Sputnik амчыбжь: аныҳәа, аԥшаҳәаҿы ахысра, аминистр аамҭала имаҵура иамхра

© SputnikSputnik амчыбжь: аныҳәа, аԥшаҳәаҿы ахысра, аминистр аамҭала имаҵура иамхра
Sputnik амчыбжь: аныҳәа, аԥшаҳәаҿы ахысра, аминистр аамҭала имаҵура иамхра - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.10.2021
Анапаҵаҩра
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны иазнархиеит есымчыбжьатәи ажәабжьқәа рцикл, цәыббра 27 инаркны жьҭаара 3 рҟынӡа имҩаԥысқәаз рахьынтә.
Амчыбжь аныҳәатә хҭысқәеи Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Анатоли Бибилов иаареи реиԥш ахынҭаҩынҭарақәагьы рыла иҭәын. Аныҳәатә салиут амшынԥшаҳәаҿы ахысреи аисреи рыла еиҭакхеит.
Sputnik

Бибилов иаара

Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Анатоли Бибилов Аԥсныҟа дааит цәыббра 27 азы. Аахыҵ Уаԥстәыла аделегациа Аԥсныҟа иааит ареспублика Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымшныҳәа азгәаҭара рҽаладырхәырц.
Аҳәааҿы асасцәа ирԥылеит Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба, Гагра араион ахада ихаҭыԥуаҩ Алхас Барцыц.
Амилаҭ маҭәа зшәыз аҿар Уаԥстәыла ахада идыргалеит ачашә, ашәыр, ҩыла иҭәыз аԥаҭхь. Анатоли Бибилов аныҳәаҿа шьҭыхуа аԥсуа жәлар ирзеиӷьеишьеит аманшәалара, аизҳазыӷьара. "Аиааира амшныҳәа ааиуеит. Анцәа иҳәааит ари адгьыл аҿы аиааирақәа рымацара ҟалаларц", - ҳәа иҳәеит иара аныҳәаҿа шьҭыхуа.
Анатолий Бибилов в Псахаре - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.09.2021
Анатоли Бибилов ауаԥс еибашьцәа рбаҟа амҵан ашәҭқәа шьҭеиҵеит
Анатоли Бибилов напхгара зиҭоз Аахыҵ Уаԥстәылатәи аделегациа ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит Гагра араион ахақәиҭтәраан иҭахаз, Ԥсахара ақыҭан ишьақәыргылоу ахатәгәаԥхаҩцәа ауаԥс еибашьцәа Џьамал Сиукаеви, Роберт Петров-Кокоеви, Ацамаз Маргиеви рбаҟа амҵан.
Цәыббра 30 аҽны Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи реиԥылара мҩаԥысит. Аслан Бжьаниа Анатоли Бибилов иҭабуп ҳәа иеиҳәеит Аԥсныҟа "Аԥсны жәлари Нхыҵ Кавкази рзы акрызҵазкуа ари амш азы" дахьааз.
Аганқәа агәаларшәагатә ҳамҭақәа еимырдеит. Бжьаниа Аахыҵ Уаԥстәыла ахада ҳамҭас ииҭеит дамасктәи аџыр иалху, акамбашь атәыҩа иалху ахәы змоу, хьтәы рахәыцла иҩычоу аԥсуа ҳәызба. Бибилов Аԥсны ахада иҭеит Аԥшьа Гьаргь иныхачаԥа.
Иара убри амш азы Аахыҵ Уаԥстәыла Атәылахьчара аминистр Ибрагим Гассеев 2008 шықәсазтәи ақырҭуа агрессиан иааирԥшыз игәымшәареи ифырхаҵареи рзы Аслан Бжьаниа ианеишьеит Агәымшәараз аорден.

Амилаҭтә ныҳәақәа

Цәыббра 27 1993 шықәсазы аԥсуа ар Аҟәа агәахьы инеит, асааҭ 15:30 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра абираҟ "Аминистрцәа реилазаара" ахыбра иахадыргылеит.
День Победы отметили в Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.09.2021
Аԥсны жәлар рныҳәа хада: Аиааира Амш
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аҟәа ахақәиҭтәра Амш аҽны Аҟәа Ахьӡ-аԥша апарк аҿы игылоу Амемориал аҿаԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭеиҵеит. Ацеремониа иалахәын атәыла аиҳабыра, атәыла аминистррақәеи аусбарҭақәеи рхаҭарнакцәа, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа, ауаажәларра.
Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы аԥҵоуижьҭеи 30 шықәса ҵит. 1991 шықәса цәыббра 27 аҽны Аԥсны АССР Иреиҳаӡоу асовет ахантәаҩы Владислав Арӡынба иқәҵарала иаԥҵан аҳазалхратә усбарҭа.
Абри амш азы Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилак аҿы рмаҵуратә уалԥшьа анагӡараан иҭахаз аусзуҩцәа рбаҟа аадыртит.
Иҭахаз рбаҟа авторс дамоуп – Руслан Габлиа.
Иара убри амш азы Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы аусзуҩцәа рҳамҭаҭара мҩаԥысит Аԥсны ахада Иусбарҭаҿы.
Аԥсны ахада иусдҵақәа рыла: изаамҭанытәиу ачын "аҳазалхратә усбарҭа аполковник", агәлаҵатә дырга, агәлаҵатә дырга "Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз аҳазалхҩы"ранашьан аусбарҭа аусзуҩцәа рыхәҭак.
Аԥшьашаҽны, Аԥсны иазгәарҭеит Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш 28 шықәса ахыҵра. Ареспублика иахьаҵанакуа еиуеиԥшым аусмҩаԥгатәқәа мҩаԥысит. Урҭ уаанӡатәи аамҭақәа раасҭа иркьаҿын иҟоу аковидтә ҭагылазаашьа иаҿырԥшны.
Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхадацәа Аслан Бжьаниеи Анатоли Бибилови Аҟәа Ахьӡ-аԥша Апарк аҿы ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит.
Анаҩс шьаҿеиқәшәала имҩасит 500-ҩык инарзынаԥшуа Аԥсны Арбџьар мычқәеи Урыстәылатәи арратә базеи рыррамаҵзурауаа.
Аныҳәатә концертқәа мҩаԥгамызт аепидемиологиатә ҭагылазаашьа инамаданы.
Мышкы уи аԥхьа Аслан Бжьаниа иқәҵарала 1992-1993 шықәсазтәи аибашьра аинвалидцәа Рфонд аветеранцәа амедал "Аиааиразы" ранашьара мҩаԥнагеит.
Аԥсны еибашьуаз арепатриантцәа рҟынтәи 30-ҩык ауадақәа раҭәашьахеит.

Ахысрақәеи аисреи

Аныҳәа архәашьит цәыббра 30 ауха иҟалаз аимак. Апарламент адепутат Гарри Кокаиеи Аӡҩыбжьа ақыҭантәи аибашьра аветеранцәеи ганкахьала, егьи аганахьала - Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбари инапаҵаҟа иҟаз ауааи рыбжьара.
Аԥсны Жәлар Реизара адепутат Гарри Кокаиа амшын аԥшаҳәаҿы тапанчала хәынтә аҳауахь дхысит, "иумҭа ашәарҭара шаҵыз дырны, аҵакыра ауаажәларратә ҭыԥны ишыҟоу хьаас имкыкәа, ацәгьоура хықәкыс иманы, ауаажәларратә ҭынчра еилеиганы" ҳәа аанацҳаит Аԥсны ААР апресс-маҵзура. Апресс-маҵзура иазгәанаҭеит амилициа аусзуҩцәа рганахьала Кокаиа имч ихы иаирхәит, абџьар рыҭара мап ацәикит. Уи ашьҭахь адепутати амилициа аусзуҩцәеи рыбжьара аимак ҟалеит. Ԥыҭрак ашьҭахь Кокаиа аҭыӡшәа ахьыҟалаз аҭыԥ аҟынтәи иҽиӡеит ҳәа.
Руслан Хашиг - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.10.2021
Руслан Ҳашыг Аҟәа иҟалаз аимак аҭышәныртәаларазы ажәалагалақәа ҟаиҵеит
Аветеранцәа ишырҳәо ала, дара амилициаа ирыпҟеит. Аԥсны Апрокуратура хада аусҭҵаара мҩаԥнагоит абри аганахьала.
Цәыббра 30 ауха Апарламент адепутат Алмасхан Арӡынба Аԥсны ААР ахыбрахь днеины закәаншьаҭада имаз автомат "Калашников" ала ахысра ҭеиҵеит, анаҩсаҭыԥ аҟынтәи дыбналеит.
Жьҭаара 1 азы Аӡҩыбжьа ақыҭауаа Атәыла ахада иахь ааԥхьара ҟарҵеит Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар, уи ихаҭыԥуааи ԥхьатәара ишьҭырц. Ақыҭа аихабыра, иара убас ааԥхьара ҟарҵеит Жәлар Реизараҿы - Атәыла ахадеи, апрокурор хадеи, АШәМ аиҳабы алархәны аилатәара мҩаԥыргарц, Дмитри Дбар иусзуҩцәеи иареи рхымҩаԥгашьа ахәшьара арҭарц.
Заседание Парламента. 01.10.2021 - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.10.2021
Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа Аҟәа аԥшаҳәаҿы аҭыԥ змаз аимак азы ақәҵара рыдрымкылеит
Иаалырҟьаны еизгаз Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа цәыббра 30 Аҟәа амшын аԥшаҳәаҿы аҭыԥ змаз аимак азы ақәҵара рыдрымкылеит.
Аилатәара иалахәын 21-ы адепутат, ҩыџьа ақәҵаразы рыбжьы арымҭеит, ҩыџьа рҽааныркылеит, 17 -ҩык ақәҵара иадгылеит. Ашәҟәы адкыларазы иаҭахын 18 бжьы.
Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбари адепутат Гарри Кокаиеи Аԥсуа телехәаԥшра аинтервиу анарҭоз ахҳәаа азыруит цәыббра 30 рзы Аҟәа аҭыԥ змаз ахҭыс. Дара ражәақәа акыр еицәыхароуп.
Цәыббра 30 рзы Аҟәа аԥшаҳәаҿы амилициааи аветеранцәеи рыбжьара иҟалаз аимак иалахәыз аветеранцәеи аветерантә еиҿкаара "Аруаа" анапхгареи, Абыргцәа рхеилак ахаҭарнакцәеи рпресс-конференциа мҩаԥысит АРСМИРА аҿы жьҭаара 3 рзы. 1992-1993 шш. рызтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа руаажәларратә еиҿкаара "Аруаа" аветеранцәа зегь рахь ааԥхьара ҟанаҵеит амчратә усбарҭақәа русзуҩцәа рхымҩаԥгашьазы агәынамӡара аадырԥшразы Апарламент аҿаԥхьа еизарц.
Пресс-конференция ветеранов ОВНА в связи с инцидентом 30 сентября 2021 года - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.10.2021
"Аруаа" ааԥхьара ҟарҵеит цәыббра 30 рзы иҟалаз ахҭыс иахҟьаны ауаа амитинг ахь ицәырҵырц 
Ауаа Апарламент аҿаԥхьа еизарц ашәахьа, жьҭаара 4 асааҭ 11:00 рзы аҳәамҭа ҟаиҵеит аиҿкаара "Аруаа" анапхгаҩы Ҭемыр Гәлиа.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Москва иусутә визит аанкыланы Аԥсныҟа дхынҳәит Аҟәа аԥшаҳәаҿы цәыббра 30 рзы аветеранцәеи, адепутати, амилициауааи рыбжьара иҟалаз аимак аҵыхәала. Бжьаниа Аԥсныҟа дхынҳәит жьҭаара 3 рзы шьыбжьон. Иара амчратә усбарҭақәеи, ахада Иусбарҭа анапхгареи, аиҳабыра рхаҭарнакцәеи алархәны иарку аилацәажәара мҩаԥигеит.
Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар атәыла ахада диҳәеит цәыббра 30 рзы Аҟәа аԥшаҳәаҿы иҟалаз ахҭыс аҭҵаара иахьынӡаҿу имаҵураҟынтә ихы дақәиҭитәырц Бжьаниа амчратә усбарҭақәа, аиҳабыра ахаҭарнакцәа, ахада иусбарҭа анапхгара алархәны имҩаԥигаз аилацәажәараан.
Дбар агәыӷра ааирԥшит ахҭыс иалахәыз адепутатцәагьы убасҵәҟьа рхы мҩаԥыргап ҳәа.
Бжьаниа Дмитри Дбар ашьаусҭҵаара цонаҵы ԥхьатәара ицара идикылеит, аамҭала уи инапынҵақәа рынагӡаҩыс дҟаиҵеит Руслан Ажьиба.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа аиҳабыратә хыбрақәа жьҭаара 4 рзы ршәарҭадара рӷәӷәазарц адҵа ҟаиҵеит.
Аиааира амши азакәандареи: амилициааи, адепутатцәеи, аветеранцәеи реимак иазкны

Акоронавирус ахҟьаԥҟьақәа

Аепидемиа ҵысыижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 27948-ҩык рҟынӡа инаӡеит, ргәабзиара шьақәгылахьеит 22805-ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵхьеит 419-ҩык.
Цәыббра 29 азы арҵаҩцәеи аҵаҩцәеи рыбжьара ачымазара алаҵәара иахьалагаз инадҳәаланы, аепидемиологиатә цәаҳәа аиԥҟьаразы Н. Лакоба ихьӡ зху абжьаратә школ №10 цәыббра 29 инаркны жьҭаара 5 рҟынӡа иадыркит.
Асанитар-епидемиологиатә маҵзура ашколқәа рҿы COVID-19 аҟазаара ангәарҭоз иаарԥшхеит ари ашкол аҿы цәыббра 1-28 рыҩныҵҟа акоронавирустә инфекциа шрыхьыз быжьҩык арҵаҩцәа, 26-ҩык аҵаҩцәа, амедиаҳәшьа.
Цәыббра 25 раахыс еиуеиԥшым аклассқәа хԥа рҿы ԥшьҩык чмазцәахеит.

Атәанчахәқәа рыцҵақәа

Аԥсны Аминистрцәа реилазаара урыстәылатәи атәанчахәы змауа, ареспублика атәылауаа ркатегориақәак рзы атәанчахәытә шәарацҵақәа рымҩаԥгаразы ақәҵара аднакылеит.
2021 шықәса жьҭаарамза инаркны ашәарацҵақәа мҩаԥгахалоит.
2021 шықәса жьҭаара-ԥхынҷкәын ирылагӡаны ашәарацҵа иартәоит 13 миллиони 109 нызқь мааҭ.
Заседание в кабмине  - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.09.2021
Аԥсны аминистрцәа реилазаара атәанчахәытә шәарацҵақәа рымҩаԥгаразы ақәҵара аднакылеит
Ашәарацҵа абарҭ акатегориақәа ирыҭахоит:
1000 мааҭ рыла еиҳаны ирызшәахалоит "Аԥсны Жәлар…", "Аԥсны зҽаԥсазтәыз…" ҳәа ахьӡқәа зыхҵои ашахтақәа рҿы аус зуази атәанчаҩцәа;
600 мааҭ ртәанчахәы иацны ирызшәалахоит аныҟәгаҩ дзыԥхаз аҭаацәарақәа (аусуралшара змам аҭаацәа алахәылацәа зегьы);
500 мааҭ аҟны ирызшәалахоит зықәрала атәанчахәы зауа, ашықәсрацәатә усуразы атәанчахәы зауа, I, II, III агәыԥқәа ирыҵаркуа аџьа аинвалидцәа;
250 мааҭ аҟны ирызшәахалоит зықәрала ма ахымхәарала асоциалтә тәанчахәы зауа.

Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбаҩ лмаҵура аанлыжьит

Аԥсны аквалификациатә Коллегиа еицҿакрыла аӡбамҭа рыдыркылеит Манана Делԥҳа Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахантәаҩы иҭыԥ аҟынтә ԥхьатәара дцарц. Ԥхьатәара ацара иаанагоит Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахантәаҩы изинмчрақәа рышьҭаҵара.
Манана Делԥҳа 2018 шықәсазы Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахантәаҩыс Апарламент аҿы далхын, жәашықәса аҿҳәара лыманы.

Акурорттә усхк аҿы арекордқәа

2021 шықәсазы Урыстәылаа аиҳарак Аԥсны аԥсшьаразы иалырхуан аԥхынраз ҳәа аанацҳауеит РИА Новости ВЦИОМ ажәахәынҵа шьаҭас иганы.
Озеро Рица в реликтовом национальном парке Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.09.2021
Аԥсны аԥсшьаразы урыстәылаа зегь раасҭа иалырхуа хырхарҭахеит
Ареспублика атуристцәа рхыԥхьаӡарала ираԥнагеит Ҭырқәтәыла, Кипр, Ҟазахстан, Белоруссиа, Ермантәыла.
Убри аан Аԥсны ҩышықәсоуп ари асиаҿ аԥхьагылара амоижьҭеи. 2020 шықәсазы иреиӷьу ахәба ирылан: Аԥсны, Ҭырқәтәыла, Латвиа, Литва, Естониа.
Урыстәыла атуроператорцәа Рассоциациа адыррала, 2021 шықәса ҳааҭалазар Аԥсны иаҭааит 800 нызқьҩык рҟынӡа атуристцәа. 700 нызқьҩык аԥхынразы мышкы ҳәа иааз иреиуоуп.

Афырхыуаа реиндаҭлара

Аклуб "Афырхы" алахәылацәа ахыци ахәымпали рыла рхысразы аиндаҭлара мҩаԥысуеит аетнопарк "Аԥсны" аҿы Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымшныҳәа аҳаҭыр азы.
Аетнопарк "Аԥсны" аҵакыраҿы иҟоу ахысырҭаҿы имҩаԥысуаз аиндаҭлара иалахәын ахыцуаа рыклуб "Афырхы" алахәылацәа 20-ҩык рҟынӡа, иара убас абзиабаҩцәа.
Турнир по стрельбе из лука  - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.09.2021
Мгәыӡырхәа ақыҭан имҩаԥысуаз ахыцуаа ртурнир аихшьаалақәа ҟаҵоуп
Ахацәа еиндаҭлон ԥшь-дисциплинак рыла: 15 метра инаркны 75 метранӡа ахысра, "аԥсуа цәҟьара" ақәшәара, ахара ахысреи, "аԥсуа цәҟьара" 30 метра инахараны ақәшәареи.
Аҳәса-лахәылацәа рзы иҷыдоу адисциплина алагалан – ацәҟьаҟынтә 30 метра бжьаны ахысра.
Аицлабра аихшьаалақәа рыла актәи аҭыԥ ианашьахеит "Афырхы" анапхгаҩы" Адгәыр Какоба, аҩбатәи Елена Лабахәуа, ахԥатәи аҭыԥ никылеит 17 шықәса зхыҵуа Данил Қәышба.
75 метр аҟынтәи ацәҟьара ақәыршәаразы далкаахеит Вахтанг Ӷәынџьиа.
Аиндаҭлара иалахәыз аӡӷабцәа рыбжьара "ахьы" ланашьахеит Илона Кәыҵниаԥҳа, "араӡны" Амра Аџьынџьал, "аџьаз" - Елена Лабахәуа.
Ахысраҿы актәи аҭыԥ игеит Баҭал Џьапуа, итрадициатәу ахыци ахәымпали иара заҵәык иакәын изкыз. Арекорд шьақәиргылеит-210 метра. Аҩбатәи ахԥатәи аҭыԥ игеит Валери Берзениа.
Ажәабжьқәа зегьы
0