Sputnik амчыбжь: атәыла ахада имаз аиԥыларақәеи аԥыза-министр игәҭынчымреи

© SputnikСобравшиеся в Адзюбже ветераны и их сторонники
Собравшиеся в Адзюбже ветераны и их сторонники - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.10.2021
Анапаҵаҩра
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны иазнархиеит ииасыз амчыбжь азы ареспубликаҿы еиҳа иалкааз ажәабжьқәа реизак.
Ииасыз амчыбжь азы Аӡҩыбжьа ақыҭантәи аибашьра аветеранцәа аԥхьанатә Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр дамхтәуп ҳәа иқәгылазар, анаҩс атәыла ахада иаара иазыԥшырц рыӡбеит. Аԥыза-министр Анқәаб атәылаҿ иҟоу аепедемиологиатә ҭагылазаашьа агәҭынчымра ду изцәырнагоит, асахьаҭыхыҩцәа ирыӡбит ргәы кармыжьырц.

Ахада иаара иазыԥшны

Аԥсны ииасыз амчыбжь иалагеит Аиааира амш, цәыббра 30 ауха Жәлар реизара адепутат Гарри Кокаиеи Аӡҩыбжьа ақыҭантәи аибашьра аветеранцәеи ганкахьала, егьи аганахьала - Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбари инапаҵаҟа иҟаз ауааи рыбжьара аимак иҟалаз аилыргарала.
Жьҭаара 11 азы ашьаус хацыркуп Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаа Рашь Ҵәыџьбеи Дадын Чачхалиеи рганахь ала ҳәа иҳәеит Апарламент аҿы имҩаԥысуа аилатәараҿы апрокурор хада Адгәыр Агрба. Ашьаус хацыркуп ахәҭаҷ 288 ахԥатәи ахәҭа апункт "а" инақәыршәаны (азинмчра инахырҳәҳәаны ахархәара). Ари ахәҭаҷ иазԥхьагәанаҭоит жәашықәса рҟынӡа ахақәиҭра алхәыдатәра ҳәа иҳәеит апрокурор хада.
Агрба еиҭеиҳәеит аусҭҵаараԥхьатә ҭҵаарақәа шымҩаԥысыз.
Генеральная прокуратура Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.10.2021
Апрокуратура хада Аҟәа иҟалаз ахысра инадҳәаланы ашьаус хацнаркит
Апарламент адепутат Гарри Кокаиа иумҭа Аԥсны азакәан ахәҭаҷқәа 321, 207 иазыԥхьагәарҭо ахара ихараҵоуп. "Адепутат Арӡынба Алмасхан иганахь ала ишьақәырӷәӷәоуп аҭыԥ змаз ахҭыс ашьҭахь, асааҭ 00:10 азы имаҵзуратә машьынала Аԥсны ААР ахыбрахь днеины автомат ала 20-нтә ажәҩанахь дышхысыз", - ҳәа иҳәеит иара.
Адепутат аҿахәҿыхра мап ацәикуеит, ҳәа иҳәеит Агрба. Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар апрокуратура хара иднабалом.
Аха, иара убри аамҭазы уа иҟазаара инадҳәаланы иҟалаз ахҭыс аԥирҟәҟәаар ахьилшоз азы Апрокуратура хада атәыла ахада иахь азыҳәа нашьҭтәны иаԥхьаӡоит Дбар алеишәатә хара идҵареи ари аҭыԥ аҿы иҟазаара азхәыцреи рзы, ҳәа иҳәеит апрокурор хада.
"Аминистр иганахь ала аветеранцәа роума иара Кокаиа иоума ҽыԥныҳәа рымам. Аԥхьанатә закәаншьаҭала атапанча риҭарц адҵа ҟаҵан, Кокаиа уи мап анацәик аисра ҟалеит", - ҳәа иҳәеит Адгәыр Агрба.
Апарламент аҿы аилатәара мҩаԥысуанаҵы Аӡҩыбжьа ақыҭа аветеранцәеи урҭ рыдгылаҩцәеи ақыҭа агәаҿы еизаны Дбар иусура аанижьроуп ҳәа иқәгылеит.
Собравшиеся в Адзюбже ветераны и их сторонники  - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.10.2021
Аӡҩыбжьаа Аԥсны ААР аминистр Дмитри Дбар имаҵура дамхтәуп ҳәа иқәгылеит
Ақыҭа ахада Дмитри Абыхәба иазгәеиҭеит Дмитри Дбар Амҳаџьыраа рыԥшаҳәаҿы аҭыԥ змаз ахҭыс хаҭала далахәын ҳәа.
"Иара инапаҵаҟа иҟаз ауаа аветеранцәа шырыпҟоз дгылан дрыхәаԥшуан. Аминистр длашәума? Авидео иахәаԥшыр ирбоит ихымҩаԥгашьа", - ҳәа иҳәеит иара.
Абри ашьҭахь Аԥсны ахада Иусбарҭахь иааит Аӡҩыбжьа ақыҭа ахада Дмитри Абыхәба, аветеранцәа Зураб Кокаиа, Валери Маан, ақыҭа абыргцәа рхада Нугзар Кациа злахәыз аделегациа. Дара дҵаны иқәдыргылоит Аԥсны ААР аминистр Дмитри Дбари ихаҭыԥуааи рмаҵура рамхра.
Аха атәыла ахада усутә визитла Москва дахьыҟаз инамаданы аделегациа идикылеит ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба.
Аӡҩыбжьа ақыҭа аветеранцәеи, ақыҭа абыргцәа рхеилак ахаҭарнаки Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩи реиԥылара мҩаԥысит ҩ-сааҭк инареиҳаны.
Аиԥылара иалахәын ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, аԥыза-министр Александр Анқәаб, ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Алхас Кәыҵниа.
Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба иааз агәра диргеит Аҟәа, Амҳаџьыраа рыԥшаҳәаҿы аҭыԥ змаз ахҭыс азы аӡыбра аветеранцәа ргәы иамыхәартә ишыҟамло.
Собравшиеся в Адзюбже ветераны и их сторонники - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.10.2021
Аӡҩыбжьаа Аԥсны ахада иаара иазыԥшырц аҳәара рырҭеит
"Атәыла ахада данаалак ашьҭахь Дбар иамхраз аӡбра идимкылар, арахь шәааԥхьаны ари аус ҳаицалацәажәоит", - ҳәа рарҳәеит аделегациа ахаҭарнакцәа.

Бжьаниа Москва аиԥыларақәа мҩаԥигеит

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа усутә ныҟәарыла Москваҟа дцеит жьҭаара 8 азы.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Москва иҟазаара аҳәаақәа ирҭагӡаны Урыстәыла аиҳабыра рхантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Марат Хуснуллин диԥылеит. Аганқәа 2022-2025 шықәсқәа рызтәи Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара азҵаарақәеи аицусуреи ирылацәажәеит.
Жьҭаара 12 азы Аслан Бжьаниа иусутә ныҟәара аҳәаақәа ирҭагӡаны Москва дырԥылеит "Газпром промгази" "Газпроми" рхаҭарнакцәа. Аиԥылараҿы ирылацәажәан Аԥсны газла аиқәыршәаразы атехникатә ҟазшьа змоу азҵаарақәа. Аганқәа иара убасгьы ирылацәажәеит Асхема хада аус адулашьа шцо.
Иара убасгьы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи Урыстәыла аҳауатә транспорт азы Афедералтә маҵзура аиҳабы Александр Нерадькои еиԥылеит Москва. Аганқәа алацәажәеит Аԥсны аҳаиртә еимадара ахацыркра азҵаарақәа. Иҳәаақәҵан апроект анагӡара аԥҟареи асхемеи. Иара иазԥхьагәанаҭоит анорматив-зинтә ҭышәныртәалара, апроект-сметатә документациа аус адулара, аиҳабырабжьаратә еиқәшаҳаҭрақәа анапрыҵаҩра.
Сухумский аэропорт - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.10.2021
Бжьаниа Москва аҳауатә еимадара азҵаара далацәажәеит
Аԥсны ахадеи Росавиациа ахадеи еиқәшаҳаҭхеит абри аус аганахьала ԥхьаҟатәи ашьаҿақәа рыҟаҵашьазы.
Жьҭаара 13 азы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи Урыстәыла Атәылахьчара аминистр Сергеи Шоигуи аиҿцәажәара мҩаԥыргеит. Ирылацәажәеит атәылахьчареи ашәарҭадареи русхк аҟны аусеицура азҵаарақәа, Аԥсны ар рмодернизациаз аныхрақәагьы абрахь иналаҵаны.
Жьҭаара 5 азы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи Урыстәыла Афинансқәа рминистр Антон Силуанови Москва еиԥылеит. Урҭ реицәажәараҿы ишьҭыхын 2022-2025 шықәса рзы Аԥсны асоциал-економикатә ҿиареи афинанстә усеицуреи рызҵаатәқәа.
Аслан Бжьаниа Москваҟа раԥхьа жьҭаара 2 рзы дцеит, аха цәыббра 30 рзы Аҟәа аԥшаҳәаҿы иҟалаз ахҭыс азы дхынҳәны даар акәхеит.

Анапхгаҩцәа ҿыццәа

Аԥсны акультура аминистр Гәыдиса Агрба атеатр аколлектив дыдирдырит анапхгаҩы ҿыц аҩаша жьҭаара 12 аҽны. Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аиҳабыс даҭоуп Алхас Ҷолокәуа.
Алхас Ҷолокәуа 45 шықәса ихыҵуеит, далгеит ААУ ажурналистика аҟәша, уи ашьҭахь иҵара иациҵеит Москватәи аҳәынҭқарратә университет аҟны. 2005 шықәса инаркны 2011 шықәсанӡа Аԥсны ахада иҿы иҟоу аинформациатә хархәагақәа рымадаразы аусбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩс дыҟан.
2011 инаркны 2014 шықәсанӡа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра аиҳабыс дыҟан. Уи ашьҭахь аус иуан "А-Мобаил" аҟны. Лаҵарамза 2020 шықәса инаркны Аԥсны ахада иҿы иҟоу аинформациатә хархәагақәа рымадаразы аусбарҭа аиҳабыс дыҟан.
Министр культуры Гудиса Агырба и Алхас Чолокуа  - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.10.2021
Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аиҳабы даҭоуп
Адиректор хада Нодар Ҷанба инапынҵақәа анаанижь абҵара 10 2020 шықәса инаркны аԥсуа драматә театр напхгарада иҟан. Аспектакльқәа мҩаԥысуамызт.
Ерик Ҳаҭхәа Ареспубликатә хәшәтәырҭа аҳақьым хада инапынҵақәа неигӡалоит жьҭаара 14 инаркны. Аԥшьашаҽны Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Ерик Ҳаҭхәа Ареспубликатә хәшәтәырҭа амедусзуҩцәа дыдирдырит.
Республиканская больница - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.10.2021
Ареспубликатә хәшәтәырҭа аҳақьым хада инапынҵақәа назыгӡо даҭоуп
Ареспубликатә хәшәтәырҭа аҳақьым хада Аполлон Гәыргәлиеи ихаҭыԥуаҩ Георги Воубеи рганахьала аусҭҵаара хацыркын 2021 шықәса жәабран 9 рзы рнапынҵамчрақәа ирхыҳәҳәаны рхы иадырхәеит ҳәа.

Аҳәынҭқарратә маӡа рыларҵәара

Жьҭаара 12 азы ашьаусҭҵаара хацыркуп Атәылахьчара аминистрра аҳасабеилыргаҩ-аказначеи лганахьала аҳәынҭқарратә маӡаратә ҟазшьа змаз адыррақәа рыларҵәаразы.
Аусҭҵаара аверсиала аҳасабеилыргаҩ идырны, "Аҳәынҭқарратә маӡазы" азакәан еилаганы, имаӡази, зынӡа амаӡара зқәызи адокументқәа рганахьала лусураҿы ахархәара алҭеит Атәылахьчара аминистрра амаӡа ҟәшаҿы аҭаҩра змамыз афлеш–карта.
Генеральная прокуратура республики Абхазия - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.10.2021
Атәылахьчара аминистрра аҳасабеилыргаҩ лганахьала адырра маӡақәа рырзаразы ашьаус хацыркуп
Абри ашьҭахь, лмаҵзуратә ҭакԥхықәра дазхьамԥшыкәа, азакәан иахьчо амаӡатә дырра аларҵәара ақәиҭымтәра еилаганы ари афлеш-карта Атәылахьчара аминистрра аматериал-техникатә еиқәыршәара усбарҭа амедицинатә пункт аиҳабы илылҭеит. Амедицинатә пункт аиҳабы азин лымамызт афлеш-картаҿ иҭаҩыз имаӡоуи зынӡа имаӡоуи адыррақәа роура.
Убри аан лара ҩымчыбжь инареиҳаны афлеш-карта лхы иалырхәон, ахԥатәи ахаҿқәа ирылҭон. Апрокуратура хада апресс-маҵзура ишаҳәо ала, аҳасабеилыргаҩ лумҭа "атәылахьчара ишақәнагоу амҩаԥгаразы Аԥсны Аҳәынҭқарра аинтересқәа ишәарҭоу ааха рыҭара" аҭагылазаашьа аԥнаҵеит.

Абанк арҭҟәацга аҵоуп

Аҟәатәи абанк "Гарант-банк" ахыбра арҭҟәацга аҵоуп ҳәа адырра ҟаҵан идырым ахаҿы иҟынтәи жьҭаара 13 азы.
"Гарант-банк" ахыбра иакәшеит азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа, АҶА амцарцәаратә машьынеи Ацхыраара ласы амашьынеи уахь инеиит. Иара убасгьы уахь инеиит акинологцәа аха артҟәацга џьаргьы ирымбеит. "Гарант-банк" егьырҭ афилиалқәагьы гәарҭеит артҟәацга аҵоуп ҳәа иҟаҵаз адырра ашьҭахь. Аусбарҭаҿы ирҳәеит аноним иарбан хыброу артҟәацга зҵоу ҳәа иалкааны ишимҳәаз.
Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзуреи Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрреи русзуҩцәа имҩаԥыргаз аоператив-ԥшааратә уснагӡатәқәа ирыбзоураны даакылоуп "Гарант-Банк" артҟәацга аҵоуп ҳәа аҭел иасыз Кәарацхьелиа Бесик Вальтер-иԥа, 1981 шықәса рзы ииз. Идбалоуп аҭел дызласыз. Кәарацхьелиа иҿахәы иҿырхит, убри аан иара иҳәеит ацәгьоура игәы ишҭамыз, ииҭахыз ихатәы интересқәа рзы абанктә усура ашьақәҟьара акәын ҳәа.
Наручники  - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.10.2021
"Гарант-Банк" артҟәацга аҵоуп ҳәа аҭел дасит ҳәа агәаанагара ззыҟоу ауаҩы дынкылоуп
Кәарацхьелиа иганахь ала ашьаус хацыркуп хышықәсанӡа аҭакра азыԥхьагәазҭо Аԥсны Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 201 инақәыршәаны. Кәарацхьелиа Аԥсны ААР иатәу аамҭалатәи абахҭахь днагоуп.

Аҭагылазаашьа шәарҭа

Акоронавирус аҟынтә ауааԥсыра рыхьчаразы Аԥсны Акоординациатә штаб аилатәара мҩаԥысит жьҭаара 15 рзы COVID-19 алаҵәаразы иҟоу аҭагылазаашьа ахцәажәаразы.
Аԥсны иаалырҟьаны акоронавирус аҽарцәгьеит аамҭак аԥхьа иҟаз аҭышәынтәалара ашьҭахь, аҭагылазаашьа агәҭынчымра цәырнагоит. ҳәа иҳәеит аилатәараҿы аԥыза-министр Александр Анқәаб. Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба иазгәеиҭеит бжьаратәла уахыки-ҽнаки COVID-19 зыхьуа рхыԥхьаӡара иазҳауеит ҳәа. Иара иазгәеиҭеит Аҟәа аҿкчымазаратә хәышәтәырҭа астационар ҭәуп ҳәа, иалшо ала аус ауеит арратә госпиталь, Гәдоуҭатәи ацентр аҿы аҭыԥцҵақәа аадыртит ҳәа.
Аепидемҭагылазаашьа – аныҳәақәа раан аҽыхьчара ахьмаҷыз, амассатә уснагӡатәқәа ахьымҩаԥырго, алаҵаҟаҵара ахьышьшьылаҳау ауп изыруадаҩыз ҳәа иҳәеит аминистр.
Ашколқәа рҿтәи ҭагалантәи аԥсшьарамшқәа аҽа мчыбжьык ирыцҵахар ауеит ҳәа иҳәеит жьҭаара 15 азы Акоординациатә штаб аилатәараҿы Аԥсны Аҵареи абызшәатә политикеи рминистр Инал Габлиа.
"Агәабзиарахьчара аминистрра ажәадгала ҟанаҵеит жьҭаара анҵәамҭазтәи ашколхәыҷқәа рыԥсшьарамшқәа мчыбжьык ирыцҵазарц ма уи амчыбжь адистанциахь ииаагарц. Алҵшәақәа ҟалозар ҳәа ҳӷәыӷуеит, аха уи ахәаран иҟам ауаа рацәа злахәу уснагӡатәқәа ҳарҟәамҵыр", - ҳәа иҳәеит Габлиа.
Аилатәараҿы 2021 шықәса аҩнуҵҟа акоронавирус иазку ахарџьқәа 368 миллион мааҭ рыҟны итәеит, ҳәа иҳәеит афинансқәа рминистр Владимир Делба.
Белые таблетки в бутыльке - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.10.2021
Агәабзиарахьчара аминистрра COVID-19 ахәшәтәразы иҭаҵәахыу ахәшәқәа ртәы ирзааҭгылеит
Александр Анқәаб иҟоу аԥкрақәа шыҟац иааныжьтәуп ҳәа иҳәеит.

Амаинингқәа ҟамлароуп

2021 шықәса хәажәкыра 30 рзы Аминистрцәа реилазаара ақәҵара аднакылеит 2022 шықәса хәажәкыра 30 рҟынӡа акриптовалиута арҳаразы амаининг азин ҟаҵамзарц.
Официалла Аԥсныҟа иалагалаз амаининг хархәагақәа 40% атәыла иалыргахьеит ҳәа иҳәеит Аԥсны Аҳазалхратә еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Алиас Лабахәуа Аԥсуа телехәаԥшраҿы имҩаԥысуаз апресс-конференциаҿ.
Иахьа уажәраанӡа ареспубликахь официалла 66 857 ак амаинингхархәагақәа аларгалахьеит, официаллагьы иалыргахьеит 27 124 ак.
Аԥсны Аҳазалхратә еилакы ахантәаҩы Оҭар Хьециа иааигеит арбагақәа сынтәа, хәажәкыра 30 раахыс Ԥсоутәи аҳәаала атәыла ишалыргахьоу 63 ак ахархәагақәа.
Даур Корсая  - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.10.2021
Арадио
Қорсаиа акриптоԥара арҳаразы аԥкрақәа ирызкны: аамҭалатәи аеффект ҟанаҵоит
Иара иазгәеиҭеит ахҭысқәа зегь рганахьала административтә усқәа шхацырку, ахараԥсақәа ахархәара шрыҭоу. Убри аан ашьаус ахацыркра закәанԥҵарала иаарԥшу ахархәагақәа рыхә 250 000 мааҭ еиҳамзар изалшом.

Гагра аҽа рыцҳарак ҟалеит

Гагра ҩыџьа ауаа амшын иагеит жьҭаара 14 аҽны, аԥсыбаҩқәа Гагратәи ахәышәтәырҭа аԥсыкҿаҵарҭахь инаган. Иӡааҟәрылаз Липецк инхоз, 1957 шықәсазы ииз Иури Золотарев, 1953 шықәсазы ииз Галина Стоиакина роуп. Заанаҵтәи адыррақәа рыла, дара амшын аҿы рҽыркәабон амшын аисра быжь-баллк ианыҟаз.

Асахьаҭыхыҩцәа рцәыргақәҵа

Аҟәа ақалақь аҟны еиҭашьақәыргылам Амилаҭтә сахьаҭыхратә галереиа ахыбраҿы раԥхьаӡа акәны имҩаԥысит аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа еиҿыркааз ацәыргақәҵа. 1999-тәи ашықәсқәа раан Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба Аҟәа ақалақь, Пушкин ихьӡ зху амҩаҟны игылаз ахыбрақәа руак Амилаҭтә галереиа иазалихит.
Национальная картинная галерея Республики Абхазия  - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.10.2021
Аԥсны Амилаҭтә сахьаҭыхратә галереиаҿы раԥхьатәи ацәыргақәҵа мҩаԥысит
Ааигәа арадио Sputnik аинтервиу аҭо, уи аҿкааҩцәа Диана Хьынҭәбеи Аԥшьа Ҳагԥҳеи ирҳәахьан ас еиԥш ацәыргақәҵа амҩаԥгара ргәазырԥхаз. Жьҭаара 15 рзы игәыгәҭыжьу ахыбраҿ еизеит асахьаҭыхыҩцәа Баҭал Џьапуа, Руслан Габлиа, Мадина Бигәаа, Ныгәзар Логәуа, Беслан Лашәриа, Сабина Кәарҷелиаԥҳа, Саид Возба уҳәа егьырҭ асахьаҭыхыҩцәагь русумҭақәа ирыхәаԥшырц аҟазара абзиабаҩцәа.
Национальная картинная галерея Республики Абхазия_ФЛ - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.10.2021
"Игәыгәҭажьу" аҟазара: Аԥсны амилаҭтә сахьаҭыхратә галереиа

Аԥараҿырп "араӡны" ианаԥсахо

Аԥсны Абанк агәаларшәагатә ԥсар "Аиааира 75 шықәса" аҩбатәи аҭыԥ аннакылеит XV Жәларбжьаратәи аицлабра "Аԥараҿырпқәа реҵәаџьаа" аҿы.
Аԥсарқәа равтор – аԥсуа сахьаҭыхыҩ Баҭал Џьапуа. Аԥсар дануп еицырдыруа арратә фоторепортер Симон Коротков ифотосахьа "Игәырҩо ан". Акадыр аҿы Марушьа Ԥачлиаԥҳа, лнапаҿы иҭахаз лыҷкәын ифотосахьа лкуп.
Нацбанк  - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.10.2021
Аԥсуа ԥараҿарпы анумизматикатә еицлабраҿы аҩбатәи аҭыԥ аннакылеит
"Аԥараҿырԥқәа реҵәаџьаа" Урыстәыла аҵакыраҿы еицырдыруа жәларбжьаратәи еицлаброуп. Ззанааҭ ҩаӡара ҳараку ажьиури иалахәуп амузеиқәа, аукционтә ҩынқәа, анумизматикатә еилазаарақәа, акоммерциатә банкқәа рҟазауаа.
Ажәабжьқәа зегьы
0