Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Sputnik амчыбжь: ахада иҿы аилацәажәара, Очамчыра Амш, "Opera Viva"

© Sputnik / Леон Адлейба Празднование 2522-летия Очамчыры
Празднование 2522-летия Очамчыры  - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.07.2022
Анапаҵаҩра
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны иазнархиеит ԥхынгәы 4-10 рзы Аԥсны аҭыԥ змаз ахҭысқәа реизак.
Иҳаҩсыз амчыбжь азы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аинвестпрограмма анагӡашьа иазкыз аилацәажәара мҩаԥигеит, Очамчыра 2522 шықәса ахыҵра азгәарҭеит, хымш аклассикатә музыка афестиваль "Opera Viva" мҩаԥысит.
Sputnik

Аинвестициа, афымцамч, акредитқәа

Ажәахә иманы дықәгылеит Аԥсны акапиталтә ргылара аиҳабы Ҭемыр Агрба. Иара иажәақәа рыла, хышықәса ирылагӡаны аԥаразоужьра алимит иартәеит 3 миллиардки 848 миллион мааҭ иартәеит. 2020 шықәсазтәи алимит миллиардки 310 миллион мааҭ, ишьҭыркааит 99%, 2021 шықәсазы- миллиардки 188 миллион мааҭ, ишьҭыркааит 85%, 2022 шықәсазы- миллиардки 350 миллион мааҭ, ишьҭыркааит 42%.
Зынӡа Аинвестпрограмма 2020-2022 иарбоуп 96 хыбра, урҭ рҟынтәи 68 хыбра ахархәарахь ирыҭоуп. 2022 шықәса ԥхынҷкәынмзанӡа ахыркәшарахь инагахоит даҽа 2 хыбрак. Ҩ-проектк ииагахоит Аинвестпрограмма 2023-2025.
Аилацәажәараан ахада дазааҭгылеит афымцамч адефицит атемагьы. Иара иажәақәа рыла, уажәазы иҟоу жьҭаарамза нҵәаанӡа заҵәык шакәу ианрызхо.
Аекономика аминистр Кристина Озган иазгәалҭеит Урыстәылеи ҳареи аиҿцәажәарақәа шымҩаԥааго ҳхы иаҳархәо афымцамч адефицит амҽхак агырхара алыршаразы, иахәаԥшуеит 2023 шықәсазы иаарышьҭуа афымцамч амҽхак ахәҭак 2022 шықәсахьы ииаргарц, мамзаргьы ЕгрыГЕС аҟынтәи ахархәара змоу ахәҭа ацҵареи, ус еиԥш алшара ҟалар.
Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.07.2022
Аԥсны
Бжьаниа Аинвестпрограмма 2020-2022 анагӡашьа алацәажәаразы аилатәара мҩаԥигеит
Иара убас иалацәажәеит урыстәылатәи абанк аԥсуа наплакыҩцәа Льготала акредитқәа рыҭара апрограмма, уи нагӡахоит 2022-2025 шықәсқәа рызтәи Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара аҳәынҭқарратә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Уажәазы аԥсуа ган адырра аҭаӡам ихадоу азҵаарақәа рзы - апроценттә зыԥҵәа, ахәдықәҵара, апроектқәа рынагӡара аҿҳәара лҳәеит аекономика аминистр.
Озган ишылҳәаз ала, абанкқәеи дареи макьана еибырымҳәаӡацт льготала акредитқәа рыҭара ззырхахо апроектқәа арбақәан.

Аҭакԥхықәрадаразы ашьаус

Ԥхынгәы 6 рзы Аҟәа араион апрокуратура аҭакԥхықәрадараз ашьаус хацнаркит (АА АЗ ахәҭаҷ 295 ахәҭа 1) ԥшьҩык амилициа аусзуҩцәа рганахьала. Аусбарҭа адыррала, рашәара 4 асааҭ 7 рзы ААИ агыларҭа "Учхоз" аҿы гәыԥҩык ауаа Урыстәыла атәылауаҩ Сонин С.А. даанкыланы амашьына дҭажьны дыргеит.
Аҭыԥ ахь инеиз Аԥсны ААР аусзуҩцәа Алиас Гәниа, Альберт Хутов, Роман Ҟалӷьы, Денис Чаабал ацәгьоуцәа рмашьына иашьҭамлеит, рхымҩаԥгашьагьы зхьаԥшра арымҭеит.
Генеральная прокуратура республики Абхазия - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.07.2022
Аԥсны
Ԥшьҩык амилициа аусзуҩцәа рҭакԥхықәрадараз ашьаус хацыркуп
Амилициа аусзуҩцәа рнапынҵа ахьынармыгӡази рмаҵзура ҭакԥхықәрада иахьазнеизи ирыхҟьаны Урыстәыла атәылауаҩ изинқәа еилаган, аԥсуа уаажәларреи аԥсуа ҳәынҭқарреи Аԥсны ААРи рыхьӡ ааха аҭан.

Очамчыра Ақалақь амш

Очамчыра Ақалақь амш азгәарҭеит ԥхынгәы 9 рзы. Ари ақалақь шьаҭаркын ҳера ҟалаанӡа VI ашәышықәсазы, сынтәа иара иахыҵит 2522 шықәса.
Празднование 2522-летия Очамчыры  - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.07.2022
Аԥсны
Абжьыуаа рныҳәа: Очамчыра 2522 шықәса ахыҵра азгәарҭеит
Очамчыра Амш аламҭалаз ақалақь дырԥшӡеит. Уи уахьналало паҭырқал ԥшшәыла ашьаҟақәа ршәит, аныҳәатә баннерқәа кыдырҵеит, аԥшаҳәа дрыцқьеит.
Ақалақь ахадара ари амш аҳаҭыр азы аҳамҭа ҟарҵеит - иаԥырҵеит агерб. Аформеи аԥштәқәа рылеи уи аҳәынҭқарратә герб иеиԥшуп. Иара дануп Евтсафи Аԥсилтәи, ашыцмахә, Ерцахә ашьха, ажәытә бырзен қалақь Милетынтәи иааз аколонистцәа, иара убас 27 еҵәа, араион иахәҭаку ақыҭа хадарақәа рыцыԥхьаӡа.
Очамчыра Амш азгәаҭара иалагеит Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз аибашьцәа рбаҟа амҵан ашәҭқәа рышьҭаҵарала. Уи иалахәын араион анапхгареи атәылауааи.
Ақалақь аԥшаҳәаҿы еиҿкаан ақыҭанхамҩатә аалыҵқәа ахьцәыргаз аџьармыкьа. Уа ақыҭанхацәа, анапҟазацәа, асахьаҭыхыҩцәа рнапала иҟарҵаз, иаадрыхыз цәырыргеит.
Аныҳәа рзеиҿкаан ахәыҷқәагьы. Ахадара аҿаԥхьа иҟоу апарк аҿы аниматорцәа рзықәгылеит, аҿар рзы аспорттә хәмаррақәа еиҿыркааит - ашаха ахара, ашахматқәа, ахыци ахәымпали рыла ахысра, асахьаҭыхразы амастер-классқәа, ахәмаррақәа, авикторинақәа. АҶА акатер акәзар, изҭахыз зегьы хәыда-ԥсада амшын аҿы инаргааргон.
Очамчыра 2522 шықәса ахыҵра шазгәарҭаз - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.07.2022
Аԥсны
Ақалақь Аирамш: очамчыраа рныҳәа шазгәарҭаз
Аныҳәамш хыркәшан аконцерт ала, уи иалахәын аҭыԥантәи аестрада ашәаҳәаҩцәа, акәашаратә коллективқәа, Адыгеиантәи иааз артистцәа.

Кәырбанныҳәа

Кәырбан-баирам (ҭырқәшәала), ма Ид аль-Адха (араб бызшәала) - ашьтәашьра аныҳәоуп, аԥсылманцәа рныҳәа хадақәа иреиуоуп. Иара азгәарҭеит ԥхынгәы 9 рзы. Атәыла аԥсылманцәа зегьы еизеит Аҟәеи Гәдоуҭеи иҟоу аџьаамақәа рҿы, зегьы агәырӷьаратә Ҳазшаз имҵаныҳәара мҩаԥыргеит.
Уи ашьҭахь зегьы рыҩныҟақәа рахь ихынҳәны акәырбан ҟарҵеит (ашьтәа ршьит - азгә.), рыуацәеи, рҭынхацәеи, рҩызцәеи еизганы аныҳәа азгәарҭеит. Иара убас арҭ амшқәа рзы анышәынҭрақәа ирҭаауеит, иҳацәцахьоу рзы иматанеиуеит.
Сухумская Мечеть  - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.07.2022
Аԥсны
Аԥсны иқәынхо аԥсылманцәа Кәырбанныҳәа азгәаҭара иалагеит
Сынтәатәи аԥсылман мзар инақәыршәаны Кәырбанныҳәа ареспубликаҿы ԥхынгәы 9 иақәшәеит. Уи асабша ахьакәыз азы ԥсшьарамшны ирылаҳәан ԥхынгәы 11 (ашәахьа).
Кәырбанныҳәа аԥсылманцәа рныҳәа хадақәа ируакуп, уи аҽны Меккаҟа аҳаџьныҟәара хдыркәшоит. Аҳаџь - аԥсылманра ахәбатәи ашьаҭоуп. Аныҳәа азгәарҭоит Ураза-Баирам аныҳәа ашьҭахь 70 мшы анҵлак, аԥсылманцәа рымзар ала жәаҩатәи амза ажәабатәи амш азы. Уи хымш-ԥшьымш ирылагӡаны иазгәарҭоит.
Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.07.2022
Аԥсны
Аслан Бжьаниа Аԥсны иқәынхо аԥсылманцәа Кәырбанныҳәа рыдиныҳәалеит

Амчыбжь ацәыӡқәа

Иҳаҩсыз амчыбжь азы Аԥсны иацәыӡит хҩык еицырдыруа ауаа. Ԥхынгәы 4 рзы иԥсҭазаара далҵит Апарламент уаанӡатәи адепутат, Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, Агәаҭаратә палата аудитор Заур Адлеиба. Иара 70 шықәса дырҭагылан.
Торчуа Заур Адлеиба изы: иажәеи инапыи ахьынӡанаӡоз аибашьцәа дрыцхраауан   - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.07.2022
Арадио
Торчуа Заур Адлеиба изы: иажәеи инапи ахьынӡанаӡоз аибашьцәа дрыцхраауан
1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан Адлеиба мықәтәи абаталион "Каскад" акомандирс, Мрагыларатәи афронт атехникеи аџьаԥҳани рзы адҵаҟаҵаҩ ихаҭыԥуаҩс дыҟан. Иааирԥшыз агәымшәаразы ҩынтә ианашьан Аԥсны иреиҳаӡоу аҳамҭа - Леон иорден. Ажәлар рҿы деицырдыруан ахьыӡшьара "Черный капитан" ала.
Аибашьра ашьҭахь Адлеиба активла далахәын атәыла ауаажәларра-политикатә ԥсҭазаара. Жәлар Реизара IV ааԥхьара адепутатс дыҟан (2007–2012 шш.), напхгара аиҭон абиуџьети, акредиттә еиҿкаарақәеи, ашәахтәқәеи, афинансқәеи рзы апарламенттә еилакы.
Ԥхынгәы 6 рзы 89 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит Аԥснытәи АССР зҽаԥсазтәыз азиндырыҩ, аиустициа абжьгаҩ еиҳабы, аорден "Ахьӡ-Аԥша" аорден III аҩаӡара занашьоу Сергеи Бганба. Иара диит цәыббра 18, 1933 шықәсазы Бзыԥ ақыҭан. Далгеит Саратовтәи азиндырратә институт. 40 шықәса инареиҳаны прокурорс дыҟан. Аԥсны апрокурор хада актәи ихаҭыԥуаҩыси ицхырааҩыси дыҟан (1993–1998 шш.).
Сергей Бганба - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.07.2022
Аԥсны
Иԥсҭазаара далҵит Аԥсны зҽаԥсазтәыз азиндырыҩ Сергеи Бганба
1998 шықәса раахыс ААУ азиндырратә факультет акафедраҿ рҵаҩыс аус иуан. 2010 шықәсазы акафедра адоцентс дҟалеит. Аорден "Ахьӡ-Аԥша" III аҩаӡара ианашьоуп. 2015 шықәсазы иҭыҵыз агәалашәаратә шәҟәы "Сгәалашәараҿы иҟоу рзы" давторуп.
Ԥхынгәы 9 рзы иналукааша ауаажәларратәи аполитикатәи усзуҩ, Аԥсны Жәлар рпартиа ахантәаҩы, азиндырҩы, азинхьчаҩ, "Ахьӡ-Аԥша" аорден III аҩаӡара занашьоу Иакуб Лакоба иԥсҭазаара далҵит, 73 шықәса дшырҭагылаз. Иара диит 1949 шықәса рзы Афон ҿыц. Иара далгеит Москватәи аҳәынҭқарратә университет азиндырратә факультет, иара Аԥсны азиндырратә ҵара ашьаҭа зҳаз дреиуоуп: 1979 шықәса инаркны 1999 шықәсанӡа ААУ азиндырратә факультет аҳәынҭқарратәи административтәи зин атеориеи аҭоурыхи ркафедра арҵаҩыс дыҟан.
Научная конференция по книге Екатерины Бебия - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.07.2022
Аԥсны
Ажәлар ргәы иҵхоз зҳәоз аполитик: Иакуб Лакоба игәалашәаразы
1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан иара Аԥсны Аџьар Ҟаԥшь Аилак Аилазаара Ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩыс дыҟан, атәылахь абџьари ахәшәқәеи раагара аус инапы алакын.
1996 - 1999 шықәсқәа раан иара редактор хадас даман апартиатә газеҭ "Кьараз", Аԥсны Жәлар рпартиа Аҟәатәи аиҿкаара дахагылан. 1999 шықәса инаркны Лакоба Аԥсны Жәлар рпартиа Аполитхеилак ахантәаҩыс дҟалеит.
2004 шықәса рзы Иакуб Лакоба Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада имаҵурахьы кандидатс дықәгылан.

Аолимпиатә ӡҭарчы аартра

Иҳаҩсыз амчыбжь ахҭыс хадақәа иреиуоуп ԥхынгәы 5 рзы Аҟәа аолимпиатә ӡҭарчы аартра. Аӡҭырчы аҵаулара – 2,25 метра, аҭбаара – 20 метра, аура – 50 метра иҟоуп. Иара 120-ҩык акуеит.
Открытие сухумского бассейна - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.07.2022
Аԥсны
Аҟәатәи аӡҭарчы аиҭашьақәыргылара ашьҭахь иаартын
Аҟәа ақалақь ахадара 2007 шықәсазы аӡҭарчи уи иацааиуаз аобиект, акрыфарҭа қьырала ЗҲәА "Аквастройинвест" ианаҭеит. Уи арҽеира-аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирылагеит. Абри аамҭала ажәытә комплекс ықәган, адренажтә трубақәа шьҭаҵан, аӡыҭгагақәеи аӡрыцқьагақәеи ргылан, аҽыкәабарҭақәеи, аҽеилаҳәарҭақәеи, атрибунақәеи шьақәыргылан, аӡҭарчы ахаҭа еиҭашьақәыргылан.

Афестиваль "Opera Viva"

Аԥсны акультура аминистрра еиҿнакааз II Жәларбжьаратәи аоператә фестиваль "Opera Viva" мҩаԥысуан ԥхынгәы 5-8 рзы. Уи аартра мҩаԥысит ԥхынгәы 5 рзы Аҟәа, Самсон Ҷанба ихьӡ зху адраматә театр аҿы, адырҩаҽны иара уа имҩаԥысит афортепианотә концерт "Piano Duo", ихыркәшан Пицундатәи ауахәамаҿы.
Фестиваль Опера Вива  - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.07.2022
Аԥсны
II Жәларбжьаратәи аоператә фестиваль "Opera Viva" аатит Аҟәа
Афестиваль апрограмма иалан Аԥсны ахортә капелла, Аԥсны акамертә оркестр, Адыгеиатәи аҳәынҭқарратә симфониатә оркестр, Чаиковски ихьӡ зху Москватәи аҳәынҭқарратә консерваториа Акамертә хор.
Аоператә ариақәа нарыгӡон: Нинель Бжьаниаԥҳа, Гәлиза Аҩӡԥҳа, Нана Черқьезиаԥҳа, Алхас Ферзба, Асҭамыр Кәыҵниа, Кристина Ешԥҳа, Сирануш Гаспариан, Атеатр ду аоператә труппа асолист Бехзод Давронов. Аконцерт далахәын ауарӷанарҳәаҩы Лука Гаделиа.
Фестиваль Опера Вива  - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.07.2022
Аԥсны
Жәларбжьаратәи аоператә фестиваль "Opera Viva" хыркәшоуп Пицунда
Ажәабжьқәа зегьы
0