Аԥсни шеиныруа, иахьа адунеижәларбжьаратә еизыҟазаашьақәеи аҭагылазаашьақәеи аныуадаҩу, хҭак иахьеицҭадыршәуа аҵакы шамоу.
Листок и ручка  - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.03.2022
Аԥсны
Хҭак аицҭаршәра: Лаврови Бжьаниеи злацәажәоз
Иара убас имҩаԥысит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Дмитри Козаки реиԥылара. Уаҟа ирылацәажәеит аенергетика азҵаареи, Аинвестпрограммала ишьақәырӷәӷәоу апроектқәа рынагӡареи, Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара ацхраареи рызҵаатәқәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0