Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Sputnik амчыбжь: аҿагыларатә акциа, COVID, адәныҟаполитикатә усбарҭақәа рхадацәа реиԥылара

© SputnikМитинг у здания парламента
Митинг у здания парламента - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.12.2021
Анапаҵаҩра
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны иазнархиеит ԥхынҷкәын 20-26 рзы имҩаԥысыз, иналукааша ахҭысқәа.
Ари амчыбжь азы имҩаԥысит аоппозициатә мчрақәа рҿагыларатә акциа, илеиит раԥхьатәи асы, АКХ алахәыла ҿыццәа алхын.
Sputnik

Аоппозициаа рҿагыларатә акциа

Аоппозициа ахаҭарнакцәа рмитинг иалагеит Аҟәа ԥхынҷкәын 21 аҽнышьыбжьон, иара ииасит аҿагыларатә акциахь. Шьыжьнаҵы аиҳабыратә хыбрақәа рыхьчара рӷәӷәан, урҭ иаарыкәыршаны аихатәы аандақәа шьақәыргылан, Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәа аганахьала - автобусқәа ргылан.
Митинг у здания парламента  - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.12.2021
Аԥсны
Аоппозициатә мчрақәа рмитинг алахәылацәа Жәлар Реизара ахыбрахь идәықәлеит
Амитинг иалахәыз атәыла ахада иахь рхаҭарнакцәа нарышьҭит аҿагыларатә акциахь дцәырҵны еизаз рызҵаарақәа рҭак ҟаиҵарц иацәажәарц. Урҭ реиԥылара алҵшәақәа еизаз иргәамԥхазт, Апарламент ахь идәықәлеит, уа рҽазыршәеит мчыла ахыбрахь анеира. Аҭагылазаашьа акыр еибарххан.
Асааҭ 21:15 рзы аоппозициа ахаҭарнакцәа аиҿцәажәаразы атәыла ахада иахь ҩаԥхьа инеит. Уи ашьҭахь арезолиуциа рыдыркылеит.
Митинг  у здания администрации Президента  - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.12.2021
Аԥсны
Аҟәа имҩаԥысуаз аҿагыларатә акциа алахәылацәа арезолиуциа рыдыркылеит
Аҟәа имҩаԥысуаз аҿагыларатә акциаҟны ирыдыркылаз арезолиуциа ианаԥхьа ашьҭахь еизаз ауаа еилыҵит.
Ԥхынҷкәын 23 азы Аҟәа ақалақь апрокуратура ашьаус хацнаркит Аҟәа имҩаԥысыз амитинг аиҿкаареи аилаҩеиласрақәа рылахәреи рзы.
Ашьаус хацыркуп Аԥсны Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 320 ахәҭа 1; ахәҭаҷ 206 ахәҭақәа 1, 2 инарықәыршәаны 2021 шықәса ԥхынҷкәын 21 аҽны амитинг аиҿкаареи, аилаҩеиласрақәа рылахәреи, амчра ахаҭарнакцәа рганахь ала амч ахархәареи, аҳәынҭқарратә мазара ааха аҭареи рзы аоппозициатә мчрақәа рганахьала".
Прокуратура Сухума  - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.12.2021
Аԥсны
Аҟәа имҩаԥысыз амитинг аиҿкаареи аилаҩеиласрақәа рылахәреи рзы ашьаус хацыркуп
Аусҭҵааратәии апроцессуалтәии ауснагӡатәқәа мҩаԥыргоит ацәгьоура иалахәыз ахаҿқәа рышьақәыргылареи иҟаҵаз аԥхасҭа ахәшьара аҟаҵареи рзы.
Урыстәыла хшыҩзышьҭрыла Аԥсны имҩаԥысуа ахҭысқәа ирыцклыԥшуеит, аҩнуҵҟатәи аусқәа аҽаламгалакәан лҳәеит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аофициалтә хаҭарнак Мариа Захарова.
Третий Евразийский женский форум - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.12.2021
Захарова Аԥсны имҩаԥысуа ахҭысқәа рзын: Урыстәыла аҭагылазаашьа иацклаԥшуеит

Жәларбжьаратәи ажәабжьқәа

Ԥхынҷкәын 20 азы Аԥсни Урыстәылеи рыдәныҟаполитикатә усбарҭақәа рхадацәа ашәахьа имҩаԥысыз реиԥылараҿ иалацәажәеит Аԥсни Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа ирыҵаркуа азҵаарақәа, ҩ-ганктәи амшхәаԥштә азҵаара хадақәа рзы ргәаанагарақәа еибырҳәеит.
Инал Ардзинба и Сергей Лавров - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.12.2021
Аԥсны
Инал Арӡынбеи Сергеи Лаврови Аԥсни Урыстәылеи реизыҟазаашьа хадақәа ирылацәажәеит
Урыстәылатәи аган иазгәанаҭеит Аԥсны асоциал-економикатәи агуманитар-культуратәи аусхкқәа рыҟны ганрацәалатәи ацхыраара амҩаԥгара ишазыхиоу.
Аԥсни Урыстәылеи рыдәныҟаполитикатә усбарҭақәа рхадацәа Инал Арӡынбеи Сергеи Лаврови агәаларшәагатә ҳамҭақәа еимырдеит ҩ-ганктәи аиҿцәажәарақәа аофициалтә хәҭа ашьҭахь. Аиԥылара мҩаԥысит Шәача ашәахьа ԥхынҷкәын 20 азы.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Урыстәылатәи иколлега ҳамҭас ииҭеит аԥсуа милаҭтә-музыкатә рҳәага "ачамгәыр". Лавров ҳамҭас Инал Арӡынба ииҭеит Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахыбра асахьа зну агравиура.
Инал Ардзинба и Сергей Лавров - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.12.2021
Аԥсны
Инал Арӡынбеи Сергеи Лаврови агәаларшәагатә ҳамҭақәа еимырдеит
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа идҵала Инар Ладариа Аԥсны азинмчра нагӡеи иҷыдоуи анапынҵақәа змоу ацҳаражәҳәаҩс дҟаҵоуп Никарагуа.
Ашәҟәы нап аҵаҩуп ԥхынҷкәын 17, 2021 шықәсазы.
Заместитель председателя Совета молодых дипломатов Инар Ладария. - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.12.2021
Аԥсны
Аԥсны азинмчра нагӡеи иҷыдоуи анапынҵақәа змоу ацҳаражәҳәаҩ дҟаҵоуп Никарагуа
Никарагуа Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа аартхоит 2022 шықәсазы. Адипмиссиа аартразы адҵа нап аҵаҩуп 2021 шықәса абҵарамзазы.
Ԥхынҷкәын 24 азы Мадина Аҩӡыԥҳа Урыстәылатәи Афедерациаҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра аусқәа рзы аамҭалатә гәрагас дҟаҵоуп ҳәа аанацҳауеит Аԥсны ААР.
Мадина Аҩӡыԥҳа ддипломатуп, Урыстәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа аусзуҩ. Аҩбатәи акласс иатәу азинмчнагӡа змоуи иҷыдоуи ацҳаражәҳәаҩ ихаҭыԥуаҩ ичын лымоуп.
Посольство Абхазии в России - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.12.2021
Аԥсны
Урыстәылатәи Афедерациаҿы Аԥсны аусқәа рзы аамҭалатә гәрага даҭоуп

"Авеер" аԥыхуп

Ԥхынҷкәын 21 асааҭ 00:00 рынахыс Урыстәылантәи Аԥсныҟа афымцалашара аҩбатәи аетап ала аашьҭра иалагеит.
Убри инадҳәаланы Аԥсны аамҭа-аамҭала афымца арцәара аамҭеихшара аԥыхуп, ақәыӷәӷәара ахьыҟоу ацәаҳәақәа рыда, аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч".
ЛЭП - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.12.2021
Аԥсны
Аԥсны аамҭа-аамҭала афымца арцәара аамҭеихшара аԥыхуп
Иагьа ус иҟазаргьы, афымцеихшарҭа "Аҟәа-2" аҟынтәи алашара зауа абонентцәа уажәыгьы алашара аамҭа-аамҭала ишрыздырцәалац еиԥш идырцәоит.

COVID-19

Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, Аԥсны аепидемиа ҵысижьҭеи аҿкчымазара зыхьхьоу ауаа рхыԥхьаӡара 37456-ҩык рҟынӡа инаӡеит, ргәы бзиахахьеит 29812-ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵхьеит 551-ҩык.
Аԥсны араионқәа зегьы рҟны иаарту алаҵаҟаҵаратә ҭыԥқәа ашықәсҿыцазтәи аныҳәамшқәа рзы аус рулоит, абри атәы аанацҳауеит агәабзиарахьчара аминистрра.
Алаҵаҟаҵара ҟалоит ажьырныҳәа 4, 5, 6, 10, 11, 12 рзы.
Вакцинация от гриппа в Краснодаре - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.12.2021
Аԥсны
Аԥсны 2400-ҩык инареиҳаны алаҵа "Спутник V" ҟарҵеит абҵара 18 раахыс
COVID-19 азы атестқәа аҭара ҟалоит ажьырныҳәа 3-6 рзы (ажьырныҳәа 7-8- ԥсшьарамшуп), иара убас ажьырныҳәа 9 инаркны 13-нӡа (ажьырныҳәа 14-15 ԥсшьарамшуп).
Абҵара 18 инаркны ԥхынҷкәын 22-нӡа COVID-19 аҟынтәи "Спутник V" алаҵа ҟарҵахьеит 2451-ҩык Аԥсны ауааԥсыра.
Иааидкыланы Аԥсны алаҵа ҟарҵахьеит 14 378-ҩык.

АКХ алахәыла ҿыццәа

Аԥсны Апарламент Аԥсны Алхратә комиссиа хада алахәылацәа ааҩык алнахит ԥхынҷкәын 22 азтәи аилатәараҿы.
Адепутатцәа ирыдыркылеит ақәҵара, уи инақәыршәаны АКХ аилазаарахь иалхуп:
Смыр Омар
Кәарацхьелиа Наталиа
Шамба Лаша
Кәарҷиа Инна
Гериа Роман
Бранӡиа Алиас
Кәакәасқьыр Виачеслав
Ашәба Асҭамыр.
Аҳәынҭқарра ахада Аслан Бжьаниа иусԥҟала Аԥсны Алхратә комиссиа хада алахәылацәа быжьҩык аиҭеит. Уи иусԥҟа инақәыршәаны Аԥсны алхратә комиссиа хада аилазаара иаҭоуп:
Ашәба Адгәыр
Быҭәԥҳа Саида
Маршьан Дмитри
Хышба Инал
Хоџьикиан Ануш
Шаҭ-иԥа Омари.
Алхратә комиссиа хада шьақәгылоуп 15-ҩык рыла. Алахәылацәа зегьы аналырхлак ашьҭахь АКХ рапҳьатәи аилатәараҿы иҟоу алахәылацәа рҟынтәи далырхуеит акомиссиа ахантәаҩы, уи ихаҭыԥуаҩ, амаӡаныҟәгаҩ.

Раԥхьатәи асы

Аԥсны агаҿаҿы раԥхьатәи асы леит, аҿыгҳара уамак идуумызт, аха игәазырҳаган.
Ашықәс ҿыц аламҭалаз аԥсабара хәыҷи-дуи зегьы аргәырӷьеит. Ԥхынҷкәынмза 23 ашамҭаз Аԥсны зегьы сыла ихҟьан.
Sputnik абри ахҭыс азы иазнархиеит афотолента.
Первый снег в Сухуме 2021  - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.12.2021
Аԥсны
Ауарҳал шкәакәа: Аԥсны раԥхьатәи асы

Апатырқал аамҭа

2021 шықәсазы ацитрустә аамҭа ианалага инаркны Аԥснынтәи Урыстәылаҟа ииаргахьеит 15 060 тонна амандарина. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Аҳазалхратә еилакы.
2020 шықәсазы аҽаҩра бзиаӡан, аҳәаа иахыган 23 325 тонн амандарина, арҭ арбагақәа рекордтәын.

Заанаҵтәи аԥсшьарамшқәа

Аԥсны асанитартә ҳақьым хада лабжьгарала ашколқәеи аҵарадырратә усбарҭақәеи рыҟны аӡынтәи аԥсшьармшқәа раамҭеихша ԥсахуп.
Ирыдыркылаз аӡбамҭа инақәыршәаны, аӡынтәи аԥсшьарамшқәа алагоит мчыбжьык заа. Ԥхынҷкәын 27 ашколтә ԥсшьарамшқәа 2022 шықәса ажьырныҳәа 17 рҟынӡа ирыцҵахоит.
Дистанционное обучение школьников в Краснодарском крае - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.12.2021
Аԥсны
Аԥснытәи ашколхәыҷқәа заа аӡынтәи аԥсшьарамшқәа рахь иоурышьҭуеит
Ажәабжьқәа зегьы
0