Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Sputnik амчыбжь: ахада ипресс-конференциа, COVID-19, Ашықәс ҿыц

© Sputnik / Томас Тхайцук Новогодние украшения Сухумской елки
Новогодние украшения Сухумской елки  - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.01.2022
Анапаҵаҩра
2021 шықәса аҵыхәтәантәи амчыбжь азы Аслан Бжьаниа аихшьалатә конференциа мҩаԥигеит, Аминистрцәа реилазаараҿы хә-еҵәак иаҵанакуа асасааирҭа "Москва Резорт" аргылара апроект иалацәажәеит, Алхратә комиссиа хада ахантәаҩ ҿыц далырхит.
Sputnik

Ахада ипресс-конференциа

Аԥсны ахада 2021 шықәса еихызшьалоз апресс-конференциа мҩаԥигеит ԥхынҷкәын 29 рзы. Аслан Бжьаниа АИХқәа рхаҭарнакцәа рызҵаарақәа рҭак ҟаиҵеит. Иара дырзааҭгылеит Аԥсны ауаажәларра зыргәамҵуа атема хадақәа. Ҷыдала, дахцәажәеит ԥхынҷкәын 21 рзы имҩаԥысыз аоппозициаа рмитинг.
Иара иҳәеит, илшо зегь шыҟаиҵо асеиԥш уаҳа иҟамларцаз.
Аслан Бжания на пресс-конференции  - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.12.2021
Аԥсны
Бжьаниа Аҟәа имҩаԥысыз аоппозициаа рмитинг ахҳәаа аиҭеит
"Амитинг азин ҟаҵамызт. Аҳәынҭқарра иалшо зегь ҟанаҵоит асеиԥш еиҭаҟамларцаз. Сара хәшьарак ҟасҵом, иҟаз шыҟаз азинхьчаратә усбарҭақәа иҭырҵаауеит. Азакәан ҳақәныҟәалоит. Иҟаз аҭагылазаашьахь икылызгоз ауаа амца иалахәмаруан. Аӡәы дҭахар ишԥаҟалоз? Ҳәарада, ауаа азин рымоуп амитингқәа мҩаԥыргаларц, аха иҟоу аҳәаақәа ирҭагӡаны", - иҳәеит атәыла ахада аихшьаларатә пресс-конференциаҿ ԥхынҷкәын 29 рзы.
Иара убас иара иазгәеиҭеит ажурналистцәа ааха ахьроуз шиашам, иақәнагамкәа ишыҟалаз.
Уи адагьы, Бжьаниа адырра ҟаиҵеит Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара апрограмма шышьақәирӷәӷәаз, 2022 шықәсазы атәылахь аинвестициақәа радԥхьалара иазку Аԥсны Аҿиара акорпорациа шаԥҵахо.
Аслан Бжьаниа еиҭеиҳәеит афымцамч аусхк аҟны иҟоу апроблемақәа ртәгьы. Иара иажәақәа рыла, 2025 шықәсанӡа урҭ ауадаҩрақәа рыӡбаразы шьаҿа-шьаҿа иҟаҵатәу аплан шьақәыргыланы ишрымоу. Ари аамҭа иалагӡаны Аԥсны ахала ари аусхк аҟны иҟоу ауадаҩрақәа риааишьа аҵар шакәу, избанзар Урыстәыла есымша иалшаӡом хәыда-ԥсада ацхыраара.
Аԥсны акультуратә усҳәарҭақәа раартра азҵаара аҭак ҟаҵо, Аслан Бжьаниа иазгәеиҭеит уи азҵаара зыӡбаша аҳақьымцәа шракәу.
"Агәра ганы сыҟоуп, ҳҳақьымцәа аҵара змоу, акультура бзиа избо ауаа шракәу, даргьы ирҭаху атеатрқәа рахь аныҟәара, аха рҽааныркылоит, ҳаргьы ҳҽаанаҳкыларц ӡабжьыргоит. Уи гәаӷшақә акәӡам ишыҟарҵо. Иалагалоу аԥкрақәа зегьы ирызкуп, аха шьоукы урҭ ирықәныҟәоит, шьоукы - мап. Досу иааӡара зеиԥшроу еиԥш", - иҳәеит ахада.

Ашықәс ҿыц

2021 шықәса аҵыхәтәантәи амчыбжь азы ҳауаажәлар гәырӷьаҵәа имҩаԥыргеит. Есышықәсеиԥш, сынтәагьы Аҟәа Ахақәиҭра ашҭаҿы атәылаҿы аԥсаӡ хада дыргылеит.
Ашҭа ахаҿра аԥсахит - ԥштәы рацәала иҩычахеит, еилаарцыруа иҟалеит. Аԥсаӡ адагьы, ара идыргылеит ахәаахәҭырҭақәа, афотоқәа рҭыхра ахьыҟало аҭыԥқәа, аҵаақәшьқьырырҭа.
Новогодние украшения Сухумской елки  - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.12.2021
Аԥсны
Еилаарцыруа ақьала: Аԥсны аԥсаӡ хадақәа шдырхиаз
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны жәлар 2022-тәи Ашықәс ҿыц рыдиныҳәалеит.
"Акыр иаԥсоу Аԥсны жәлар! Ашықәс ҿыц иадаҳҳәалоит агәыӷра лашақәа, иҿыцу агәҭакқәа. Иҳаҩсыз ашықәс ачымазара бааԥс иахҟьаны ҳажәлар аԥсреи абзареи ирҭагылан. Аԥсны анҭыҵ инхо ҳауаажәлари ҳҳақьымцәеи рымч еибыҭаны, ирылшоз зегьы ҟарҵеит имариамыз аҭагылазаашьа ацәцаразы. Иара убас афымцамч, аӡымҩангара русхк аҿы ауадаҩрақәа ҳрықәшәеит. Урҭ рҭыԥ иқәызҵоз ҳтәылауаа, иара убас азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа, уахи-ҽни, имыцәа-имтәа аус зуаз, иҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп", - иҳәеит ахада.
Аслан Бжания - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.01.2022
Аԥсны
Аслан Бжьаниа Аԥсны жәлар Ашықәс ҿыц рыдиныҳәалеит
Ашықәс ҿыц ауха угәы узырхьуаз хҭыскгьы ҟалеит. Ашьаусԥшаара адыррақәа рыла, ажьырныҳәа 1 асааҭ 02:00 рзеиԥш Аҟәа Бубнова лымҩаҿы игылоу асасааирҭа "Гаруда" иатәу ақьафурҭаҿы ахысра ҟалан, хаҵак иарма уаҭәа ахәра лашә аиуит.
Асааҭ 02:40 рзеиԥш Аҟәатәи Аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭа аҷаԥшьаратә хәҭахьы адырра ҟалеит Ареспубликатә хәшәтәырҭахь ахәра зауз дышнаргаз. Ари ахҭыс азы ашьаус хацыркуп, имҩаԥысуеит ашьаусԥшаара-оперативтә усмҩаԥгатәқәа иҟалаз шыҟалаз аилкааразы.
Машины милиции Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.01.2022
Аԥсны
Ашьаус хацыркуп Аҟәа қьафурҭак аҿы Ашықәс ҿыц ауха ахаҵа ахәра ахьоуз азы

COVID-19

Атәылаҿы акоронавирус аламырҵәаразы аусмҩаԥгатәқәа шцац ицоит. Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, Аԥсны аепидемиа ҵысижьҭеи аҿкчымазара зыхьхьоу ауаа рхыԥхьаӡара 37 867 - ҩык рҟынӡа инаӡеит, ргәы бзиахахьеит 30168 - ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵхьеит 557-ҩык.
Ԥхынҷкәын 30 рзы Аҟәа имҩаԥысит Аԥсны ауааԥсыра акоронавирус аҟынтә рыхьчараз Акоординациатә штаб аилатәара. Уи аан Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба адырра ҟаиҵеит Аԥсны иахьазы иааидкыланы 15 133-ҩык алаҵа ҟарҵахьеит ҳәа.
Иара иҳәеит жәанызқьҩык рҟынӡа ахатә кабинетқәа рыманы QR-кодқәа рхы иадырхәар рылшоит ҳәа.
Вакцинация от Covid-19 в Казани - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.12.2021
Аԥсны
Аԥсны 15 нызқьҩык рҟынӡа COVID-19 аҟынтә алаҵа ҟарҵахьеит
Аепидемиатә ҭагылазаашьа агәҭынчымра шаҵац иаанхоит иҳәеит аминистр. Иара иажәақәа рыла, аҵыхәтәантәи аамҭазы аҿкчымазара маҷк ихҽит. Аԥсны мрагыларатәи ахәҭа аҟны аҭагылазаашьа макьаназы иуадаҩуп иҳәеит аминистр. Иара убас иазгәеиҭеит амедусзуҩцәа рыҽшазыҟарҵо ачымазцәа рхыԥхьаӡара аизҳара.
Аԥыза-министр Александр Анқәаб иакәзар, Акоординациатә штаб аилатәараҿы иҳәеит акоронавирустә инфекциа аԥырҟәҟәара инадҳәаланы атәыла ахада аԥкрақәа рзы иусдҵа амчра шамац иҟоуп ҳәа. Убри аан иара иазгәеиҭеит, аҭагылазаашьа иалнаршар иааиуа ашықәс азы акультура аусхк аҟны аԥкрақәа аԥыххоит ҳәа.
Женщина в маске выходит из транспорта  - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.12.2021
Аԥсны
Анқәаб: ахада иалеигалаз аԥкрақәа амч шрымац ирымоуп
Анқәаб дақәгәыӷуеит арҭ аԥсшьарамшқәа рзы ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи рҿы ачымазара аганахь ала ааҭагылазаашьа аҽеиҭанакып ҳәа.

Амеценат иҳамҭа

Иҳаҩсыз амчыбжь азы Адыгатәыла уаанӡатәи ахада, анаплакҩы, амеценат Ҳазрет Совмен Аԥсныҟа даҽа 50 миллион мааҭ ихатә харџь ала иааишьҭит. Ари хынтәуп аҵыхәтәантәи ашықәс азы ԥарала ацхыраара ҟаиҵоижьҭеи. Уи иӡбеит Аслан Бжьаниеи иареи ҭелла ианеицәажәа ашьҭахь.
Конверт с российскими рублями. - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.12.2021
Аԥсны
Адыгатәыла уаанӡатәи ахада Ҳазрет Совмен Аԥсныҟа даҽа 50 миллион мааҭ ааишьҭит
Атәыла ахада ҭабуп ҳәа иеиҳәеит иҟаиҵаз ацхырааразы.
"Ҳаҭыр ҳазшәықәуп, пату ҳзақәуп аԥсуа жәлар рахь иаашәырԥшо агәцыракразы", - иҳәеит ахада.
Бжьаниеи Совмени апандемиа инадҳәаланы ареспубликаҿы иҟоу аҭагылазаашьеи егьырҭ азҵаарақәеи ирылацәажәеит.

АКХ ахада ҿыц

Ԥхынҷкәын 29 рзы Аԥсны Алхратә комиссиа хада ахантәаҩыс далхын Дмитри Маршьан. АКХ ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩыс далхуп Виачеслав Кәакәасқьыр, амаӡаныҟәгаҩыс - Ануш Хоџьикиан.
Аԥсны АКХ ахантәаҩи уи ихаҭыԥуаҩи ауалафахәы рзыршәоит, уи аҟнытә дара арҵаратә, аҭҵаарадырратә, арҿиаратә усура ада даҽакы рнапы аларкыр ҟалом.
Выборы президента Абхазии. ЦИК - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.12.2021
Аԥсны
Аԥсны АКХ ахантәаҩ ҿыц далхуп
Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент ахь алхрақәа мҩаԥгахоит хәажәкыра 12, 2022 шықәсазы. Алхратә комиссиа хада шьақәгылоуп 15-ҩык рыла. Урҭ рахьтә ааҩык Апарламент иалнахуеит, быжьҩык - ахада.

Ажурналистцәа рзы аҳамҭақәа

Ԥхынҷкәын 27 рзы Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла адипломқәа ранаршьеит аиндаҭлара "Зегь ҳаидгылан COVID-19 ҳаиааип" аҟны ииааиз. Ателехәаԥшра ахьаӡҳәаҿ аԥхьахәқәа ҩба ранашьан Аԥснытәи аҳәынҭқарраҭә ателерадиоеилахәыра акорреспондентцәа Сариа Кәарацхьелиаԥҳаи Гәыгәыца Ҩарданԥҳаи.
Аҩбатәи аԥхьахә анашьан ателееилахәыра "Абаза-ТВ" аинформациатә программа "Ажәабжьқәа раамҭа".
Вручений премий Союза Журналистов Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.12.2021
Аԥсны
Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла акоронавирус атема аарԥшразы АИХ аусзуҩцәа алнакааит
Аноминациа "Аинформациатә маҵзура" аҿы актәи аԥхьахә ланашьоуп Sputnik Аԥсны акорреспондент Сариа Кәарцхьиаԥҳа.
Аҩбатәи аԥхьахә ианашьоуп аинформациатә маҵзура "Аԥсныпресс" аусзуҩ Дамеи Касланӡиа.
Уи адагьы аҳаҭыршәҟә ҷыдақәа ранашьан ажурналистцәа Наала Мықәԥҳа ателефильм "Пациент", Лиана Кәарҷелиаԥҳа ателедискуссиа "Битый час". Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба иазгәеиҭеит ажурналистцәа апандемиа иаалагазар ари атема хаданы ишахәаԥшуа.
Лана Абшилава  - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.01.2022
Аԥсны
Арадио Sputnik амҩаԥгаҩ "Аԥсны аҭынчра ахьчаразы" амедал ланаршьеит
Ажурналистцәа реидгыла ҭабуп ҳәа рҳәоит атема аарԥшраҿы адгылара зуыз НИИЕПиТ АНА аиммунологиеи авирусологиеи рлабораториа аиҳабы Алиса Матуԥҳаи агәыҳалалратә еиҿкаара "Зегь ҳаӡәыкуп" ахаҭарнак Борис Барцыци рахь.

Ахадеи аоппозициааи реиԥылара

Ԥхынҷкәын 29 рзы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи, "Аԥсны жәлар реидгыла" ахантәаҩы Адгәыр Арӡынбеи, ауаажәларратә еиҿкаара "Ахьаца" анапхгаҩы Ахра Бжьаниеи еиԥылеит.
Аиԥылараҿы ирылацәажәан Апарламент ахь алхрақәа рыҿҳәара аиҭакра, Аиҳабыра рыԥхьатәара, Аконституциатә реформа. Арҭ азҵаарақәа рыӡбара дҵас иқәдыргылеит аоппозициа ахаҭарнакцәа ԥхынҷкәын 21 рзы.
Администрация президента - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.12.2021
Аԥсны
Аслан Бжьаниа аоппозициа ахаҭарнакцәа идикылеит
Аслан Бжьаниа иҳәеит Апарламент ахь алхрақәа ишазгәаҭоу аиԥш, 2022 шықәса хәажәкыра 12 рзы имҩаԥысроуп ҳәа. Аиҳабыра рыԥхьатәара азҵаарагьы мап ацәикит. Аконституциатә реформа аганахьала иҳәеит аконституциатә комиссиа аусура ишаҿу, уи алҵшәақәа Апарламент ишадгалахо.

Хә-еҵәак иаҵанакуа асасааирҭа

Хә-еҵәак ирыҵанакуа асасааирҭа "Москва резорт" апроект ӡырган Аминистрцәа реилазаара аконференц-зал аҿы ԥхынҷкәын 27 рзы.
Атәыла ахада атуристтә хыбрақәа аргылара апроект уаанӡа аиԥш ҟамлацт ҳәа ахиҳәааит. Иҳәеит атәыла анапхгара адгылара шыҟарҵо.
Апроект анапхгаҩы, "Н.И. Ткачиов ихьӡ зху агрокомплекс" аиҳабацәа рхеилак ахатәаҩы Александр Ткачиов иазгәеиҭеит асасааирҭа аҩаӡара ҳарак шамоу, асеиԥш иҟоу атурист хыбрақәа Аԥснытәи ахырхарҭа аԥсшьараз алхра ишацхраало.
Проект пятизвездочного отеля Москва резорт представили в Кабмине Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.12.2021
Аԥсны
Хә-еҵәак ирыҵанакуа асасааирҭа "Москва резорт" апроект ӡырган
Пицунда 2022 шықәса анҵәамҭазы зыргылара ахацыркра азԥхьагәаҭоу ари асасааирҭа иақәхарџьхоит 20 миллиард мааҭ. Асасааирҭа 700 ҭыԥ амоуп. Иара убасгьы иргылахоит зықь ҭыԥ змоу апартаментқәа. Жәашықәса аҩнуҵҟатәи ашәахтәқәа 5 миллиардк ҟалоит. "Москва резорт" аҵакыра 45 гектар иҟоуп. Атуристтә еикәшара ашықәс аҩнуҵҟа 150 000-ҩык ҟалоит.

2022 шықәсазтәи абиуџьет

Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент иҳаҩсыз ашықәс азы аҵыхәтәантәи аилатзара мҩаԥысит ԥхынҷкәын 29 рзы. Уи аан адепутатцәа актәи аԥхьарала 2022 шықәсазтәи абиуџьет азакәан апроект рыдыркылеит.
Адокумент рыдигалт аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба. Абиуџьет алагалақәа рыхәҭаҷ иартәоит 9 млрд 430 млн мааҭ, аныхрақәа - 9 млрд 984 млн мааҭ. Аҩнуҵҟатә лагалақәа рырбага хадақәа ҳәа иара иазгәеиҭеит ашәахтә шәарақәа реизҳара - 850 млн мааҭ.
Иара убасгьы иара иажәақәа рыла, Аҵәахырҭатә банк аԥаралагалаҩцәа ршәарақәа ирыцҵахоит. 2021 шықәсазы 2,5 млн мааҭ ыҟазҭгьы, 2022 шықәсазы 4 млн мааҭ азгәаҭоуп.
Парламент РА - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.12.2021
Аԥсны
Аԥсны Апарламент актәи аԥхьарала 2022 шықәсазтәи абиуџьет азакәан апроект аднакылеит
Ажәабжьқәа зегьы
0