https://sputnik-abkhazia.info/20220627/sputnik-amchybzh-abylty-abaraa-aturisttsa-raara-alara-1039837332.html
Sputnik амчыбжь: абылтәы, аӡбарҭақәа, атуристцәа раара алаҟәра
Sputnik амчыбжь: абылтәы, аӡбарҭақәа, атуристцәа раара алаҟәра
Sputnik Аҧсны
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны иазнархиеит рашәара 20-26 рзы Аԥсны аҭыԥ змаз ахҭысқәа реизак. 27.06.2022, Sputnik Аҧсны
2022-06-27T09:43+0300
2022-06-27T09:43+0300
2022-06-27T09:43+0300
ажәабжьқәа
ауаажәларра
аполитика
аекономика
аспорт
аԥсны
акультура
аԥсшьара
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/09/06/1033159824_0:160:3073:1888_1920x0_80_0_0_bf4fabc227c8483225dd4b1b9eca88be.jpg
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа дызҭааз аобиектқәа, Белоруссиа ахаҭарнак ҷыда иԥылара, Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара анефҭаалыҵқәа рызҵаара алацәажәара, ииасыз амчыбжь азы аӡбарҭақәа рыӡбамҭақәа, амҩатә машәырқәа уҳәа ртәы Sputnik аматериал аҿы.Агәаҭарақәа, аиԥыларақәа, адныҳәаларақәаРашәара 20 рзы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны мрагыларатәи ахәҭаҿы иҟоу арратә обиектқәа ргәаҭараз дырҭааит. Адҵаҟаҵаҩ хада азхьаԥшра ҷыда аиҭеит аинфраструктуратә обиектқәа ршәарҭадара аиҿкаара, ртехникатә еиқәыршәара, иҟаиҵеит анапынҵақәа.Аслан Бжьаниа атәыла мрагыларатәи ахәҭахьы иусуратә гәаҭарақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны даҭааит Очамчыра амшын баӷәаза. Бжьаниа игәеиҭеит абаӷәаза аидарақәҵарҭа терминал, иара убас акамшьиа аус аиҭаусадулареи иҩоу аргыларатә еилаԥсақәа рҭыжьреи ирызку азауадқәа.Уаанӡа, лаҵарамзазы Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб Очамчыратәи амшын баӷәаза аушьҭралшареи уи аграждантә статус аҟынтәи ҩ-хырхарҭак змоу астатус аҭара алыршареи ирызкыз аилацәажәара мҩаԥигеит. Уи аихшьалақәа атәыла ахада идыргалар акәын.Рашәара 24 рзы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аҟәа диԥылеит Белоруссиа ахада Ихаҭарнак ҷыда Виктор Шеиман. Аганқәа рылацәажәеит евразиатәи аинтеграциа аспектқәеи аҩҳәынҭқаррак аинвестициа-економикатә усхк аҿы русеицура алшарақәеи.Дара рыҩџьагьы агәаларшәагатә ҳамҭақәа еимырдеит. Ҷыдала, Виктор Шеиман Белоруссиа ахада Александр Лукашенко иҟынтәи аҳамҭа ииҭеит.Рашәара 26 рзы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа "Абаза-ТВ" аколлективи уи анапхгаҩы Руслан Ҳашыги ателеканал 15 шықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит."Руслан Мкан-иԥа, актәи ихьыԥшым аԥсуа телеканал "Абаза-ТВ" ауаа иахьеицырдыруа, иахьазҿлымҳау, иахьырҭаху зыбзоуроу Шәара ижәбо аџьабааи активла иаашәырԥшуа шәгәаанагареи , иара убас шәнапаҵаҟа аус зуа ауаа рзанааҭ азҟазареи роуп изыбзоуроу", - иҳәеит ахада инашьҭымҭаҿы.Бжьаниа иазгәеиҭеит "Абаза-ТВ" Аԥсны АИХқәа рыбжьара аҭыԥ ду шааннакыло, ахатәы ҟазшьа шамоу, аудиториа ду шазҿлымҳау.Абылтәы акризисАҵыхәтәантәи ашықәс азы Аԥсны изныкымкәа абылтәы ахә халахьеит: 2021 шықәса ԥхынгәымзазы абензин АИ-92 41 мааҭ иаԥсазҭгьы, уажәы 57 мааҭ иаԥсоуп. Ари ауааԥсыра акыр ирықәыӷәӷәоит.Абри иадҳәалоуп Аҟәа ауаҩԥсы Џьансыхә Адлеиба амлашьра иалагарагьы.Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озганԥҳа рашәара 20 рзы Атранспорти, Аекономикатә ҿиареи, Урыстәыла афымцамчхареи рминистррақәа рыҟны аиԥыларақәа мҩаԥылгеит.Урыстәыла афымцамч аминистр Евгени Грабчаки Озганԥҳаи реиԥылараан иалацәажәеит афымцамчгәаҭаратә хархәагақәа рықәыргылара, абылтәы ахәԥса ашьақәыргылара, афымцалашаратә инфраструктура арҿыцра уҳәа ауснагӡақәа рышьақәыргыларазы.Анефҭаалыҵқәа рыхәԥса аларҟәра атәы иалацәажәан Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистрраҟны. Иазгәаҭоуп абри азы Аԥсны аиҳабыра азҵаара шықәнаргылаз.Рашәара 21 рзы Апарламент аҿы имҩаԥысит аекономикатә политикеи, аиҭакрақәеи, аинформациатә технологиақәеи рзы Аилак инарҭбаау аилатәара, абылтәы ахәԥсақәа рҭышәныртәалара иазкны.Аилатәарахь инаԥхьаз "Аԥсныбылтәы" адиректор хада Рамаз Џьопуеи уи ихаҭыԥуаҩ Витали Корсантиеи адепутатцәа рызҵаарақәа рҭак ҟарҵеит. Ирҳәеит ахәқәа рышьҭыҵра зыхҟьо, ахәԥса шеиҿкаау, аҭагылазаашьа аиӷьтәразы ргәы иаанаго.Хазы иазааҭгылан ахәԥсеиҿкаара ахылаԥшра аҭареи азакәанԥҵара аиҭакрақәа ралагалареи.Адепутатцәа аамҭа мгакәа ари азҵаара аҭышәныртәалараз, аекономика аминистр Кристина Озган лԥылара шаҭаху атәы рҳәеит.Рашәара 23 рзы аԥыза министр ихаҭыԥуаҩи адепутатцәеи аиԥылара рыман Апарламент аҿы. Аиԥылара далахәын Аекономика аминистр лхаҭыԥуаҩ Ҭеимураз Амқәаб.Апарламенттә ӡбарақәаАԥсны Апарламент адепутатцәа актәи аԥхьарала "Аенергетиказ" азакәан аԥсахрақәа аларгалеит.Апроект иазԥхьагәанаҭоит аихшаратәи анашьҭратәи ҳақәа Иаку раоператори ("Амшынеиқәафымцамч".) егьырҭ аенергетика аусхк анхамҩатә субиектқәеи рзинеизыҟазаашьақәа шьақәзыргыло аиқәшаҳаҭрақәа хымԥада Апарламент аҿы рылацәажәареи рышьақәырӷәӷәареи.Ариашарақәа инарықәыршәаны Апарламент алшара аиуеит "Амшынеиқәафымцамчи" егьырҭ аенергетикатә усхк асубиектқәеи рыбжьара аиқәшаҳаҭрақәа рылацәажәареи рышьақәырӷәӷәареи рзы.Иара убасгьы Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа актәи аԥхьарала Аконституциатә закәан "Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа ралхраз" аԥсахрақәа рыдыркылеит.Аԥсахрақәа инарықәыршәаны ддепутатхар илшоит иреиҳау аҵара змоу, хәышықәса инаркны аусутә џьашықәс змоу.Арҭ ариашарақәа уаанӡатәи ааԥхьара адепутатцәагьы алацәажәахьан. Усҟан адгылара азҭаз адепутатрахь акандидат иқәреи, иҵареи, адепутатцәа ателехәаԥшреи арадиои рҟны еиҟароу аамҭа рыҭареи ракәын.Ариашарақәа рылацәажәараан дара рыдкыларазы иазхоз абжьы ҟамлеит.Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа ахԥатәи, аҵыхәтәантәи аԥхьарала ирыдыркылеит Аԥсни Урыстәылеи реиҳабыра рыбжьара ареспублика аҳәынҭқарратә аекспорттә кредит аҭаразы аиқәшаҳаҭра аԥсахрақәа рыпроект.Апарламент аилатәараҿы ажәадгала ҟаҵан ауал ашәара аамҭа 2034 шықәсанӡа инахазарц. Иара апроцентқәа мԥхьаӡакәа 1,2 миллиард мааҭ артәоит.Апарламент аҿы атәыла ахада ихаҭарнак Наҭелла Ломиаԥҳа лажәақәа рыла, 2017 шықәсазгьы ауал ашәара аҿҳәара инахахьан 2029 шықәсанӡа.Аԥсны Жәлар Реизара актәи аԥхьарала азакәан "Акурорттә еизгараз" амчра ыӡит ҳәа азханаҵеит. Азакәан актәи аԥхьарала ирыдкылан. Аҵыхәтәантәи аԥхьарала ирыдкылахар, амчра аиуеит 2023 шықәса ажьырныҳәа 1 инаркны.Апарламент аҿы атәыла ахада ихаҭарнак Наҭелла Ломиаԥҳа лажәақәа рыла, акурорттә еизга анапхгареи ашәахтә усбарҭақәа русура аганахь алеи ауадаҩрақәа ацуп, иаҭахуп аматериалтәи ауаҩытәыҩсатәи алшарақәа. Урҭ аизга иаҿурԥшуазар феидара амам.Хымш инареиҳаны Аԥсныҟа иҭало аҳәаанырцәуаа акурорттә еизга ҳәа 30 мааҭ ршәалароуп. Арҭ аԥарақәа аҭыԥантәи абиуџьет ахашәалахьы инеиуеит.Мшаԥымзазы Аԥсны аиҳабыра Риҵеи Афонҿыцтәи аҳаԥи рҭааразы аекскурсиатә билеҭқәа рыхә шьҭырхит.Аԥсны Апарламент аҟны Риҵеи Афонҿыцтәи аҳаԥи рҭааразы абилеҭқәа рыхә ашьҭыхра зыхҟьаз ҭызҵаауа акомиссиа ҷыда аԥҵоуп. Аусутә гәыԥ иалоуп Жәлар Реизара адепутатцәа Асҭамыр Гьерхьелиа, Бадрик Ԥлиа, Баҭал Џьопуа, Алмас Акаба.Атуристцәа рхыԥхьаӡара алаҟәраСынтәа атуристцәа хыԥхьаӡара рацәала ишырзыԥшызгьы, ареспубликаҿ урҭ макьаназ акыр ирацәам.Сынтәа Риҵатәи апарк иаҭаахьеит 140 нызқьҩык, ииасыз ашықәс аасҭа ари арбага 46 нызқьҩык рыла еиҵоуп ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Атуризм аминистрра аинформациатә усбарҭа аиҳабы Саид Аршба.Афонҿыцтәи аҳаԥы сынтәа иаҭаахьеит 76 нызқьҩык, ҵыԥх - 130 нызқьҩык.Аиҩызареи аицхыраареиАҟәеи Краснодари ақалақьқәа аиашьаратә еизыҟазаашьақәа рыбжьарҵеит 2021 шықәсазы, аха адунеи аҿы ишыҟалало еиԥш, аамҭақәак рышьҭахь ақалақьқәа ҩаԥхьа аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵоит реиҩызареи русеицуратә еизыҟазаашьақәеи рышьақәырӷәӷәаразы.Убас, рашәара 24 озы Аҟәеи Краснодари ақалақьқәа рхадацәа рнапы аҵарҩит "Аиашьаратә еимадарақәа рышьақәырӷәӷәаразы агәырӷьаратә Еиқәшаҳаҭреи" "Атуризми егьырҭ еиуеиԥшым аусхкқәеи рҟны аиҩызаратә еимадарақәа наҟ-наҟ рырҿиаразы Аиқәшаҳаҭреи".Ииасыз амчыбжь азы АҶА аусзуҩцәа ақалақьқәа Стаханови Рубежноеи русура мҩаԥыргон, уажәы аиланхарҭа Красныи Луч ахь ииасит. Аԥснытәии лугансктәии аиқәырхаҩцәа украинатәи ар еиладырбгаз аобиектқәа реиҭашьақәыргылара мҩаԥыргоит, аҵакырақәа аминақәа рҟынтәи идрыцқьоит.Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистр Лев Кәыҵниа зхадараҿы дыҟоу АҶА аусзуҩцәа ЛЖәР ахь инеит рашәара 13 рзы агуманитартә миссиа анагӡаразы.Аԥснынтәи Луганскҟа инагоу жәа-тоннак агуманитартә цхыраара ареспублика ауааԥсыреи асоциалтә обиектқәеи ирзеихыршоит. Ара еиҳаракгьы иҟоу зыда ԥсыхәа ыҟам - азараҟьахәша, аӡыржәтә, арыцлых, атушонка роуп.Кәыдрытәи аиҩхааҿы аҳәамарызаАфрикатәи аҳәамырза Кәыдрытәи аиҩхааҿы иазгәаҭоуп.Аԥсны аветеринартә маҵзура аиҳабы Роман Џьопуа ишиҳәо ала, иахьазы шә-хык инарзынаԥшуа ачымазара рымоуп, Очамчыра араион аҟынгьы иазгәаҭоуп акы-ҩба хҭыс. Џьопуа иҳәеит Аԥсны аҳәамырза уаанӡагьы ишыҟалахьаз.Аҭагылазаашьа аҭҵааразы Кәыдрытәи аиҩхаахь инеит аветеренартә маҵзура аҟазауаа. Иҟоу ауадаҩраз адырра рыҭоуп Аԥсны АШәМ аусзуҩцәа.Аӡбарҭақәеи арбаандаҩрақәеиԤхынгәы 23 рзы Гагратәи араионтә ӡбарҭа Ҟәланырхәа ақыҭа анхаҩы Баҭал Ақаҩба анаркотикқәа иҭиуан ҳәа шьақәнарӷәӷәеит. Ахьчаратә ган аҳәара ҟарҵеит Баҭал Ақаҩба ддыриашарц, ахарадҵаратә ган аҳәара ҟарҵеит иԥсы ахьынӡаҭоу ҭакрала ихгареи имазара имхреи азы аӡбара рыдыркыларц.Атәылауаҩ Ақаҩба хыԥхьаӡара рацәала (1,4 грамм) анаркотикқәа иҭиуан ҳәа ахара идҵаны дырбаандаҩын, иара жә-шықәса зрежим ӷәӷәоу аколониаҿ ихигарци 400 нызқьмааҭ ахараԥса ишәарци аӡбара рыдыркылеит.Аҟәа ақалақь ахадара Аҵара аусбарҭа аҳасабеилыргаҩ хада Џьалита Ҷаниаԥҳа аҳәынҭқарратә ԥара лытәтәразы ахара лхараҵоуп. Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа 6,5 шықәса ҭакрала илхылгарци лмазара лымхызарци аӡбарҭа аднакылеит.Ҷаниаԥҳа лшьауӷа лхылгалоит азеиԥш режим иаҵанакуа ариашаратә колониаҿы. Лара лҿы лықәшаҳаҭхеит, иҟалҵаз аԥхасҭаҟынтә 1,5 миллион мааҭ лырхынҳәит.Рашәара 24 рзы Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Ахашшааратә коллегиа Аԥсны уаанӡатәи акультура аминистр Гәдиса Агрба идукат аҩнытә баандаҩрахь диагазарц изыҳәа иақәшаҳаҭымхакәа дшыбаандаҩу дааннажьит. Аԥсны уаанӡатәи акультура аминистр Гәдиса Агрба харас идырҵоит аҳәынҭқарратә мазара аӷьычреи аимҵәареи. Иара даанкылан мшаԥы 26 рзы.Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа азыӡба рыдыркылеит Урыстәыла атәылауаа Вадим Ботиеви Елена Синельниковеи рганахьала. Дара хыԥхьаӡара рацәала анаркотикқәа рыҭира рнапы алакын.Вадим Ботиев 15 шықәса зрежим ӷәӷәоу аколониаҿ ихигароуп, 800 000 мааҭ ахараԥса ишәароуп, Елена Синельникова 15 шықәса азеиԥш режим аколониаҿ илхыгароуп, 800 000 мааҭ ахараԥса лшәароуп.Аԥсны ААР адыррақәа рыла, Узбекистан ауаԥсыра Мухриддин Назарови Фаррух Аскарови анаркотик "метадон" - 2,5 грамм Афон ҿыц иаархәеит WhatsApp ала иара ахьышьҭаз аҭыԥ азы адырра анырзынарышьҭ ашьҭахь, абас адырра ҟаиҵеит "Ҭемыр" захьӡу идырым ахаҿы.Анаркотикқәа аиҭаҭиразы Гәылрыԥшь араион Баӷмаран ақыҭахь инаргеит. Анаҩс, Афон ҿыц ахатәы хархәаразы аҽа 11 грамм метадон аахәаны еихыршеит.Аскароваи Назарови анааныркыла ирыдбалан 5,8 грамм; 6 граммк анаркотикқәа.Аҭагылазаашьа ҷыдақәаИиасыз амчыбжь азы ареспублика иахьаҵанакуа арыцҳарақәагьы аҭыԥ рыман.Гагра дӡааҟәрылеит 40 шықәса зхыҵуаз уфатәи атурист Максим Беркли.Амашәыр ҟалеит ахәаша, рашәара 24 рзы. Зықәрақәа маҷыз хҩык ауааԥсыра амшын аҟны рҽыркәабон, ӡӷабк амшын даго даналага, Беркли лыцхыраара иҽазишәеит, аха иаргьы аӡааҟәрылара далагеит.Ари гәазҭаз аҟәара иқәтәаз рызегь рыцхраара иалагеит. Аӡӷаб деиқәдырхеит, ахаҵа амшын дагеит.Рашәара 22-23 руха илеиз ақәаршыҩ иахҟьаны аӡы ахатәыҩнқәа ирыҵалеит Очамчыра.АҶА аҷаԥшьаҩ иахь раԥхьатәи адырра ҟаҵан асааҭ 1:04 азы. Ауаа ацхыраара иаҳәон аҩны аӡы адәылгаразы.Очамчыра, АЕО ишаанӡа аусурақәа мҩаԥыргон. Ацхыраара рыҭан 20 ҩны руааԥсыра.Адәыӷбақәа ҩба еиҿасит Афон ҿыц иахьаҵанакуаз аԥшьаша, рашәара 23 рзы. Афон ҿыц аихамҩахәҭаҿы иҟаз авариа ахҟьаԥҟьақәа аԥырхуп ҳәа иҳәеит "Аԥсны аихамҩа" адиректор хада ицхырааҩ Октаи Хазириши.Аԥсныеихамҩа аусзуҩцәа хҩык ааха роуит. Урҭ амедицинатә цхыраара рыҭан. Рыԥсҭазаара ашәарҭара иҭагылаӡам.Авариа иахҟьаны адәыӷба Аҟәа - Санкт-Петербург аныҟәара аамҭа еиԥҟьеит.Аспорти акультуреиАкциа "Агәалашәара ацәашьы" мҩаԥысит аҩаша рашәара 21 рзы Аҟәа Идырым асолдаҭ ибаҟа аҿаԥхьа Алахьеиқәреи агәалашәареи амш аламҭалазы.Аусмҩаԥгатә еиҿыркааит Аҟәа иҟоу Аурыс Ҩны, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәарҭа, Аҟәа ақалақь ахадара, Владислав Арӡынба ихьӡ зху Ахьӡ-аԥша аҳәынҭқарратә музеи.Урыстәылатәи ателеканал НТВ аҿы раԥхьаӡа акәны иддырбеит аконцентрациатә лагерқәа рҿы иҭакыз Аԥсны иалҵыз ауааԥсыра ирызку адокументалтә фильм "Поиск".Афильм арежиссиор Дмитри Статеинов еиҭеиҳәеит "Поиск" егьырҭ урыстәылатәи ахәаԥшырҭақәа рҿы иддырбар шалшо.Афильм "Поиск" ҭыхуп Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан анемеццәа рнапаҿы иҭахаз Аԥсни ИАР атәылақәеи ртәылауаа ргәалашәара аиқәырхареи хабарда ибжьаӡыз рзы аинформациа аԥшаареи ирызку апроект "Ахьӡ архынҳәра" аҳәаақәа ирҭагӡаны.Рашәара 24 рзы 1979-1989 шықәсазтәи Афгантәи аибашьра иазку афотоцәыргақәҵа аатит Аҟәатәи амшын аԥшаҳәаҿы, Идырым асолдаҭ ибаҟа аҿаԥхьа. Ацәыргақәҵахь инагоуп 60 фотосахьа – аибашьра ахаҿра аарԥшразы ҷыдала иазыҟаҵаны афотосахьақәа ҭыхын Ҟрым ԥшьышықәса раԥхьа.Афотоцәыргақәҵа "Афгантәи аибашьра, 1979-1989 шш." еиҿыркааит Аԥсны аспорт азы Аҳәынҭеилакы, Афганисҭан аветеранцәа Аԥснытәи реидгыла, Афганисҭан аветеранцәа Урыстәылатәи реидгыла аҿар рыҟәша "Наследие".Урыстәыла ахьӡала иқәгыло аԥснытәи аспортсмен Харитон Агрба аиааира игеит Узбекситанынтәи абоксиор Бобо-Усмон Батуров иҟны "Аинтерконтиненталтә храҿа" асуперфинал аан амҽыша рашәара 26 рзы Москва.Агрба даиааит аӡбаҩцәа ԥшь-раундк рылҵшәақәа ианеихыршьала ашьҭахь. Уажәшьҭа ԥшьынтәуп иара "Аинтерконтиненталтә храҿа" аҿы даиааиуеижьҭеи.Аԥсуа аԥқьаҭасыҩ қәыԥш Нестор Цужба Александр Островски иакадемиеи иареи аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит. Нестор дахысит аԥышәаратә гәаҭара, "Avant Garde" апрограмма дастудентхеит. Нестор иаб Давид Цужба иажәақәа рыла, Академиа аанахәара ус имариаӡам. Сынтәа ари апрограмма иаанахәаз хәҩы заҵәык роуп.Ахра Бебиа иҽыҩ "Генерал Первый" ахԥатәи аҭыԥ ааннакылеит Ростовтәи аҽырҩырҭаҿ 1200 метра иҩуаз хышықәсеи инеиҳани зхыҵуаз аҽыҩқәа рыбжьара.Асабша рашәара 25 рзы, Краснодартәи аҽырҩырҭаҿ имҩаԥысит афбатәи аҽырыҩра амш "Большой приз для кобыл (Оаks)" ("Аҽанқәа рзы аԥхьахә ду"). Аԥснытәи аҽааӡаҩцәа рыҽқәа уа аԥхьахә ҭыԥқәа ааныркылеит.1200 метра иҩуаз ашьацқьа злоу англыз ҽыҩжәлақәа иреиуоу ҩышықәса зхыҵуа рыбжьара аҩбатәи аҭыԥ аннакылеит Асҭамыр Сангәлиа иҽыҩ "Мисс Шелби".Даур Агәхаа иҽыҩ "Абхазиан Сонг" 2000 метра аҟны ашьацқьа злоу англыз ҽыҩжәлақәа иреиуоу хышықәса зхыҵуа рыбжьара ахԥатәи аҭыԥ иаԥсахеит.
https://sputnik-abkhazia.info/20220620/bzhania-ochamchyrati-amshyn-baaza-aususha-geieit-1039709605.html
https://sputnik-abkhazia.info/20220624/aslan-bzhania-belorussia-akhada-ikhaarnak-diyleit-1039803744.html
https://sputnik-abkhazia.info/20220626/aslan-bzhania-abaza-tv-akollektiv-15-shysa-akhyra-rydinyaleit-1039820736.html
https://sputnik-abkhazia.info/20220621/ozgan-moskva-ailatsazharaa-maylgeit-aiarei-abylty-akhsa-alarrei-ryzaaraa-rzy-1039712139.html
https://sputnik-abkhazia.info/20220622/adeputattsei-asnybylty-akhaarnaktsei-abylty-akheikaara-ialatsazheit-1039737360.html
https://sputnik-abkhazia.info/20220622/asny-aparlament-adeputattsa-aenergetikaz-azakan-asakhraa-alargaleit-1039750730.html
https://sputnik-abkhazia.info/20220622/asny-zhlar-reizarakh-adeputattsa-ralkhrazy-azakan-asakhraa-alagaloup-1039741077.html
https://sputnik-abkhazia.info/20220622/zhlar-reizara-aeksportt-kredit-ashara-aara-iatsnaeit-1039739655.html
https://sputnik-abkhazia.info/20220622/asny-aparlament-akti-akharala-azakan-akurortt-eizgaraz-amchra-yit-a-azkhanaeit-1039738817.html
https://sputnik-abkhazia.info/20220622/asny-aparlament-amigratsiat-khsaalagaa-ralagalara-aara-inakheit-1039753270.html
https://sputnik-abkhazia.info/20220625/aei-krasnodari-aalaa-rybzhara-aiasharat-eishaara-rybzhareit-1039805378.html
https://sputnik-abkhazia.info/20220620/asny-aa-lzhr-ay-agumanitart-missia-akhati-amchybzh-khyrkshoup-1039705826.html
https://sputnik-abkhazia.info/20220622/afrikati-aamyrza-kydryti-aikhaay-iazgaoup-1039734673.html
https://sputnik-abkhazia.info/20220623/anarkotika-ziuaz-ius-rybeit-gagra-1039762772.html
https://sputnik-abkhazia.info/20220620/aa-aala-akhadara-uaanati-auszu-65-shysa-aakra-lyyreit-1039701804.html
https://sputnik-abkhazia.info/20220624/akhashshaarat-kollegia-asny-uaanati-akultura-aministr-dshybaandau-daannazhit-1039788496.html
https://sputnik-abkhazia.info/20220624/ya-urystylaa-anarkotika-ryirazy-asny-rus-bany-iarkit-1039789839.html
https://sputnik-abkhazia.info/20220625/ufanti-asshay-gagra-amshyn-dageit-1039807824.html
https://sputnik-abkhazia.info/20220623/ochamchyra-ileiz-aarshy-iakhany-akhatyna-ay-ryaleit-1039782171.html
https://sputnik-abkhazia.info/20210627/Asny-aikhama-shayrgyloup-adybaa-rnyara-khatsyrkup-1032711864.html
https://sputnik-abkhazia.info/20220621/aktsia-agalashara-atsashy-maysit-ayntylat-eibashra-du-analagaz-amsh-alamalazy-1039734297.html
https://sputnik-abkhazia.info/20220623/akontslagera-iraz-asny-atylauaa-iryzku-afilm-ntv-ay-iddyrbeit-1039783833.html
https://sputnik-abkhazia.info/20220624/afganti-aibashra-iazku-afototsyrgaa-aatit-aa-amshyn-ashaay-1039801074.html
https://sputnik-abkhazia.info/20220626/aboksior-khariton-agrba-daiaait-ainterkontinentalt-khraa-afinal-ay-1039819398.html
https://sputnik-abkhazia.info/20220625/nestor-tsuzhba-urystylati-aaasrat-akademiei-iarei-aishaara-rybzhareit-1039809618.html
https://sputnik-abkhazia.info/20220626/asnyti-aya-krasnodar-akhakh-ya-aanyrkyleit-1039814493.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/09/06/1033159824_170:0:2901:2048_1920x0_80_0_0_6ed337a137caeadbabc492dd3e7e31de.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, ауаажәларра, аполитика, аекономика, аспорт, акультура, аԥсшьара
ажәабжьқәа, ауаажәларра, аполитика, аекономика, аспорт, акультура, аԥсшьара
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа дызҭааз аобиектқәа, Белоруссиа ахаҭарнак ҷыда иԥылара, Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара анефҭаалыҵқәа рызҵаара алацәажәара, ииасыз амчыбжь азы аӡбарҭақәа рыӡбамҭақәа, амҩатә машәырқәа уҳәа ртәы Sputnik аматериал аҿы.
Агәаҭарақәа, аиԥыларақәа, адныҳәаларақәа
Рашәара 20 рзы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны мрагыларатәи ахәҭаҿы иҟоу
арратә обиектқәа ргәаҭараз дырҭааит. Адҵаҟаҵаҩ хада азхьаԥшра ҷыда аиҭеит аинфраструктуратә обиектқәа ршәарҭадара аиҿкаара, ртехникатә еиқәыршәара, иҟаиҵеит анапынҵақәа.
Аслан Бжьаниа атәыла мрагыларатәи ахәҭахьы иусуратә гәаҭарақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны даҭааит Очамчыра амшын баӷәаза. Бжьаниа игәеиҭеит абаӷәаза аидарақәҵарҭа терминал, иара убас акамшьиа аус аиҭаусадулареи иҩоу аргыларатә еилаԥсақәа рҭыжьреи ирызку азауадқәа.
Уаанӡа, лаҵарамзазы Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб Очамчыратәи амшын баӷәаза аушьҭралшареи уи аграждантә статус аҟынтәи ҩ-хырхарҭак змоу астатус аҭара алыршареи ирызкыз аилацәажәара мҩаԥигеит. Уи аихшьалақәа атәыла ахада идыргалар акәын.
Рашәара 24 рзы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аҟәа диԥылеит Белоруссиа ахада Ихаҭарнак ҷыда Виктор Шеиман. Аганқәа рылацәажәеит евразиатәи аинтеграциа аспектқәеи аҩҳәынҭқаррак аинвестициа-економикатә усхк аҿы русеицура алшарақәеи.
Дара рыҩџьагьы агәаларшәагатә ҳамҭақәа еимырдеит. Ҷыдала, Виктор Шеиман Белоруссиа ахада Александр Лукашенко иҟынтәи аҳамҭа ииҭеит.
Рашәара 26 рзы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа "Абаза-ТВ" аколлективи уи анапхгаҩы Руслан Ҳашыги ателеканал 15 шықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит.
"Руслан Мкан-иԥа, актәи ихьыԥшым аԥсуа телеканал "Абаза-ТВ" ауаа иахьеицырдыруа, иахьазҿлымҳау, иахьырҭаху зыбзоуроу Шәара ижәбо аџьабааи активла иаашәырԥшуа шәгәаанагареи , иара убас шәнапаҵаҟа аус зуа ауаа рзанааҭ азҟазареи роуп изыбзоуроу", - иҳәеит ахада инашьҭымҭаҿы.
Бжьаниа иазгәеиҭеит "Абаза-ТВ" Аԥсны АИХқәа рыбжьара аҭыԥ ду шааннакыло, ахатәы ҟазшьа шамоу, аудиториа ду шазҿлымҳау.
Аҵыхәтәантәи ашықәс азы Аԥсны изныкымкәа абылтәы ахә халахьеит: 2021 шықәса ԥхынгәымзазы абензин АИ-92 41 мааҭ иаԥсазҭгьы, уажәы 57 мааҭ иаԥсоуп. Ари ауааԥсыра акыр ирықәыӷәӷәоит.
Абри иадҳәалоуп Аҟәа ауаҩԥсы Џьансыхә Адлеиба амлашьра иалагарагьы.
Аԥшьаша, Ахақәиҭра ашҭаҿы 13 мшы имлашьуа Адлеиба иахь днеиит аԥыза-министр Александр Анқәаб. Аиԥылара ҩ-сааҭк инарзынаԥшуа ицон аха иаку акахьы изкылымсит. Аԥыза-министр акциа аамҭала иаанкылазарц иҟаиҵаз аҳәара активист мап ацәикит.
Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озганԥҳа рашәара 20 рзы Атранспорти, Аекономикатә ҿиареи, Урыстәыла афымцамчхареи рминистррақәа рыҟны аиԥыларақәа мҩаԥылгеит.
Урыстәыла афымцамч аминистр Евгени Грабчаки Озганԥҳаи реиԥылараан иалацәажәеит афымцамчгәаҭаратә хархәагақәа рықәыргылара, абылтәы ахәԥса ашьақәыргылара, афымцалашаратә инфраструктура арҿыцра уҳәа ауснагӡақәа рышьақәыргыларазы.
Анефҭаалыҵқәа рыхәԥса аларҟәра атәы иалацәажәан Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистрраҟны. Иазгәаҭоуп абри азы Аԥсны аиҳабыра азҵаара шықәнаргылаз.
Рашәара 21 рзы Апарламент аҿы имҩаԥысит аекономикатә политикеи, аиҭакрақәеи, аинформациатә технологиақәеи рзы Аилак инарҭбаау аилатәара, абылтәы ахәԥсақәа рҭышәныртәалара иазкны.
Аилатәарахь инаԥхьаз "Аԥсныбылтәы" адиректор хада Рамаз Џьопуеи уи ихаҭыԥуаҩ Витали Корсантиеи адепутатцәа рызҵаарақәа рҭак ҟарҵеит. Ирҳәеит ахәқәа рышьҭыҵра зыхҟьо, ахәԥса шеиҿкаау, аҭагылазаашьа аиӷьтәразы ргәы иаанаго.
Хазы иазааҭгылан ахәԥсеиҿкаара ахылаԥшра аҭареи азакәанԥҵара аиҭакрақәа ралагалареи.
Адепутатцәа аамҭа мгакәа ари азҵаара аҭышәныртәалараз, аекономика аминистр Кристина Озган лԥылара шаҭаху атәы рҳәеит.
Рашәара 23 рзы аԥыза министр ихаҭыԥуаҩи адепутатцәеи аиԥылара рыман Апарламент аҿы. Аиԥылара далахәын Аекономика аминистр лхаҭыԥуаҩ Ҭеимураз Амқәаб.
Аԥсны Апарламент адепутатцәа актәи аԥхьарала "Аенергетиказ" азакәан аԥсахрақәа аларгалеит.
Апроект иазԥхьагәанаҭоит аихшаратәи анашьҭратәи ҳақәа Иаку раоператори ("Амшынеиқәафымцамч".) егьырҭ аенергетика аусхк анхамҩатә субиектқәеи рзинеизыҟазаашьақәа шьақәзыргыло аиқәшаҳаҭрақәа хымԥада Апарламент аҿы рылацәажәареи рышьақәырӷәӷәареи.
Ариашарақәа инарықәыршәаны Апарламент алшара аиуеит "Амшынеиқәафымцамчи" егьырҭ аенергетикатә усхк асубиектқәеи рыбжьара аиқәшаҳаҭрақәа рылацәажәареи рышьақәырӷәӷәареи рзы.
Иара убасгьы Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа актәи аԥхьарала Аконституциатә закәан "Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа ралхраз" аԥсахрақәа рыдыркылеит.
Аԥсахрақәа инарықәыршәаны ддепутатхар илшоит иреиҳау аҵара змоу, хәышықәса инаркны аусутә џьашықәс змоу.
Арҭ ариашарақәа уаанӡатәи ааԥхьара адепутатцәагьы алацәажәахьан. Усҟан адгылара азҭаз адепутатрахь акандидат иқәреи, иҵареи, адепутатцәа ателехәаԥшреи арадиои рҟны еиҟароу аамҭа рыҭареи ракәын.
Ариашарақәа рылацәажәараан дара рыдкыларазы иазхоз абжьы ҟамлеит.
Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа ахԥатәи, аҵыхәтәантәи аԥхьарала ирыдыркылеит Аԥсни Урыстәылеи реиҳабыра рыбжьара ареспублика аҳәынҭқарратә аекспорттә кредит аҭаразы аиқәшаҳаҭра аԥсахрақәа рыпроект.
Апарламент аилатәараҿы ажәадгала ҟаҵан ауал ашәара аамҭа 2034 шықәсанӡа инахазарц. Иара апроцентқәа мԥхьаӡакәа 1,2 миллиард мааҭ артәоит.
Апарламент аҿы атәыла ахада ихаҭарнак Наҭелла Ломиаԥҳа лажәақәа рыла, 2017 шықәсазгьы ауал ашәара аҿҳәара инахахьан 2029 шықәсанӡа.
Аԥсны Жәлар Реизара актәи аԥхьарала азакәан "Акурорттә еизгараз" амчра ыӡит ҳәа азханаҵеит. Азакәан актәи аԥхьарала ирыдкылан. Аҵыхәтәантәи аԥхьарала ирыдкылахар, амчра аиуеит 2023 шықәса ажьырныҳәа 1 инаркны.
Апарламент аҿы атәыла ахада ихаҭарнак Наҭелла Ломиаԥҳа лажәақәа рыла, акурорттә еизга анапхгареи ашәахтә усбарҭақәа русура аганахь алеи ауадаҩрақәа ацуп, иаҭахуп аматериалтәи ауаҩытәыҩсатәи алшарақәа. Урҭ аизга иаҿурԥшуазар феидара амам.
Хымш инареиҳаны Аԥсныҟа иҭало аҳәаанырцәуаа акурорттә еизга ҳәа 30 мааҭ ршәалароуп. Арҭ аԥарақәа аҭыԥантәи абиуџьет ахашәалахьы инеиуеит.
Мшаԥымзазы Аԥсны аиҳабыра Риҵеи Афонҿыцтәи аҳаԥи рҭааразы аекскурсиатә билеҭқәа рыхә шьҭырхит.
Риҵатәи амилаҭтә ҳәырԥсарра аҭаларазы адуцәа рзы ахә ҩынтәны ишьҭырхит 350 маҭ рҟынтәи 700 мааҭ рҟынӡа, аашықәса инаркны 12 шықәса зхыҵуа ахәыҷқәа рзы шәмааҭк инаркны 200 мааҭ рҟынӡа иацлеит, аашықәса иреиҵоу ахәыҷқәа Риҵа аҭаара хәыдаԥсадоуп. Афонҿыцтәи аҳаԥы аҭаларазы адуцәа рзы ахә шьҭырхит 500 мааҭ рҟынтәи 700 мааҭ рҟынӡа, аашықәса иреиҵоу ахәыҷқәа рзы хәыдаԥсадоуп.
Аԥсны Апарламент аҟны Риҵеи Афонҿыцтәи аҳаԥи рҭааразы абилеҭқәа рыхә ашьҭыхра зыхҟьаз ҭызҵаауа акомиссиа ҷыда аԥҵоуп. Аусутә гәыԥ иалоуп Жәлар Реизара адепутатцәа Асҭамыр Гьерхьелиа, Бадрик Ԥлиа, Баҭал Џьопуа, Алмас Акаба.
Атуристцәа рхыԥхьаӡара алаҟәра
Сынтәа атуристцәа хыԥхьаӡара рацәала ишырзыԥшызгьы, ареспубликаҿ урҭ макьаназ акыр ирацәам.
Сынтәа Риҵатәи апарк иаҭаахьеит 140 нызқьҩык, ииасыз ашықәс аасҭа ари арбага 46 нызқьҩык рыла еиҵоуп ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Атуризм аминистрра аинформациатә усбарҭа аиҳабы Саид Аршба.
Афонҿыцтәи аҳаԥы сынтәа иаҭаахьеит 76 нызқьҩык, ҵыԥх - 130 нызқьҩык.
Аҟәеи Краснодари ақалақьқәа аиашьаратә еизыҟазаашьақәа рыбжьарҵеит 2021 шықәсазы, аха адунеи аҿы ишыҟалало еиԥш, аамҭақәак рышьҭахь ақалақьқәа ҩаԥхьа аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵоит реиҩызареи русеицуратә еизыҟазаашьақәеи рышьақәырӷәӷәаразы.
Убас, рашәара 24 озы Аҟәеи Краснодари ақалақьқәа рхадацәа рнапы аҵарҩит "Аиашьаратә еимадарақәа рышьақәырӷәӷәаразы агәырӷьаратә Еиқәшаҳаҭреи" "Атуризми егьырҭ еиуеиԥшым аусхкқәеи рҟны аиҩызаратә еимадарақәа наҟ-наҟ рырҿиаразы Аиқәшаҳаҭреи".
Ииасыз амчыбжь азы АҶА аусзуҩцәа ақалақьқәа Стаханови Рубежноеи русура мҩаԥыргон, уажәы аиланхарҭа Красныи Луч ахь ииасит. Аԥснытәии лугансктәии аиқәырхаҩцәа украинатәи ар еиладырбгаз аобиектқәа реиҭашьақәыргылара мҩаԥыргоит, аҵакырақәа аминақәа рҟынтәи идрыцқьоит.
Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистр Лев Кәыҵниа зхадараҿы дыҟоу АҶА аусзуҩцәа ЛЖәР ахь инеит рашәара 13 рзы агуманитартә миссиа анагӡаразы.
Аԥснынтәи Луганскҟа инагоу жәа-тоннак агуманитартә цхыраара ареспублика ауааԥсыреи асоциалтә обиектқәеи ирзеихыршоит. Ара еиҳаракгьы иҟоу зыда ԥсыхәа ыҟам - азараҟьахәша, аӡыржәтә, арыцлых, атушонка роуп.
Кәыдрытәи аиҩхааҿы аҳәамарыза
Африкатәи аҳәамырза Кәыдрытәи аиҩхааҿы иазгәаҭоуп.
Аԥсны аветеринартә маҵзура аиҳабы Роман Џьопуа ишиҳәо ала, иахьазы шә-хык инарзынаԥшуа ачымазара рымоуп, Очамчыра араион аҟынгьы иазгәаҭоуп акы-ҩба хҭыс. Џьопуа иҳәеит Аԥсны аҳәамырза уаанӡагьы ишыҟалахьаз.
Аҭагылазаашьа аҭҵааразы Кәыдрытәи аиҩхаахь инеит аветеренартә маҵзура аҟазауаа. Иҟоу ауадаҩраз адырра рыҭоуп Аԥсны АШәМ аусзуҩцәа.
Аӡбарҭақәеи арбаандаҩрақәеи
Ԥхынгәы 23 рзы Гагратәи араионтә ӡбарҭа Ҟәланырхәа ақыҭа анхаҩы Баҭал Ақаҩба анаркотикқәа иҭиуан ҳәа шьақәнарӷәӷәеит. Ахьчаратә ган аҳәара ҟарҵеит Баҭал Ақаҩба ддыриашарц, ахарадҵаратә ган аҳәара ҟарҵеит иԥсы ахьынӡаҭоу ҭакрала ихгареи имазара имхреи азы аӡбара рыдыркыларц.
Атәылауаҩ Ақаҩба хыԥхьаӡара рацәала (1,4 грамм) анаркотикқәа иҭиуан ҳәа ахара идҵаны дырбаандаҩын, иара жә-шықәса зрежим ӷәӷәоу аколониаҿ ихигарци 400 нызқьмааҭ ахараԥса ишәарци аӡбара рыдыркылеит.
Аҟәа ақалақь ахадара Аҵара аусбарҭа аҳасабеилыргаҩ хада Џьалита Ҷаниаԥҳа аҳәынҭқарратә ԥара лытәтәразы ахара лхараҵоуп. Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа 6,5 шықәса ҭакрала илхылгарци лмазара лымхызарци аӡбарҭа аднакылеит.
Ҷаниаԥҳа лшьауӷа лхылгалоит азеиԥш режим иаҵанакуа ариашаратә колониаҿы. Лара лҿы лықәшаҳаҭхеит, иҟалҵаз аԥхасҭаҟынтә 1,5 миллион мааҭ лырхынҳәит.
Рашәара 24 рзы Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Ахашшааратә коллегиа Аԥсны уаанӡатәи акультура аминистр Гәдиса Агрба идукат аҩнытә баандаҩрахь диагазарц изыҳәа иақәшаҳаҭымхакәа дшыбаандаҩу дааннажьит. Аԥсны уаанӡатәи акультура аминистр Гәдиса Агрба харас идырҵоит аҳәынҭқарратә мазара аӷьычреи аимҵәареи. Иара даанкылан мшаԥы 26 рзы.
Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа азыӡба рыдыркылеит Урыстәыла атәылауаа Вадим Ботиеви Елена Синельниковеи рганахьала. Дара хыԥхьаӡара рацәала анаркотикқәа рыҭира рнапы алакын.
Вадим Ботиев 15 шықәса зрежим ӷәӷәоу аколониаҿ ихигароуп, 800 000 мааҭ ахараԥса ишәароуп, Елена Синельникова 15 шықәса азеиԥш режим аколониаҿ илхыгароуп, 800 000 мааҭ ахараԥса лшәароуп.
Аԥсны ААР адыррақәа рыла, Узбекистан ауаԥсыра Мухриддин Назарови Фаррух Аскарови анаркотик "метадон" - 2,5 грамм Афон ҿыц иаархәеит WhatsApp ала иара ахьышьҭаз аҭыԥ азы адырра анырзынарышьҭ ашьҭахь, абас адырра ҟаиҵеит "Ҭемыр" захьӡу идырым ахаҿы.
Анаркотикқәа аиҭаҭиразы Гәылрыԥшь араион Баӷмаран ақыҭахь инаргеит. Анаҩс, Афон ҿыц ахатәы хархәаразы аҽа 11 грамм метадон аахәаны еихыршеит.
Аскароваи Назарови анааныркыла ирыдбалан 5,8 грамм; 6 граммк анаркотикқәа.
Ииасыз амчыбжь азы ареспублика иахьаҵанакуа арыцҳарақәагьы аҭыԥ рыман.
Гагра дӡааҟәрылеит 40 шықәса зхыҵуаз уфатәи атурист Максим Беркли.
Амашәыр ҟалеит ахәаша, рашәара 24 рзы. Зықәрақәа маҷыз хҩык ауааԥсыра амшын аҟны рҽыркәабон, ӡӷабк амшын даго даналага, Беркли лыцхыраара иҽазишәеит, аха иаргьы аӡааҟәрылара далагеит.
Ари гәазҭаз аҟәара иқәтәаз рызегь рыцхраара иалагеит. Аӡӷаб деиқәдырхеит, ахаҵа амшын дагеит.
Рашәара 22-23 руха илеиз ақәаршыҩ иахҟьаны аӡы ахатәыҩнқәа ирыҵалеит Очамчыра.
АҶА аҷаԥшьаҩ иахь раԥхьатәи адырра ҟаҵан асааҭ 1:04 азы. Ауаа ацхыраара иаҳәон аҩны аӡы адәылгаразы.
Очамчыра, АЕО ишаанӡа аусурақәа мҩаԥыргон. Ацхыраара рыҭан 20 ҩны руааԥсыра.
Адәыӷбақәа ҩба еиҿасит Афон ҿыц иахьаҵанакуаз аԥшьаша, рашәара 23 рзы. Афон ҿыц аихамҩахәҭаҿы иҟаз авариа ахҟьаԥҟьақәа аԥырхуп ҳәа иҳәеит "Аԥсны аихамҩа" адиректор хада ицхырааҩ Октаи Хазириши.
Аԥсныеихамҩа аусзуҩцәа хҩык ааха роуит. Урҭ амедицинатә цхыраара рыҭан. Рыԥсҭазаара ашәарҭара иҭагылаӡам.
Авариа иахҟьаны адәыӷба Аҟәа - Санкт-Петербург аныҟәара аамҭа еиԥҟьеит.
Акциа "Агәалашәара ацәашьы" мҩаԥысит аҩаша рашәара 21 рзы Аҟәа Идырым асолдаҭ ибаҟа аҿаԥхьа Алахьеиқәреи агәалашәареи амш аламҭалазы.
Аусмҩаԥгатә еиҿыркааит Аҟәа иҟоу Аурыс Ҩны, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәарҭа, Аҟәа ақалақь ахадара, Владислав Арӡынба ихьӡ зху Ахьӡ-аԥша аҳәынҭқарратә музеи.
Урыстәылатәи ателеканал НТВ аҿы раԥхьаӡа акәны иддырбеит аконцентрациатә лагерқәа рҿы иҭакыз Аԥсны иалҵыз ауааԥсыра ирызку адокументалтә фильм "Поиск".
Афильм арежиссиор Дмитри Статеинов еиҭеиҳәеит "Поиск" егьырҭ урыстәылатәи ахәаԥшырҭақәа рҿы иддырбар шалшо.
"Москва даҽа ҩыџьара иддырбарц аицәажәарақәа ҳамоуп. Афильм аудиториа ибзианы ирыдыркылеит, Питер ианадҳарбаз ашьҭахь иреиҳау аҵараиурҭақәа руак аҿы иддырбаразы аҳәара ҟарҵеит. Знык акәымкәа, акырынтә иддырбаргьы рҭахуп", - иҳәеит арежиссиор.
Афильм "Поиск" ҭыхуп Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан анемеццәа рнапаҿы иҭахаз Аԥсни ИАР атәылақәеи ртәылауаа ргәалашәара аиқәырхареи хабарда ибжьаӡыз рзы аинформациа аԥшаареи ирызку апроект "Ахьӡ архынҳәра" аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Рашәара 24 рзы 1979-1989 шықәсазтәи Афгантәи аибашьра иазку афотоцәыргақәҵа аатит Аҟәатәи амшын аԥшаҳәаҿы, Идырым асолдаҭ ибаҟа аҿаԥхьа. Ацәыргақәҵахь инагоуп 60 фотосахьа – аибашьра ахаҿра аарԥшразы ҷыдала иазыҟаҵаны афотосахьақәа ҭыхын Ҟрым ԥшьышықәса раԥхьа.
Афотоцәыргақәҵа "Афгантәи аибашьра, 1979-1989 шш." еиҿыркааит Аԥсны аспорт азы Аҳәынҭеилакы, Афганисҭан аветеранцәа Аԥснытәи реидгыла, Афганисҭан аветеранцәа Урыстәылатәи реидгыла аҿар рыҟәша "Наследие".
Урыстәыла ахьӡала иқәгыло аԥснытәи аспортсмен Харитон Агрба аиааира игеит Узбекситанынтәи абоксиор Бобо-Усмон Батуров иҟны "Аинтерконтиненталтә храҿа" асуперфинал аан амҽыша рашәара 26 рзы Москва.
Агрба даиааит аӡбаҩцәа ԥшь-раундк рылҵшәақәа ианеихыршьала ашьҭахь. Уажәшьҭа ԥшьынтәуп иара "Аинтерконтиненталтә храҿа" аҿы даиааиуеижьҭеи.
Аԥсуа аԥқьаҭасыҩ қәыԥш Нестор Цужба Александр Островски иакадемиеи иареи аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит. Нестор дахысит аԥышәаратә гәаҭара, "Avant Garde" апрограмма дастудентхеит. Нестор иаб Давид Цужба иажәақәа рыла, Академиа аанахәара ус имариаӡам. Сынтәа ари апрограмма иаанахәаз хәҩы заҵәык роуп.
Ахра Бебиа иҽыҩ "Генерал Первый" ахԥатәи аҭыԥ ааннакылеит Ростовтәи аҽырҩырҭаҿ 1200 метра иҩуаз хышықәсеи инеиҳани зхыҵуаз аҽыҩқәа рыбжьара.
Асабша рашәара 25 рзы, Краснодартәи аҽырҩырҭаҿ имҩаԥысит афбатәи аҽырыҩра амш "Большой приз для кобыл (Оаks)" ("Аҽанқәа рзы аԥхьахә ду"). Аԥснытәи аҽааӡаҩцәа рыҽқәа уа аԥхьахә ҭыԥқәа ааныркылеит.
1200 метра иҩуаз ашьацқьа злоу англыз ҽыҩжәлақәа иреиуоу ҩышықәса зхыҵуа рыбжьара аҩбатәи аҭыԥ аннакылеит Асҭамыр Сангәлиа иҽыҩ "Мисс Шелби".
Даур Агәхаа иҽыҩ "Абхазиан Сонг" 2000 метра аҟны ашьацқьа злоу англыз ҽыҩжәлақәа иреиуоу хышықәса зхыҵуа рыбжьара ахԥатәи аҭыԥ иаԥсахеит.