Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Sputnik амчыбжь: ахада иныҟәарақәа, афымца аҭагылазаашьа, ахысреи аанкылареи

© Sputnik / Томас Тхайцук Аслан Бжания
Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.11.2021
Анапаҵаҩра
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны иазнархиеит абҵара 15 - 21 азтәи есымчыбжьатәи иналукааша ахҭысқәа рыхҳәаа.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа атәыла араионқәа рҟны иныҟәарақәа рымҩаԥысра, Аԥсны ААР иааныркылаз, цәгьоурақәас иҟалаз, аепидемҭагылазаашьа ахәшьара, Апарламент аҿы изаамҭанытәим аилатәара уҳәа шәрыԥхьар шәылшоит Sputnik аматериал аҿы.

Ахада иныҟәарақәа

Аԥсны ахада ииасыз амчыбжь азы Гали Аҟәеи араионқәа дырҭааит, Аҟәа ақалақь аҿы агәаҭарақәа мҩаԥигеит.
Иара аҭыԥ аҿы аусқәа шыҟоу гәеиҭеит, ибеит аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рцашьа, араионқәа рхадацәа рыҳасабырбақәа дырзыӡырҩит.
Абҵара 24 азы ахада Гал араион даҭааит. Днеины ибеит араионтә хәшәтәырҭа аҭагылазаашьа.
Араионаҿ аргыларақәа данырхыс ашьҭахь инарҭбааз аилацәажәара мҩаԥигеит.
Абҵара 25 азы ахада Аҟәа араион даҭааит. Араион ахада Алхас Ҷыҭанаа имҩаԥысыз аилацәажәараҿы ахада изеиҭеиҳәеит 19000 гектар адгьылқәа шыҟоу аха иахьазы аус здыруыло 300-400 гектар шракәу. Ареспубликатә биуџьет аҟынтәи ақыҭанхамҩа иазоужьуп 5,8 миллион мааҭ, аҭыԥантәи абиуџьет аҟынтәи – 4 миллионк.
Рабочая поездка Президента Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.11.2021
Аԥсны
Аҟәа араион ахада иусуразы Аслан Бжьаниа иҿаԥхьа аҳасабырба ҟаиҵеит
2021 шықәсазы афымцамч ахархәара 57,9 миллион киловатт-сааҭ итәеит. Убри аан ашәаразы ауал 13,8 миллион артәоит. Аизгара - 38,9%.
Ӡыгәҭа ақыҭаҿы сынтәа ацҳа хырҵоит
Аслан Бжьаниа Аҟәа амҩақәа хԥа рҟны аусурақәа шцо гәеиҭеит. Ара Аинвестпрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны ауп аиҭашьақәыргыларақәа ишарҿу.
Ақалақь ахадараҿ имҩаԥысыз аилацәажәараҿы Беслан Ешба дрылацәажәеит абиуџьет ахь алагалақәа, аԥсабаратә рыцҳара ахҟьаԥҟьа аԥыхра, афымцамч аусхк аҭагылазаашьа.
Беслан Эшба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.11.2021
Аԥсны
Ешба атәыла ахада изеиҭеиҳәеит Аҟәа абиуџьет, аҿкы, аенергетика рзы аҭагылазаашьа зеиԥшроу
Иара убасгьы ахада изеиҭеиҳәеит Ӡыгәҭа ақыҭаҿы иԥшәымадоу алақәа рҭыԥ аргылара хара имгакәа ишхыркәшахо.

Апарламент аҿы аилацәажәара

Ахаша абҵара 24 рзы Аԥсны Жәлар реизараҿ имҩаԥысит изаамҭанытәим аилатәара. Уи аҿы иахәаԥшит Аԥсны Жәлар рпатриоттә еидгыла иҟанаҵаз ааԥхьара. Ааԥхьара авторцәа агәҭынчымра аадырԥшуеит атәылаҿы акриминогентә ҭагылазаашьазы, азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа аҳәынҭқарра азакәанԥҵара ӷәӷәала еиларгоит ҳәа ирыԥхьаӡоит. Дара адҵа ҟарҵеит Апарламент иаарласны изаамҭанытәим аилатәара еизганы аҭагылазаашьа ахәшьара арҭарци уи аиӷьтәразы ашьаҿақәа ҟарҵарци.
Внеочередное заседание в Парламенте  - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.11.2021
Аԥсны
Апарламент ААР рминистр, Апрокурор хада, Аҟәа апрокурор рамхразы ақәҵара аднамкылеит
Аԥсны Апарламент иаднамкылаӡеит Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра, Апрокуратура хада, Аҟәа апрокуратура рнапхгаҩцәа рмаҵурақәа рамхразы ақәҵара.
Жәлар Реизара адепутат Леонид Чамагәуа Sputnik акорреспондент ишизеиҭеиҳәаз ала, ари ақәҵара иақәнагаз абжьқәа аимоуӡеит.

Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа ҿыц

Аслан Бжьаниа Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа Никарагуа аартразы аусԥҟа инапы аҵеиҩит. Абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
Ареспублика Никарагуа аҳҭнықалақь Манагуа иаартхоит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа.
Национальные флаги Никарагуа развеваются возле монумента Христос-Царь в Манагуа во время антиправительственного марша под названием Здесь нет ничего нормального - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.11.2021
Аԥсны
Аслан Бжьаниа Никарагуа Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа аартразы аусԥҟа инапы аҵеиҩит
Никарагуа Аԥсны ахьыԥшымра азханаҵеит цәыббра 3, 2008 шықәсазы, шықәсык ашьҭахь атәылақәа рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа шьақәыргылан.

Акоронавируси алаҵаҟаҵареи

Аепидемиа ҟалеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 34652-ҩык рҟынӡа инаӡеит, ргәы бзиахахьеит 28688-ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵхьеит 524-ҩык.
Абҵара 25 азы Аԥсны аепидемиологиатә ҭагылазаашьа шыуадаҩыц иаанхоит, акоронавирустә ҿкчымазара зыхьуа рхыԥхьаӡара иацымлозар иагхом, ауаа ачымазара иаҳа-иаҳа ибааԥсны ирхыргоит, зыԥсҭазаара иалҵуа рхыԥхьаӡара иацлоит ҳәа Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб изеиҭалҳәеит асанитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорик.
Людмила Скорик  - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.11.2021
Аԥсны
Аԥсны асанҳақьым хада аԥыза-министр изеиҭалҳәеит атәылаҿы аепидҭагылазаашьа зеиԥшроу
Лара лажәақәа рыла, акоронавирус здырбало шьоукы-шьоук рырԥҳақәа ҩымш рыла 80% аҿкы рылаҽуеит, ари агәҭынчымра ду узцәырнагоит лҳәеит Скорик.
"Ҳара арҭ рҩызцәа афактқәа ҳасаб рзуны, акоронавирус аштамм ҿыц SARS-CoV-2 "дельта плюс" атәыла алаҵәара иалагеит ҳәа ҳҳәар ҳалшоит", - ҳәа инаҵшьны илҳәеит Скорик.

Асанитартә ҳақьым хада ишазгәалҭаз ала, акоронавирустә ҿкчымазара алаҵәара зырԥсыҽуа алаҵаҟаҵароуп. Убри аан лара ажәалагала ҟалҵеит Аԥсны алаҵа ахьыҟарҵо аҭыԥқәа рхыԥхьаӡара иацҵазарц, Александр Анқәаб уи дадгылеит. Уи адагьы, аԥыза-министр игәаанагарала, еиуеиԥшым аусбарҭақәа рахь инеины аусзуҩцәа алаҵа рзыҟазҵар зылшо агәыԥқәа еиҿкаазар бзиан.

Скорик иара убас иазгәалҭеит, абри аҩыза аҭагылазаашьаан аԥкрақәа рырԥсыҽра азҵаара цәырымҵроуп ҳәа.
Лиудмила Скорик аҳәамҭа ҟалҵеит аҿкчымазара шырхыргаз азы аилыркаага, ма амедицинатә рбагақәа рыла алаҵаҟаҵара шыҟамло зыршаҳаҭуа адокументқәа, ацәеижьҿагылақәа шрылоу азы амедицинатә документқәа акоммерциатә усбарҭақәа рҿы иҟаҵазар, урҭ Аԥсынгьы, Урыстәылагьы аӡәгьы ишазхеимҵо, избанзар урҭ аусбарҭақәа асертификациа иахыжьӡам, убри азы ишьақәырӷәӷәоу аформала аршаҳаҭгақәа рыҭара азин рымаӡам.
"Азакәан иаҵанакуа документс иҟоу Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра ишьақәнарӷәӷәаз алаҵаҟаҵаразы аршаҳаҭгеи уи шьаҭас иҟаҵаны ирырҭо QR-коди роуп", - лҳәеит Скорик.
Израильский ребенок проходит тестирование на антитела к Covid-19 в прибрежном городе Нетания - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.11.2021
Аԥсны
Џьопуа: Аԥсны акоронавирус зыхьуа ахәыҷқәа рхыԥхьаӡара маҷк иагхеит
Абҵара 25 рзы аус зуа алабораториақәа руак Instagram-аккаунт аҿы адырра ҟанаҵеит Аԥсны QR-кодқәа шрырымҭо.
Урыстәылатәи алаҵа "Спутник Лайт" Аԥсны иҟарҵеит 5 145-ҩык. Иаанхаз 355 лаҵа ахарахәара аҭахоит атәылауаа реиҭалаҵаҟаҵаразы.
Алаҵа "Спутник V" аҟаҵара еиҭахацыркын абҵара 18 азы. Абҵара 22 рзы алаҵа ҟарҵахьеит 82-ҩык.
Лечение больных с COVID-19 в ГКБ №52 - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.11.2021
Аԥсны
Урыстәылатәи аепидемиолог Аԥсны аҭагылазаашьа ахәшьара аиҭеит

Афымцамч

Афымцамч ес-уахыҽны ахархәара аиҳахара 1,7 миллион киловатт-сааҭ ыҟоуп ҳәа лҳәеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган Аҳәынҭқарра ахада имҩаԥигаз аилацәажәараҿы. Лара илҳәеит Аԥсны ААР, АШәМ аԥхынразы имҩаԥыргоз ауснагӡатәқәа бжьаратәла ахархәара ладырҟәит миллион киловатт-сааҭ рҟынӡа аԥхынтәи амзақәа рзы. Лара лажәақәа рыла аҭагылазаашьа еицәахеит жьҭаарамзазы.
Росстандарт ввел новые правила проверки счетчиков - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.11.2021
Аԥсны
Озган есуахыки-ҽнаки афымцамчхархәара аизҳара зыхҟьо атәы далацәажәеит
2020 шықәсазы ауааԥсыра ирзынашьҭын 700 миллион мааҭ рыхә афымцамч, еизгоан 200 миллион.
Озган илҳәеит аусбарҭеи "Амшынеиқәафымцамчи" ақыҭақәа рҿы аԥара зымшәоз рцәаҳәақәа шаҿырхоз, аха алҵшәа шамоуз. Иара убас лара ажәалагала ҟалҵеит ақыҭақәа рҿы ауал зқәу рсиақәа шьақәдыргыларц.
Абҵарамза 16 инаркны афымцацәаҳәа хадақәа "Шьешьелеҭ-1", "Аҽгәара" ирықәу афымцамчхара ахьеиҳахаз иахҟьаны Аԥсны аамҭа-аамҭала алашара дырцәо иалагеит.
Абҵара 22 азы афымцацәаҳәақәа ирықәу афымцамчхара ахьеиҳахаз иахҟьаны аамҭа-аамҭала алашара арцәара аграфик аԥсахрақәа алагалахеит.
Ари асоциалтә ҳақәа рҿы ацәажәара ду ахылҿиааит.
"Амшынеиқәафыцамч" анџьныр хада ихаҭыԥуаҩ Саид Блабба арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит, избан иҟоу аграфик нахыс афымцалашара лассы-лассы издырцәо, уи амчхара змаҷу, насгьы Аҟәа ауааԥсыра рзы ҿыц ишьақәгылоу аграфик залагалахаз.
Хра злоу ахҭысқәа: Блабба афымцалашара ақәыӷәӷәара ҳаракқәа иахылҿиаауа иазкны   - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.11.2021
Арадио
Хра злоу ахҭысқәа: Блабба афымцалашара ақәыӷәӷәара ҳаракқәа ирхылҿиаауа иазкны
Аграфикқәа рыхҟьоит иҟоу ақәыӷәӷәарақәа. Урҭ алагаламхар, афымцеихшарҭатә ҭыԥ ақәыӷәӷәара азычҳаӡом, зынӡа еиԥҟьар ҟалоит.
Иара игәаанагарала акриптофермақәа русура ара аҭыԥ ду ааныркылоит.

Ахысра, аанкылара

2021 шықәса ԥхынгәымзазы Аҟәа ақалақь Аҳабла ҿыц аҿы Руслан Гәдалиа, Игор Гәдалиа, Гарри Аҩӡба, Аслан Зыхәба, Беслан Ӡыба рыбжьара аиҿахысра ҟалеит. Уи аан Руслан Гәдалиеи Беслан Ӡыбеи ҭахеит, Аслан Зыхәба дырхәит.
Ашьаус хацыркын Руслан Гәдалиа, Гарри Аҩӡба, Аслан Зыхәба, Игор Гәдалиа рганахьала, аҵыхәтәантәи ҩыџьа амилициа иааныркылеит. Гарри Аҩӡба иԥшаара рылаҳәан.
Абҵара 27 азы Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра ашьаусԥшааратә усбарҭа аусзуҩцәа Аҟәа Сахаров имҩаҿы дааныркылеит уажәраанӡа изышьҭаз Гарри Аҩӡба.
Наручники  - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.11.2021
Аԥсны
Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа дааныркылеит уаанӡа изышьҭаз Гарри Аҩӡба
Аҩаша абҵара 16 рзы Гагра Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәеи Бзыԥҭа аҳабла иатәу ҩыџьа арԥарцәа – Амир Кьетиеи Омар Хагәышьи рыбжьара аиҿахысра ҟалеит. Ашьаусԥшаара адыррақәа рыла, урҭ арԥарцәа гагратәи амилициа аусзуҩ иқәларц ргәы иҭан. Ахҭыс аан ақәылара ҟазҵоз руаӡәк дҭахеит, егьи дырхәит.
Гагра араион апрокуратура Омар Хагәышь иганахьала ашьаус хацдыркит, гагратәи амилициа аусзуҩ иқәларазы, закәаншьаҭада абџьар аахәара, аҵәахра, аныҟәгаразы.
Заседание суда по делу убийства российского туриста Андрея Кабанова - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.11.2021
Аԥсны
Гагра амилициаа рықәлара аганахь ала ашьаус хацыркуп
Ауаҩшьра рыгәҭакын рҩыза Анри Аҭеиба ишьа руырц. Аҭеиба 2021 шықәса нанҳәамзазы даанкылан, аамҭалатәи аанкыларҭаҿы аҽшьра иҽазишәеит, анаҩс ихдыррахь дмааикәа ахәшәтәырҭаҿы иԥсҭазаара далҵит.
Аҟәа араион апрокуратура Ешыра ақыҭан инхо Ҭенгьиз Лакербаиа ишьразы аҽазышәареи закәаншьаҭада абџьар аахәареи, аҵәахреи, аныҟәгареи рзи ашьаус хацнаркит.
Абҵарамза 20-21 ауха Аҟәа араион Ешыра ақыҭан еилкаам ауаҩы Ҭенгьиз Лакербаиа ишьразы хынтә диеихсит, абри ашьҭахь аҭыԥ аҟынтә дыбналеит.
МВД Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.11.2021
Аԥсны
Ҭенгиз Лакербаиа ишьра аҽазышәаразы ашьаус хацыркуп
Аоперативтә гәыԥ ишьақәнаргылеит, 00:00 сааҭ рзеиԥш Аҟәа араион Алада Ешыра ақыҭан автомашьына "Хонда-фит" иақәтәаз еилкаам ахаҿқәа Ҭенгиз Лакербаиа ишьра рҽазыршәеит ҳәа.
Автомашьына "Хонда-фит" аанкылара зҽазызшәаз Роланд Колбаиа ахәра иоуит, иара ахәшәтәырҭахь днаган, ацхыраара анирҭа ашьҭахь аҩныҟа доурышьҭит.
Анаҩс, асааҭ 02:50 азы Аҟәа ақалақь Аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭа аусзуҩцәа Басариа имҩаду аҟны ирбеит абылра иаҿыз автомашьына "Хонда -фит". Амца зкыз амашьына дырцәеит Аԥсны АҶА аусзуҩцәа. Амашьынаҟны ирыԥшааит иблыз акәылӡкьаҿ, автомат Калашников ахеиқәыршәаҭрақәа ҩба, иара убас ахеиқәыршәақәа.
Абҵара 24 рзы Гәдоуҭа араион аҟны изеихсыз амаршрутка аԥсҟы зкыз Елико Кокосқьериа ижәҩахыр хыџьара ирхәит, иара ахәшәтәырҭахь днагоуп.
Машины МВД Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.11.2021
Аԥсны
Аԥсны ААР аҟны ирҳәеит Гәдоуҭа араион аҿы амаршрутка иеихсыз ихаҭара шышьақәыргылоу
Аԥсны ААР Гәдоуҭа араион аҟәша амилициа аусзуҩцәа Жәандәрыԥшь ақыҭаҿы иблыз амашьына ВАЗ-2114 рбеит. Иҟоу агәаанагарала, абри амашьыналоуп ацәгьоура шымҩаԥгаз.
Аԥсны ААР адыррақәа рыла, ихысуаз ихаҭара шьақәыргылоуп, аха аусҭҵаара аинтересқәа инарықәыршәаны уи дырзом.
Аҟәатәи Аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭа ашьаусԥшаара аусзуцәа дааныркылеит Алхас Хәарцкиа, "Амшынеиқәафымцамч" ахыбра аҿаԥхьа дахьхысуаз азын.
Аусеиларгара адыррақәа рыла, абҵара 25 ауха 22:50 рзеиԥшшәа Хәарцкиа Аҟәа Гәымсҭатәи амҩаду ала иҟоу "Амшынеиқәафымцамч" ахыбра аганахь ала аантәы дхысит. Иара убас, бжьынтә дхысит иаанкылараан, уи анаҩс амилициа аузуцәа иабџьар имырхит.
Наручники  - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.11.2021
Аԥсны
"Амшынеиқәафымцамч" ахыбра аҿаԥхьа ахысра иалагаз ахаҵа даанкылоуп
Аҟәатәи Аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭа аусеиларгара аҟәша Хәарцкиа иганахь ала ашьаус хацнаркит, амбжьахра, азеиԥшуаажәларратә ҭагылазаашьа аилагара абџьар ахархәарала, иара убас иаанкылараан амчра ахаҭарнакцәа рҿагылараз.
Хәарцкиа дызлахысуаз абџьар имхны аекпертизахь ишьҭуп.

Тегеран Аԥсны аҳаҭыр шырбаз

Тегеран амҩақәа руак Аԥсны ахьӡ ахырҵеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра анапынҵа ҷыдақәа змоу Ацҳаражәҳәаҩ, Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аппарат анапхгаҩы Кан Ҭаниа.
Аԥсны ахьӡ ахырҵеит Тегеран афбатәи амуниципалитет араион иатәу Незами Гианџьеви имҩаҿы иҟоу аллеиа Голестан.
Башня Бордже Милад в Тегеране - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.11.2021
Аԥсны
Тегеран амҩақәа руак Аԥсны ахьӡ ахырҵеит
Ари ахҭыс Ҭаниа тегерантәи амчрақәа рганахьала аиҩызаратә ҟазшьа амоуп ҳәа ахиҳәааит, аха Иран Аԥсны азханаҵоит ҳәа макьаназ аҳәара заауп иҳәеит.

Аҟәатәи аҳаиртә баӷәаза анџьныртә ҭаԥшыхәра иахысуеит

Аладатәи арратә округ анџьныр-сапиортә ҟәша аррамаҵзурауааи Аԥсны атәылахьчара аминистрреи Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аҵакырантәи аминақәа ыҟоу иҟаму агәаҭара иалагеит абҵара 24 азы.
Агәаҭарақәа мҩаԥысуеит Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара аҳаиртә еимадара аиҭашьақәыргылара апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Урыстәылатәи асапиорцәа Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аҵакыра шыдрыцқьо - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.11.2021
Быжь-гектарк рҟынӡа: Урыстәылатәи асапиорцәа Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аҵакыра шыдрыцқьо
Аҟазауаа Аладатәи арратә округ Аԥсны иҟоу Гәдоуҭатәи абазаҿы игылоуп. Дара аҳаирбаӷәаза аҵакыра арыцқьара иалагоит аҽазыҟаҵаратә уснагӡатәқәа рышьҭахь ҳәа адырра ҟаҵан уаанӡа.
Аҟәа аҳаирбаӷәазаҟынтә аԥхьатәи ареисқәа азԥхьагәаҭоуп 2024 шықәса алагамҭазы.

Аиааирақәа

Абокс азы Аԥсны еизгоу акоманда алахәыла Енвер Бзагәа аиааира игеит Москва абҵара 26 рзы дызлахәыз ипрофессионалтә кариераҿы аҩбатәи ареинтингтә қәгылараҟны.
"Енвер аиқәԥара зегьы мҩаԥигеит, рыфраундкгьы дрылахәын. Аиқәԥара ашьҭахь аӡбаҩцәа еицҿакны аԥснытәи аспортсмен араундқәа рыфбагьы рҿы аиааира игеит ҳәа азырԥхьаӡеит", - ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны Апрофессионалтә бокс афедерациа ахада Алик Карди-оӷлы.
Энвер Бзагуа победил на вечере бокса в Москве - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.11.2021
Аԥсны
Енвер Бзагәа Москва ареитингтә еиндаҭлараҟны аиааира игеит
Аԥсны аҵареи абызшәатә политикеи рминистр Инал Габлиа аҩаша, абҵара 23 рзы адырраҭара "Умницы и умники" иалахәыз аҵаҩцәа идикылеит. Аҵаҩцәа ателедырраҭара лыҵшәа бзиала ралахәхара рыдныҳәало иазгәеиҭеит, ас еиԥш иҟоу ахҭысқәа Аԥсны азын акыр шаҵанакуа.
Еицырдыруа ателедырраҭара "Умницы и умники" аԥшьбатәи афиналбжаҿ Аԥсны ахьӡала иалахәын Аҟәатәи абжьаратә школ №5 аҵаҩцәа Дариа Ситникова, Анна Амҷԥҳа, Саид Берулаа. Афиналбжахь днеит Ситникова.
Министр просвещения и языковой политики Инал Габлия поздравил участников телепередачи Умники и умницы. - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.11.2021
Аԥсны
Аԥснытәи аҵаҩы ателедырраҭара "Умницы и умники" афиналбжахь днеит
"Нарҭи" "Гагреи" ашьапылампыл азы Аԥсны Ахраҿа хада аиуразы реицыхәмарра мҩаԥысит абҵара 22 рзы, астадион "Динамо" аҿы.
Ахәмарра хыркәшан 2:3 ҳәа Гагра аиааирала. Ихадаз ампыл амба иҭаиршәит Денис Павлов.
Дгебуаӡе Аԥсны ахраҿа афиналтә хәмарразы: Аҟәеи Гагреи ҳахәмаррақәа есымша иџьбароуп  - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.11.2021
Арадио
Дгьебуаӡе еиҭеиҳәеит ашьапылампыл азы Аԥсны Ахраҿазы афиналтә хәмарра шымҩаԥысыз
Ажәабжьқәа зегьы
0