Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Sputnik амчыбжь: Аԥсны ААР амедиацентр, алашараиура аԥкра, шәачатәи аинвестфорум

© Sputnik / Томас Тхайцук Медиацентр МИД Абхазии
Медиацентр МИД Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.04.2022
Анапаҵаҩра
Ииасыз амчыбжь азы Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы иаадыртит амедиацентр, Аԥсны даҭааит амедиагәыԥ "Россия сегодня" аиҳабы Маргарита Симониан, урыстәылатәи аҵарауаа ареспубликахь иааит ақьырсиан культура абаҟақәа рыҭҵааразы, Шәача иаатит "Аԥснытәи аинвестициатә форум".
Абарҭи егьырҭи ахҭысқәа Sputnik Аԥсны аматериал аҿы.
Сариа Кәарцхьиаԥҳа, Sputnik

Аԥсны ахьӡ аларҵәара

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра иатәу хырхарҭарацәалатәи амедиацентр Аҟәа иаартын аҩаша хәажәкыра 29 рзы.
Амедиацентр аартра иалахәын Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа, амедиагәыԥ "Россия сегодня", ателеканал RT аредактор хада Маргарита Симониан, акинорежиссиор, актиор, апродиусер Тигран Кеосаиан, Аԥсны иҟоу Урыстәылеи, Аахыҵ Уаԥстәылеи, Приднестровиеи рыцҳаражәҳәарҭақәа рхаҭарнакцәа Максим Литвинов, Олег Боциев, Гарри Қәпалба.
Медиацентр МИД Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.03.2022
Аԥсны
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра иатәу хырхарҭарацәалатәи амедиацентр Аҟәа иаартын
Аԥсны АА рминистр Инал Арӡынба иазгәеиҭеит амедиацентр ахықәкы хада - жәларбжьаратәи аинформациатә политика арӷәӷәара шакәу.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа иазгәеиҭеит, Аԥсны ахьӡ-аԥша ашьҭыхраҿы амедиацентр аартра аҵакы шдуу.
"Сгәыӷәуеит, амедиацентр аартра ашьҭахь ҳтәыла ахыԥша хьыӡла бзиала адунеи аҟны инеиҩлап ҳәа", - иҳәеит иара.
Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.03.2022
Аԥсны
Бжьаниа Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра амедиацентр аартра ҵакыс иамоу далацәажәеит
Амедиагәыԥ "Россия сегодня" аредактор хада Маргарита Симониан иҭабуп ҳәа ралҳәеит иаадырԥшыз асасдкыларазы, иагьазгәалҭеит Аԥсны адунеи зегь аҟны аӡбахә раҳарц шақәнагоу, ауаа зегьы ирдырыр шакәу "ари атәыла шаҟа иԥшӡоу, адунеи аҿы ҽакы ишузаламырҩашьо".
Маргарита Симониан илҳәеит амедиацентр иахәҭоу ацхыраара аҭара дшазыхиоу, ажәалагала ҟалҵеит аинформациатә маҵзура Sputnik аус ацнауларц.
Иара убри аҽны имҩаԥысит Аслан Бжьаниеи, Маргарита Симониани, Тигран Кеосаиани реиԥылара.
Встреча Маргариты Симоньян и Аслана Бжания - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.03.2022
Аԥсны
Бжьаниа амедиагәыԥ "Россия сегодня" аиҳабы Маргарита Симониан дидикылеит

Аинвестициатә хыԥша

Ахәаша Аԥсны ААР аҳәамҭа ҟанаҵеит иааиԥмырҟьаӡакәа аус зуа агәаанагареибыҳәаратә мобилтә ҭыԥ "Аԥснытәи аинвестициатә форум" шаартхо.
Аԥсны аинвестициақәа ринтерес цәырызго афорум мҩаԥысит асабша, мшаԥы 2 рзы, Шәача асасааирҭа "Hyatt Regency Sochi" аҟны.
Афорум мҩаԥыслоит ахәаахәҭра-економикатәии аинвестициатәии усхкқәа рҟны Аԥсны ианыруа Урыстәыла арегионқәа рҿы ҳәа иҳәеит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба "Аԥснытәи аинвестициатә форум" аԥҵареи ахыдҵа хадақәеи ртәы дазааҭгыло. Иара иҳәеит, Аԥсны иамоу аинвестициатә лшарақәа рааԥшра ауп ҳәа иара иахықәкы хадоу.
Инал Ардзинба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.04.2022
Аԥсны
Арӡынба Қырҭтәыла имҩаԥнаго аинформациатә еибашьраан аинвестфорум ҵакыс иамоу атәы иҳәеит
Амедиагәыԥ "Россия сегодня" аредактор хада Маргарита Симониан Шәача "Аԥснытәи аинвестициатә форум" аӡыргаратә аартраҟны дықәгылеит. Аԥсны хымԥада аизҳазыӷьара аԥеиԥшуп, избан акәзар ара иҟоу амшын аҩыза, аҳауа аҩыза, ашьхақәа рҩыза, аԥшӡара аҩыза џьарамзар џьаргьы иҟаӡам ҳәа аҳәамҭа ҟалҵеит лара. Маргарита Симониан илҳәеит Аԥсны аинвестициақәа алазгалар зылшо аԥара змоу ауаа аҵыхәтәанынӡа ареспублика зеиԥшраҵәҟьоу ҭырымҵаацт ҳәа.
"Сара сгәы излаанаго ала, ари аҭагылазаашьа аԥсахра мариоуп, иагьыԥсаххоит хымԥада. Ауаа еилыркаауеит аинвестициақәа аҩызцәа ахьыҟоу шакәу иахьалагалатәу. Ус анакәха, ҳҩызцәа абаҟоу? Абар дара ахьыҟоу, аҳәаа ҳаахысыр - абар ҳҩызцәа ахьынхо", - лҳәеит лара лажәа иацҵаны.
Шәачатәи афорум аусутә гәыԥ ахадас далхуп аилахәыра AR-GROUP аиҳабы Аик Зебелиан.
Аԥсны ААР рыҿцәажәоит Москватәи, Тулатәи, Ростовтәи аобластқәа, Санкт-Петербург, егьырҭ Урыстәыла асубиектқәа рхадацәа "Аԥснытәи аинвестициатә форум" дара рҿы амҩаԥгара алыршаразы.

Аԥкрақәа ирыцҵоуп

Аԥсны амаининг амҩаԥгареи уи азы ахархәагақәа ралагалареи рзин аанкылан 2022 шықәса хәажәкыра 31 аҟынӡа.
Уажәы Аԥсны аиҳабыра акриптовалиута арҳареи, уи азы амаининг маругақәа атәыла ралагалареи рзы аԥкрақәа рыҿҳәара инахеит ԥхынҷкәын 31 2022 шықәсанӡа.
Ферма для майнинга криптовалют на стенде компании 3logic на конференции Russian Blockchain Week 2017 в Москве. - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.04.2022
Аԥсны
Аԥсны аиҳабыра акриптовалиута арҳареи амаининг атәыла алагалареи рзы аԥкрақәа ирнахеит
Акриптовалиута арҳаразы аусурақәа ирҿагыланы ауснагӡатәқәа мҩаԥысуеит 2020 шықәса аахыс афымцатә ҳақәа реидара ахьанҭахареи афымцамч адефицити инарыдҳәаланы.
Аԥсны афымцалашара Урыстәылантәи иаиуеит 2021 шықәса ԥхынҷкәынмза 18 аахыс. Хәажәкыра 31 асааҭ 23:00 инаркны уи аанкылан. Убри инамаданы алашара аиура ахсаала ԥсаххеит: Аԥсны ахәҭак алашара аиуеит Авольтҳарак цәаҳәа-110 "Гечрыԥшь" аҟынтәи, аҩбатәи ахәҭа - ЕгрыГЕС аҟынтәи.
Высоковольтная ЛЭП в Хакасии - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.03.2022
Аԥсны
Урыстәылантәи Аԥсны иаиуа афымца аанкылахоит хәажәкыра 31 инаркны
Џьуартәи аӡеизакырҭаҿ аӡы шылаҟәыц иаанхоит макьана. Убри азы хәажәкыра 29 азы аԥкрацҵақәа алагалоуп.

Асиа еиқәаҵәа

Литва аиҳабыра ишьақәнаргылеит иаӷоу аҳәынҭқаррақәеи аҵакырақәеи рсиа, уи иаларҵеит Аԥсынгьы.
Аиӷаратә тәылақәа рсиа ианырҵеит Урыстәыла, Белоруссиа, Ҟрым, "Молдавиа аиҳабыра рнапаҵаҟа иҟам Приднестровие аҵакыра, Қырҭтәыла аиҳабыра рнапаҵаҟа иҟам Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рҵакырақәа".
Города мира. Вильнюс - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.03.2022
Аԥсны
Литва Аԥсны аиӷаратә тәылақәа рсиа иаланаҵеит
Ари асиа ҳасаб азуны дара ирылшоит урҭ аҳәынҭқаррақәа иртәу аилахәырақәа аҳәынҭқарра иаанахәо атендерқәа ирылырхырц, ма ирыбжьарҵахьаз аиқәшаҳаҭрақәа аԥырырхырц.

Аҭоурыхтә аамҭа

Урыстәылатәи аҭҵаарадыррақәа Ркадемиаҟынтәи аҵарауаа Аԥсныҟа иааит ареспублика аҭоурых-культуратә баҟақәа рыҭҵааразы. Уажәы дара акультуратә ландшафт ҭырҵаауан.
Аҵарауаа ргәаанагарала, ажәытә аамҭазтәи аҳауа аҭагылазаашьа ҭҵааны ишьақәургылар ауеит ажәытәуаа иаадырыхуаз, ирымаз аекономикатә лшара.

Аахыҵ Уаԥстәыла ареферендум

Ахыҵ Уаԥстәыла ахада Анатоли Бибилов аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәыла алалара стратегиатә хықәкыс ишрымоу. Уажәы Аахыҵ Уаԥстәылеи Урыстәылеи рыбжьара аилацәажәарақәа ирылагеит Урыстәыла аҵакырахь алалара азҵааразы.
Президент Республики Южная Осетия Анатолий Бибилов - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.03.2022
Бибилов аҳәамҭа ҟаиҵеит Аахыҵ Уаԥстәыла стратегиатә хықәкыс ишамоу Урыстәыла алалара
Ареферендум мҩаԥысраны иҟоуп ареспублика ахада иалхра ашьҭахь. Алхрақәа ҟалоит мшаԥы 10 азы.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аахыҵи Нхыҵи Уаԥстәыла рҽеидҵаны Урыстәыла алаларазы аҽазышәара гәахәарала идикылеит.
"Ҳара агәахәара ду ҳнаҭоит Аахыҵ Уаԥстәылеи Нхыҵ Уаԥстәылеи ҳәынҭқаррак иалахәыланы реицыҟалара. Агәра аагоит ари ашьаҿа аахыҵ уаԥстәылаа ринтересқәа ишрықәшәо азы", - иҳәеит ахада.
Бжьаниа убри аан Аԥсни Урыстәылеи реизыҟазаашьазы Аԥсны апозициа далацәажәеит.
"Ихьыԥшым Аԥсны Аҳәынҭқарра ԥхьаҟагьы аиашьаратә, аҩызаратә ҳәынҭқарра – Урыстәылатәи Афедерациа ианырлоит 2014 шықәса абҵара 24 рызтәи Аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны", - иҳәеит иара.
Сергей Шамба - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.03.2022
Аԥсны
Шамба: Аԥсны Аахыҵ Уаԥстәыла иадгылоит Урыстәыла иалаларц ахьаҭаху азы

Апарламент ахь алхрақәа

2022 шықәса лаҵарамза 14 рзы Гәдоуҭатәи 18-тәи алхратә ҭыԥ хадаҿы аиҭалхрақәа мҩаԥгахоит хәажәкыра 12 рзы акандидатцәа аӡәгьы аиааиразы изхаша абжьы ахьимоуз азы.
Аҩаша, хәажәкыра 29 рзы Аԥсны АКХ аҿы ари алхырҭатә ҭыԥ хадаҿы ашәҟәы иҭанагалеит акандидат Леонид Лакербаиа адепутатрахь иқәыргыларазы аԥшьгаратә гәыԥ. Ахаша, хәажәкыра 30 рзы ари алхырҭатә ҭыԥ ахь иҭарҩит акандидат Беслан Ҭаркьыл адепутатрахь иқәыргыларазы аԥшьгаратә гәыԥ.
Аҟәа, алхратә ҭыԥ хада № 8 (Алашарбага) адепутатрахь акандидатцәа еиҟараны абжьқәа ахьроуз иахҟьаны аиҭалхрақәа мҩаԥгахоит, урҭ ррыцхәс ишьақәдыргылеит лаҵара 28.
Ажәабжьқәа зегьы
0