Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ауаа зызҿлымҳау азҵаарақәа: Елеонора Коӷониаԥҳа 2021 ашықәс азы ланҵамҭақәа ирызкны

© Sputnik / Томас Тхайцук Элеонора Когония
Элеонора Когония  - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.01.2022
Анапаҵаҩра
Иаҳхысыз 2021-тәи ашықәс азы лхатәы лкаақәеи аихшьалақәеи ҟалҵоит Sputnik Аԥсны аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.
Абар ҳашьҭахьҟа инҳажьит имариамыз 2021–тәи ашықәс, уи аихшьала иазку аныҳәатә колонка шәыдызгалоит, аԥхьаҩцәа шәхаҵкы.
Ԥхынҷкәын анҵәамҭазы иҟәашӡа иааҳақәнауз асы сгәалаҟазара акыр ишьҭнахит, асоциалтә ԥсҭазаара иацу ауадаҩрақәа, еиҳаракгьы аӡи алашареи рыҟамзаара аҳра шыруагьы. Рацәак аҽамырӷәӷәазаргьы, иҳазлеиз асы сгәалаҟазара шьҭнахит – абри амш ауп иҳаҩсыз ашықәс азы илашаны иалыскаауа.
Первый снег в Сухуме 2021  - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.12.2021
Аԥсны
Ауарҳал шкәакәа: Аԥсны раԥхьатәи асы
2021-тәи ашықәс иалагӡаны Sputnik Аԥсны адаҟьаҿы санҵамҭақәа рхыԥхьаӡара 40 иреиҳауп. Урҭ зегьы тематикала еиԥшым - аполитика, асоциалтә, акультуратә уҳәа еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рымоуп. "Амитингқәа рышьҭахь", "Ахныҟәгага маҷ", "Аиааира амши азакәандареи" уҳәа реиԥш иҟоу анҵамҭақәа ирыԥхьаз еиҳа ирацәаҩуп, насгьы, асоциалтә даҟьақәа рҿы иаԥҵоу агәыԥқәа акырџьара иҭаргалеит аԥхьаҩцәа арҭ анҵамҭақәа. Уи иаанаго, ҳауаажәлар арҭ ахҭысқәа еиҳа ирызҿлымҳауп ауп.
Иазгәасҭарц сҭахуп аҳәса рыпроблемақәа зныԥшуа "Аԥҳәыс лыԥсы аиқәырхара аԥхьагылара аман, мгәарҭа иҭаз иаасҭа" захьӡыз сколонка акыр ацәажәарақәа шахылҿиааз. Иара ҵакыс иамаз, Жәлар Реизара иаднакылахьоу аԥҳәыс лҽырбгара аанызкыло азакәан ауп. Ари рыдыркылеижьҭеи фышықәса ҵуеит, убри аахыс акырынтә ауаажәларра, еиҳаракгьы аҳәса рзинқәа зыхьчо аиҿкаарақәа аԥсахрақәа шалагалатәу рҳәахьеит, аха азҵаатәы 2022 шықәсахьы ииасит.
Ведение беременных - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.11.2021
Аԥсны
Аԥҳәыс лыԥсы аиқәырхара аԥхьагылара аман, мгәарҭа иҭаз иаасҭа…
Апандемиа ицәырнаго ауадаҩрақәа ирызкын акымкәа санҵамҭақәа, уаҟа сызлацәажәоз ажәлар ахыхьчаратә хәыцрақәа шаадмырԥшуа ауп, уи иахьанӡагьы аҽамԥсахит, ачымазара ҿкы шеиқәымтәацгьы. "Акарантин ашьҭа схыланы", "Спутник V сареи ҳшааибыз", "Ачымазареи ахарџьи" уҳәа COVID-19 иазкыз маҷым. Аԥсуа текстқәа ирыԥхьо рацәаҩым ҳҳәозаргьы, игәасҭоит, ҳдиаспора ахаҭарнакцәа Sputnik Аԥсны адаҟьаҿы ицәырҵуа аԥсышәала иҩу анҵамҭақәа хшыҩзышьҭра шрырҭо.
Акырынтә сматериалқәа рҿы ишьҭысхуа аҳәынҭқарратә бызшәа азҵаатәы сазааҭгылозар, егьа ҳҩыргьы, аҭагылазаашьа еиӷьхом. Азакәан иқәныҟәарц зыхәҭоу аиҳабыреи Жәлар Реизара адепутатцәеи шамаха рхы иадырхәом. Амчраҿ иҟоу ирҿагылоу аоппозициатә мчқәа ракәзар, рықәгыларақәа рҿы аԥсшәа аҭыԥ амам сҳәар еиҳа ииашоуп, имҩаԥырго акциақәа рҿы иналазыршәуа ацәажәаҩцәа ҳԥылозаргьы.
абхазские детские книги - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.10.2021
Лахьԥыракыс иаԥҵоу амш…
Имҩасуа ашықәс иаҵанакуа санҵамҭақәа рҿы хшыҩзышьҭра аман алогика ззырҳәо иаднамкыло ҳтеатрқәа раркра. Аепидҭагылазаашьа ацныҟәара злахьысҳау ала, акыр иџьашьатәуп ҳтеатрқәа рышә аркны иахьыҟоу. "Атеатр, асабрада, нас акарантин" захьӡу анҵамҭа убри иазкын. Атеатрқәа рышә аркызаргьы, хаҭала Самсон Ҷанба ихьӡ зху аҳәынҭқарратә драматә театр аҿаԥхьа аполитикатә қәгыларақәа цоит аамҭа-аамҭала.
Аха, иҟан сгәы шьҭызхуаз аиԥыларақәа ирхылҵыз аколонкақәагьы, ҿырԥштәыс иаазгозар ашықәс аҵыхәтәантәи амза алагамҭазы Русдрам ахыбраҿы ажурналистцәеи ауаажәларреи дырԥылеит аҵарауаҩ, атеатрҭҵааҩ, Шьепкин ихьӡ зху атеатр ҵараиурҭа аректор Борис Лиубимов. Ҩ-сааҭк инарзынаԥшуа ицоз аиԥылара иҳазгәамҭакәа имҩасит. Лиубимов Урыстәылатәи атеатрқәа русушьа апринципқәа дырзааҭгылеит. Иаликааит иахьа еиуеиԥшым анапхгараҭаратә хырхарҭақәа шыҟоу. Апандемиа иҟоу инадҳәаланы, уаҟа атеатрқәа аԥкра рзымукәа, ишырзыԥшаау аус руртә амҩақәа. Аԥснытәи атеатрқәа иахьа иахьарку инамаданы, иара иҳәеит агәыӷра шимоу аамҭа абзиа аганахь аҽаԥсахып ҳәа. Лиубимов иазгәеиҭеит "сара Аԥсны сатәылауаҩым азы, схы исзаҭәашьом аиҳабыра рганахь азгәаҭақәа рыҟаҵара" ҳәа.
Александр Любимов, Элеонора Когония - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.12.2021
Аԥсны
Аԥсҭазаара агәаҳәара узҭо агәалаҟара: Борис Лиубимов Аԥсныҟа иаара иазкны
Ииасыз ашықәс ахҭыс бзиақәа рахь иалыскаауеит сызлацәажәо аҵарауаҩ напхгара ззиуа аҵараиурҭа 15-ҩык аԥсуа ҿар ахьаанахәаз. Урҭ разҟыс ироуит Москва агәеисырҭаҿы атеатр ҟазара ашьҭкаара.
Есышықәсеиԥш атеатр ԥсҭазаара иазкыз анҵамҭақәа маҷмызт. "Ауаҩы иҭыԥ, мамзаргьы Чагьамтәи адунеи" азкын Русдрам ахыбраҿы арежиссиотә лабораториа захьӡу Урыстәылатәи арежиссиорцәа қәыԥшцәа реиндаҭлара. Акыр исгәарԥханы изҩыз аколонкақәа иреиуоуп апрозаик Алықьса Гогәуа имширазы ҷыдала изыскыз "Абзиабара, анасыԥ, аразҟыдара" захьӡыз, ашәҟәыҩҩы аҳәса рлахьынҵақәа шааирԥшуа. Ҳаԥхьаҩцәа аполитика еиҳа иазҿлымҳауп ҳҳәозаргьы, сызлацәажәо анҵамҭа акыр иргәаԥхеит иҟарҵоз ахҳәаақәа рыла.
Sputnik 5 лет - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.12.2021
Аԥсны
Абраҟоуп иахьсаҳауа - аус ҳацбуларц ҳҭахуп: Коӷониаԥҳа Sputnik илынаҭо алшарақәа рзы
Еснагь еиԥш, ииасыз ашықәс азы анҵамҭақәа рзыскит аамҭак иҳацаныз арҿиаҩцәа. Сзаҩымсит Таиф Аџьба, Даур Занҭариа, Платон Кьыласаниа рызхәыцра.
Иҟан ибзиаз хҭыскгьы. "Араӡны калам" захьӡыз алитературатә еицлабраҿы Sputnik Аԥсны искьыԥхьхьаз Владислав Арӡынба Аԥсны аҭоурых 13 минуҭ ишҭеигӡаз иазку сколонка "Ажәа иҭара иацәшәон" апублицистика ажанр аҿы актәи аҭыԥ агеит. Уаҟа исгәаласыршәон рашәара 2, 1989 шықәсазы Москва, СССР Жәлар рдепутатцәа Актәи реизара ду аҟны аԥсуаа рҿахәы ҳәо раԥхьаӡа акәны ари аҩыза атрибуна ду аҟынтәи Владислав Арӡынба ицәырҵра гәыӷрақәас иаҳнаҭаз. Абри сгәы зырԥхаз хҭысуп ицаз ашықәс азы.
Владислав Ардзинба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.06.2020
Ажәа иҭара иацәшәон: Владислав Арӡынба Аԥсны аҭоурых жәаха минуҭ ишҭеигӡаз
Иазгәасҭарц сҭахуп ашықәс анҵәамҭазы аполитикатә цәқәырԥа аҽшарӷәӷәаз, ус анакәха, санҵамҭақәа уи атематикахь ииасуан. Ԥхынҷкәын 21 рзы аоппозициатә мчқәа дырҩегьых имҩаԥыргеит амитинг ду. Аԥсуа театр аԥхьа еизеит аоппозициаа, апрезидент идгыло ракәзар, аиҳабыра русҳәарҭа аԥхьа, убри аамҭазы Апрезидент акарантин ԥҟарақәа аԥимхыц. Амитинг ахынҭаҩынҭара иаанагаз ажәлар ршьара иқәнарҟьеит. Ажурналистцәа ракәзар - ааха роуит. Атәыла анапхгара ҳрылацәажәозар, дара рреволиуциақәа рылҵшәақәа ирызхәыцны акәхап, бзиа рҽазыҟарҵеит, апрезидент иусурҭа еихацла икәдыршеит. Абарҭ ахҭысқәа ирызкуп "Алабаҟәа мгьежьырцаз, ахьырхәра ҟалароуп" захьӡу санҵамҭа.
Митинг у здания парламента  - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.12.2021
Аԥсны
Алабаҟәа мгьежьырц, ахьырхәра ҟалароуп: ажурналистцәа рус аԥырхагахаразы агәаанагара
Ҷыдала схатә ԥсҭазаара сазхьаԥшуазар, еиҭакра дук ыҟамзаргьы, ҳҭаацәа еилшәарада Ашықәс ҿыц ҳаԥылеит. Суалафахәы шыҟац иҟоуп, аӡи алашареи аамҭа-аамҭала зегь реиԥш ҳаргьы ҳаргәамҵуеит. Зегь реиҳа ихадоу - ачымазара ҿкы макьаназы аҽацәыхьчара ҳалшеит ҭаацәаныла. Абри зегь реиҳа ихадоуп. Акыр сгәыӷуеит, аӡын иалагӡаны сзыргәырӷьо асы иҵегь илеип ҳәа. Аԥсабара асоура азеиӷьуп, ахәаҷа-маҷақәа, аптқәа уҳәа рылшара аркьаҿуеит. Лашарала усгьы ҳаиԥҟьоит, нас иамоузеи сык аур ҳәа схәыцуеит, исымазкуа рацәаҩызаргьы.
Рейд по отключению майнинг ферм в очамчырском р-не - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.01.2021
Амаинингқәа рԥеиԥш, мамзаргьы - ухыза заҟароу дырны ушьапы еиҵых
Акарантин иҟоу алшара ҳнаҭом анкьеиԥш аныҳәатә хәылԥазқәа, ма ачарақәа рҭааразы. Ус акәзаргьы, ааигәа иазгәаҳҭаз Sputnik Аԥсны амшира гәырӷьарыла имҩасит. Астрессқәа ҳәа изышьҭоу ауаҩы ихигарц азы, ихымԥадатәиуп алахҿыхратә ҟазшьа змоу аиԥыларақәа.
Ҽаанбзиала ҳәа шәасҳәоит, Sputnik Аԥсны аԥхьаҩцәа! Ашықәс ҿыц ажәабжь бзиақәа шәанаҳәалааит. Ишыдыдуеиԥш ақәа леиуам рымҳәои, иахьа иҳалагьежьуа ачымазара ахабар аныбжьаӡуа аамҭа ҟалозар ҳәа ҳгәыӷлап. Шәарҭ аԥхьаҩцәа ишәызкуп ҳара ҳанҵамҭакәа, урҭ зегь лахҿыхымзаргьы, зегь акоуп ҳаԥсҭазаара иагәылсуа ахҭысқәа ирызкуп. Ҳаигымхааит шәареи ҳареи! Ҽаанбзиала!
Ажәабжьқәа зегьы
0